Моцарт, Вольфганг Амадеи
| Моцарт, Вольфганг Амадеи | |
|---|---|
| Johann Chrysostomos Wolfgang Gottlieb Mozart | |
|
| |
| Ахатәы хьӡы | Joannes Chrysostomus Wolfgangus Theophilus Mozart |
| Аира |
ажьырныҳәамза 27, 1756 ш. Зальцбург |
| Аԥсра |
ԥхынҷкәынмза 5, 1791 ш. Вена |
| Аԥсыжра аҭыԥ | Кладбище Святого Марка |
| Анхарҭа | Mozart's birthplace |
| Атәылауаҩра |
Эрцгерцогство Австрия, Зальцбургское архиепископство, Священная Римская империя |
| Азанааҭ |
композитор, музыкальный педагог, пианист, музыкант, органист, скрипач |
| Аусураҭаҩцәа |
Count Hieronymus von Colloredo Иосиф II |
| Арҿиара дуқәа |
Волшебная флейта Свадьба Фигаро Дон Жуан Так поступают все Похищение из сераля … еиҳаны аинформациа Авикидыррақәа аҟны |
| Ирнырит |
Иоганн Йозеф Фукс Иоганн Себастиан Бах |
| Анашьамҭақәа | орден Золотой шпоры |
| Адин | акатоликра |
| Ахаҵа/Аԥҳәыс | Констанция Моцарт (1782 ш.–1791 ш.) |
| Ахәыҷқәа |
Карл Томас Моцарт, Франц Ксавер Вольфганг Моцарт |
| Абызшәақәа |
Аиталиан бызшәа, англыз бызшәа, афранцыз бызшәа, Алаҭын бызшәа, анемец бызшәа |
| Анаԥынҵамҭа |
|
Иоганн Хризостом Вольфганг Теофил Моцарт (агер. Joannes Chrysostomus Wolfgang Theophilus Mozart; даҽакала Вольфганг Амадеи Моцарт [ˈvɔlfɡaŋ amaˈdeus ˈmoːtsaʁt] алман бызшәала ; ажьырныҳәамза 27, 1756 ш., Зальцбург — ԥхынҷкәынмза 5, 1797 ш., Вена, Австриа) — еицырдыруа австриатә композитори, аинструменталистеи дирижиореи.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Вольфганг Амадеус Моцарт диит 1756 шықәса азы. Уи иаб Леопольд Моцарт, иҷкәын илаз абаҩхатәра арҿиаразы, композиторк, теоретикк иаҳасабала икариера мап ацәикит. Иара Моцарт рҵаҩыс диман аскрипка, афортепиано, амузыкатә теориа азы, анаҩс урҭ рзы дихыҳәҳәо дагьыҟалоит. Моцарт ԥшьышықәса анихыҵуаз афортепиано азы аконцертқәа иҩуан, жәеиза шықәса анихыҵуаз раԥхьаӡатәи иопера ҩны далгеит. Моцарт ихәыҷра еиҳарак иаҳәшьа дицны Европа дшакәшоз ихигеит. Раԥхьаӡа аусура иоуит жәаха шықәса анихыҵуаз архиепископ Зальцбург иҿы. Уи уа аус иуан жәаҩа шықәса, арихиепискап иусура дамихаанӡа. Моцарт уи аамҭазы адунеи аҿы амузыка аҳҭнықалақьс иҟаз, Венаҟа диасуеит. Иара авундеркинд иаҳасабала ақәҿиара ду иман, аха ианизҳа аусурҭа аԥшааразы ауадаҩрақәа иныруа далагеит.
Вена ақалақь аҿоуп Моцарт Гаидн дахьиқәшәаз, уи Моцарт имҵәыжәҩа дыҵакны диман, абык иаҳасабала ибаҩхатәра дахӡыӡаауан. Моцарт ихы зланиҟәигоз аԥара ирҳарц азы аоперақәа иҩуан, урҭ лассы ауаа ирылаҵәон.
Моцарт амузыкатә идеиақәа деимаркуан. Иара акомпозициақәа раԥҵаразы ус хаданы иҿаԥхьа иқәгылаз, амузыка ақьаад анҵаракәын. Уи аамҭаз иара Алоиза Вебер захьӡыз аԥҳәызба бзиа дибеит. Уи ажәа лниҵеит, аха лара мап лкит, усҟан лара лҭыԥан лаҳәшьа Констанца ԥҳәысс дигеит. Моцарт икомпозициа ду симинор ичаразы иҩит.
Композиторк иаҳасабала Моцарт аихьӡара дуқәа иоуит Прага данаҭаа. Иары идҵан акымкәа аоперақәа рҩра, икариерагьы ақәҿиарақәа аман.
Изымдырӡоз аӡәы ареквием иҩырц ианидигала, Моцарт уи иара ишитәыз ала агәра ганы дыҟан, ус иагьыҟалеит, иара диашахеит. Иара уи алгара даара дахыццакуан, аха аҵыхәтәан хәҭақәак роуп дзыхьӡаз, иара убас иаанхаз ахәҭақәак рысхема аанажра дахьӡоит. Иара иԥсҭазаара далҵуеит игәабзиара ахьыуашәшәыраз иахҟьаны ҩажәи жәохә шықәса анихыҵуаз. Ареквием уи иҵаҩцәа иреиуаз – Сассмеир ихиркәшеит.
Моцарт дполитика уаҩымызт. Уи дыклассикын. Иара Бах ихә ҳаракны ишьон, иаԥиҵеит 49 симфониеи 18 опереи.