Мсыгәхәа ашьхан иҟоу ауахәама
Мсыгәхәа ашьхан иҟоу ауахәама (ақырҭ. მსიგხვის მთის ეკლესია) — Аԥсны Арсаул (Приморское; ԥаса ақыҭа «Аҟәара») ақыҭа азааигәара иҟоу ауахәама, 3 километрк рыла Амшын еиқәа иацәыхараны, аӡиас Цәкәара аҩхааҿы иҟоу аҳаракыраҿ игылоуп, аҭыԥантәи ауааԥсыра абриаҳаракыра Мсыгәхәа ашьха ҳәа иашьҭоуп.
Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарԥшу ақырҭуа адҩылақәа инрықәыршәаны, ауахәама иргылан VIII-IX ашәышықәсқәа рзы, Амаалықь хада Михаил ихьӡала. Ахцәажәара 1962 шықәсазы Мсыгәхәа ашьхаҿ аарԥшын ажәытәӡәатә акульттә ргыламҭа ахыжәжәарақәа, раԥхьаӡа акәны абри аҭыԥ аҿы археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥигеит аԥсуа аҭоурых-культуратә ҭынхара аҭҵааҩы Вианор ԥачулиа, аха, анеҩс, Қырҭтәыла абаҟақәа рыхьчара ауаажәларреи Қырҭтәыла аҵарадырратә академиа иаҵанакәа Д. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститути рыдҵала, абаҟа аҭҵаара иалагеит аԥсуа аҵарауаҩ Анатоли Кациа дызхагылаз аекспедициа ҷыда, иара иоуп зыхьӡ ҳәоу ауахәама иара иахьгылоу ашьха ахьӡ ахызҵаз. Аекспедициа алахәылацәа Мсыгәхәа ашьхаҿ иҟоу ауахәама аҟынтә аҩадахьала, 2 километрак рнеҩс, Аҷануа ашьха анаараҿ даҽа уахәамак аадырԥшит, уи, иара иахьыҟаз аҭыԥ инақәыршәаны, «Аҷануа ауахәама» ҳәаахьӡарҵеит. Мсыгәхәа ашьхаҿ иҟоу ауахәамеи „Аҷануа ауахәамеи“ иазкны аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы адыррақәа иҟам, абарҭ ауахәамақәа ирызку ҿырҳәалатәи аинформациагьы аанымхеит. А. Кациа ишиҩуа ала, Мсыгәхәа ашьхаҿ иҟоу ауахәама абжьарашәышықәсақәа ирыҵанакәа аҟәырӷтә ргыламҭоуп, инаау ахыргьагьа ала. Аҟазараҭҵааҩцәа ргәаанагарала, зыӡбахәы ҳәоу ашьхатә уахәама ақырҭуа архитектура адыргақәа амоуп, Қырҭтәыла егьырҭ аҭоурыхтә ҭыԥқәа рҿы иҟоу ауахәаматә ргыламҭақәа излареиԥшу адыргақәа убарҭоуп. Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иубарҭоуп аргыламҭа еиуеиԥшым аструктуратә детальқәеи, адекорациеи, нада - аадала еиҟароу ахаҳәҟьаԥсқәа рфрагментқәеи, еиуеиԥшым архитектуратә декор ала иҩычоу ахаҳәтә ныҳәарҭа афрагментқәеи, ауахәама ахыб афрагментқәеи, ақырҭуа адҩыла змоу „Мальтатәи аџьар“ зну акерамикатә ахаҳәҟьаԥсқәеи.
Адҩылақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарԥшу акрамиттә антефиқсқәа ирнуп ақырҭуа асомҭаврули адҩылақәа. Акрамиттә аибаркыгақәа формак ала иҟаҵоуп, урҭ еихшьааланы иалҵуеит „Мальтатәи аџьар“. Инеизакны аарԥшуп адҩылақәа змоу 46 акрамиттә антефиқсқәа. Урҭ рҟынтә 43 Пицундатәи ауахәамаҿ ишьҭоуп, егьырҭ хԥа – Корнели Кекелиӡе ихьӡ зху анапҩырақәа амилаҭтә центр аҿы. Антефиқсқәа рҿы иҟоу адҩылақәа ҩбаны еиду арамка иҭасаны иҟоуп, аҵакы инақәыршәаны иуҳәозар, 2 гәыԥк ирыҵанакәеит. Актәи агәыԥ адҩылақәа:
«„ქ(რისტ)ე, შ(ე)ჲწყ(ა)ლე მ(ი)ქ(აე)ლ, ა(მე)ნ.“»
|
Абри аҵакы змоу 30 цыра адҩылақәа идыруп. Аҩбатәи агәыԥ адҩылақәа:
«„მ(ი)ქ(აე)ლ, ა(მე)ნ.“»
|
Абри атекст ихьчоуп 16 акрамиттә аибаркыгақәа рҿы. Адҩылақәа рҵакы аҟынтә ишубарҭоу ала, Михаил ҳәа захьӡыз аӡәы анажьра даҳәон Амаалықь хада Михаил ихьӡала иара ихаҭа ииргылаз ауахәамаҿы. Апалеографиатә ганахьала иуҳәозар, Мсыгәхәа ауахәама адҩылақәа рҿы иубарҭоуп ақырҭуа асомҭаврули анбан азы иҟазшьарбагоу ажәытәӡатә дыргақәа: адҩылақәа арелиефтә аихҵәарсҭа ду рыла иҟаҵоуп — аграфемақәа арелиеф иҭаԥҟаны иҟоуп. Аихҵәара аан ихьчоуп ҩ-цәаҳәактәи аҩыратә аҳа атрадициеи асомҭаврули азы иҟазшьарбагоу амонументалреи.
Аамҭарбара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Мсыгәхәа ашьхаҿ иҟоу ауахәама архитетуратә детальқәеи апалеографиатә дыргақәеи иазԥхьагәаҭаны иуҳәозар, ауахәама аргылареи адҩылақәа рыҟаҵареи ҵаҟатәи ахронологиатә аҳәаа VIII ашәышықәса акәзар ҟалап, хыхьтәи ахронологиатә аҳәаа - X ашәышықәса алагамҭа.