Перейти к содержанию

Миқаиа, Мушьни Ирод-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Миқаиа Мушьни Ирод-иԥа
Микая Мушни Иродович

Миқаиа Мушьни Ирод-иԥа
Аира 22.02.1932
Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа
Аԥсра лаҵарамза 24, 2018 ш.
Аҟәа
Аусура 23
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа,
аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра

Миқаиа Мушьни Ирод-иԥа (аур. Микая Мушни Иродович; 22.02.1932, Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – 23.05.2018) - аԥсуа поет, апрозаик. СССР-и (1967) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. Дыҩуан аԥсышәала.

Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратәи ашкол даналга (1948) дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа, аха ичымазара иахҟьаны иҵара аанижьуеит. 1952 ш. аԥырратә ҵараиурҭа даанахәоит, аамҭак азы аҳаирпланқәа рыла дԥыруан. Аԥсныҟа даныхынҳә (1957), А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалоит. Иҵара хиркәшоит 1962 шықәсазы. Абри ашықәс инаркны ажурнал «Алашара» аредакциа аҟны литературатә усзуҩыс дрыдыркылоит, уи нахыс апоезиа аҟәша деиҳабын.

Раԥхьатәи иажәеинраала «Ашьыжь» А. Н. Џьонуа иаԥхьажәа «Мҩамш» ацны агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ианылеит (1948). Ашьҭахь иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа – Сухум», аизга «Ерцахә», агазеҭқәа: «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва) уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа маҷымкәа ианылеит «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи реизгақәа ҭижьит. Авторс дрымоуп убас ароманқәа «Ахҟа», «Ашацәа ртәарҭа».

Иажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь. 1968 ш. қырҭшәала иҭыжьын иажәеинраалақәа реизга «Амахә шкәакәа».

  • аԥсышәала: Ашәҭи аӡаӡеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1962.
  • Ааԥынтәи ашьыжь. Ажәеинраалақәа. 1965.
  • Ашацкыра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1971.
  • Аԥслымӡ шаха. Аҟәа, 1975.
  • Адәҳәыԥш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1977.
  • Аԥра шкәакәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979.
  • Аеҵәа ашьҭа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1981.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа. Аҟәа, 1982.
  • Ахәыҷра аҵла. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәеи алакәқәеи. Аҟәа, 1985.
  • Уаҵәтәи амш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986.
  • Ашара ашьҭыбжь. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1989.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Алегендақәа. Аҟәа, 1996.
  • Ахҟа. Ароман. Ҩ-шәҟәыкны. Аҟәа, 2003.
  • Аххьаа рахәыцқәа. Ажәеинраалақәа. (2001-2005). Аҟәа, 2006.
  • Иҩымҭақәа реизга: Х-томкны. Аҟәа, 2008-2009.
  • Амзаҭәымҭа. Ажәеинраалақәеи абалладақәеи. Аҟәа, 2011.
  • Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәеи алакәқәеи. Аҟәа, 2013.
  • Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013.
  • урысшәала аиҭагақәа: Раздумья. Стихи. Сухуми. 1984.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 926-927