Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аӡиа Риҵа

Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк (аур. Рицинский реликтовый национальный парк) — Гәдоуҭа араион аҟны иҟоу ихьчоу дгьылҵакыроуп. Иаԥҵоуп ашьха ӡиа Рыҵа, иара убас уи иаакәыршаны иҟоу ашьха иамоу афлореи афаунеи рыхьчаразы.

Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иаԥҵоуп 1996 шықәса жьҭаармза 17 рзы иара убас захьӡу 1930 шықәсазы иаԥҵаз аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны. Зеиԥш ыҟам еиуеиԥшым аҳаракырақәа (100 м инадыркны 3256 м рҟынӡа) аԥсабаратә ҭыԥсахьақәа рыхьчара иазкуп.

Агеографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аӡиа Риҵа маҷ

Аԥсны ашьхараҟны ишьҭоуп Кавказ ду аладатәи анаараҟны, Ӷьеӷьа аӡиас аԥшаҳәеи Ԥшыца археи рҟынӡа аҵанакуеит. Зҽеиҭнызыԥсахло аҳаракырақәа 100 м инадыркны 3256 м рҟынӡа (Аӷьыԥсҭа ашьха аҟынӡа) еиуеиԥшым аҵиааи аԥстәқәеи рыҟазааразы аҭагылазаашьақәа аԥырҵоит. Аҳәырԥсарраҟны иҟоуп аӡиа ду Рыҵа; иара убас иалукаашақәа иреиуоуп аӡиақәа Риҵа маҷи Аӡиа Иаҵәеи (Цхына). Ара иамоуп аӡхыҽҽақәа, еиҳа еицырдыруахь иаҵанакуеит — 70 метра аҳаракыра змоу Ӷьеӷьа аӡхыҽҽа.

Агидрографиа: Шьақәгылоуп аӡиасқәа, акарсттә ӡыхьқәа, имаҷу анаҟәоутәқәа аламҵакәа, аӡиақәа хԥа рыла.

Аҵиаа: Шамахамзар, аԥсаҵла-ашәтә бнақәеи ашьхацәҳәырқәеи рҽеиҭныԥсахло ицәырҵуеит.

Риҵа: Асынаҟәоутә-тектоникатә хылҵшьҭра змоу ашьха ӡиоуп.

Аҳауа: Уникалтәуп: Аԥсны аҳауатә зонақәа зегьы рыла ишьақәгылоуп.

Иуникалтәу агеозона: Арелиеф акырӡа аиԥшымзаара амоуп – амшын аҩаӡараҟнытә 100 м инадыркны 3,256 нызқь м рҟынӡа.

Агеологиатә шьақәгылашьеи, арелиефи адгьыли[аредакциазура | акод аредакциазура]

Рацәак идуум РАМП адгьылҵакыра аиԥшымзаареи улаԥш зыдхало апеизажи шьақәзыргыло 3000 м инареиҳаны изҵазкуа арелиеф ахышәара-ҵышәареи амҽхаки роуп. Ари аҭыԥ амшын аҩаӡаракынтә аҳаракыра 107 м рҟынӡа ыҟоуп Аӡиа иаҵәаҟны, зегь раасҭа иҳараку Аӷьыԥсҭа ақәцә - 3256 м артәоит.

Ара ашьха ҳаракқәа аԥсҭа ҵаулақәеи аҩхаа ҭшәаррақәеи Здесь высокие горы сочетаются  с глубокими ущельями и узкими мрачными каньонами.

Абна иаҵәақәа ирыгәҭылаку ацаҟьа бааԥсқәа, ашьха ӡиақәа иаҵәҟаҟараӡа, саркьаҵас иказказуа илеиуа аӡиасқәа, ашьха шлақәа рымҵан ишьҭоу альпиатәи адәҳәыԥшқәа рыҟны изызҳауа хкырацәала ашәҭқәа – ари зегьы абаразы арахь иашьҭаланы иаауеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Арелиеф ауп ашьхатәылақәа рыҟны аландшафт шьақәзыргыло.

РАМП адгьылҵакыра аҩадахьала, ишазгәаҭаз еиԥш, ишьҭоуп Кавказтәи ашьха хада аика – Ажара 2907 м рҟынӡа иҳаракуп. Уи шьақәгылоуп ажәытәӡатәи кебриинӡатәии палеозоитәи ажәлақәа – ашьхахаҳәқәа – иахәоуи иҟаԥшьуи, ашьхаҳәжәла - габбро, иҵәцашлыху асыпи, ҭыԥқәак рыҟны амармалташь саркьақәа (Лашԥсы аӡиас ахьыҵыҵуа ахаҿы) – Кавказ дуи уи ахәы ҳаракыра Ахаҳәраҿи (Ахаҳә Аӷәра, 2473 м). Арҭ ажәлақәа ӷәӷәақәоуп азы ара ашьхақәа рикақәа ҵарқәоуп. Ациркқәа, иҿаԥыҟҟоу ашьхакаршәрақәа, рыҵақәа ихҵаалаз ижәытәӡоу анаҟәоуқәа рыла ишьақәгылоуп. Ажәытәӡатәи ациркқәа лассы-лассы иуԥылоит аӡиақәа, иаҳҳәап Ажаратәи иара убас Ахаҳәра аҩадатәи анаараҿы.

Ихадоу Кавказ ашьха иаваршәны инеиуеит арелиеф аҟны ибзианы иубарҭоу аӡиасқәа Ауадҳәареи, Мзымнеи, Лашԥси рхахьы ишьҭоу иазыхәхәоу акаршәра. Уи еиҳарак нышәаԥшьлеи, џьара-џьара аспиддтә сыԥсалеи, атуфогентә конгломерат ҿыгҳара злоу атуфогентә ԥслымӡи рыла иеилоуп. Арҭ итатоу ажәлақәа рыла ишьақәгылоуп Ауадҳәареи, Мзымнеи, Лашԥси акаршәрақәа рыҟны аладатәи анаарақәеи ахыҵырҭақәа Кәытихәы (2072м), Чҳа (2035м). Иҵегьы лбаа, Кавказ хада ахыҵырҭеи уи иаваршәны ицо акаршәреи ирывагылоуп Аӷьыԥсҭа аика ҳаракы (3256м) – Аҵатәыкәа (2538) Чҳа (2697м).

Арҭ ашьхеибаркырақәа, Кавказ хадеиԥш, арелиеф альпиатә формақәоуп ирымоу, уаҩ дахьзымнеиуа анаарақәа, ажәытәӡатәи анаҟәоуқәа – акаршәра ҭакнаҳақәа, аҿаҟәарсҭақәеи, ажәытәӡатәи анаҟәоутә ҭаҳарақәеи рыла иеибаркуп. Аҭаҳарақәа рыҟны џьара-џьара аӡиақәа амоуп, иаҳҳәап Ацеҭыкәа ашьха аҩадатәи ахәаҿы иамоуп аӡиа Мзы, Чҳа ашьха аҩадатәахьтәи ахәы . Аӷьыԥсҭа ашьха аҩадатәи ахәаҿы, уи шьҭа Аԥсны аҳәаа анҭыҵ иеиқәханы иҟоуп ҳазҭагылоу аамҭазтәи анаҟәоу. Аҵатәыкәа ашьха аладатәи ахәы бааԥсқәа ҿахҵәоит аӡиа Риҵа илбаанӡа, Чҳа аладатәи ахәқәа Пшыца аӡахьы илбаанӡа.

Аладаҟа лбаа аӡиас Гьаӷьеи – Аӷьыԥсҭеи – Риҵа Хәыҷи Риҵа Дуи ахьеилало – аӡ. Ԥшыца ахаҿы Кавказ Хада иаваршәны ицоит ииуртәи акьыртә цәаҳәа, уи ауп РАМП адгыьлҵакыра аладатәи аган зегьы злашьақәгылоу. Арҭ ажәлақәа рыла иебаркуп иара убас Ԥшьегьешьха  (2226м), массив Арихәа (Арттара, 2377м) и массив Лакрдызҭоу (2144м). Аҵыхәтәантәиқәа аҩбагьы аӡ. Бзыԥ ахаҿы иҿахҵәоит. Ԥшьагьешьха аӡ. Риҵа аҭаҳараҿы, мрагыларахьала аӡ. Ҩԥшараҟны, мраҭашәараҟны аӡ. Ӷьаӷьаҟны. Арҭ ашьхақәа рықәцәқәа хыгьежьааны, рацәак иҵарӡам, цаҟьабааԥсқәаны илеиуеит.Алышәшәақәа ирылҵыз акарбонаттә жәлақәаны иҟоу акьыртәқәа, амшын аҵаҿы ишьақәгылаз, нас шьхашьақәгыларатә процессқәа рыла иҳаракӡаны ишьҭыҵыз ирҷыдаҟазшьоуп акарсттә працессқәеи урҭ ирҟазшьоу арелиефтә формақәеи. Ара, шамахамзар, иамоуп аҩхаақәа, аҭыжаарҭа, аҵеџьқәа, аҩхаақәеи дара ашьхақәеи рҭыӡқәа рыҟны аҳаԥқәа. Арҭ зегьы рацәоуп РАМП аладатәи азбжаҿы. Абас иҟоуп акарсттә-ттектоникатә хылҵшьҭра змоу аӡ.Ӷьаӷьа, Ҩыԥшара, Бзыԥ аҩхаақәа. Аӡ. Бзыԥ аҩхаа зегьы иреиҳауп, уи уҭысыртә иҟам аладатәи аганахь еиԥш иара аӡы уаваланы уцозаргьы. Арҭ аҽазышәарақәа ирыхҟьаны акымкәа арыцҳарақәы ҟалахьеит. Ҭыԥқәак рыҟны аҩхаа убас иҭшәоуп, иагьыҵаулоуп, џьарак аӡы ахыхь 80 м аҳаракыраҟны иҿыбгаз анаарақәа ахьҭаҳаз аҭыԥ аҟны Ахахьца. ацҳа шьақәгылеит. Ари аҭыԥ инацәыхарамкәа иҟоуп зыда ыҟам археологиатә ԥшаахқәа ахьаарԥшыз Ԥшыцатәи аҳаԥы. Акыриҭшәоуп иагьыҵаулоуп Ҩыԥшара аҩхаа иҭысны ицо Риҵаҟа ихоу амҩа. Убас иҟоуп аӡ. Ӷьаӷьа аҩхаагьы, еиҳаракгьы Гьаӷьа аӡхыҽҽа аҭыԥаҟны. Ари карсттә ӡыхьуп, Гагратәи акьыртә ацаҟьа аҭӡаҟнытә 55 м. аҳаракыраҟнытә илбааҟьаны илеиуеит. РАМП ари аҭыԥ аҟны адгьылаҵатә агидросистема абеиара атәы аҳәоит Ҩыԥшаратәии Ӷьаӷьатәи аҩхаақәа рҭыӡқәа рыҟнытә илбааҟьо хыԥхьаӡара рацәала акарсттә ӡыхьқәа, аӡ. Ҩыԥшара адгьылаҵатәи аӡышьҭреи Аӡиа иаҵәа аҵаулараҟны иалало акарсттә ӡыхь. Акарсттә хылҵшьҭроуп иамоу аӡ. Риҵа Маҷгьы.

Абасала, РАМП адгьылҵакыраҿы иалукаауеит акыр идуу орографиатә акрақәа:

  1. Аӡеиҩызшо Кавказтәи ашьха хада аика.
  2. Арҭ ахыҵырҭақәа еиҩызшо аӡиасқәа Мзымна, Ауадҳара,Лашыԥсы рхыхь ишьҭоу акаршәра.
  3. Арелиеф аҟны Риҵа Маҷ анаҩс иҟоу Лашыԥсы акаршәра иамоу аӡиа Риҵа ду аҭаҳара, мрагыларахьала Чмақәиҭархырҭа абжьысырҭаҟнытә аӡиас Ԥшыц арыӷьарахьтәи аганахь.
  4. Ԥшегьишьха, Арыхәа, Лакрӡысҭоу абнара акьырцәаҳәа.

Иазгәаҭоу РАМП адгьылҵакыра орографиатә акрақәа реиԥш, кавказтәи арелиеф аҟны иалкаауп азеиԥшкавказтә хырхарҭа змоу атектоникатә еиҟәыжәжәарақәа рцәаҳәақәа ирыбзоураны, убарҭ ирылҵит Ауадҳаратәи аминералтә ӡыхьқәа рцәырҵра, егьи, аладахьтәи, Ԥшьегьышьха аимаҳара иахҟьаны ишьақәгылаз аӡиақәа Имаҷуи Идуи Риҵа, иара убас аӡ. Лашԥсы акаршәрақәа рыҟны иҵыҵыуа аминералтә ӡыхьқәа.

Хыхь иазгәаҭоу ала РАМП иаҵанакуа аҟны иазгәаҭазар ҟалоит арелиеф агенетикатә типқәа:

  • атектоникатә,
  • глиациальтә,
  • аӡы-ерозиатәи аӡы--аккумулятивтәи,
  • екзотектоникатә,
  • акарстттә.

РАМП анышә хҟьа амаҟа аҳаракыра иахьыԥшуп, иара убас уи иаҵоу ашьха жәлақәа зеиԥшроу еиԥш ауп иаргьы шыҟоу. Аладатәи аган аҿы акьыр аҟны аилабааратә-карбонаттә нышә шьҭоуп. Аҩадаҟа анышә еиқәароуп, апорфириттә ег ьырҭ авулкантәи алышәшәатә жәлақәеи рыла ишьақәгылоуп, иара убас Ауадҳареи, Лашԥси, Мзымнеи. Хыхьҟа 1800-2000м инархыганы ишьҭоуп ашьха-дәҳәыԥштә, аллювиалтә, аӡбааррақәа рыҟны ашьхаторфтә нышәуп иҟоу, зынӡа иҳаракӡоу аикақәа рыҟны абаҩтә, ахаҳәтә, ахаҳәссатә нышәуп альпиатәи аҵиаақәа ирыҵоу.

Риҵатәи Арелиқттә милаҭтә парк аҭыԥ ҷыдақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Цәҳәына аӡыжь[аредакциазура | акод аредакциазура]

Цәҳәына аӡыжь Цәҳәына ашьха ашьапаҿы ишьҭоуп амшын ақәыԥшыларантә 107 м аҳаракыраҟны. Бзыԥ аӡиас аԥшаҳәаҿы. Аӡиа карсҭтә хылҵшьҭроуп иамоу. Ишьақәгылоуп адгьыл иҵыҵуа аӡқәеи атмосфератә лышәшәақәеи рыла. 16-20 м аура амоуп, аҭбаара 1-12 м, аҵаулара - 49 м рҟынӡа илаӡоит, аҵакыра – 200 м2 артәоит. Аӡиа хыхьтәи аӡы аԥхарра +5 +7°С ыҟоуп. Аӡиа жәҩангәыԥштәуп иамоу – ари аԥштәы аҵаулареи ианыҷҷало амра ашәахәақәеи иҟарҵоит. Аӡиа ахьыхь, иахагылоу акыӡӷырақәа ирымоуп зеиуа хкы маҷу аҵиаа хкы ­– ашхаҳаршьыл.

Ӷьаӷьа арҩаш[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ӷьаӷьа арҩаш – карсттә ӡыхьуп. Гагратәи ашьхеибаркыра ашьхаҿыгақәа ирыҵыҵуеит, Ӷьаӷьа аӡиас арыӷьарахьтәи аган ала, 530 м аҳаракыраҟнытә илбаауеит. Ашьхаҿыга аҳаракыра - 55 м. ыҟоуп, акылҳара 315 м. инаӡоит, арҩаш 16-20 м. аура амоуп. ӷьаӷьа аӡы аԥхарра аӡын +7,5, нанҳәамзазы +12.5 рҟынӡа ыҟоуп. Аӡиас ӷьаӷьеи Гьаӷьа арҩаш акьыртә кыӡӷқәеи рыбжьара адунеи аҿы уаҳа џьаргьы иуԥымло аҵиаақәа ирызҳауеит - водосбор гегский и аннея ястребинковая.

Ҩыԥсаратәи аҩхаа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ҩыԥсаратәи аҩхаа амшын қәыԥшылараҟнытә 450 м аҳаракыраҟны иҟоуп. Ишьақәгылеит акьыртә ҿыгҳарақәа реиҟәшареи рышьҭыҵреи иабзоураны. Аҩхаа аура 400 м инаӡоит. Ашьарсҭақәа ҭыԥқәак рыҟны 30 метра рҟынӡа иҟоу, изырҵаулаз аӡиас ауп. Аҩхааҟны иуԥылоит зеиуахкы маҷу аҵиаақәа: горечавка бзыԥтәи, ӷьеӷьатәи аӡеизга.

Аӡиа Рыҵа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аӡиа Рыҵа - аӡиасқәа Лашԥси Ҩыԥсареи рыԥшаҳәаҿы, амшын қәыԥшылараҟнытә 884 м. аҳаракыраҟны ишьҭоуп. «Рыҵа» ахьӡ «ашьха рыҵа», «ашьха ашьапы» аҟнытә иаауеит. Аӡиа аҩадала иахагылоуп ашьхақәа Аӷьыԥсҭеи – 3256 м иҳараку; Аҵыҭәақәи – 2538 м аҳаракыра змоу, аладахьҟала илбаауеит бнала ихҟьоу ашьхаҿыгақәа рыла еибарку Арихәа, мраҭашәарахьала игылоуп Ԥшахәышьха ашьха ацаҟьа еиқәа нырҳақәа - 2226 м аҳаракыра змоу. Аӡиа - тектоникатә хылҵшьҭроуп иамоу. Аӡы қәыԥшылара амҽхак иартәоит 1,27 км2. Аӡиа аҵаулара 116 м илбаауеит. Аӡиа алада-мраҭашәарантә аҩада-мрагыларахьҟа аҽеиҵыхны иаауеит. Аура 2490 м ыҟоуп, аҭбаара – 270 м инаркны 870 м рҟынӡа. Аԥшаҳәа ацәаҳәа аура 6,25 км инаӡоит. Аӡы аԥхарра хыхьынтә аладаҟа иаразнак иагхо иалагоит. Нанҳәамзазы хыхьтәи аӡы аҿыгҳарақәа +22°С., аҟынӡа иԥхоит, жәабранмзазы +3°С рҟынӡа ихьшәашәоит. Аӡиа иҭоу аӡы аҵаҟатәи аԥсабаратә ԥхарра иамоу аҽаԥсахӡом, +5°С артәоит. Аӡынра аныӷәӷәоу аӡиа аныхҵаало ҟалоит. Ара иамоуп аӡиас калмаҳа, аӡыжьԥсыӡ уҳәа уб.егь.

Аминералтә ӡыхь[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аминералтә ӡыхь Ауадҳара - 1650 м аҳаракыраҟны иҟоуп. Ареспубликаҟны иҟоу ихадароу аԥсабаратә беиарақәа ируакуп. Аӡы ԥсабаратәуп, агаз змоу агидрокарбонат класс иатәу агидрокарбонаттә-арацәаҵәыҵәы-натритә- аҳәынаԥшьыга злоу агәыԥ иаҵанакуа аминералтә ӡқәа иреиуоуп. Ауадҳаратәи аминералтә ӡы аца-кьатеитә мҩаду илаҽу ачымазарақәа рзы ихәшәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсабара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Колхьида – Аҩадатәи дгьылкәымпылбжаҿы иҟоу арефугиум (аԥхьакырҭа) дуқәа ируакуп. Уахь иаҵанакуеит РАМП. РАМП аҵиаа атипқәа рахьтә ихадараны аҳра зуа ҳәа иԥхьаӡоуп абнатә мезофилтә, ашьхацәҳәыраҵаҟатәи, ажәытәӡатәи аҵиаа аҷыдарақәак змоу ашьхацәҳәыратәи.

Колхьидатәи аҵиаа еиҳарак излашьақәгылоу иалкаау аԥсабара-ҳауатә ҷыдарақәа ирыбзоураны ицәырҵыз амезофилтә ҵиаақәа арелиқттә (ижәытәӡатәу) хкқәа рылоуп. Колхьида иахәҭакны иалоу РАМП иаҷыдаҟазшьаны иҟоуп аладатәи аҳәаа инаркны амезофилтә бнатәи ашьхадәҳәыԥштәи ҵиаалеи ахҟьара. Аҵиаақәа рмезофилтәра анаарақәа злашьақәгылоу, арелиеф, анышәи еимадоуп, урҭ зеиԥшроу еиԥш ауп иаргьы аҩаӡара шыҟоу. Ажәытәӡатәи аҵааршәырақәа РАМП аҵиаақәа анырра ӷәӷәаны ирырҭеит. Аҵааршәыратә аамҭақәа раан ахьҭа бааԥсқәа шыҟазгьы РАМП аҟны иеиқәхеит аԥхарра зҭаху аҩада-ажәытәӡатәи аҵиаақәа реиҳарак. РАМП ари аҭыԥ аҟны ада даҽаџьара иуԥымло агәыԥқәеи, иара убас ара, ҭыԥк аҟны ада даҽаџьара иҟам аҵиаақәеи рыла ишьақәгылоу иуникалтәу ԥсабаратә комплексуп. Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟны 4,6% роуп иаҵанакуа, аха РАМП аҟны иҟоуп 900 ҵиаа хкы рыҟнытә 70% иреиҵамкәа ҵиаахкы, ари Кавказ иҟоу аҵиаақәа зегьы рыҟны 13% артәоит. РАМП аҵла-чықьтә ҵиаақәа 120 хкы инареиҳаны иамоуп. Аладатәи абнатә маҟаҟны аҵлатәқәа рахьтә иеиҳауп абӷьы зҿало ажәлақәа, ахьаца кавказтәи, ахьараџь мрагыларатәи, аџь ибериатәи, ашә мрагыларатәи, каркас аладатәи, араш, ачамҳаҵла. Аҵлақәеи ачықьқәеи рахьтә иҟоуп ашымҳа, адыӷаџьа колхидатәи, ашыц колхидатәи, еиҳаракгьы, аӡхықәқәа рыҟны ахахәтә кьыртә хәқәа рҿы. Аҩадатәи абнатә маҟаҟны еиҳа ирацәоуп агәырбӷьыҵлақәа: аԥса ҵла, аԥсаӡ мрагыларатәи. РАМП аҵла-чықьтә ҵиаақәа рыҩныҵҟа иҟоуп имаҷымкәа колхидатәи аендемикқәа: адыӷаџьа колхидатәи, ашәшь колхидатәи, ашыц колхидатәи, ашьхарпаҿ кавказтәи, амҿыш мигариитәи, колхидатәи, акадифа иеиԥшу, ицәышәшәу, акампы́р, ахәажә уб.егь. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи А ашьхацәҳәыратәи амаҟаҟны иеиқәханы иҟоуп иара убас арелиқттә гәыԥқәа шьақәзыргыло ажәытәӡатәи аҵиаа хкқәа маҷымкәа, иаҳҳәап, Али́лиа (ашьханаша), аисыр мамзаргьы амшаԥышәҭ (абаииа). Ашьхацәҳәыратәи адәҳәыԥшқәа рыҟны иуԥылоит ашьхардац хкқәа, аҟәышәҭы́н, аҳәа́шьҭа шәҭы, адәышәҭқәа уҳәа уб.иҵ.

Абна ҵиақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ибеиоу РАМП аҵиаақәа шьақәгылоуп, шамахамзар, аԥса-ашә бнареи адәҳәыԥшқәеи рыла. РАМП 78,5% бнала ихҟьоуп, убри аан еиҳауп аԥсареи ашә бнеи. Егьырҭ аџьра, аԥсара, аԥсаӡ ҵлақәа, ажара, анҷа ҵлақәа, ахьацара, алра, аҵааҵлақәа, аҭәаҵлақәа абнақәа ирыҵаркуа маҷуп. Ирацәаӡам иара убас ашыц иахьазҳауа абнақәагьы. Абнақәа рыҟнытә абнакәазақәа 26 % роуп иҟоу.Анаарақәа аладатәи рган хҟьоуп ззыбӷьы ҟьаҟьоу абнақәа рыла: ахьара, аџьра, ажара, анҷа, амҿыш, алра уҳәа уб. егь. абна хкқәа рыла. Зыбӷьы каԥсои еснагь ииаҵәоу ажәытәӡатәи ахԥатәи аамҭахҵәаха иаҵанакуа ачықьқәа: ахәажә, ахәшәтә шымҳәа, ажьынҵәры́, ады́ӷаџьа, аҽадқәыц, ахәажә ҩеижь аасра жәпаны игылоит.

Абна аладатәи амаҟа (300 м ин. 600 - 700 м рҟынӡа амш. аҩ. аҟнытә) шьақәгылоуп иеилаԥсоу асубтропикатә бнақәа рыла, Ҩыԥшара аҩхаа иаваршәны ирызҳауеит, рацәакгьы рыҵаркӡом. Ара ахаҳәреи акарбонаттә нышәи рыҟны игылоит даҽакы иаламҩашьо аҵиаа. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа, ашәшьырақәа рыҟны ашыц дуқәа гылоит ҵыҭәала ихҟьаны. Ацаҟьа ҟьантазқәа ирықәиаауеит уарла-шәарла иуԥыло ашьхадәыкрын, аҟәышәҭын, ацаҟьақәа рхыхьынтә ашәшь ҟарма лбаауеит. Аӡиасқәа Гьаӷьеи Ҩыԥшареи рыӡхықәқәа рыҟны акьыртә цаҟьа ҭакнаҳақәа ирықәиаауеит аԥсаӡ цлақәа, аа ҵлақәа, анҷа, ашыц, ашымҳа. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа ацаҟьақәа иеиуеиԥшым ашыцламшә хкқәа рыла ихҟьоуп. Даҽакы иаламҩашьо иҟоуп амш. аҩ. аҟн. 300-500 м иҳараку ацаҟьа ҭакнаҳақәа рформа змоу Ҩыԥшаратәи аҩхаа аҵиаақәа. Ара иҟоуп даҽаџьара иуԥымло ацаҟьеи аӡхықәтәии аҵиаа хкқәа. Хыхьынтәи ихьынҳалоу ашәшь аҟарма ацаҟьа аҭакнаҳарақәеи урҭ ирымоу аҳаԥқәеи дырхиоит. Ашыц ҵлақәак 400 - 500, 600 шықәса рҟынӡа рхыҵуеит, ргәыцәқәа рышәпара 24 - 26 см ыҟоуп, ргылара 12 - 14 м. Ашыц агәыцәи амахәқәеи аепифиттә шыцламшәқәа рықәҵәиаашаны иҟоуп, уи амҵан анышә ақәыц змоу ацәлаа ала ихҟьоуп.

Ҷыдала зҿлымҳара зуҭаша акоуп аӡиас Бзыԥ аҩхаа мраҭашәаратәи анаараҿы изызҳауа аҷархана ҵлақәа рыла ишьақәгылоу абнара. Уи агәыцә ҟаԥшьқәа рылубаауеит акьыртә хаҳә дуқәеи аԥсареи иахьылагылоу. Ара иҟоу амикроҳауа аҷыдарақәа реинаалара иабзоураны амра зкыдыԥхало анаара аҩхаа ҵаулаҿы иазҳауеит амшынҿықәтәи арелиқт. Аҩадаҟа ашьха ашьапаҿы ишьҭоу абнақәа рнаҩс игылоит ашә бнақәа. Урҭ рыҩныҵҟа лассы-лассы даара ирылшо рацәоуп анҷаҵла налаԥсо ахьареи ахьацареи, аҭәаҵла, иахьцәаакыроу аҭыԥқәа рыҟны ал ҵлақәа. Ари аҭыԥ аҟны ибзина иҿиот есқьынгьы ииаҵәоу авҵиаа бна.

Амш. аҩ. аҟн. 600-800 м аҳаракыраҟны иеиҳа ирацәоуп ашә бнара, иҵегьы аҩадаҟа ирызҳауеит аԥса ҵлақәа. Ашә бна цқьа гылоит еиҳарак ицәаакыроу аҩадатәи ахәқәа рыҟны. Акьыртә бахәқәа амш. аҳ. аҟн. 1000-1100 м аҳаракыраҟны аԥсақәа рыла ихҟьоуп, џьара-џьара аԥсаҵла хәыҷқәа ирымырдоит.

Хыхьынтә 1100-1200 м аҳаракыраҟнытә аладаҟа ашә иалаԥсо иалагоит аԥсаӡи, аԥса ҵлеи, агәырбӷьыҵла еиқәарақәа шьақәыргыло, ус ишнеиуа аԥсаӡ есааира аҽарҭбаауа иалагоит. 1500-1600 м аҳаракыраҟны лассы-лассы иуԥылоит аԥса ҵла мацарала ишьақәгылоу абна, 1700 м аҳаракыраҟны уи анаҩсгьы абнара еиҳарак ашә ҵлақәеи абԥса ҵлақәеи рыла иеилоуп.

Наҟ аҩада 1700 м аҳаракыраҟны анаара цәгьақәа икьаҿу аҵлақәа мамзаргьы аҵааҵлақәеи адгьыл иқәҳәазо ачықьқәа – ашымҳа хәшәы уҳәа уб. егь. рыла ишьақәгылоу аасра ихнаҟьоит. Аҿыбгарақәа лассы-лассы иахьыҟало аҵлақәеи ачықьқәеи зынӡа иҟаӡам, ҭыԥқәак рыҟны анышә ҳәазоит аҟнытә, уа анышә шьақәзыргыло ажәлақәа цәырҵуеит. Асы андәықәлалак, шамахамзар, аҩхаақәа, агәаҩарақәа рахь илбаауеит, ара асқәа еицыланы, рҽеизакны акыраамҭа ишьҭахоит. Абри иахҟьаны агәаҩарақәа рыҟны абнақәа ирыҵагылоит ашьхаҳаракыратә, еиҳаракгьы ашьхацәҳәыратә ҵиаақәа. Ас еиԥш иҟоу агәаҩарақәа “аинверсиатқәа” ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ уԥылоит Лашԥсы аҩхааҟны, Аҵатәықәа ахәқәеи Аџарра аикеи рыҟны.

Ашьха бнара аҩадатәи аҳәаа амш. аҩ. аҟн. 1700-2400 м аҳаракыра рыбжьара ишьҭоуп. Ашьха акалҭ нахыс кавказтәи ахәажә гылоит, аҩадаҟа уи аҭыԥан иуԥылоит ашьхацәҳәыратәи ахәажәра, уи нахыс аҩада ашьхацәҳәыраҵаҟатәи ахәажәра гылоит, урҭ рҭыԥан амш. аҩ. аҟн. 2000-2500м аҳаракыраҟны ицәырҵуеит ашьхацәҳәыратәи аҳаскьынкьаҿқәа рыдәҳәыԥшқәа, ахаҳәеиқәҵақәеи, аԥали.

Алра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ал бнара РАМП адгьылҵакыраҟны х-хкыкны иазҳауеит: аԥаҵа змоу ал, ал еиқәаҵәа, ал цәыш абна. Аԥаҵа змоу алреи, алра еиқәаҵәеи еиҳарак иахьырацәоу аӡхықәқәа рыҟноуп. Урҭ ахьыҿио алыкь ахьеизо аҭыԥ цәаакырақәа рыҟноуп. Алра анаалоит аӡиас Лашԥсы аҩхаа ахьыҭбаау аҭыԥқәа рыҟны, амш. аҩаӡ. 1600 м ихаланы. Иаҳа иахьцәаакыроу, иахьыхьшәашәароу абна акалҭқәа рыҟны, алқәа ахьаҿагылоу анаараҿы иуԥылоит аҳаскьын ҵиаақәа реихагыла-еиҵагыларақәа. Ал бнақәа рыҵаҟа еиҳа лассы-лассы иуԥылоит аҭырас астраусԥшра змоу, урҭ узрылымсуа ижәпаны иауны игылоит. Иеизааигәаӡаны игылоу алҵлақәа рыла ишьақәгылоу абнақәа ашә-аԥсаӡ бнақәа рылало иахьалаго аҭыԥ аҟны ицәырҵуеит ашә, аԥсаӡ, анҷа, араш ҵлақәа. Араҟагьы урҭ рыҵа ҳаскьынла иахьыхҟьоу, астраус ҭырас еиҳа ирацәоуп. Ацәаакыра агхацыԥхьаӡа ашәи аԥсаӡи еиҳа лассы-лассы иуԥыло иалагоит, астраус ҭырас еиҳа имаҷхоит, аха есааира иуԥыло иалагоит ацәырас, аҳәамҳәа ахәшә, иасменник афҩыхаа, ҵы́кә ихәшә (герань), амахәшәыга, уҳәа уб.егь. Ал бнара аӡхықәқәа рхахьы лассы-лассы иуԥылаӡом, аҵлақәа кьаҿуп. Урҭ рыҵаҟа, еиҳа алашара ахьыҟоу аҭыԥқәа рыҟны аҳаскьын ду гылоит, алада мыцхәы иахьцәаакыроу абаарра дәҳәыԥшқәа шьақәгылоит. Ал бнара гылоит асқәа рлеира иахҟьаны адгьыл ахқәацәаарақәа рыҟны. Анаҩс уи алра аҭыԥ ааныркылоит ара аԥсаӡ, ашә, анҷа. Ал цәыш абнара уԥылоит абжьаратә-хыхьтә маҟаҟны (1000-1600 амш.аҩ. аҟн.). Згәыцәқәа ҳараку аӡхықәҵлақәа ииуеит аӡиас Бзыԥ ахьлеиуа аладатәи аганахь. Цәаҳәақәак уԥылоит аӡхықәқәа рыҟны, урҭ реиҳарак акакала ма гәыԥ-гәыԥла рҽеидкыланы ирацәамкәа игылоит. Алра гылоит, шамахамзар, анышә мыцхәы иахьцәааку, аӡышьҭрақәа ирываршәны, егьырҭ аҵлажәлақәа – ашә, аԥсаӡ ҵлақәа ахьанымаало аҭыԥқәа рыҟны. Арҭ абнақәа раԥхьа иргыланы аӡхықәқәа дырӷәӷәоит, иҿымбгаларц азы ирыцхраауеит.

Ахьацареи ахьацеи аџьи рыла ишьақәгылоу ахьацара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахьацара шьақәгылоит ахьеи, ашәи, аџь ҵлақәеи рыла иеилаԥсаны. Ари әа ажәла ахьанаало аҭыԥқәа рацәоуп. Еиҳа иугәаланаршәоит абжьынҵи ақьари. Ахьаца амацара иахьгылоу иаҵанакуа аҭыԥ маҷуп. Аӡиас ӷьаӷьа ақә аҟнытә аҩада акьыртә хәқәа рыҟны аџьтә-ахьацатә бнара иазҳауеит, уигь хыхьҟа аӡхықәқәа рыҟны ахьаца иаҳа ишеиҳаугьы иеилаԥсоу абнара гылоит, нас уигьы ашәтә-ахьацатә бнақәа рышҟа ииасуеит. ӷьаӷьатәи аҩхааҟны алашара ахьацәмаҷ у аҭыԥқәа рыҟны иазгәаҭоуп: ахьаца, аҭәаҵла, амҿыш, араш, анҷа.

Аџь-ахьаца бнара аҩныҵҟа (200-400 м амш. аҩ. аҟн.) амзаҵла иацны аҿыбгарсҭақәеи рыҟны аӡиас Бзыԥ 2-3 км иаваршәны иазҳауеит аҵыҵындра ҵла. Аџьтә-ахьацатә бнара ачықьқәеи аҟармеи рахьтә иуԥылоит: аскумпиа, алымшәӡахәа́, аџьмарӡы́ӡыш. Игылоу аҳаскьын шьақәгылоуп еиҳарак сеслериа ҭагалантәи, аԥшьра а́хәшә... Ацаҟьақәа шамахамзар иуԥымло, даҽаџьара иуԥымло ахкқәа рымоуп: бзыԥтәи аҵыбра, ашәеры́ӡыӡ

Амзара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Кавказ иуԥыло амзаҵла хкқәа 5 рахьтә, РАМП иаҵанакуа аҭыԥҵакыраҟны изызҳауа хкык ауп – амзаҵла. Уи иамҽханакуеит  11,5 нызқь га раҟара. РАМП аҳәаақәа рыҟны иалкааны амзаҵла ахала иахьазҳауа абнара гылаӡом.   Иазҳауеит абна абжьаратәи аҩадатәи амаҟаҟны амш. аҩ. аҟн. 300 ин. 2200 м рҟынӡа, акыӡӷырақәа рыҟны, ахаҳәтә ҿыбгарсҭақәа рыҟны, аӡхықәқәа рыҟны. Амзаҵла абна дуқәа азгәаҭоуп Риҵа Ду алада-мраҭашәаратәи аԥшаҳәаҿы, Ԥшьагьашьха мрагыларатәи акыӡӷыраҟны, насгьы Ҩыԥшара аӡ. аҩхааҟны. Амзаҵла гәыԥ хәыҷқәаны иуԥылоит Ӷьаӷьеи Ҩыԥшареи еиҩызшо акыӡӷқәа рыҟны иахьеилало аҭыԥ 2-3 км инахыкны аҟны амш. аҩ. аҟн. 400 ин. 600 м рҟынӡа аҳаракыраҟны, иара убас Бзыԥ аӡиас арӷьарахьтәи аӡхықә алада-мрагыларатәи ахәаҟны Ӷьаӷьа иахьалало аҭыԥ инахыкны.

Амзаҵлақәа ара анаарақәа ирҿагылоуп егьырҭ аҵла жәлақәа ахьзымгыло ахаҳәрақәа рыҟны, абӷанҷ злоу анышә аҟны. Ара зҽеиҵыхны иҟоу қәрала иеиԥшым амзаҵлақәа еилагылоуп, анаара бааԥсқәа ирҿагылоуп зҽеидыԥсаланы иҟоу иеиқәлацәоу амзаҵлақәа. Амзаҵлеи аҵааҵлеи анаҟәоутә ҭыԥқәа рыҟны, анышә ахьыҟам аҭыԥқәа зегь раԥхьаӡа массала аҿиара иалагаз ҵла жәлақәоуп. Амзаҵл ахьҭа зычҳауа, алашара зҭаху, аха аԥхарра рацәак иашьҭам ҵла жәлоуп. Убри аҟнытә аҵла ҵиаақәа иахьрызҳауа хыхьтәи ашьхацәҳәыра аҳәаа аҟынӡа инаӡоит. Дара ихадоу х-гәыԥк рыла иушар ҟалоит: иҩоу амзаҵлақәа мамзаргьы ахра еибаркырақәа ирықәиаауа, аҳаскьынхкқәа змоуи, авҵиаа змоуи амзаҵлақәа ҳәа. РАМП амзаҵлақәа зеиԥш ыҟам ԥсабаратә шьақәгыларақәоуп, релиқттә ценозақәоуп (гәыԥқәоуп). Урҭ аҵиаа аизҳара иахьалахәу абнақәа рзеиԥш ландшафт аҟазшьа ҷыдарақәаки аиԥшымзаареи аланагалоит. Ашәтә-аԥсаратә бнара аизадара иаҿурԥшуазар амзара апеизаж ԥшӡа шьақәнаргылоит.

Аԥсареи ашәтә-аԥсаҵлатә бнақәеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

РАМП аҵиаа шьақәгыларақәа рахьтә иалукаартә иҟоуп аԥса ҵлақәеи ашә-аԥсаҵла бнақәа. Урҭ еиҳарак иахьҿио амш. аҩ. аҟн.800-1600 м аҳаракырақәа рыҟноуп, аха гәыԥқәак 300 м раҟара алада илбааны игылоит, иагьхалоит амш. аҩ. аҟн. 2200 м рҟынӡа. Арҭ абнақәа рыҟны иҳаракырахацыԥхьаӡа ашәҵлақәа еиҳа имаҷхоит. Аԥсаӡ ҵла (анхьча) аԥсарақәа рыҟны анышә иаҳа иахьыԥсыҽу ахаҳәраҟны иазҳауеит, ара аԥсаҵла аҿиара ацәыуадауп. Аԥсара заалыҵ (зымусҭа) ҳараку бноуп, 1га аҟны бжьаратәла 185 шықәса зхыҵуа аҵла иалҵуа 503 м3 артәоит, 300-500 шықәса зхыҵуа аԥса 60 м иҳаракны иазҳауеит, агәыцә адиаметр (ашәпара) 200-235 см ыҟоуп. Аԥса ҵлатә аԥса ҵла-ашәтә бнара хкы рацәала иеилоуп. Абжьаратәи аҩадатәи амаҟақәа рыҟны иахьбаррақәоу аҭыԥқәа рыҟны урҭ рыҵан игылоит ақьар, иара убас аҭырас, атрахистемона мрагыларатәи, ацәырас. Бжьаратәла ацәаакыра змоу анышә аҟны иҿоит аҳаскьынхкы зҵиаауа абнақәа. Ара иҟоуп колхидатәи ачықьқәа зҵиаауа абна. Урҭ ирылукаартә иҟоуп ашымҳа, ацәлаа, аӷьры́ // ады́ӷаџьа, абжьынҵ, ажьынҵәры. Лассы-лассы аԥсара аҭыԥан ашә бнара ахьгылогьы ыҟоуп.

Ашә бнақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иеиуеиԥшым гәыԥла игылоит РАМП аҟны ашәҵлақәа. Урҭ еиҳарак иахьбарроу аҭыԥқәа рыҟны ирызҳауеит. Иахьцәаакыроу аҭыԥқәа рыҟны ирыҵиаауеит трахистемонеи ақьари, трахистемонеи аӷш ҵлеи еицны, мамзаргьы аҭырас зҵиаауа ашәра гылоит. РАМП абна маҟа зегьы ахьынӡанаӡааӡо, аладатәи аган ада, иҿиоит ашымҳа хәшәы, ацәлаа, ажьынҵәры, абжьынҵы зҵиаауа ашә бнара Бжьаратәла РАМП ашәтә бнараҿы изызҳауа аҵлақәа рықәра 95 шықәса рҟынӡа инаӡоит. Амодельтә ҵлақәа 48,7м агылара змоу 340 шықәса рхыҵуеит, рышәпара 187 см ыҟоуп, егьи, 365 шықәса зхыҵуа - 49,5 м иҳаракуп, 193 см ишәпоуп..

Аԥса ҵла абнақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

РАМП аҟны аԥсара налукааша аҭыԥ ааныркылоит.Урҭ аландшафтшьақәыргылараҿы, аӡы-анышәхьчараҿы рроль дууп, аҳауашьақәыргыларатә функциақәагьы нарыгӡоит. Аԥсара даҽакы иаламҩашьо ахатә ҷыдара амоуп. Раԥхьа иргыланы иҳәатәуп, урҭ рыфлоратә беиара атәы, аҵла-чықьтәқәа 58 хкы ыҟоуп, аҳаскьынтә ҵиаа - 132 хкы.

Рамп аҟны аԥса ҵла иацгылоит ашә ҵла, аха аԥса ҵла иахьазҳауа амаҟаҟны аҳра зуа иара ажәлоуп. Ашә бнақәа рыҟны аԥсаҵла налаԥсоит, субедификаторҵас (акәша-мыкәша анырра ҟазҵо, аԥхьагылара змоу).

Аԥса ҵла агәыԥқәа рыҟны аҭыԥ ҷыда аннакылоит мрагыларатәи аԥсаӡ. Уи анаарақәа рыҟны, иахьбарроу аҭыԥқәа рыҟны иазҳауеит. Ашәҵлеи аԥсаӡи рыдагьы аԥсараҟны иҿиоит иара убас анҷақәа: абӷьы ҵар, аиавор, араш, аҭәаҵла, ааҵла, амзаҵла, аџь, аҵааҵла. Типла аԥсара гәыԥ-гәыԥла аҽашоит: ақьартәқәа, аҭырастәқәа, аҳаскьынтәқәа, аҳаскьынтә-ашьхацәҳәыратәқәа, колхидатәи абнагыларатәи ҳәа.

Адәҳәыԥштә ҵиаақәа [аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҳаракырақәа рыҟны иҿио ашьхацәҳәыраҵаҟатәи ашьхацәҳәыратәи аҵиаақәа роуп. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи адәҳәыԥшқәа беиоуп ахәшәтәи, атехникатәи, акаучук змоу аҵиаақәа рыла. Ашьхацәҳәыратәи адәҳәыԥшқәа амш. аҩ. аҟн. 3300 м аҳаракырахь ихалоит. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи адәҳәыԥшқәа рыҟны аҳаскьын жәпаны игылоит. Ара даара ирацәоуп ашәҭ зҿало аҳаскьын. Игыло аҳаскьын ҳаракуп. Ашьхацәҳәыра аладатәи амаҟаҟны иҿиоит кавказтәи ахәажә чықьра. Абна дәқәа рыҟны аҭырасра иазҳауеит. Аҳаскьынхкқәа ахьырацәоу адәҳәыԥшқәа рыҟны иуԥылоит Ҵыкә ихәшә (герань), олимпиатәи аӡеизга, аҳәа́шьҭа шәҭы ду. Ашьхацәҳәыра аладатәи амаҟа аҩадатәи ацәаҳәаҟны ицәырҵуеит ҭагалан ишәҭуа алаҳәақәаџа ссир. Ашьхара дҳәыԥш дуқәа рхы иадырхәоит аԥхынтәи арахә рҳәырҭақәас, хкылагьы иӷаруп, ирызҳауеит: аџьаҟәа, ахәыц, амаҭ абз, аҭырас уҳәа уб.е гь.

Ашьхацәҳәыратәи амаҟаҟны аҵиаа ашьхацәҳәыраҵаҟатәиқәа раасҭа аурыла акыр иеиҵоуп. Ашьхацәҳәыратәи адҳәыԥшқәа – адәҳәыԥштә зеиԥштә еизҳарахкқәа роуп, урҭ ирылоуп иеилаҟаца анышә шьақәзыргыло амиқәеи аҭыраси. Ашьхацәҳәыратәи адҳәыԥшқәа рыҟны ирызҳауеит иԥшӡаны ишәҭуа аҳаскьынгьы: ашьхацәҳәыратәи ауарҳалқәа аԥызҵо горечавка, ашьхадәыкрын. Ашьхацәҳәыратәи ауарҳалқәа шьақәгылоуп иеиуеиԥшым азеиԥш еизҳарахкқәа рыла. Урҭ рыҟны иуԥылоит алымҳардагәа, аҭырас, лассы-лассы ицәырҵуеит аҟы́зшьапқәа, ашьхадәыкрынқәа. Иуԥылоит вероникатә, аҷабҳаскьын ала ихҟьоу ауарҳалқәа. Асшәытақәа рааигәара иҿиоит ашьхацәҳәыратәи амарчқәа, Хәы́ҭибӷьыци, ахәрабӷьыци злаԥсоу иҷыдоу ауарҳалазеиԥш еизҳарахкқәа. Ахаҳәсса злоу анышәқәа рыҟны аҳаскьынгылара еиҳа иӷархоит, нас ацаҟьаԥҽыхақәа рыҟны изызҳауа аҵиаа хкқәа рахь ииасуеит.

Аинтразоналтәи абаарратә ҵиаақәеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

РАМП аҟны иҟоуп ацаҟьа ацаԥҽыхақәа рыҟны изызҳауа аҵиаа.Даҽакы иалаҩашьом аӡиасқәа Бзыԥи, ӷьеӷьеи, Ҩыԥшареи ирхықәгылоу акьырцаҟьақәа ирыду аҵиаахкқәа. Амра ахьыҟам ицәааку ацаҟьақәа рыҟны иазҳауеит Аԥсны ада даҽаџьара иуԥымло ашьхадәыкрынқәа. Уи рацәоуп ӷьаӷьа армарахьтәи ахықә ихықәгылоу ацаҟьа цәаакқәа рыҟны. Ара уи иацгылоит: аԥсы́цәгьара а́хәшә, абҟәылбӷьы, астра ...

Абаарратә ҵиаақәа цәырҵуеит иалкааны ҭыԥкәак рыҟны. Аӡбаарратә дәҳәыԥш ҟьаҟьа шьҭоуп Анҽҳа ахыҵырҭа мраҭашаәратәи аган аҿы, ажәытәӡатәи аӡҭачы – ажәытәӡатәи аӡиа ахьҭатәаз аҭыԥан. Аторфтә баарраҿы, асахьаҳәыра - абаа́рра шы́цламшә зеиԥш еизҳараҟны ажәытәӡатәи аӡиа аҭыԥан иазҳауеит хыбӷьыӡк змоу авахта. Аӡ. Мзымҭа агәҭахьшәа иуԥылоит абаарра дәы, ара игылеит абна “хьынаа”, анышә аҳәазареи аҽеиҭакреи иахҟьаны изызҳаз аҵааҵла дуқәа рыла ишьақәгылоу абнара. Инарҭбааны аторф ахьамоу аҭыԥқәа рыҟны абореалтә хкқәа ирызҳауеит, аторф амчхра урҭ рыҟны џьар-џьара х-метрак рҟынӡа инаӡоит.

Ашьхацәҳәыраҵаҟатәии ашьхацәыҳратәи аҵиаақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ашьхацәҳәыратәи амаҟа аҵиаа еиуеиԥшымкәа иеилоуп. Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк аҩныҵҟа иҿиоит ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасреи абнаӷареи, иҳәазо ачықәқәеи, аҳаскьын ҳараки, адәҳәыԥшқәеи. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасра азеиԥшеизҳара хкы ендификаторны (ишьақәзыргыло) иамоуп аҵааҵлеи мрагыларатәи ашә ҵлеи. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аҵааҵлатә аасраҟны иеилаԥсоуп аҵааҵлеи, кавказтәи амҿыши, аԥслыши, ашьха нҷеи (Траутфеттера). Аасраҟны изызҳауа аҵлақәа 10 м рыҟнӡа иҳаракхоит, иагьхынааны иҟоуп уахьрыхәаԥшуа, акыр имахәҭаркуеит, ганрацәала аҟатагьы ахылҵуеит. Абнаҵаҟа ирызҳауеит: ахәамса, ашьхаражь, ахәар уҳәа уб.егь. Аҳаскьын игыло ҳаракуп. Аҵлақәа рымҵан иуԥылоит Ҵыкә ихәшә, абнатә геран, иасменник фҩыхаа уб. егь. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасраҟны аҵлажәлақәа рышьақәгылара аҽаԥсахлоит, уи арелиеф, аекспозициа, алитологиатә ҭагылазаашьа иахьыԥшуп. Абри аҟнытә аҵааҵлатә аасра шьақәгылоуп ахәажә зҵиаауа аҵааҵла бна ӷарреи аҳаскьын зҵиаауа аҵааҵла бна ӷарреи рыла. Ашәтә аасра иамҽханакуеит абна аҩадатәи аҳәааҟнытә алада улбаацыԥхьаӡа аҳауа ацәаакыреи аҳәырҭақәеи ирыхҟьаны.

РАМП лассы-лассы иуԥылоит ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи ашәтә аасра аҳаскьын зҵиаауа. Аҵлатә еиҵагылара-еихагылара ашәҵлақәа, анҷа ҵлақәа, аԥслыш ҵлақәа рыла ишьақәгылоуп. Ачықьтә еиҵагылара-еихагылара рацәак иҿиаӡам, иуԥылоит аџьцәа, ажьынҵәры. Лассы- лассы иуԥылоит ашымҳа зҵиаауа ашәтә аасра. Аҵла еихагылара-еиҵагылараҟны еиҳа ирацәоуп ашә ҵла, уи иацгылоит амҿыш, анҷа, аԥсаӡ. Аҵлақәа ахьеилагылоу ибзианы иҿиоит ашымҳа хәшәи ады́ӷаџьеи.

Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасраҟны иеилаԥсоу абнара еиҳа ибзианы игылоит агәаҩара хьшәашәарақәа рыҟны акыӡӷырақәа рҿы, уа, шамахамзар, анышә зынӡагьы иҟаӡам. Аҵлатә еиҵагылара-еихагыларақәа рыҟны иуԥылоит арасара, амҿыш, ашә ҵлақәа. Аҳаскьын ажәпара илагылоуп амаахыр, трахистемон, аџьармыхь, иара убас уарла-шәарла, ахәыц дагәа, алыкә, агеран, ашьапкьаҿ.РАМП аҩныҵҟа ашьхаҵәҳәыра аладахьтәи аасра злашьақәгылоу анҷаҵла алоуп. Уи ианаало ахәқәеи урҭ иаду анаарақәеи роуп. Анҷа ҵла Аԥсны ашьхаҵәҳәыра аладатәи амаҟаны зехьынџьара иуԥылоит. Ара Ауадҳара адәаҿи Анҽха ахыҵырҭаҟни мраҭашәареи аҩада-мраҭашәаратәи аекспозициаҟны уарла шәарла иуԥылоит акленарникқәа. Аӡ. Ауадҳара ахықә аҟны анҷа бна ӷарра апарктә ҟазшьоуп иамоу ма иеикәаԥсоу ҵлагылараны иҟоуп. Апарк ԥшра змоу анҷа бнараҟны аҵлақәа ма акакала инаскьага-ааскьаганы ма гәыԥ хәыҷқәаны игылоит. Аҵла гәыԥқәа рыбжьара анаара цәгьақәа рыҟны ашьхаҵәҳәыра аладахьы аҳаскьын ҳаракқәа ҿиоит, еиҳа иахьбарроу, аӡы ахьагу анаарақәа рыҟны – аҳаскьынхкырацәеи – амитә дәҳәыԥшқәа џьара-џьара аҳаскьын ҳаракқәа рылагылоуп.

РАМП изызҳауа анҷара  уникалтәқәоуп, даҽакы иаламҩашьо ԥсабаратә цәырҵраны иҟоуп, урҭ хылҵшьҭрас ирымоу шьақәыргылаӡам азы хшыҩзышьҭра ду аҭаны иҭҵаатәу иагьыхьчатәу ҵла жәлоуп.

Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны аҵәцашлыхтә жәлақәа рыҟны абна ахьынҵәо анахыс ирызҳауеит – ахәажәра аԥслашқәеи аџьцәақәеи алаԥсаны, уи ахәажәи ажьынҵәри еилаԥсаны ачықь ҵиаа шьақәнаргылоит. Ахәажә еснагь ииаҵәоу икьаҿу чықьуп, абыӷьқәа шәпаны, ашәҭ шкәакәақәа ҿалоит, уи ародоретқәа рзеиԥш еизҳара хкы шьақәнаргылоит. Ҭагалан ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны заа илеиз асы аныӡыҭлак, уи аҩынтәраан ишәҭуеит. Ахәажә аҵаҟа ишьақәгылоит ашьха-дәҳәыԥштә нышә иеиԥшым аторф рацәаны излоу анышә. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аҵиаа аҵакы даара иӷәӷәоуп. Уи аӡынызкыло, анышәзыхьчо, аҵаа, асқәа рлеира иаҿагылоу афункциақәа нанагӡоит, рапҳьа иргыланы, ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны изызҳауа згәыцәҳараку абназы.

Ашьхацәҳәыра амаҟаҟны аҵиаахкқәа рыҿиара агипсометриатә згәаҭарақәа рыҳаракыра, арелиеф аформа, иахьрызҳауа аҭыԥқәа редафиттә ҭагылазаашьа, иара убас егьырҭ аекологиатә факторқәа ирхьыԥшуп. Ахәажәра ҿиоит еиҳаракгьы ацәаакыра ахьамоу анаарақәа рыҟны, амш. аҩ. аҟн. 1400 м аҳаракырахь ихалоит. Афитоценологиа аганахьала урҭ агәыԥ дуқәа шьақәдыргылоит, рыҵан егьырҭ аҵиаақәа изрызҳаӡом ашәшьыра зычҳауа амезофилтә ҵиаақәа: ашьа́бҳаскьын, ажьынҵәры, ацәырас, иара убас алымшәҵыҭәа, ашыцламшә рыда.

Антропогентә ҵиаақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Амҩа ахықәқәа рыҟны анышә ахьыкәаҳау, аҳаскьын ахьыфоу аҭыԥқәа рыҟны ирызҳауеит асегеталтәи арудералтәи зеиԥш еизҳарахкқәа. Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә-ԥышәатә станциа астационарцәа Ачерқьес дәҳәыԥш аҟны аӡиа Риҵа акәша-мыкәша иеиҭарҳаз абнақәа рыҟны апаркқәа еиҿыркааит. Ихадоу арудералтә ҭыԥқәа рыҟны иеиҭаҳауп: амҵырбӷьы, абга аҵыхәа, аҭырас иаабац, амброзиа.  Дәҳәыԥшқәак рыҟны иуԥылоит ал қамса амҵан аҭырас, амаӷ ҳараки егьырҭ аҭыԥантәи ахкқәеи. А́маӷ ҳаракы цәырҵуеит иара убас ашьха ашьапаҿы абнараҟны амш. аҩ. аҟн.600 м аҳаракыраҟны. Еиҳарак злысра уадаҩу абнаршәырақәа рыҟны иазҳауеит, иара убас акьыртә ҿыбгарсҭақәа рыҟны. Ацәҳәырақәа рҿы иуԥыло егьырҭ аҳәирахкқәаны иҟоуп: аџьамԥа́з//ашьамашәыга, ахәац дагәа, ахәац шкәкакәа, иҷабуа алыкә, ацоупы́ иаабац.

РАМП аҭыԥҵакыраҟны 1965 ш. инаркны Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә-ԥышәатә станциа имҩаԥнагоит аинтродукциатә (аҿыцлагалақәа) ԥышәаратә усурақәа ашьхатә ҳауашьцылатә ҭыԥқәа рыҟны: астационарқәа "Риҵа" (Рициатәи амҩаду 37 км рыҟны, амш. аҩ. аҟн. 900-950 м) , "Ауадҳара" (1650 м). "Риҵа" астационар аҟны иԥышәахоит 300 таксон. Иҳаҩсыз ашықәсқәа раантәи "Ауадҳара" астационар аиҭаҳатәқәа еиқәымхаӡеит иалагалаз аиҭаҳатәқәа рзы иҟаз аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Аинтродукциа ахәышҭаараҟны иҟоуп аӡиа Риҵа азааигәара акурорттә ҭыԥ. Аиҳабыра рдачаҟны аҵлажәлақәа рахьтә ирызҳауеит анҷа бӷьыхәхәа, ачықьқәа рахьтә: ашьхаражь, ашьхарпаҿ. Аӡиа Риҵа апарк аҟны ирызҳауеит: араҵла, амҩа аҿықә аҟны - акатальпа, вистериа китаитәи, спиреи иапониатәи.

Ауадҳара иҟоуп ашьхаҳаракыратә адгьылқәаарыхра ахәышҭаарақәа руакы (амш. аҩ. аҟн.1750 м). Абнахылаԥшҩы иҭыԥ аҟны ахьча игыларҭаҟны (аӡ. Лашԥсы арӷьарахьтәи аԥшаҳәа), иаадрыхуеит акартош, аҵыҵындра, аџьымшьы, аџыш уҳәа егьырҭ ауҭраҭыхтә культурақәа.

Шәахә. иара убас[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахархәара змоу алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Заповедники Советского Союза, Москва, 1969.
  • მამისაშვილი კ., ქართული ენციკლოპედიის ირაკლი აბაშიძის სახელობის მთავარი სამეცნიერო რედაქცი, 1984. — ад. 401 (Қырҭтәылатәи Асовет енциклопедиа).

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]