Политковскаиа, Анна Степан-иԥҳа
| Анна Степан-иԥҳа Политковскаиа | |
|---|---|
|
Ганна Степанівна Політковська Анна Степановна Политковская | |
|
| |
| Ахатәы хьӡы | Ганна Степанівна Мазепаи Анна Степановна Мазепа |
| Аира |
нанҳәамза 30, 1958 ш. Ниу-Иорк |
| Аԥсра |
жьҭаарамза 7, 2006 ш. Москва |
| Аԥсра зыхҟьаз | огнестрельное ранение |
| Аԥсыжра аҭыԥ | Троекуровское кладбище |
| Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа |
| Алма-матер | факультет журналистики МГУ |
| Аусура |
ажурналист, правозащитник, ашәҟәыҩҩы, антивоенный активист, апоет, активист |
| Аусураҭаҩцәа |
Известия (1982 ш.–1993 ш.) Мегаполис-экспресс (1994 ш. рҟынӡа) Общая газета (1994 ш.–1999 ш.) Новая газета (1999 ш. инаркны) |
| Анашьамҭақәа |
премия Ганса и Софи Шолль John Aubuchon Press Freedom Award награда «За отвагу в журналистике» Всемирная премия ЮНЕСКО/Гильермо Кано за вклад в дело свободы печати премия «За свободу и будущее медиа» … еиҳаны аинформациа Авикидыррақәа аҟны |
| Ахаҵа/Аԥҳәыс | Александр Владимирович Политковский |
| Ахәыҷқәа | Вера Политковская |
| Абызшәақәа |
англыз бызшәа, аурыс бызшәа |
| Амаҵура | пресс-секретарь |
| Анаԥынҵамҭа |
|
Анна Степан-иԥҳа Политковскаиа (аур. Анна Степановна Политковская; нанҳәамза 30, 1958 ш., Ниу-Иорк – абҵарамза 7, 2006 ш., Москва) — Урыстәылатәи ажурналист, азинхьчаҩ. Нхыҵ Кавказ ирацәаны аус лухьан. Дыршьит 2006 шықәсазы. 2019 шықәсанӡа Анна Политковскаиа лҭархара иадҳәалаз аус аарԥшымызт, ацәгьаура ҟазҵаз ҳәа ирыԥхьаӡоз 2014 шықәсазы рус шырыӡбазгьы.[1]
Анысмҩа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Анна Политковскаиа диит нанҳәамза 30, 1958 ш. шықәсазы Ниу-Иорк ақалақь, хылҵшьҭрала иукраинатәыз асоветтә ҭаацәараҿы. (Даҽа хыҵхырҭақәак рыла, Анна Политковскаиа диит Украина, Черниговтәи аобласт аҿы.) Анна Политковскаиа лыжәлаҵәҟьа Мазепа ауп. 1980 шықәсазы далгеит Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет.
1982–1993 шықәсқәа рзы аус луан агазеҭқәа «Известиа», «Воздушныи транспорт», арҿиаратә еилазаара «Ескарт», аҭыжьырҭа «Паритет», агазеҭ «Мегаполис-Експресс» ахҳәааҟаҵаҩыс.[2]
1994–1999 шықәсқәа рзы Анна Политковскаиа – «Обшьаиа газета» аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыҟәша аредакторс дыҟан. 1999 шықәса ииун мза инаркны Политковскаиа журналистк лаҳасабала акырынтә дцахьан Даӷьсҭан аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рахь, дырҭаахьан ахҵәацәа рлагерқәа, анаҩс Ингәыштәыла, Чечентәыла.
Лус хада инаҷыданы, Анна Политковскаиа убасгьы лнапы рылакын азинхьчаратә усқәа: аӡбарҭаҿы иҭахаз аруаа ранацәа дрыцхраауан, Чечентәыла иҟаз афедералтә архәҭақәа еидҵоу ргәыԥ акомандаҟаҵареи Атәылахьчара аминистрреи рҟны акоррупциа аҭҵаарақәа мҩаԥылгон. 1999 шықәса, декабр мзазы Анна Политковскаиа еиҿылкааит Грознитәи абыргцәа рыҩнаҿы инхоз ԥшьынҩажәи жәҩык ревакуациа, лара лыбзоурала урҭ зегьы Урыстәыла инырхан. Аха аԥхын 2000 шықәсазы, абыргцәа ҩажәи ҩыџьаҩык Грозниҟа ирхынҳәын, «адунеи зегь иадырбарц Грозни аԥсҭазаара шышьақәгылаз». Ауаа ирымамызт аӡы, ахәшәқәа, афатә, амаҭәа. 2000 шықәса август мзазы Анна Политковскаиа лаԥшьгарала «Новаиа газета» имҩаԥнагеит агәыҳалалратә акциа «Грозни. Абыргцәа рыҩны» – еизган хә-нызқьи хәышә тонна аидареи хә-нызқь доллари.[3]
2002 шықәса, абҵарамзазы Анна Политковскаиа далахәын Москва Атеатралтә центр Дубровка иақәлаз «Риад ус-Салихин» абригада аҟынтәи ачечен еибашьцәа рыбжьацәажәара. Атеррористцәа зацәажәарц ирҭахыз ауаа рхыԥхьаӡараҿы лара лыхьӡгьы ҳәан. Абҵарамза 25, 2002 шықәсазы Политковскаиа днеит шасыс иргаз рхақәиҭтәразы еиҿкааз аштаб ахь, аибашьцәа ҭелла драцәажәеит, анаҩс адоктор Леонид Рошали лареи Атеатралтә центр ахыбрахь иҩналеит, атеррористцәа иаанкылан ирымаз аӡыржәтә рызналгеит.
2001 шықәса, жәабранмзазы Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Политковскаиа ахара лыдырҵеит акомандаҟаҵаҩ Шамиль Басаев ицхраараз ашпионаж мҩаԥылгон ҳәа, хымш фатәыда, ӡырыжәтәда дҭакны дрыман. 2001 шықәса, цәыббрамзазы Анна Политковскаиа «Новая газета» аҿы илкьыԥхьит астатиа «Ибжьаӡуа ауаа», уаҟа еиҭалҳәоит Чечентәыла Ханты-Мансиисктәи ОМОН 2001 шықәса алагамҭазы идырбаандаҩыз, анаҩс хабарда ибжьаӡыз ачечен Зелимхан Мурдалов илахьынҵа атәы. Уи ашьҭахь лара лелектронтә почтахь аара иалагеит ақәмақарра зныԥшуаз ашәҟәқәа, Ханты-Мансиисктәи ОМОН аусзуҩы Сергеи Лапин иҟынтәи. Иара хаҭала Мурдалов даанкыланы иҿахәы иҿызхуаз иакәын. Лапин ахарадҵаидрыԥхьаӡалеит «ӷәӷәалаапҟареиимаҵуратәнапынҵақәархыҳәҳәареи» рзы астатиа ала, аха ԥыҭрак ашьҭахь урҭ зегьы ихыхын.[4]
Иазгәаҭатәуп Анна Политковскаиа лҿы еихаркырц азы аҽазышәарақәа шыҟарҵахьаз уаанӡагьы. Цәыббрамза 1, 2004 шықәса, Беслан ауаа шасыс ианыргаз раԥхьатәи амш, Политковскаиа Нхыҵ Уаԥстәылаҟа иԥыруаз аҳаирплан дҭан, уаҟа илжәыз ачаи ашьҭахь лгәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩхеит. Ас еиԥш аинцидент ажурналист лколлегацәа, иара убас Беслан, ауааԥсыра ахәшьара арҭеит заа иӡбаны лыԥсҭазаара ашәарҭа аҭаргылара иазкын ҳәа. Бесланҟа лара лцара хықәкыс иаман, ачечен жәлар рыҩныҵҟа илықәыз аҳаҭыр лхы иархәаны, Аслан Масхадови, Ахмед Закаеви, ашкол №1 аанызкылаз атеррористцәеи реицәажәара аиҿкаара. Аҳаирплан аҟынтәи Политковскаиа лхы лзымдыруа днаган Ростовтәи аобласттә хәышәтәырҭахь. Ари, ихьыԥшым ажурналистка лҭархаразы раԥхьатәи ҽазышәаран.
Анна Политковскаиа «аурыс жәлари урыстәылатәи аҳәынҭқарреи раӷацәа» рсиа дахыԥхьаӡалан, уи аҩыза асиа шыҟаз аҳәамҭа ҟаиҵеит ЛДПР аҟынтәи адепутат Николаи Курианович 2006 шықәса, хәажәкырамзазы.[1]
А. Политковскаиа лҭархара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Абҵарамза 7, 2006 шықәсазы Анна Политковскаиа дҭахоит Москва, дахьынхоз аҩны аҵаларҭаҿы, ацәгьауаҩы инапала. А. Политковскаиа «Новаиа газета» аҿы аҵыхәтәантәи лкьыԥхьымҭа «Карательныи сговор» - азкын афедералтә мчқәа ирыдгылан еибашьуаз ачечен отриадқәа реилазаареи русуреи. «Новаиа газета» анаҩстәи аҭыжьымҭаҿы ианыларан иҟан лыстатиа Чечентәыла ауаа рыргәаҟра иазкыз. Аматериал аҿы иарбан Чечентәыла аԥыза-министр Рамзан Кадыров ауаа рӷьычра далахәын ҳәа.[5]
Анна Политковскаиа аҵыхәтәантәи линтервиу илҭеит «Кавказски узел» ахатәы корреспондент, лҭахара сааҭки бжаки шагыз. Уи хьӡыс иаман «Кадыров Чечентәыла ахадас дҟамлароуп» ҳәа.
Абҵарамза 15, 2008 шықәса инаркны жәабранмза 19, 2009 шықәсанӡа ицоз раԥхьатәи аӡбаратә процесс аҟны аӡбаҩцәа ариашаратә вердикт алыркааит, аха авердикт ԥсахын, аус ҿыц ахәаԥшрахь идәықәҵан. Аҩбатәи апроцесс иалагеит ԥхынгәымза 2013 шықәсазы, 2012 шықәса абҵарамзазы, ԥасатәи амилициа аусзуҩы, ауаҩшьра алахәразы зҿы зқәыԥҽыз Дмитри Павлиученков 11 шықәса аниқәырҵа ашьҭахь.[6]
Лаҵарамза 20, 2014 шықәсазы аӡбаҩцәа рколлегиа Анна Политковскаиа лҭархаразы зус рыӡбоз рыхәҩыкгьы ахара рыдуп ҳәа азырыԥхьаӡеит. Дара ишырхароу ала рҿы рықәшаҳаҭымхеит. Рашәарамза 9, 2014 шықәсазы Москватәи ақалақьтә усӡбарҭа Анна Политковскаиа лышьра аус ала азыӡба аднакылеит. Зус рыӡбоз Лом-Али Гаитукаеви Рустам Мухамедови рыԥсы ҭанаҵы аҭакра рықәҵан. Аишьцәа Ибрагими Џьабраили Махмудоваа жәаҩа, жәиԥшь шықәса аҭакра рықәҵан, Хаџьикурбанов иакәзар, ҩажәа шықәса иџьбароу арежим ала аколониахь дышьҭын.
2014–2015 шықәсқәа ирҭагӡаны ауаҩшьрзы аусҭҵаара шамахамзар имҩаԥыргомызт, Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы акәзар, зус ӡбаз рапеллиациазы аилатәарақәа цон. 2015 шықәса, хәажәкырамзазы азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны ахыҵхырҭақәа иаарыцҳаит аусҭҵаара иофициалтәым арбагақәа, урҭ ирықәыршәаны, Борис Немцови ажурналистка Анна Политковскаиеи рҭахашьа аҭагылазаашьақәа ахьеиԥшу рацәоуп.[7] 2014 шықәса, абҵарамзазы ажурналистка А. Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рышьақәыргылараз адҵа ҟарҵеит, Москва аредакциа «Новаиа газета» ахыбра аҿаԥхьа имҩаԥгаз агәаларшәаратә церемониа иалахәыз.
2015 шықәсазы иҭахаз ажурналистка лколлегацәеи илзааигәази агәынамӡара аадырԥшит аусҭҵаара амҩаԥысшьазы. «Новаиа газета» ажурналистцәа агәрагара аадырԥшит, Анна Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рыԥшаара шалшо азы. Азинхьчаҩцәа Олег Орлови Валери Боршьиови аҳәамҭа ҟарҵеит, Урыстәыла амчрақәа, абар жәышықәса Анна Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рыԥшаара шырҭахым аадырԥшуеит ҳәа. «Амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рыцәгьаурақәа ирызкыз аҵыхәтәантәи лкьыԥхьымҭақәа ҳасаб рзуны, Политковскаиа лышьра еиҿызкааз Чечентәылатәзар алшоит ҳәа агәаанагара роуит. Аха аусҭҵаарақәа рымҩаԥгараан Чечентәылаҟа уназгоз арахәыцқәа ԥыҵәҵәан. Ацәгьаура еиҿызкаазгьы деилкаамхеит», – ҳәа ациҵоит Олег Орлов.
2019 шықәсанӡа А. Политковскаиа лышьра иадҳәалоу ауаа аарԥшымкәа иаанхоит. Ауаҩшьра ҟазҵаз рус анырыӡба инаркны, ацәгьаура еиҿызкааз ишьақәыргыларазы аусҭҵаара шьаҿакгьы ԥхьаҟа имцеит.[8]
ПАСЕ
[аредакциазура | акод аредакциазура]2007 шықәса ажьырныҳәамза 25 рзы Страсбург имҩаԥысуаз ПАСЕ асессиаҿы иазыӡырҩын британиатәи адепутат Ендриу Макинтош иажәахә «Ажурналистцәа ргәаанагара аарԥшра рыԥсҭазаареи рхақәиҭреи ашәарҭара иҭанаргылоит». Ажәахә аҿы иҳәан ПАСЕ агәҭынчымра шаанарԥшуа «Европа ажурналистцәа рыԥсҭазаареи ражәа ахақәиҭреи иахьақәмақаруа» 2006 шықәсазы, иара убас ианармза 2007 шықәсазы, убри аан хазы иргәаладыршәеит Ҭырқәтәылан аерман журналист Грант Динк ишьреи Анна Политковскаиа лышьреи. Ажәалагала ҟаҵан арезолиуциа апроект аҿы иарбазарц апункт, уи аҟны ПАСЕ урыстәылатәи апарламентари рахь ааԥхьара ҟанаҵеит «Анна Политковскаиа лышьразы ихьыԥшым апарламенттә ҭҵаарақәа мҩаԥгазарц».[9]
Ахәшьарақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Анемец газеҭ Die Welt агәаанагарала, Политковскаиа «агәра улыргон акьыԥхь ажәа амчра ду шамоу». Арегионалтә еиҿкаара «Амилаҭтә еиқәырхара чечентәи аилак»:
Нхыҵ Кавказ иаанхеит ирацәаҩны Анна Политковскаиа гәыкала илзыҟоу ауаа, лыԥсра зхатә хьаа еиԥш издызкылаз. Лара лыбзоурала ирацәаҩын згәы зҟажоз. Лара лыбзоурала анацәа, аеҳәшьцәа ргәырҩа атәы заҳаз маҷҩым. Анна Политковскаиа лыхьӡ ажурналисттә гәымшәареи аиашареи иадыркылоит.
Москватәи Хьельсинктәи агәыԥ анапхгаҩы Лиудмила Алексеева лгәаанагарала, Политковскаиа даҿагылан азиндара, ақәымчра, амц. Лара ишьақәлырӷәӷәеит аӡәы ихалагьы аибашьра адәаҿы илшо шырацәоу.
Иасен Засурски, МГУ ажурналистика афакультет адекан, Анна Политковскаиа рҵаҩыс илымаз, аҳәамҭа ҟалҵеит: «Лара лыԥсра – ааха ӷәӷәоуп ҳжурналистиказы, избанзар лара ҳжурналистика аламыс дахаҭарнакын. Сгәы иаанагоит, Анна Политковскаиа ҳара ҳгәалашәараҿы даанхоит зыламыс цқьоу, акоррупциеи ауаҩы изинқәа реилагареи ирҿагылаз аӡәы лакәны».[10]
Ашәҟәқәа, афильмқәа, арепортажқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Анна Политковскаиа дравторуп Чечентәылеи Урыстәылеи аҭагылазаашьақәа ирызку адокументал-публицистикатә шәҟәқәа жәпакы. Урҭ рахьтә ирацәоуп аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рахь еиҭагоу. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы: «Путешествие в ад. Чеченски дневник», «Втораиа чеченскаиа», «Путинскаиа Россиа» уҳәа убас егьырҭгьы.
Ирацәоуп Анна Политковскаиа илызку адокументалтә фильмқәеи арепортажқәеи:
Анна Политковскаиа. Убить журналиста. Адокументалтә фильм РенТВ
Совершенно секретно: Политковскаиа.
Совершенно секретно: Муратов Политковскаиа лзы.[8]
Аҳамҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Анна Политковскаиа – дырлауреатуп урыстәылатәи жәларбжьаратәи ажурналисттә премиақәа. Чечентәылантәи арепортажқәа рсериазы 2000 шықәса, ианар мзазы лара иланашьан апремиа «Золотое перо России». Анна Политковскаиа иланашьан егьырҭ апремиақәагьы:
Адиплом «Золотои гонг-2000» Чечентәылантәи аматериалқәа рсериазы.
Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла апремиа «Добрый поступок – доброе сердце».
Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла апремиа, акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара иазку аматериалқәа рзы:
Вальтер Гамниус ипремиа (Берлин) – «Аграждантә фырхаҵаразы»,
ОБСЕ есышықәсатәи апремиа «Ажурналистикеи адемократиеи рзы» – «Чечентәыла ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьазы апубликациақәа рзы».
Аҭаацәара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Анна Политковскаиа дҭаацәаран 1978 инаркны 2000 шықәсанӡа. Лара лыԥшәма – атележурналист Александр Политковски. Анна илҭынхеит ҩыџьа ахәыҷқәа: лыҷкәын Илиа, лыԥҳа Вера.[1]
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 1,2 "БИОГРАФИЯ АННЫ ПОЛИТКОВСКОЙ". novayagazeta.ru (аурыс бызшәала). Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- ↑ "Краткая биография автора". Книгогит. Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- ↑ "Анна Политковская - биография". 24smi. Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- ↑ "Анна Политковская. Биография". Регнум. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 10 рашәарамза 2025 ахь. Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- ↑ "Убита журналист Анна Политковская". Газета.ru. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 19 рашәарамза 2021 ахь. Ириашоу 7 жьҭаарамза 2006 шықәсазы.
- ↑ "Убита Анна Политковская". lenta.ru. Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- ↑ "Журналист променял жизнь на профессию". Газета «Коммерсантъ». Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- ↑ 8,0 8,1 "Политковская Анна Степановна". Кавказский Узел. Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- ↑ "ПАСЕ намерена потребовать от России парламентского расследования убийства Политковской". newsru.com. Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- ↑ "АННА СТЕПАНОВНА ПОЛИТКОВСКАЯ – Letters". novayagazeta.ru. Ириашоу 6 цәыббрамза 2026 шықәсазы.
- Нанҳәамза 30 рзы ииз
- 1958 шықәсазы ииз
- Абҵарамза 7 рзы иԥсыз
- 2006 шықәсазы иԥсыз
- Урыстәылатәи ажурналистцәа
- Аполитикатә шьрақәа ирықәшәаз Урыстәылатәи ажурналистцәа
- Мазепаа
- Москватәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа
- Урыстәыла ишьыз ауаа
- Аибашьра иаҿагыло Урыстәылатәи активистцәа
- Урыстәылатәи адиссидентцәа
- Урыстәылатәи апацифистцәа
- Украинатәи ахылҵшьҭра змоу аурысцәа
- Урыстәылатәи активистцәа
- Урыстәылатәи арратә корреспондентцәа
- Урыстәылатәи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы активистцәа
- Новая газета