Перейти к содержанию

Нариҟала

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Нариҟала

Нариҟала (Нарин Кала) — ажәытәтәӡатәи аамҭа иатәу абаа, иарбану Қарҭ, аӡиас Мтквари(Кура) изқәыԥшуа. Нариҟала (Перс. Нариҟала - ацитадель, аҩныҵҟатәи абаа), Қарҭ абаа - Кала игәиану ахьӡ ауп. Ахыҵхырҭақәа рҿы раԥхьа иарбоуп 1772 шықәсазы агерман ныҟәаҩ Иоҳан Гиулденштедт иҟны. Абаа абаагәара ҩ-секциак аҟынтә ишьақәгылоуп, иарбану анаара ҳаракаҿ иҟоуп асератә аҽыкәабарҭақәеи аботаникатә баҳчеи рыбжьара. Нариҟала ҵаҟатәи ашҭаҿ ҿыц ирҿыцу Николоз цқьа ихьӡ зху ауахәама, имаҷу акафе ыҟоуп.

Алегенда иахәаԥшны абаа ахаҭа ақалақь еиԥш аҳ Вахтанг Горгасали иаԥиҵеит. Аҭоурыхдырҩцәа рверсиакала IV ашәышықәсаан аҳ Аараз-Бакур абаа иргылеит абри аҭыԥаҿ иарбану анаҩс Иран анапаҵаҟа иҟалаз, иарбану аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рҿы иарбоу “Шури абаа” еиԥш, V ашәышықәса абжьаратә епохаҿ Қарҭли аҳцәа идырхынҳәит абаа. VII ашәышықәсаан, ԥыҭрак ашьҭахь Давид Аӷмашьенебели(Аргылаҩ) ила (1089-1125) акырӡа ирҭбаахеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иааз амонголцәа уи “Нарин Кала” (“Имаҷу абаа”) ахьӡырҵеит. Иахьанӡа иааз ихадоу арӷәӷәарақәа XVI, XVII ашәышықәсақәа ирхаануп. 1827 шықәсазы абаа абаагәара еиҳау ахәҭа адгьылҵысра ааха анаҭеит, еиланажьит.

Абаа иуадаҩу асистема ахыхьчаратә аргылара акәын, иӷәӷәоу аҭӡқәа рыла, абаашқәеи апантезқәеи рыла (Абастионқәа рыла) ирӷәӷәоу, иуадаҩны анеирҭала, аганала. Заатәи аргылара ашьҭақәа иахьагьы иаанханы иҟоуп абаа аҩада-амрагыларахьала акәакьаҿ игылоу абааш аҭӡқәа рҿы, ицәу ахаҳә асахьала.

XVII ашәышықәсанӡа абаа аҩныҵҟатәи аҵакырадгьылаҿ, аҩналарҭа аҳаԥкылҵа аҟны иҭыԥыркызаап “Аҳ иаҳҭынра”. Қарҭл-Кахети аҳра Урыстәыла адҵара ашьҭахь (1801 ш.) анацәа рныхабаа иарӡит ԥыхьатәи аҵакы, изыхҟьаз убра иҭыԥыркхеит аурыс ир абџьартә ҵәахырҭа. Хаҭала, Николоз цқьа иныхабааҿ иҭыԥыркызаап, иарбану 1847 шықәсазы адыдмацәыс ашьҭахь иԥжәаз.

Нариҟала абаа аҭоурыхтә баҟақәа рыбжьара ажәытәтәиӡа абаақәа руакы ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи еснагь асас рацәа аҭааует, инеиуа рыбжьара аинтерес ду арҿиоит. Нариҟала Қырҭтәыла акрызҵазкуа акультуратә-аҭоурыхтә баҟақәа руакоуп.

  • ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 7, თბ., 1984. — გვ. 321.
  • ბერიძე, თ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 11, თბ., 1987. — გვ. 58.
  • ჟურნ. „ძეგლის მეგობარი“, 1977 წ. გვ. 8-15; 1971წ, გვ.27-31.
  • ჟურნ. „საბჭოთა ხელოვნება“, 1965 წ. 2, გვ. 49-54.