Мухина, Евдокиа Афанаси-иԥҳа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Евдокиа Афанаси-иԥҳа Мухина (диит жәабранмза 161925 ш.) — Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 1941-1945 шш. иалахәыз.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

16 шықәса ирҭагылаз акомҿар ԥҳәызба цәыббра мза 1941ш. рзы лхатә гәаԥхарала далалоит Ар Ҟаԥшь. Қәрала иқәыԥшӡаз, арраҿы арадист изанааҭ анлоу дцоит аҕа итыл ахь. Лара аԥшыхәҩцәеи апартизанцәеи дрыцхраауан, еиқәлыршәон еимадарала, лхала ахсаалаҿы иазгәалҭон аҕацәа рырратә обиектқәа, зны-зынлагьы лара иҟалҵоз адыррақәа рыла ҳартиллериеи ҳҳаирпланқәеи аҕа ирҭон аахақәа. Аибашьра ашьҭахь Евдокиа Афанаси-иԥҳа аус луан санитаркас аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы, аибашьра иадҳәалаз лгәалашәарақәа рыла илҩит аповест «Восемь сантиметров». 1975 шықәса рзы арежиссиор Иарополк Лапшин ари ашәҟәы амотив ала иҭихит асахьаркыратә фильм «Назначаешься внучкой».

Евдокиа Мухина иланашьан Аибашьра Абираҟ Ҟаԥшь аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II- аҩаӡара, «Аџьынџьтәылатә еибашьра апартизан» амедал убас иҵ. Евдокиа Афанаси-иԥҳа депутатс дыҟан, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум далахәын.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]