Папасқьыр, Мушьни Гьаргь-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Мушьни Гьаргь-иԥа Папасқьыр (аур. Мушни Георгиевич Папаскир; ԥхынҷкәынмза 301915 ш., Кәтол ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруглаҵарамза 171999 ш.) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист, алитератураҭҵааҩ, акритик.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Диит 1915 шықәса ԥхынҷкәынмза 30 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Ипсҭазаара далҵит 1999 шықәса. Джуп Кәтол ақыҭа. Абраҟатәи иҵара анаҩс, 1926 шықәсазы даанхоит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа бжьаратә школ, далгоит 1935 шықәсазы. Иара абри ашықәсан аҵарахьы дцоит Москваҟа, мызқәак аҵара иҵон Арҵаҩратә институт аҟны, нас, аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут ахь диасуеит, абраҟагьы, мызқәак аҵара ааиҵоны, игәамбзиара иахҟьаны Аԥсныҟа дхынҳәуеит.

1951 шықәсазы М. Папасқьыр дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт, далгоит 1956 шықәсазы.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1932 шықәсазы.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 907-908

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]