Перейти к содержанию

Никорҵминда

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Никорҵминда

Никорҵминда (ақырҭ. ნიკორწმინდა) — аҟәырӷтә аныхабаа Амбролаури амуниципалитет абриҵәҟьа ахьӡ змоу ақыҭаҿ. X ашәышықәса аҵыхәтәаны Раҷаҭәи ахадара аԥҵара ашьҭахь, азеиԥш афеодалтә Қырҭтәыла актәи аҳ Баграт III идҵала ашьаҭа акхеит Николоз цқьа ихьӡ зху аныхабаа ду аргылара, иарбану абри ахадара акультуратә центрны иҟалаз.

Никорҵминда аныхабаа амилаҭтә аргылаҩцәа ршедевроуп. Иргылоуп XI ашәышықәса алагамҭаҿ, 1010-1014 шықәсқәарзы. Абри уи апериодоуп, азҽлымҳара ду анрыҭахоз афасадтә декорациатә аҩычара. Иашаны абри аганахьала Никорҵминда адекор ақырҭуа амонументтә пластика анагӡароуп.

Абаҟа аҟазаара аҩныҵҟа аԥсахра дуқәа ахнамгац. Абри иҷыдалкаауп. Аныхабаа аҟәырӷ раԥхтатәи асахьа азаанханы иҟоуп.

XVI ашәышықәсаҿ Имерети аҳ, Баграт III ицхыраарала Никорҵминда идырҿыцит. Абри афакт шьақәырӷәӷәагоуп 1534 шықәсазы аҳ ила аныхабаа ианашьоу адырԥса:

  • «Ҳара аҳцәа раҳ Баграт… иҳаргылеит аныхабаа… иаԥаҳҵеит ихадоу еипископраны»

Абри инаркны, Никорҵминда Раҷа аепископра аныхабааны иԥхьаӡоуп.

Никорҵминда иазкны аӡәымкәа аҭоурыхҭҵааҩцәа ма аныҟәаҩцәа ирыҩуан. XVIII ашәышықәсаҿ аныхабаа иахәаԥшит аурыс ацҳаражәҳәаҩцәа, Толочанов, Ивлеев: “ҳцеит аҳ Александр Раҷа ахьы… ауахәама ахьӡуп, идуу, иџьашьатәу, Николоз иџьашьахәу ихьӡала… ауахәама ааигәара иҟоуп ахаҳәтә агәараанда ҩ-ҩнашәк аманы. Абриҵәҟьа ауахәамаҿ анышә иамадоуп аҳ иазааигәоу ауацәа… акардамақәа ихагалоуп ауахәама аҭӡқәа рҿы”. Ацҳаражәҳәаҩцәа рҭаҩымҭақәа рҿы иазгәаҭоуп ауахәама агәараанда, иарбану иахьа иаҿыбгахьеит, мацара уи ацәынхақәа роуп иаанхаз. Мацара аҳ изку иазааигәоу ркардамақәа, урҭ абаҟа арҿыцраан ихырҩеит.

Ауахәама аформала агәҭа аҟәырӷ зхагылоу ауп. Аныхабаа аекстериер иуадаҩуп, аелегантра иалкаау, иалукааны аҟәырӷ ахәда амассивра иахҟьаны, аха аорнаментқәа рырацәара, реиуеиԥшымзаара, анагӡара даара иҳараку ахаҭабзтара ахәаԥшҩы иӷәӷәоу агәашьҭанҵара инаҭоит. Ақьырсиантә асиужетқәа рывараҿ ирацәоуп убри аҩыза амотивгьы, иарбанқәоу жәлартә раԥхьатәи ареқьырсиантә агәрахаҵара иадҳәалазароуп. Аныхабаа адәахьала зганқәа кьаҿу зкәакьҭа иашоу аџьар аформақәа амоуп, аҩныҵҟантәи хә-аԥсидиак амоуп, амраҭашәарахьала зкәакьҭа иашоу аган амоуп. Апсида ашвелерқәа, иарбанқәоу агәашьа абжа аформа змоу, ихагалоуп аҟәырӷ ахәда. Ф-хәҭакны ма аҟәырӷ аргьажьахь аиасра иҟалоит аԥрақәа рыла. Аԥшьаҭыԥ апсида абалкеи амраҭашәаратә амахәҿа иахҟьаны аҩныҵҟатәи аиужьра улаԥш иҵашәартә ирроуп ихадоу алыра иавакны амрагылара аҟынтә амраҭашәарахь. Никорҵминда афасадқәа, адҟаҵалақәа, аҭаԥҟақәа рыда, иамоуп акрызҵазкуа арелиефтә аҳаҭәарақәа рыла: абри иҟоуп ацқьақәа рсахьақәа, аиҿартәышьа рацәа змоу асценақәа, иреалу, афантастикатә аԥстәқәа.

Амрагыларатәи афасадаҿ иарбоуп аҽеиҭакратә сцена, мацара аладахьтәи афронтонаҿ Қьырса аҩбатәи ихынҳәра, аџьар арҳаракратә композициақәа, иарбанқәоу ҵакыла иныҟәызгоу анцәа илшара аидеа. Иалукаартә иалкаауп аныхабаа акамара, изныԥшуа аорнаментла иҩычоу ашәахәа, уи аҟны иҭартәоу аџьар. Ауахәама афасадқәа ирыдуп ибзианы ицәу ахаҳәқәа, аус адулоуп еиҟәымҵәоу ахыргьагьа рыла. Абри аҩыза ахыргьагьала аус адулоуп 12 ԥенџьырк змоу аҟәырӷ ахәдагьы. Аԥенџьырқәа иаакәыршаны ирыццоит иҭаԥҟоу аршисқәа. Аладтәии амраҭашәаратәии аҩнашәқәа ԥыҭрак ашьҭахь иадҟаҵалоуп, аха урҭгьы XI ашәышықәса I абжа иаҵанакуеит. Аныхабаа ашҭаҿ ихагалоуп х-ехагылак змоу асаркьалсырҭа иарбану XIX ашәышықәса II абжаҿ иргылоу.

Аныхабааҿ иҟоу имариам асахьаркыра XVI-XVII ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит, иалкаауп асахьаркыра ҩ-ҿыгҳарак. Ирацәоуп аԥшьацәа рпортретқәа, иарбанқәоу изцу адҩылақәа. Иҭаҳҵаауеит, Никорҵминда ԥасатәи абжьаратәи шәышықәсақәа раан аҭыԥантәи аҭауадцәа, Ҵулукиӡераа рнышәынҭра шакәыз. Абарелиеф аовалтә аганахь иҭыԥыркуп иԥшӡаны иҭаҿаҟәоу адҩыла, адҩыла ишьақәнарӷәӷәоит аныхабаа аргылара арыцхә, хаҭала, Баграт аҳ 1010-1014 ашықәсқәа раан импыҵаихалаз, абри апериодаҿ ауп Никорҵминда ианыргылоу.

Ауахәама амраҭашәаратә аҭӡаҿы, аԥенџьыр арӷьарахьала, дарбоуп аныхабаа аԥшьаҩы Гиорги: “Николоз ацқьа, дырқьиа Гиорги аԥшьаҩы абри ауахәама ацқьарала”. XI-XIII ашәышықәсақәа раан Никорҵминда Раҷа Ерисҭави (аиҳабы) Кахабериӡераа рыжәлантә аберҭыԥ акәын, иарбан ишьақәырӷәӷәахоу аныхабааҿ иҟоу акымкәа адҩылала: “Сара Кахабер… Аерисҭавцәа Рерисҭав Рати иԥа иҟасҵеит аныхачаԥа аџьар ианырҵаз итәы… аныҳәараз сара сԥа Аерисҭавцәа Рерисҭав, Раҷа Ерисҭав Рати”.

XIII ашәышықәса 80 ашықәсқәа раан амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҳ, Давид VI Нарин аӷалатра ахарадҵарала Кахабериӡераа рдинастиа иқәихит. Ииашаны абри амзыз акәын, Никорҵминда дзарӡыз ахылаԥшҩы, уи иубартә иԥсыҽхеит. XVI ашәышықәса 30 ашықәсқәа раан Имерети аҳ Баграт III иааирԥшит ахӡыӡаара, ирҿыцит аныхабаа.

Аныхаҩыра, асахьаркыра аҩбатәи ауаажәларахәҭа иазкуп XVII ашәышықәса. Асахьақәа ишаҳдырбоу еиԥш, уи асахьа анызароуп Ҵулукиӡераа рфеодалтә ажәла ала абриҵәҟьа ашәышықәса аҩбатәи абжаҿ.

2007 шықәса абҵарамза 24 аҟынтә Никорҵминда аберҭыԥ иалагалоуп Аиунеско адунеи ҭынхара аԥышәаратә сиаҿ.

2012 шықәсазы ареабилитациатә аусурақәа раан аҷышәла ихҩоу аҩнашәқәа рҿы иааԥшит XVI ашәышықәса ҟалаанӡа идырым афрескақәа: аныхабаа актиторцәа, аҭыԥантәи афеодалцәа, ауоԥшәыл хада Миқаел исахьақәа. Афрескатә адҩылақәа руакы дыунарбоит аныхабаа аҭыхҩы, Џьавахаӡе. Актиторцәа рсахьақәа рыҟны иарбоуп ҩ-џьарк, Џьавахаӡераа, Ҵулукиӡераа.

  • ზაქარაია პ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 7, თბ., 1984. — გვ. 435.