Микеланџьело
| Микеланџьело Буонарроти | |
|---|---|
| Michelangelo Buonarroti | |
|
Даниеле да Вольтерра. Микеланџьело ипортреҭ. Адеталь. 1545ш инарзынаԥшуа. Амҿы, ахәша. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк | |
| Ахатәы хьӡы | Michelangelo di Lodovico Buonarroti Simoni |
| Аира |
хәажәкырамза 6, 1475 ш. Акапрезе, Тоскана, Флоренциатәи ареспублика |
| Аԥсра |
жәабранмза 18, 1564 ш. Рим, Лацио, Апапацәа ртәылаҿацә |
| Атәылауаҩра | Флоренциатәи Ареспублика, Апапацәа ртәылаҿацә |
| Азанааҭ | Асахьаҭыхҩы, архитектор, аскульптор, апоет, аподриадҟаҵаҩ хада |
| Амеценатцәа | Лоренцо Иблахкыгоу, Иули II, Лео X, Павел III |
| Анаԥынҵамҭа |
|
Микеланџьело Буонарроти, мамзаргьы Микеланьоло, Микеланџьело[1]; ахьӡ наӡаны Микеланџьело ди Лодовико ди Леонардо ди Буонарроти Симони (аиталиан бызшәала Michelangelo di Lodovico di Leonardo di Buonarroti Simoni; Хәажәкырамза 6, 1475ш, Капрезе, Флоренциатәи ареспублика — жәабранмза 18, 1564ш, Рим) — италиатәи аскульптор, асахьаҭыхҩы, архитектор, ахәыцҩы. Иреиҳау Аиҭарҿиареи раԥхьатәи абароккои раамҭақәа ирыҵаркуа иреиҳаӡоу аҟазацәа дыруаӡәкын, «Римтәи абарокко архитектура аб» ҳәа иара иоуп ирыԥхьаӡо[2].
Уи иусумҭақәа иара иԥсы анҭазгьы Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазара иреиҳаӡоу еихьӡарақәаны иԥхьаӡан[3][4]. Микеланџьело ԥшьынҩажәи жәба шықәса инарзынаԥшуа иниҵит — епоха дук, Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа инаркны Аконтрреформациа аҟазара ахыҵхырҭақәа рҟынӡа. Ари апериод аҩнуҵҟа жәахаҩык Римтәи апапацәа рҽырыԥсахит- урҭ рҟынтә жәҩык рзаказқәа наигӡеит. Иԥсҭазаареи иусуреи ирызку адокументқәа рацәаны еиқәханы иҟоуп — ихааныз ауаа рышаҳаҭрақәа, Микеланџьело ихаҭа исалам шәҟәқәа, аиқәшаҳаҭрақәа, ихатәи изанааҭтәи анҵамҭақәа. Микеланџьело иара убас Мраҭашәаратәи Европа аҟазара раԥхьаӡатәи ахаҭарнак ҳәа дыԥхьаӡоуп[3].
“Иусумҭақәа зегьы — игениалтәу ахаҭара змоу аҟаза индивидуалтә сахьаркыратә стиль иаҿырԥштәқәоуп. Ари Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдоу цәырҵроуп. Иара аҟазара аҭоурых аҿы раԥхьаӡатәи ҟазоуп, аҩызцәеи игәаанагара еицеиюызшоз ауааи имаӡамкәа, аҿыханҵатә ҟазараҿы изышьццылахьаз, иаабац агәаанагарақәа рыԥсахра зҽазызшәаз”[5].
Микеланџьело раԥхьатәи иофициалтә биограф Џьорџьо Вазари, иналукааша иҩымҭа “Еицырдыруа асахьаҭыхҩцәеи, арыԥшьшьаҩцәеи, аргылаҩцәеи рыԥсҭазаара ахцәажәара ” аҟны Микеланџьело даликаауан, “дгениуп, далхуп... адгьылтә феномен акәымкәа, жәҩантәи феноменуп” ҳәа изиҳәон. Вазари излеиҳәоз ала, Микеланџьело «еиԥшу мҩак аҿы еидкыланы иҟаз азынџьырқәеи ашьамҭлаҳәқәеи ԥиҵәеит», ахәҭакахьала еицырдыруа «Давид» иҳаҭәара «ҳаамҭазтәии ажәытәӡатәии, абырзенцәеи римтәии рҳаҭәарақәа зегьы рыхьӡ-рыԥша рымнахит»[6].
“Иҟазараҿы Микеланџьело ииашаҵәҟьаны Флоренциатәны даанхеит, Џьоттои Мазаччиои зыԥсахаз ашьҭрамадаҩны. Иусумҭақәа рҿы Флоренциатәи ашкол асахьаркыратә стиль акульминациа аҟынӡа инеигеит, аха уи аамҭазынгьы иара ахы мап ацәнакуашәа иҟан”[7].
Одним из самых впечатляющих произведений художника является роспись потолка Сикстинской капеллы в Ватикане. И. В. фон Гёте писал: «Не увидев Сикстинской капеллы, трудно составить себе наглядное представление о том, что может сделать один человек»[8][9]. Среди его архитектурных свершений — проект перестройки собора Святого Петра в Риме и его величественного купола, лестница библиотеки Лауренциана во Флоренции, римская площадь Кампидольо (Капитолия).
Еиҳа еицырдыруа искульптуратә усумҭақәа иреиуоуп Давид ибаҟа, Бахус ибаҟа, раԥхьатәи «Ватикантәи Пиета» Пиета атемала иҟаҵаз уи ашьҭахьтәиқәа ашедеврқәа (Қьырса иҵәыуара), насгьы Апапа Иули II иҳаҭгәын азы Моисеи «Атәцәеи» рбаҟақәа.
Асахьаҭыхыҩ ду ирҿиамҭаҿы ихадароу ауаҩы ихаҭа иоуп, иара иусқәа, ифырхаҵарақәа. Микеланџьело ауаҩы ицәеижь аформақәа нцәахәҵас дырзыҟан, иԥсыи итемперамент ӷәӷәӷеи рыхҭынҵаны аус иуан[10].
Микеланџьело иҟазаратә индивидуалраҿы Леонардо диеиԥшымызт... Уи апеизажи апортреҭи мап рцәикуан. Ҵыхәаԥҵәара змам аҵабырг еиуеиԥшым, ацәаныррақәеи ахәыцрақәеи рбеиара зегьы иара ауаҩытәыҩсатә фигурала иааирԥшуан, насгьы иара мацара аҟны... Микеланџьело идунеи атитанцәа дуқәа рдунеи акәын, ҳәаа змам ауаҩы иҟазаратә лшарақәа аазырԥуаз, иқәԥара афырхаҵаратә пафос, игәаҟрақәа рытрагедиатә ҵаулара зныԥшуаз. Иара иархитектуратә хаҿқәагьы, рдинамикеи, рформақәа рыҩныҵҟатәи аиҿагылареи, аскульптуратә пластикала иҭәуп, уи азы иара дымшәаӡакәа аклассикатә тектоника азакәанқәа еилеигон». [11]
Ирҿиара аетап хадақәа

ихәыҷра ашықәсқәа
Микеланџьело диит хәажәкырамза 6, 1475 шықәсазы Капрезе, Тоскана, Ареццо аҩадахьы, иӷарыз Флоренциатәи аамсҭа Лодовико Буонарроти[12] иҭаацәараҿы (аиталиан бызшәала Lodovico (Ludovico di Leonardo Buonarroti Simoni) (1444–1534шш), иара уи аамҭазы 169-тәи аподестас дыҟан[13]. Абиԥарақәак рыҩныҵҟа Буонарроти-Симони рҭаацәара ахаҭарнакцәа Флоренциа абанкирцәа маҷқәа иреиуан, аха Лодовико ибанк афинансттә ҭагылазаашьа ахьчара илымшеит, убри аҟынтә зны-зынла аҳәынҭқарратә маҵзураҭыԥқәа ааникылон[3][14]. Идыруп, Лодовико иаристократиатә хылҵшьҭра дшазыгәдууз, избан акәзар Буонарроти-Симони рҭаацәареи амаркграфиниа Матильда Каноссатәии шьала-дала еизааигәан ҳәа рҳәон, аха уи шьақәзырӷәӷәоз адокументтә дырра-арақәа ҳә акагьы ыҟамызт. Иҵаҩы Асканио Кондиви Микеланџьело ихаҭа уи агәра игон ҳәа азгәеиҭон, иашьа иԥа Леонардо иахь ииҩуаз асалам шәҟәқәа рҿы иҭаацәара раристократиатә хылҵшьҭра атәы игәалаиршәалон[15]. Уильиам Уоллес иҩуан[16]:
"Микеланџьело иаԥхьа, даара имаҷҩын абас еиԥш иҟоу ахылҵшьҭра ҳамоуп ҳәа зҳәоз аҟазацәа. Асахьаҭыхҩцәа агербқәа рымацара ракәымкәа, ажәлақәаҵәҟьагьы рымамызт. Урҭ раб, рзанааҭ, ма рықалақь рыхьӡқәа рырҭон, урҭ рыбжьара иҟан Микеланџьело иаамҭазы инхоз еицырдыруаз Леонардо да Винчи, Џьорџьоне."
Каса Буонарроти имузеи (Флоренциа) аҿы иҵәаху Лодовико иҩымҭақәа инарықәыршәаны, Микеланџьело диит "(...) ашәахьа шьыжьымҭан, ишарԥазхаанӡа 4 ма 5 сааҭ раԥхьа." Ари ашәҟәынҵаҿы иара убасгьы иарбоуп хәажәкыра 8 рзы Сан Џьованни –ди- Капрезе ауахәамаҿы дшырнаҭыз, насгьы дызнаҭыз рхьӡқәагьы[17].
| Микеланџьело дызнаҭыз | ||
|---|---|---|
| Ихьӡ урысшәала | Италиа бызшәала ихьӡ | Азгәаҭа |
| Дон Даниелло ди Сер Буонагуида | Don Daniello di Ser Buonaguida | Флоренциантә, Сан Џьованни аухәама апап |
| Дон Андреа ди... | Don Andrea di …* | Поппинтә, Диччиано аберҭыԥ аҟынтәи апап (италиан бызшәала: Диччиано) |
| Џьованни ди Наури | Giovanni di Naurii | Капрезентә |
| Иакопо ди Франческо | Jacopo di Francesco | Казурионтә (италиан бызшәала: Казурио)** |
| Марко ди Џьорџьо | Marco di Giorgio | Капрезентә |
| Џьованни ди Биаџьо | Giovanni di Biaggio | Капрезентә |
| Андреа ди Биаџьо | Andrea di Biaggio | Капрезентә |
| Франческо ди Иакопо дель Андуино | Francesco di Jacopo del Anduino** | Капрезентә |
| Сер Бартоломео ди Санти дель Лансе | Ser Bartolomeo di Santi del Lanse** | Анотариус |
| * Идырым ** иаԥ хьаас и ҳамоу | ||
Микеланџьело ахаангьы иан Франческа ди Нери дель Миниато ди Сиена лыӡбахә иҳәаӡомызт, лара заа аҭаацәара далалеит, насгьы лара лассы-лассы лцәа лтәымқәа дахьыҟалоз азы лгәабзиара уашәшәырахан, Микеланџьело фышықәса анихыҵуаз лыԥсҭазаара далҵит, иашьеи иаби иареи ирыбжьаз асалам шәҟәқәа рҿы зныкгьы иан лыӡбахә имҳәацызт[18][19]. Лодовико Буонарроти дбеиамызт, имаз амазара маҷ аҟынтәи иоуаз ахашәала ихәыҷы рацәа рныҟәгаразы аарла изхон. Уи азы, Микеланџьело ааӡаҩ ԥҳәыс длиҭар акәхеит, Сеттиниано зыхьӡыз ақыҭан инхоз «скарпелино» иԥҳәыс. Уаҟа, хаҵеи-ԥҳәыси Тополино ирааӡаз ахәыҷы аԥхьареи аҩреи иҵаанӡа анышәаԥшь аус адулареи ахҵәага ахархәареи иҵеит. Ишыҟазаалакгьы, Микеланџьело ихаҭа аамҭақәак рышьҭахь иҩыза, инысымҩа зҩуаз Џьорџьио Вазари абас иеиҳәон:
“Сбаҩхатәраҿы бзиарак ыҟазар, уи зыбзоурахаз сахьиз аретинатәи шәыдгьыл аҳауа ауп, насгьы абаҟақәа злаҟасҵо аԥҟагақәеи ажьаҳәеи сзааӡаз лыхш иалысхит” ҳәа.[20][21]

Микеланџьело Лодовико аҩбатәи иԥа иакәын. Фриц Ерпели иашьцәа аниз ашықәсқәа азгәеиҭеит: Лионардо (италиан бызшәала: Lionardo) — 1473 ш, Буонаррото (италиан бызшәала: Buonarroto) — 1477ш, Џьовансимоне (италиан бызшәала: Giovansimone) - 1479 ш иара убас Џьизмондо (италиан бызшәала: Gismondo) — 1481ш. Иан дыԥсит 1485 шықәсазы, иԥҳәыс лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ԥшьышықәса анҵы, Лодовико аҩынтәраан аҭаацәара далалеит. Микеланџьело ианԥса Лукрециа Убальдини лакәхеит[22]. Иаарласны Микеланџьело Флоренциа иҟаз Франческо Галатеа да Урбино (италиан бызшәала: Франческо Галатеа да Урбино) ишкол ахь ддәықәырҵеит, аха арԥыс аҵаразы гәацԥыҳәара дук ааирԥшӡомызт: иара еиҳа еиӷьишьон асахьаҭыхҩцәа рыҿцәажәара, аиконақәеи афрескақәеи рықәҭыхра[23].
Иҿара. Раԥхьатәи аусумҭақәа





1488 шықәсазы аб иԥа игәазыҳәарақәа дрықәшаҳаҭхан, асахьаҭыхҩы Доменико Гирландаио иҟазарҭа ҵаҩыс даиҭеит[24]. Абраҟа Микеланџьело иоуит асахьаҭыхра ихадоу амаҭәарқәеи атехникеи рҵаразы алшара; Џьотто, Мазаччо реиԥш иҟоу Флоренциатәи асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа карандашьла иҟаиҵаз иақәҭыхымҭақәа уи аамҭа иаҵанакуеит; абарҭ акопиақәа рҿы Микеланџьело изы иҟазшьарбагоу аформақәа рскульптуратә ԥшра ааԥшит[25]. Иара иҭыхымҭа «Аԥшьа Антони игәаҟрақәа» (Мартин Шонгауер иҭыхымҭа шьаҭас иҟаҵаны) уи аамҭа иаҵанакуеит.
Микеланџьело Гирландаио иҟазарҭаҿы шықәсык аҵара иҵон. Шықәсык ашьҭахь, Микеланџьело Сан-Марко абаҳчақәа рҿы иҟаз Бертольдо ди Џьованни исахьаҭыхратә школ ахь диасит, уи еиҿикааит Зеиԥш ыҟам Лоренцо Медичи, уи Микеланџьело қәыԥш илаз аҟыбаҩ ибеит. 1490 шықәса инаркны 1492 шықәса рҟынӡа Микеланџьело Медичи иаҳҭынраҿы дыҟан, Медичи ипалаццо аҿы дынхон[26]. Платон иакадемиа иаҵанакуаз афилософцәеи иареи еибадырит (Марсилио Фичино, Анџьело Полициано, Пико делла Мирандола). Диҩызахеит Џьованни (Лоренцо аҩбатәи иԥа, аԥхьаҟа Апапа Лев X) иара убас Џьулио Медичи (Джулиано Медичи изакәантәым иԥа, ахьаҟатәи Апапа Климент VII[27]). Иҟалап, абри аамҭазы, жәибжь шықәса раҟара анихыҵуаз, заатәи иусумҭақәа аԥиҵазар: Мадонна амардуанаҿ, Акентаврқәа реибашьра. Медичи данԥсы 1492 шықәсазы, Микеланџьело иҩныҟа дхынҳәит.
1494-1495 шықәсқәа рзы Микеланџьело Болоние дынхон, Аԥшьа Доминик ахыргьагьазы аскульптурақәа ҟаиҵон. Болоние иара ибеит Никколо делль 'Арка итерракотатә скульптурақәа, "Қьырса иҵәыуара" агәыԥ иаҵанакуаз, насгьы, иҟалап, урҭ рыдраматәи рекспрессивтәи ҟазшьақәа гәникылазар. Иҟалап, Болониетәи ицәаныррақәа аныԥшзар Ватикантәи Пиетаҿы Қьырса ихы-иҿи инапқәеи раарԥшраҿгьы.
1495 ш азы, Доминикантәи ақьырсианра аларҵәаҩ Джироламо Савонарола напхгара ахьыҟаиҵоз Флоренциаҟа дхынҳәит, иаԥиҵеит аскульптурақәа «Аԥшьа Иоанн», «Ицәо Купидон». 1496 шықәсазы акардинал Рафаель Риарио Микеланџьело иҟаиҵаз амармалташьтә Купидон ааихәеит, насгьы аҟаза Римҟа дааиԥхьеит, уахь Микеланџьело рашәарамза 25 рзы дцеит. 1496-1501 шықәсқәа рзы иара Бахус искульптуреи Ватикантәи Пиете аԥиҵеит. Ари аҟаза заатәи, иналукааша иусумҭақәа иреиуоуп. Пиета ҟаиҵеит аскульптор 24 шықәса анихыҵуаз 1499 шықәсазы. Азаказ изҭази иареи ирыбжьаз аиқәышаҳаҭра аусурақәа рхырқәшаразы шықәсык акәын инаҭоз. Микеланџьело амаҭәахәқәа ралхра даара дацклаԥшуан, убри аҟынтә жәымзы Каррара дыҟан, инаало амармалташь аблок алхны Римҟа иааигарц азы. Ари аусумҭа ахазынара авторра азҵаара аимак-аиҿак цәырнагеит, нас аҟаза ԥагьа Анцәа Иан лгәы иахганы игаз амаҟаҿы алаҭын бызшәала аҩыра ҭаԥиҟеит: “MICHEL.AGELVS BONAROTVS FLORENT.FACIEBAT” (Флоренциатәи Микеланџьело Буонарроти инаигӡеит) ҳәа[28]. Иахьазы ари ашедевр Ватикан иҟоу Аԥшьа Пиотр иныхабаа аҟны хазы игоу акапеллаҿы иҵәахуп.
1501ш. азы Микеланџьело ҩаԥхьа Флоренциаҟа дхынҳәит, Пикколомини аныҳәарҭеи Давид ибаҟеи рзы аскульптурақәа ҟаиҵеит. Рашәарамза 8, 1504 шықәсазы Флоренциа ақалақь Пиацца делла Синьориа ашҭаҿы ажәлар рҿаԥхьа иқәдыргылаз аформа мацара акәӡамызт узыршанхоз, иџьашьатәын абиблиатә фырхаҵа дҟьантазӡа даазырԥшыз асахьаҭыхҩы қәыԥш игәаӷьра. Уи ақалақь ауааԥсыра раӷьырак иргәамԥхеит, аха егьа ус иҟазаргьы, усҟан ареспублика аӷацәа ирҿагылаз Флоренциаа ргәадура иахаҿсахьаны иҟалеит. 1503 шықәсазы «Жәаҩаюык ацҳаражәҳәаҩцәа» аԥҵан, Санта –Мариа- дель Фиоре аныхабаа азы «Аԥшьа Матфеи» аус адулара далагеит. 1503-1506 шықәсқәа рзы Микеланџьело х-тондок аԥиҵеит (игьежу аформатала ихҭыху асахьақәа): “Мадонна Дони” ҳәа изышьҭоу, насгьы арелиефтә тондоқәа “Таддеи Мадоннеи”, “Питти Мадоннеи”. 1498-1501 шықәсқәа рыбжьара Микеланџьело даҽа скульптуратә шедевркгьы аԥиҵеит: «Мадонна Бриугге». 1504 шықәсазы аҟаза палаццо Веккио иҟоу хәышәҩык рхеилак азал азы “Кашинтәи аибашьра” ҳәа изышьҭоу афреска аԥҵаразы азаказ иоуит, уи синьориа аӡбарала Леонардо да Винчи диацлабны иҭихыр акәын.
Иҭәымҭа
1505 шықәсазы Микеланџьело Римҟа диԥхьеит Апапа Иули II. Наӡаӡатәи ақалақь аҿы Микеланџьело зегьы ддыршанхеит: Колизеи амҽхак, апантеон аҳаракыра, римтәи афорумқәа. Иаанханы иҟоуп ажәытәӡатәи архитектура, агәашәқәа, аколоннақәа, акапителқәа, аҳамԥқәа, рыхәҭаҷқәа ртәы зну исахьақәа ркопиақәа 280[29].
Апапа Иули зеиԥшыҟам хәыцрак изцәырҵит: ақьырсиантә дунеи аныҳәарҭа хада, Аԥшьа Пиотр иныхабаа агәҭаны имавзолеи ду аргылара: Микеланџьело дҵас ииҭеит ибаҟа апроект аус адиуларц — иуадаҩу архитектуратә еиҿкаара, аҩныҵҟа акапелла змоу, жәабала аскультурақәа рыла ирԥшӡоу[30]. Ас еиԥш иҟоу зеиԥшыҟам апроект азы амармалташь алхразы Каррара аа-мзы дыҟан. Агәымшәара змаз аҟаза игәы иақәшәон аргылара дуқәа рыҟаҵара; урҭ рҿы иара зеиԥшыҟам ихатәы идеиақәа рынагӡаразы алшарақәа ибон. 1505 инаркны 1545 шықәса рҟынӡа, уи аҳаҭгәын аус идиулон, уи азы еишьҭагылаз хә-версиак еиқәиршәеит, иналукааша Моисеи искульптура аԥиҵеит, ҩыџьа атәцәа рбаҟақәа ҟаиҵеит. Аҵыхәтәаны, апапа ари апроект ахь аинтерес ицәыӡит. Уи агәҭак ҿыц изцәырҵит — Аԥшьа Пиотр иныхабаа аиҭашьақәыргылара иҭаххеит, Микеланџьело иусурақәа рыхәԥса ашәара мап ацәикит, аахәаҩи аҟазеи еисит, аусурагьы хыркәшамкәа иаанхеит. Заҳаҭыр ладырҟәыз аҟаза зегь ааныжьны, Римынтә Флоренциаҟа дыбналеит[31].
Римтәи апапеи иареи реинышәара ҟалеит Болоние 1506 шықәсазы, абҵарамза мзазы. Микеланџьело апапа иџьазтә ҳаҭәара аҟаҵара дҵас ииҭеит, уи 1507 шықәсазы уи аус адиулон (ԥыҭрак ашьҭахь иара ықәыргеит). Жәабран мза, 1508 ашықәсазы Микеланџьело ҩаԥхьа Флоренциаҟа дхынҳәит. Лаҵарамзазы, апапа идҵала, еиҭа Римҟа дхынҳәит, азаказ ҿыц анагӡаразы. 1508 инаркны 1512 шықәса рҟынӡа аҟаза Ватикан Сикстинтәи акапелла аплафон аҿы «аскульптуратә фигура дуӡӡақәа» ҭихуан. Акапелла аҩныҵҟа шыҭбаамызгьы, иара аҭуан аҟны ихьыԥшым аԥҵамҭа ҟаиҵеит, алшара ду змаз аахәаҩ ииҭахызи амонументалтә сахьаҭыхра аҭахрақәеи ирықәымшәоз. Асахьаҭыхҩы афантастикатә, хақәиҭрала иҟаҵаз, аҭуан аҿы «иԥыруа» иҭыхыз, афигура дуқәа зныз архитектуратә каркас, ауаҩы идоуҳа амч дуқәа аҳра ахьыруаз ихыҭхәыцаау адунеи ахь ииаигеит. Афреска хәҭа рацәалатәи композициак, адунеи аншаз инаркны аӡхыҵра ду аныҟала аҿынӡа ауаатәыҩса рҭоурых аанарԥшуеит, иара хышә инареиҳаны ахаҿсахьақәа ануп[32]. 1513 рзы Микеланџьело зыжәҩахыр дыҵакны дызмаз, Апапа Иули II иԥсҭазаара далҵит. Флоренциатәи Џьованни Медичи иакәхеит Римтәи апапа ҿыц Лео X ҳәа иҟарҵаз. Микеланџьело аиқәшаҳаҭра ҿыц инапы аҵаиҩит Иули II иҳаҭгәын аус адулара ацҵаразы. Аха мзызқәак ирыхҟьаны, апроект ду хыркәшамхеит. Асканио Кондиви иажәақәа рыла, ҩынюажәа шықәса инеиуаз ари «аҳаҭгәын атрагедиа» «Микеланџьело иԥсҭазаара азгьы итрагедианы иҟалеит»[33].
1514 шықәса ԥхынгәымзазы Микеланџьело ҩаԥхьа Флоренциаҟа дхынҳәит. Медичи Сан-Лоренцотәи рҭаацәаратә уахәама аԥхьатәи аган аԥҵаразы адҵа иоуит. 1516-1519 шықәсқәа рыбжьара Сан-Лоренцо ауахәама азы амармалташь аиуразы Каррареи Пиетрасантеи рышҟа акырынтә дцеит. Аха ари аусгьы рыцҳарала ихыркәшахеит. 1520 шықәсазы аԥара ахьыҟамыз иахырҟьаны апапа идҵала аусқәа зегьы иаалырҟьан иаанкылан. Мызқәак рышьҭахь, аҟаза даҽа заказк иоуит: ари ауахәамаҿы Медичи рҭаацәаратә ԥсыжырҭа ҿыц иргылар акәын. Уи ҳаамҭазы Медичи ркапелла ҳәа иашьҭоуп. Иара убас Сан-Лоренцо абазилика иадыз Лауренцианатәи абиблиотека апроект ҟаиҵон, иагьиргылон.
1527 шықәсазы Медичи Флоренциа даналырца, абарҭ аусурқәа аанкылан: гәыла апатриот, ареспубликанец Микеланџьело ажәлар реиҿкаара далалеит, Сан-Миниато, Пиза, Ливорно, Феррара рырӷәӷәарҭақәа рхылаԥшҩы хадас дҟаҵан, аха иусура ааныжьны Венециаҟа дцеит, уантә Франциаҟа дцарц азы, аха дааиԥхьхәыцаан иқалақь гәакьахь дхынҳәит, уи аимпериатә арқәхәҭақәа анақәлоз аамҭазы акыр дацхрааит. Флоренциа аилыбгара аҟаза ашәарҭара ду изаанагон, аха уи иҟазара ахь ирымаз аҳаҭыри, Апапа Климент VII Медичи ркапелла ахыркәшаразы имаз агәазыҳәареи роуп деиқәзырхаз. 1534 шықәсазы Флоренциа наӡаӡа иааныжьны Римҟа дцеит[34].
1534-1541 шықәсқәа рзы, Сикстинтәи акапеллаҿы, аҟаза ихиркәшеит драмала иҭәыз «Аҵыхәтәантәи аӡбара» захьӡыз афреска ду, иара убас Ватикан Паолинатәи акапелла аҟны асахьақәа ҭихит (1542-1550шш). 1546 ш азы Антонио да Сангалло данԥсы ашьҭахь, Микеланџьело Рим архитектор хадас дҟалеит. Микеланџьело иархитектуратә усумҭақәа рыԥшӡареи рыссирреи рыла удыршанхоит — Акапитолиатәи ашҭа аансамбль, Рим игылоу Ватикантәи аныхабаа апсида, акупол.
1546 азы, Апапа Павел III изы, иара ихиркәшеит Палаццо Фарнезе (афасад хада аҩбатәи аихагыла, агәараҭа аганахьала афасад ахԥатәи аихагыла, акорниз) насгьы акапитолиа ашҭа апроект ҟаиҵеит; апроект аԥсҭазаара аларҵәаразы акыр аамҭа аус руан, аха аҟаза иԥсы ахьынӡаҭаз уи хыркәшамхеит. Аха, ҳәарада, зегь реиҳа ихадоу адҵа, иԥсы ҭанаҵы изгәакьаз Флоренциаҟа ихынҳәраҿы иԥырхагаз, Микеланџьело Аԥшьа Пиотр иныхабаа архитектор хадас иҟаҵара акәхеит. Римтәи Апапа абас игәра шигоз аниба, Микеланџьело агәазыҳәара бзиа ааирԥшырц азы аусԥҟаҿы иазгәарҭарц иҭаххеит,аргыларақәа рҿы аус ахьиуа Анцәа иахь имоу абзиабара ишабзоуроу, насгьы иус ахәԥса шимго атәы.
Иԥсреи анышә иамадареи
Микеланџьело иԥсҭазаара далҵит жәабранмза 18, 1564 шықәсазы Рим, 89 шықәса анихыҵуаз. Микеланџьело иԥсра мышқәак шагыз, иашьа иԥа Леонардо Римҟа дааит, уи жәабранмза 15 рзы Микеланџьело иҟаиҵаз аҳәарала Федерико Донати асаламшәҟәы изиҩит[35]. Иԥсра шаҳаҭцәас иаман Томмазо деи Кавалиери, Даниеле да Вольтерра, Диомеде Леоне, аҳақьымцәа Федерико Донати, Герардо Фиделиссими, иара убас имаҵуҩы Антонио Францезе[36]. Дыԥсаанӡа аԥхьа, иара ишиҟазшьаз еиԥш иаазыркьаҿны ауасиаҭ аанижьит: «Сыԥсы Анцәа исҭоит, сцәеижь адгьыл, смал сҭынхацәа»[37].
Апапа Пии IV иҭахын Микеланџьело Рим анышә дамаидарц, Аԥшьа Пиотр иныхабаа аҿы аҳаҭгәын ргыланы[38]. Жәабранмза 20, 1564 шықәсазы Микеланџьело иԥсыбаҩ аамҭала Санти- Апостоли абазиликаҿы ишьҭан.
Хәажәкырамза алагамҭазы аскульптор иԥсыбаҩ маӡала Флоренциаҟа ииаргеит, 1564 шықәса ԥхынгәымза 14 азы Макиавелли иҳаҭгәын азааигәара, Санта-Крочетәи аухәама аҿы пату ду иқәҵаны анышә дамардеит[39][40].
Аҭеиҭыԥш


Микеланџьело иаанимыжьӡеит документла иарбоу хатәы портреҭк, аха, аҵарауаа рыҭҵаарақәа рыла, иусумҭақәа рҟны иҟазар алшоит аҟаза ихаҿсахьақәа, урҭ рыбжьара — «Аԥшьа Прокл Болониатәи», Олоферн ихы «Иудифи Олоферни» афрескаҿы Сикстинтәи акапелла аҭуан аҟны, Аԥшьа Варфоломеи ихырхыз ацәа иану ахаҿы («Аҵыхәтәантәи аӡбара» афреска), «Пиета II» аҿы иҟоу Аԥшьа Никодим[41].
Иҟоуп Микеланџьело ипортреҭқәак, урҭ рҟны — Себастиано дель Пиомбо иусумҭақәа (1520ш раҟара), Џьулиано Буџьардини, Иакопино дель Конте (1544-1545, Уффици агалереиа), Марчелло Венусти (капитолиа иҟоу амузеи), Франциско д'Оланда (1538-1539), Џьулио Бонасоне (1546) уҳәа егьырҭгьы. Иара ихаҿсахьа иҵаҩы Асканио Кондиви игәалашәарақәа рышәҟәы аҿгьы иааԥшуеит, икьыԥхьын 1553 шықәсазы, 1561ш азы Леоне Леони аскульптор исахьа зну амонета ҭижьит[42].
Микеланџьело иҭеиҭыԥш даналацәажәоз, Ромен Роллан шьаҭас иалихит Контеи д’Олланди рпортреҭқәа[43]:
“Микеланџьело ибжьаратәыз аура иман, ижәҩахырқәа ҭбаан, ицәеижь ӷәӷәан (...). Ихы гьежьын, илахь аԥшьганкгьы еиҟаран, акыҷырақәа рыла иҭаԥыҟҟаны иҟан. Ихцәы еиқәаҵәан, иҳәуан. Илақәа ҟәазмызт, аҩабжьа ԥшшәы рыман, аха рыԥшшәы рыԥсахуан, иԥынҵа иашан, агәҭа маҷк иалкьыкьын, иԥышәқәа ҵаӷан, ҵаҟатәи еиҳа еиҳан. Афавн ижакьа еиԥшын ижакьа хәыҷ, иӡамҩақәа ҭашәашәан. Аҭоурыхтә сахьақәа реиҳарак рҿы аскульптор ду иԥынҵа ҟьаҟьа зегьы рылаԥш иҵашәоит. Џьорџьио Вазарии Бенвенуто Челлинии еиҭарҳәаз аҭоурых ала (еиуеиԥшым аверсиақәа), Микеланџьело иԥынҵа ҭаԥҵәеит Пиетро Торриџьанои иареи реибапҟараан[44].
Иара убасгьы иҟоуп агәаанагара, Микеланџьело Рафаель иҭыхымҭа "Афинатәи ашкол" аҿы даарԥшуп[45] ҳәа, аха ари аҵыхәтәанынӡа еилкаам[46]. Микеланџьело данԥсы ашьҭахь, Даниеле да Вольтерра аскульптор имаскеи ибаҟеи ҟаиҵеит[47].
Ирҿиаратә метод
Микеланџьело игени Аиҭарҿиара аамҭа аҟазараҿы мацара акәӡам анырра ахьыҟанаҵаз, уи адунеизегьтәи акультура аҿгьы ашьҭа ааннажьит. XVI ашәышықәсазы Џь. Вазари аҟаза изкны гәацԥыҳәарала иҩуан:
Иара иҟазара аҩаӡара рымам ажәытәтәиқәагьы иахьатәиқәагьы аҟазацәа. Иара имаз аидеиақәа рызхәыцреи, рызнеишьеи даара иҳаракын, ауаҩы инапала урҭ рыҟаҵара залшомызт, убри аҟынтә лассы-лассы иаԥҵамҭақәа хмыркәшаӡакәа иаанижьуан, уи моу зынӡагьы иқәихуан. Убас, иԥсра аламҭалазы инапала иҟаиҵаз инагӡамыз асахьақәа рацәаны иблит, иџьабаа атәы аӡәгьы имбартә азы,игени шԥишәоз амҩақәа рзеилымкаарц азы.[48]
Микеланџьело иҟазаратә усура еиҳарак Италиатәи ақалақьқәа ҩба ирыдҳәалоуп: Флоренциеи Рими. Аха, иара иҭынха џьашьахәуп, игенигьы парадоксалтәуп. Иҭыхымҭақәа рҿы, ари аҟаза ахаангьы апеизажқәеи апортреҭқәеи ааирԥшӡомызт, егьырҭ ишыҟарҵоз еиԥш. Вазари иазгәеиҭон, Микеланџьело апортреҭқәа рзы азаказқәа идикыломызт, избанзар урҭ рҿы «инаӡоу аԥшӡара аарԥшра алшомызт». Иара дзызҿлымҳаз аформа мацара акәын: иҭихуан афигурақәа, ахқәа, ацәеижьқәа, хазы-хазы анапқәеи ашьапқәеи. Микеланџьело асахьаҭыхраҿи, аҿыханҵаҿи, архитектураҿи еснагь скульптор мацараны дыҟан, убри алагьы Флоренциатәи ашкол асахьаҭыхҩцәа зегьы рҟазшьа ҷыдақәа абсолиут аҟынӡа ишьҭихуан:. Бернард Беренсон, анемец -австриатәи ашкол атеоретикцәа дырхьыԥшны, уи аҟазшьа «аформа анырратә ҵакы» ҳәа ахьӡиҵеит[49].
“Микеланџьело ажәытәӡатәи авторцәа дрыԥхьон,ахәҭакахьала ажәытәӡатәи аколоссқәа ртәы (ҷыдала, Витруви архитектор Деинократ изку иажәабжь), зны, А. Кондиви ишазгәеиҭоз ала, Каррара ашьха ақәцә дахәаԥшуа, ари фигура дуӡӡак алхзар шԥабзиахоз ҳәа иҳәеит. Микеланџьело ауаҩы илшара аҳәаақәа дырҭыҵырц азы иҽԥишәон. Иара хықәкыла еиҳа иуадаҩу аганқәеи афигурақәа рҽыԥсахшьеи дрышьҭан адоуҳа аметафтизика аартразы... Иусумҭақәа иаадырԥшуеит асахьаҭыхратә антропоморфизм иреиҳаӡоу аҩаӡара, уи ашьаҭа ажәытәӡатәи аамҭазы иҳан, иара убасҟангьы уи мап ацәыркуан. Ари аарԥшышьа змам акы ауп...”[50]
Микеланџьело раԥхьаӡа акәны ажәытәӡатәи аамҭазы ишыҟаз еиԥш, идеалтәу аформаеи, абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз адоуҳатә еилаҩашьареи реидкылара хымԥада иҭаххеит. Иара Макс Дворжак иеилкаара ихы иархәаны, «аԥсыи аматериеи рыбжьара иҟоу аиҿагылара» аарԥшра иҽазишәеит. Аҟаза ари атема иаразнак изымԥшааит; уи раԥхьатәи иусумҭақәа рҿы иаарԥшымызт.
«Ажәытәӡатәи аамҭа ацәеижьтә идеали Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭазы иҟаз ақьырсиантә ҟазара ҿыц адоуҳатә пафоси ирыбжьоу аҟазаратә еиҿагылара Сикстинтәи аплафон аҟны инагӡаны иааирԥшит»[51]. Исахьаркыратә хәыцшьала дшыскульпторызгьы, Микеланџьело 1508-1512 шықәсазы Апапа Иули II изаказала Ватикан Сикстинтәи акапелла аплафон аҟны «атитантә аскульптуратә фигурақәа» рсахьақәа ҭихит. Адунеи аҿы аналогқәа змам ари аусумҭаҿы Микеланџьело Анцәа иҿагылара иазааигәаз игәымшәаратә идеиа наигӡеит: аҟазара аԥҵаҩы ихаҭа иацлабра алшоит, уи иҟаҵәҟьо акәымкәа, имԥсуа ауниверсалтә формахь анеиразы аҽазнашәалар ауп, насгьы адунеи аԥҵараҿы Анцәа иацлаблароуп. Акапелла аҩныҵҟа шдыумызгьы, иара аҭуан зынӡа ихьыԥшым аԥҵамҭаны иҟаиҵеит, амч ду змоу аахәаҩ иҭахрақәеи амонументалтә сахьаҭыхра аҭахрақәеи ирықәымшәо. Асахьаҭыхҩы афантастикатә, хақәиҭрала «иԥыруа» афигура дуқәа зну архитектуратә каркас, иԥсахит ауаҩытәыҩсатә доуҳа амч аҳра ахьауа ихыҭхәыцаау адунеи ала. Убас ала, Иҳараку Аиҭарҿиара аҟазара акырӡа ԥхьаҟа днахеит, иаамҭа аԥхьаҟа инаскьаган иргылеит[52].
"Микеланџьело иҟазара Аиҭарҿиара алагамҭеи, аизҳареи, аҵыхәтәеи аанарԥшит"[53]. “Ари аҟаза иааирԥшит Аиҭарҿиара аҵакы иаша... акультура аҵакы ирӷәӷәеит, уи атенденциақәеи аиқәымшәарақәеи алогикатә хыркәшараҟынӡа инаигеит... Леонардои Рафаели дызлареиԥшмыз, иара дызхылҵыз ахәыцшьа астиль иԥсахит, уи аҳәаақәа дырҭыҵит. Иара ишәышықәса иаҩихит, уи моу Аиҭарҿиара ахаҭагьы»[54].
1509 шықәсазы (Иҳараку Аиҭарҿиара анышәҭуаз аамҭазы) Микеланџьело Сикстинтәи аҭуан маҷк «иааиртит», абнақәа рыхәҭак ықәганы.Абри атәы анраҳа, «Рим ауааԥсыра зегьы акапеллахь инеит» ҳәа, И. Е. Грабар иҩуан, иҟалап, маҷк иахирҟьацәазаргьы, «зегьы еилыркааит хьаас ирымаз, ргәы иҭаҵәахыз... насгьы астиль ҿыц — Абарокко — аԥҵан»[55].Џь. Вазари, ажәа «Барокко» макьана ишизымдыруазгьы, уи астиль «иџьашьахәу, иҳамбац, иҿыцу» ҳәа ахьӡиҵеит. Микеланџьело, ихатә стиль амчреи аекспрессиеи рыла, асахьаҭыхреи акомпозициеи рзы еицырдыруа агәаанагарақәа зегьы иԥсахит[56]. Апапа Иули II икардама азы иҟаҵаз Моисеи ибаҟа иазкны М. Дворжак иҩуан: «Абра ҳара иаабо зынӡа иԥсабаратәым,, мамзаргьы итрансценденталтәым,ари адунеи иатәым идеалым: уи ауаҩы илоу анцәа иҟәырҷаха апофеоз ауп, агәаӷь ӷәӷәа акт апофеоз ауп, уи аԥынгылақәа амам,ауаа анырра рынаҭоит, аӷацәа ашьаҟьоит».[57]
Идоуҳатә ԥшаара, ипоезиеи ихатә ԥсҭазаареи



Еилкаам Микеланџьело изааигәаз ауаҩы диман ҳәа. (Кондиви уи «амонах еиԥш дыԥшьан » ҳәа иԥхьаӡон); исексуалра иазку агәаанагарақәа ипоезиа иадҳәалоуп. Микеланџьело хышә инареиҳаны асонетқәеи амадригалқәеи иҩит. Иҵаулоу аромантикатә цәаныррақәа аазырԥшуа иусумҭа Томмазо деи Кавалиери изкын, уи ҩажәихԥа шықәса ихыҵуан Микеланџьело 1532 шықәсазы данибаз. Усҟан Микеланџьело ихаҭа ихыҵуан ҩынҩажәи быжь шықәса. Ари ацикл, аӡәы даҽаӡәы изикыз, зааӡатәи иусумҭа ду акәхеит; Иара Шекспир иқәыԥшра ссир иазку исонетқәа раасҭа ҩынҩажәижәаба шықәса рыла еиҳабуп:
- Схы-сҿы хьшәашәа амца акызшәа збоит
- Уи харантә сабылуеит, аҵаа еиԥш иҟоу ахьҭа сызныжьны;
- Исныруа амч ҩнапы ԥшӡак ханарҭәаауеит
- Имырҵысӡакәа аибакапанрақәа зегьы еиҭанагоит.
Кавалиери аҭак ҟаиҵеит: «Аҭоуба ҟасҵоит абзиабара шусҭо. Ахаан сара хаҵак уара уаасҭа бзиа дсымбац, ахаан аӡәы иҩызара абас сеиламҳац» ҳәа. Кавалиери Микеланџьело иԥсы ҭанаҵы дшизааигәаз даанхеит.
1542 ш рзы Микеланџьело Чеккино деи Браччи дибеит, уи шықәсык ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит, уи анаҩс Микеланџьело анышәынҭратә епиграммақәа ҩынҩыжҽи ааба иҩит. Микеланџьело ибзиабаратә ажәеинраалақәа рсиужетқәа урҭ зызкыз ламысдарала рхы ианадырхәозгьы ыҟан: иҟазараҿы натурас имаз Фебо ди Поџьио абзиабаратә жәеинраала анизик аҭакс аԥара даҳәеит, натурас имаз даҽаӡәгьы, Герардо Перини, диҵаӷьычит.
Иара убасгьы идыруп, аҟаза ду иусумҭақәа рҿы ахаҵа ицәеижь нцәахәык еиԥш дшазнеиуаз, уи апластикеи аԥшӡареи. Зны-зынла ада, аҳәса рсахьа ҭихуамызт. Иазгәаҭатәуп, Сикстинтәи акапелла аҭуан аҿы асивиллақәа раарԥшразы аҽазыҟаҵаратә сахьақәа рҿы Микеланџьело зцәа-зжьы хтыз ахацәа рнатурақәа ихы ишаирхәоз, аҵыхәтәантәи астадиаҿы мацара акәын урҭ «еилаҳәаны» аҳәса рҿаԥшылара анриҭоз[58].
Ахацәа ргомоеротика ҳәа изышьҭоу аҟаза дуӡӡа анаҩстәи ибиографиеи ирҿиара аилкаареи аҿы агәыҩбара цәырнагон. Микеланџьело иашьа иԥа имаҭа Микеланџьело Буонарроти аиҵбы 1623 шықәсазы аҟаза иажәеинраалақәа, урҭ зызкыз ахацәа рхаҿқәа аҳәса рахь ииаганы иҭижьит. Џьон Аддингтон Симондс урҭ 1893 шықәсазы англыз бызшәахьы ианиеиҭеига ашьҭахь ауп, ахацәа ишрызкыз анеиҭашьақәдыргылаз. Иахьатәи аамҭазы, аҵарауаа шьоукы, ахаҿытә хьыӡцынхәрақәа шеиҭашьақәдыргылазгьы, ажәеинраалақәа "адоуҳатә диалог ажанр рымоуп, уаҟа аеротикатә поезиа ицқьоу ацәаныррақәа аанарԥшуеит " ҳәа рыԥхьаӡоит[59].
Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аамҭазы Микеланџьело апоетесса, аԥҳәыс еиба, амаркиза Витториа Колонна лахь адоуҳатә ҟазшьа змаз абзиабара иман. Дара 1537 шықәсазы Рим еибадырит, усҟан лара ҩынҩажәи быжьба шықәса лхыҵуан Витториа ҽыԥныҳәа лымамызт, лхымҩаԥгашьеи лдинхаҵареи рыла дылыркаауан. Дара рҩыџьа асонетқәа рыбжьан, лара лыԥсҭазаара далҵаанӡагьы аимадара дырӡуамызт. Арҭ асонетқәа реиҳарак урҭ рҩыџьагьы зызҳәыцуаз адоуҳатә зҵаарақәа ракәын изызкыз. Кондиви игәалаиршәоит Микеланџьело ииҳәаз. Уи иажәақәа рыла, иԥсҭазаараҿы даара дахьхәны дыҟан аԥҳәыс еиба лхаҿы, лнапы шикыз еиԥш, иахьгәыдимкылаз. Апоетесса хынҩажәа шықәса зхыҵуаз Микеланџьело иҩызара ду даԥсахеит. Лара заҵәык лакәхеит аҳәса рҟынтә Микеланџьело ихьӡ зыдҳәалоу. Аҵарауаҩ Нортон иҳәеит “лара лахь ииҩуаз ажәеинраалақәа... зны-зынла Кавалиери қәыԥш изикуаз асонетқәа раиҩдыраара уадаҩуп, иара Микеланџьело ихаҭагьы зны-зынла иажәеинраалақәа ажәлар ирылаирҵәаанӡа ажәа “синиор “ «синиора” ала иԥсахуан”[60]. Аамҭа анца ашьҭахь, иажәеинраалақәа акьыԥхьрахь инеиаанӡа иашьа иԥа имаҭа ацензура иахижьит.
1541 шықәсазы, лашьа Асканио Колонна Аапа Павел III дахьиҿагылаз иахҟьаны, Витториа Орвиетои Витербои дцеит. Аха уи асахьаҭыхҩи лареи реизыҟазаашьақәа ирԥырхагамхеит, дара ԥаса еиԥш еибабон, асалам шәҟәқәа рыбжьан. Лара Римҟа дхынҳәит 1544 шықсазы.
Иреиҳау агенигьы хшыҩҵакык изацҵом
амармалташь ахаҭа иҭаҵәахны иамоу
убри ауп ҳаргьы
Ахшыҩ иазыӡыҩруа анапы иаҳнарбо.
Агәырӷьара сазыԥшума, агәҭынчымра сгәы иақәыӷәӷәома,
Иҟәыӷоу, адонна бзиа, — бахь
Зуал сықу, ахьымӡӷгьы хьанҭоуп сара сзы,
Сара сҟыбаҩ ишшәыхәҭоу еиԥш шәҳаранамкуазар.
Абзиабара амч акәым, шәыԥшӡара акәым,
Ма шәыхьшәашәара, ма шәгәыԥжәара, ма шәтәамбара ақәыӷәӷәара
Срыцҳарақәа дара роуп изхароу, -
Избанзар, аԥсреи арыцҳашьареи еилалеит
Шәгәаҿы — аха сгени рыцҳа
Бзиабарала, аԥсра алхра заҵәык алшоит.
Еицырдыруа аҟаза инысымҩа зыҩуаз ишазгәарҭоз ала, “арҭ ҩыџьа ауаа хазынақәа рысалам шәҟәқәа абиографиатә интерес мацара акәмызт ирымаз, дара уи аепоха иаҭоурыхтә баҟаны иаанхеит, насгьы ирониала иҭәу, иҵаулоу ахшыҩҵакқәа реимдара иаҿырԥштәхеит[61].
Аҵарауаа Микеланџьело Витториа илзикуаз асонетқәа рзы ирыҩуан: «Рдоуҳатә еизыҟазаашьақәа Микеланџьело ипоезиа абзиабаратә-философиатә ҟазшьа дырҵаулеит,акристаллизациа аҟынӡа инаргеит. Уи 1530- тәи ашықәсқәа зегьы Микеланџьело идоуҳатә мҩақәҵага лроль назыгӡоз амаркиза лпоезиагьы иааныԥшит. Дара ражәеинраалақәа, «ркорреспонденциа» аамҭак азы ирыцынхоз ауаа азҿлымҳара арҭон; Иҟалап зегь раасҭа еицырдыруаз 60-тәи асонет акәзар, уи иҷыдоу аҵакы арҭон[62];
Виктториеи Микеланџьелои реицәажәарақәа акыр аус адуланы, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иркьыԥхьыз апортугалтә сахьаҭыхҩы Франсиско де Оланда ианҵамҭақәа рҿы иаанхеит[63].
-
Бриуггетәи Мадонна. 1503ш. иназынаԥшуа. Амармалташь. Анцәа иан луахәама, Бриугге, Бельгиа
-
Моисеи. 1513-1516 шықәсқәа рзы. Амармалташь. Сан-Пиетро-ин- Винколи ауахәама, Рим
-
Флоренциатәи Пиета. 1547-1555 шықәсқәа рзы. Амармалташь. Аҟазаратә аԥҵамҭақәа рмузеи, Флоренциа
-
Н. Триболо. Ашьыжь (Аврора). Медичи ркапелла аскульптуразы амоделло. 1534-1537 шықәсқәа рыбжьара. Атеррокота. Барџьелло, Флоренциа

Еиҳа еицырдыруа ирҿиамҭақәа
- Ихадароу астатиа: Микеланџьело иусумҭақәа рсиа
- Мадонна амардуан аҿы. Амармалташь, 1491ш иназынаԥшуа Флоренциа, Каза -Буонарроти.
- Акентаврқәа реибашьра. Амармалташь, 1492 ш. иназынаԥшуа, Флоренциа, Буонарроти имузеи.
- Пиета. Амармалташь, 1498-1499 шықәсқәа. Ватикан, Аԥшьа Пиотр иныхабаа.
- Мадоннеи аԥшқеи. Амармалташь, 1501ш иназынаԥшуа, Бриугге, Нотр-Дам ауахәама.
- Давид. Амармалташь, 1501-1504 шықәсқәа, Флоренциа, Аҟазара лыԥшаах академиа.
- Мадонна Таддеи. Амармалташь, 1502-1504шш. инарзынаԥшуа, Лондон, Аҟазара акралцәа ракадемиа.
- Мадонна Дони. 1503-1504шш. Флоренциа, Уффици агалереиа.
- Мадонна Питти. 1504-1505шш. инарзынаԥшуа, Флоренциа, Барџьелло амилаҭтә музеи.
- Матфеи Ацҳаражәҳәаҩ. Амармалташь, 1506 ш,Флоренциа, Аҟазара лыԥшаах Академиа.
- Сикстинтәи акапелла аҭуан аҭӡынҵа. 1508-1512 шықәсқәа, Ватикан.
- Аԥсра иаҿу атәы. Амармалташь, 1513 ш инарзынаԥшуа, Париж, Лувр.
- Моисеи. 1515 ш. инарзынаԥшуа, Рим, Сан-Пиетро -ин- Винколи ауахәама.
- Атлант. Амармалташь, 1519 шықәсазы инаркны 1530-1534шш. инарзынаԥшуа. Флоренциа, Аҟазара лыԥшаах Академиа.
- Медичи ркапелла, 1520-1534 шықәсқәа.
- Мадонна. Флоренциа, Медичи ркапелла. Амармалташь, 1521-1534 шықәсақәа рзы.
- Лауренциантәи ибиблиотека. 1524-1534шш, 1549-1559 шықәсқәа. Флоренциа.
- Агерцог Лоренцо икардама. Медичи ркапелла, 1524-1531шықәсқәа, Флоренциа, Сан-Лоренцо аныхабаа.
- Агерцог Џьулиано икардама. Медичи ркапелла, 1526-1533 шықәсқәа, Флоренциа, Сан-Лоренцо аныхабаа.
- Зыԥсҭазаара иалҵыз аҷкәын. Амармалташь, 1530-1534 шықәсқәа, Урыстәыла, Санкт-Петербург, Аҳәынҭқарратә Ермитаж.
- Брут. Амармалташь, 1539 шықәса ашьҭахь. Флоренциа, амилаҭтә музеи Барџьелло.
- Аҵыхәтәантәи аӡбара. Сикстинтәи акапелла, 1535-1541шш, Ватикан
- Иули II икардама. 1542-1545шш. Рим, Сан-Пиетро-ин- Винколи аухәама.
- Флоренциатәи Пиета (Пиета Бандини, мамзаргьы Пиети Никодими). Амармалташь, 1547-1555 шықәсқәа. Флоренциа, Опера- дель- Дуомо амузеи.
- Пиета Палестрина. 1555 ш инарзынаԥшуа, Академиа агалереиа, Флоренциа.
- Пиета Ронданини. 1552-1564шш, амармалташь. Милан, Кастелло Сфорцеско.[64]
2007 шықәсазы Ватикан архивқәа рҿы Микеланџьело аҵыхәтәантәи иусумҭа ԥшаан: Аԥшьа Пиотр иныхабаа акупол ахәҭаҷқәа руак аҭыхымҭа. Асангина ала инагӡаз "Рим игылоу Аԥшьа Петр иныхабаа акупол аколлонақәа руак ахәҭаҷ» асахьа акәын. Иара еицырдыруа аҟаза аҵыхәтәантәи иусумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, 1564 шықәсазы иԥсҭазаара далҵаанӡа иҭихит[65].
Ари раԥхьатәи хҭысым уаанӡа ирзымдыруаз Микеланџьело иусумҭақәа архивқәеи амузеиқәеи рҿы ианырыԥшааз. Убас, 2002 шықәсазы, Ниу-Иорктәи Смитсониантәи адизаин амузеи аҵәахырҭақәа рҿы, Аиҭарҿиара аамҭазтәи идырым авторцәа русумҭақәа рыбжьара, даҽа ҭыхымҭакгьы рыԥшааит: шәагаала 45х25 см иҟаз ақьаад бӷьыц аҿы, аҟаза иҭихит аменора — аиудеиаа иртәу бжьы-ҟәшак змоу ацәашьҭаргыларҭа. 2015 шықәса алагамҭазы, иԥшаан раԥхьатәи, иҟалап иара акзаҵәык акәзаргьы, иахьанӡа иаанхаз Микеланџьело иҟаиҵаз аџьазтә скульптура- апантерақәа ирықәтәо ҩыџьа ауаа рыла иаԥҵоу акомпозициа[66].
Апоезиатә рҿиара

Микеланџьело ипоезиа Аиҭарҿиара аепоха акультура аҿырԥштәы лашақәа иреиуоуп ҳәа ԥхьаӡоуп[67]. Иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп хышә инарзынаԥшуа Микеланџьело иажәеинраалақәа. Атема хадақәа- ауаҩы ихьӡ-иԥша азышәаҳәара, агәкаҳара, аҟаза изаҵәра роуп. Аҟаза бзиа ибоз апоетикатә формақәа- амадригал, асонет. Р. Роллан излеиҳәо ала, Микеланџьело дшыхәыҷыз ажәеинраалақәа рыҩра далагеит, аха урҭ рахьтә еиқәхаз рацәам, избан акәзар 1518 ш. азы иара заатәи иажәеинраалақәа реиҳарак иблит, анаҩс даҽа хәҭак, иԥсра маҷк шагыз иқәихит[68].
Бенедетто Варки, Донато Џьаннотто, Џьорџьо Вазари уҳәа убас егьырҭгьы русумҭақәа рҿы ажәеинраалақәак кьыԥхьын[69]. Луиџьи Риччии Џьанноттои Микеланџьело идыргалеит иреиӷьу иажәеинраалақәа алихразы. 1545 шықәсазы Џьаннотто Микеланџьело иажәеинраалақәа раԥхьатәи реизга аҭыжьразы аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит, аха уи аус ҿиартә еиԥш изыҟамлеит- Луиџьи 1546 шықәсазы дыԥсит, Витториа -1547 шықәсазы[70][71].
Абасала, автор иԥсы ахьынӡаҭаз, иажәеинраалақәа реизгақәа ҭыҵӡомызт, раԥхьатәи аизга 1623 шықәсазы иашьа иԥа Микеланџьело Буонарроти (аиҵбы) иоуп иҭзыжьыз, «Микеланџьело иажәеинраалақәа, иашьа иԥа еизигаз» ҳәа хыс иаҭаны, «Џьунтина» захьӡыз Флоренциатәи акьыԥхьырҭаҿы[72]. Ари аҭыжьымҭа нагӡамызт, насгьы иашамрақәакгьы аман[73]. 1863 шықәсазы Чезаре Гуасти (италиан бызшәала Chesare Guasti) иҭижьит аҟаза иажәеинраалақәа раԥхьатәи ииашоу реизга, аха уи хронологиала еишьҭагыламызт[74]. 1897 шықәсазы анемец ҟазараҭҵааҩ Карл Фреи «Адоктор Карл Фреи еизигаз, ахҳәаа ззиуз Микеланџьело иажәеинраалақәа» захьӡыз аусумҭа ҭижьит.(Берлин)[75]. Ензо Ное Џьирард иҭыжьымҭа (Италиа. Ақ. Бари 1960ш, х-хәҭакны ишьақәгылан, Фреи иҭыжьымҭа аҵкыс акырӡа еиӷьын, ажәеинраалақәа еиҳа еиӷьыз ахронологиала еишьҭагылан[74].
Микеланџьело ипоезиатә рҿиара ҭиҵаауан, ахәҭакахьала, анемец шәҟәыҩҩы Вильгельм Ланг. Уи ари атема ала адиссертациа ихьчеит, аусумҭа акьыԥхь иабеит 1861 шықәсазы[76].
Амузыкаҿы ахархәара
Иара иԥсы анҭазгьы иажәеинраалақәа рыхәҭак амузыка алырхит. Микеланџьело иаамҭазы еицырдыруаз акомпозиторцәа дыруаӡәкуп Иакоб Аркаделт («Deh dimm» Amor se l’alma" и «Io dico che fra voi»)[77], Бартоломео Тромбончино, Констанца Феста (Микеланџьело иажәеинраалазы иӡыз амадригал)[78], Жан де Конс (уигьы — Консилиум)[79].
Иажәақәа ирылхны амузыка рыҩхьан Рихард Штраус (хә-ашәак рыла ишьақәгылоу ацикл — актәи Микеланџьело иажәақәа рыла, егьырҭ -Адольф фон Шак, 1886ш)[80], Хуго Вольф (авокалтә цикл «Микеланџьело иашәақәа», 1897ш)[81] иара убас Бенџьамин Бриттен (ашәақәа рцикл «Микеланџьело исонетқәа быжьба», 1940ш)[82].
ԥхынгәымза 31, 1974 шықәсазы Дмитри Шостакович абаси афортепианои рзы асиуита иҩит (опус 145). Асиуита шьаҭас иамоуп аҟаза исонетқәа ааба, иажәеинраалақәа хԥа. (Абрам Ефрос еиҭага)[83].
2006 шықәсазы, апатын Питер Максвелл Деивис ихиркәшеит «Tondo di Michelangelo» (абаритони афортепианои рзы) аусумҭа. Аҩымҭа еиднакылеит Микеланџьело исонетқәа ааба. Апремиера ҟалеит жьҭаарамза 18, 2007 шықәсазы[84]
2010 шықәсазы Австриатәи акомпозитор Метиу Диуи «Il tempo passa: music to Michelangelo» (абаритон, альт, афортепиано рзы) захьӡыз аусумҭа аԥиҵит. Уаҟа Микеланџьело иажәеинраалақәа англыз бызшәахьы еиҭагоуп. Аусумҭа адунеизегьтәи апремиера мҩаԥысит ажьырныҳәамза 16, 2011 шықәсазы[85].
Иналукааша аҟаза имоҭа иԥа- ашәҟәыҩҩы Микеланџьело Буонарроти аиҵбы (Микеланџьело иль Џьоване). Микеланџьело ҩажәи фба шықәса рыҩныҵҟа ҵаҩыс имаз, иҩызаз, ицхраауаз иакәын Франческо Амадори да Урбино, дицхраауан дагьиҵыҩын Џьованни -Анџьело Монторсоли.
Агәаларшәара
Асахьаркыратә литератураҿы
- "Бельведертәи ахәамц " (1936 ш, Марк Алданов).
- "Ахаҳәи ахьааи" (1942ш, Карел Шульц)
- "Агәаҟрақәеи агәырӷьарақәеи" (1961ш, Ирвинг Стоун)
Акино аҿы
- «Микеланџьело иԥсҭазаара» (1964ш. асериал маҷ, Италиа).
- Аԥсеизгареи аекстази (Агәаҟреи аекстази, Еиду Америкатәи Аштатқәа — Британиа, 1965ш) — арежиссиор Керол Рид.
- Акино "Микеланџьело иааԥынра" (Италиа — Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1990ш) — арежиссиор Џьерри Лондон. Марк Франкель ароль хада наигӡон..
- Ателесериал аҩбатәи асезон "Атиудорцәа" (2008ш), Микеланџьело ироль наигӡоит — Джеимс МакХеил.
- Г. Мацкиавичиус испектакль “Аиааира” (2010)ш.
- Ад/ф "Микеланџьело асупериаҵәа" (анг. Michelangelo Superstar).
- Ад/ф «Микеланџьело. Инымҵәаӡо» (италиан бызшәала: Michelangelo — Infinito) (Италиа — Ватикан, 2018ш) — арежиссиор Емануеле Имбуччи.
- Акиносахьа "Агәнаҳа" (Урыстәыла, 2019ш, арежиссер Андреи Кончаловски), Микеланџьело ироль наигӡоит — Альберто Тестоне.
Афилателиаҿы
- 1964 шықәсазы Асовет Еидгылаҿы аԥошьҭа амарка ҭрыжьит: Адунеизегьтәи акультура аусзуҩцәа. Микеланџьело (1475–1564шш), италиатәи аскульптор, асахьаҭыхҩы, архитектор, апоет, ахәыцҩы. Армарахь ала -Флоренциа иҟоу Лауренциантәи абиблиотека аҿаԥхьа аԥсхыхра иаҿу атәы искульптура. Арӷьарахь- Микеланџьело Сикстинтәи акапелла акартон асахьанҵа аус идиулоит.
- 1975 ш азы Асовет Еидгыла аԥошьҭаҟны Микеланџьело диижьҭеи 500 шықәса аҵра аҳаҭыразы еиуеиԥшым амаркақәа рсериа ҭрыжьит.
-
Картмаксимум “Микеланџьело. Автопортреҭ. Лувр. Париж”, СССР, 1975ш (CFA [ АО "Марка" ] No 4438). Актәи амш аԥыхра: «Микеланџьело даниз инаркны 500 шықәса ҵит», Москва, Аԥошьҭамт, 27.02.1975
-
Асовет Еидгыла амарка. Микеланџьело ихатә портреҭ (Лувр, Париж). Асахьаҭыхҩы: Г. Комлев.
-
Асовет еидгыла Аԥошьҭа, 1964ш
Анумизматикаҿы
- 2015 шықәсазы Урыстәылатәи Абанк 25 мааҭ иҟоу араӡын гәаларшәагатә ԥараҿырпы ҭнажьит.
-
Урыстәыла агәалашәаратә монета, 2015ш. Микеланџьело Буонарроти иаԥҵамҭақәа.
Азгәаҭақәа
- ↑ Дживелегов А. К. Микельанджело. — 2-е изд. — М.: Молодая гвардия, 1957. — 255 с. — (Жизнь замечательных людей).
- ↑ Вёльфлин Г. Ренессанс и барокко. — СПб.: Азбука-классика, 2004. — С. 245.
- ↑ 3,0 3,1 3,2 "Michelangelo". Encyclopædia Britannica (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 18 ажьырныҳәамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Wallace, 2011, с. 5.
- ↑ Власов, 1997, с. 54.
- ↑ Вазари, 1970, с. 312.
- ↑ Власов, 1997, с. 54.
- ↑ «…Ohne die Sixtinische Kapelle gesehen zu haben, kann man sich keinen anschauenden Begriff machen, was ein Mensch vermag» (Dorothea Scholl. Von den «Grottesken» zum Grotesken: die Konstituierung einer Poetik des Grotesken in der italienischen Renaissance. — LIT Verlag Münster, 2004. — 768 с.) (нем.)
- ↑ "Johann Wolfgang von Goethe, Italian Journey (1786-1788), August 23, 1787" (англыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 18 ажьырныҳәамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Власов, 1997, с. 55.
- ↑ Гращенков, 1966, с. 166.
- ↑ "История Давида – от Флоренции до Москвы". Иархивтәоу аоригиналзы 2 рашәарамза 2022 ахь. Ириашоу 2 рашәарамза 2022 шықәсазы.
- ↑ Tolnay, 1943, с. 11.
- ↑ Брион, 2002, с. 6.
- ↑ Condivi, 1999, с. 5.
- ↑ WilliamE. Wallace,Michelangelo: The Artist, the Man, and his Times Архив ҟаҵан 2016-10-27 азы Wayback Machine аҟны., Cambridge University Press (англ.)
- ↑ Wallace, 2011, с. 63.
- ↑ Charles Clément. Michelangelo (англ.). — S. Low, Marston, Searle, & Rivington, ltd., 1892. — 5 p.
- ↑ Брион, 2002, с. 9.
- ↑ Вазари, 1970, с. 298.
- ↑ Tolnay, 1943, с. 11.
- ↑ Роллан, 1992, с. 91.
- ↑ Condivi, 1999, с. 9.
- ↑ Вазари, 1970, с. 299.
- ↑ "Скульптура — светоч живописи" (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 11 цәыббрамза 2013 ахь. Ириашоу 20 ажьырныҳәамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Микеланджело. Поэзия. Письма. Суждения современников, 1983, с. 6.
- ↑ Wallace, 2011, с. 30.
- ↑ Балдини У. Микеланджело-скульптор. Полное собрание скульптур. — М.: Планета, 1979. — С. 79
- ↑ Власов, 1997, с. 54.
- ↑ Переписка Микель-Анджело Буонарроти и жизнь мастера, написанная его учеником Асканио Кондиви. — СПб.: Шиповник, 1914
- ↑ Гращенков, 1966, с. 168.
- ↑ Власов, 1997, с. 56.
- ↑ Гращенков, 1966, с. 169.
- ↑ Гращенков, 1966, с. 170.
- ↑ Роллан, 1992, с. 195.
- ↑ Роллан, 1992, с. 196.
- ↑ Вазари, 1970, с. 402.
- ↑ "«Последний день жизни, первый день покоя!» (18 февраля 1564)" (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 6 жьҭаарамза 2013 ахь. Ириашоу 22 ажьырныҳәамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Вазари, 1970, с. 419.
- ↑ Эрпель, 1990, с. 15.
- ↑ "What did Michelangelo Looked like?" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ "Lead medal of Michelangelo, by Leone Leoni". The British Museum (англыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ Роллан, 1992, с. 87—88.
- ↑ Вазари Дж. Жизнеописание Торриджано, флорентийского скульптора // Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих [1] Архив ҟаҵан 2024-05-02 азы Wayback Machine аҟны.
- ↑ Carlos Hugo Espinel (18 ԥхынҷкәынмза 1999). "Michelangelo's gout in a fresco by Raphael". Volume 354, Issue 9196 (англыз бызшәала). The Lancet. pp. 2149–2151. doi:10.1016/S0140-6736(99)09070-4. ISSN 0140-6736. Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ Wolfgang Kuehn (25 хәажәкырамза 2000). "Michelangelo's gouty knee". Volume 355, Issue 9209 (англыз бызшәала). The Lancet. p. 1104. doi:10.1016/S0140-6736(05)72230-3. Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ Роллан, 1992, с. 87—88.
- ↑ Вазари, 1970, с. 296.
- ↑ Власов, 1997, с. 54.
- ↑ Власов, 1997, с. 54—55.
- ↑ Власов, 1997, с. 55.
- ↑ Власов, 1997, с. 56.
- ↑ Власов, 1997, с. 60.
- ↑ Баткин Л. М. Об истоках трагического в Высоком Возрождении // Микеланджело и его время. Сборник статей. — М.: Искусство, 1978. — С. 142—143
- ↑ Грабарь И. Э. Барокко // О русской архитектуре. — М.: Наука, 1969. — С. 315
- ↑ Власов В. Г. Барокко // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. II, 2004. — С. 56
- ↑ Дворжак, 1978, с. 22.
- ↑ Власов В. Г. Сикстинская капелла в Ватикане // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2008. — С. 757
- ↑ Поэзия Микеланджело в переводе А. М. Эфроса. — Москва- Берлин: Директ-Медиа, 2015
- ↑ "The Passions of Michelangelo". rictornorton.co.uk. Иархивтәоу аоригиналзы 26 жьҭаарамза 2008 ахь. Ириашоу 8 цәыббрамза 2017 шықәсазы.
- ↑ Бриллиант С. М. Микеланджело Архив ҟаҵан 2008-10-19 азы Wayback Machine аҟны. серия ЖЗЛ
- ↑ "Стихи в переводе А.М. Эфроса - Микеланжело Б." lib.web-malina.com. Иархивтәоу аоригиналзы 19 нанҳәамза 2007 ахь. Ириашоу 8 цәыббрамза 2017 шықәсазы.
- ↑ Francisco De Holanda. Dialogues with Michelangelo. Pallas Athene, 2006, ISBN 1-84368-015-7
- ↑ Последнее, незаконченное скульптурное произведение Микеланджело.
- ↑ "Найден «последний эскиз» Микеланджело". Иархивтәоу аоригиналзы 13 ԥхынҷкәынмза 2007 ахь. Ириашоу 19 жьҭаарамза 2008 шықәсазы.
- ↑ Колпаков, Г. (2 жәабранмза 2015). "Микеланджело передал привет спустя 500 лет. Найдена единственная не мраморная скульптурная композиция Микеланджело". Газета. Ру. Иархивтәоу аоригиналзы 5 жәабранмза 2015 ахь. Ириашоу 2 жәабранмза 2015 шықәсазы.
Учёные сумели даже установить примерную дату создания бронзовой пары — между 1506 и 1508 годами
- ↑ Wallace, 2011, с. 40—41.
- ↑ Роллан, 1992, с. 112—113.
- ↑ Роллан, 1992, с. 154—155.
- ↑ Роллан, 1992, с. 154—155.
- ↑ "Вибрані поезії Мікеланджело (з коментарем)" (PDF) (англыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы (PDF) шықәсазы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 22 ажьырныҳәамза 2012 шықәсазы.
- ↑ "Rime, Michelangelo Buonarroti (1623)" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 22 ажьырныҳәамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Роллан, 1992, с. 112—113.
- ↑ 74,0 74,1 The Poetry of Michelangelo: An Introduction, Christopher Ryan (London, 1998). pp. 7-9.
- ↑ "Die Dichtungen des Michelagniolo Buonarroti Herausgegeben Und mit Kritiscem Apparate Versehen von Dr. Carl Frey" (агерман бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 22 ажьырныҳәамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Lang, Wilhelm. (1861). "Michel Angelo Buonarroti als Dichter" (агерман бызшәала). Mäcken in Stuttgart . Иархивтәоу аоригиналзы 4 абҵарамза 2012 ахь. Ириашоу 2 абҵарамза 2012 шықәсазы.
- ↑ Albert Seay. Arcadelt and Michelangelo, Renaissance news vol. 18, 4 (1965) p.299—301 (англ.)
- ↑ Costanzo Festa (1997). Richard J. Agee (ed.). "Counterpoints on a cantus firmus" (англыз бызшәала). A-R Editions, Inc. p. xi. Иархивтәоу аоригиналзы 2 жьҭаарамза 2017 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ "Early MusiChicago: Jean Conseil" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 22 ажьырныҳәамза 2012 шықәсазы.
- ↑ James Leonard, Rovi. "Richard Strauss. 5 Lieder, Op.15, TrV148" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ Iain Gillis. "Grasping Toward the Light: A Reassessment of Wolf's Michelangelo- Lieder" (PDF). Musicological Explorations. Vol 11 (2010) (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ "Benjamin Britten. 7 Sonnets of Michelangelo, Op.22 (song cycle)" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ "Дмитрий Шостакович. Сюита на слова Микеланджело Буонарроти для баса и фортепиано. Перевод А. Эфроса" (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2 ԥхынгәымза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ "Sir Peter Maxwell Davies. Tondo di Michelangelo" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
- ↑ "Il tempo passa: based on the poetry of Michelangelo / Matthew Dewey" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 20 рашәарамза 2013 ахь. Ириашоу 4 жәабранмза 2012 шықәсазы.
Алитература
На русском языке
- Сомов А. И. Микеланджело Буонарроти // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. — СПб., 1890—1907.
- Брион Марсель. Микеланджело / Пер. с фр. Г. Г. Карпинского = афр. Michel-Ange. — М.: Молодая гвардия, 2002. — ISBN 5-235-02487-7.
- Вазари Д. Жизнеописания прославленных живописцев, скульпторов и архитекторов = аитал. Le Vite de’piu eccelenti Pittori, Scultori e Architetti. — К.: Искусство, 1970. — С. 296—429, 497—507. — 520 с.
- В. Г. Власов. Микеланджело Буонарроти, Микеланьоло ди Лодовико ди Лионардо ди Буонаррото Симони // Стили в искусстве. В 3-х т. — СПб.: Кольна, 1997. — Т. 3. — Словарь имён. — С. 54—64. — ISBN 5-88737-010-6.
- В. Н. Гращенков. Микеланджело // Мастера искусства об искусстве. — М.: Искусство, 1966. — Т. Второй. — С. 166—174.
- Эрпель Фриц. Микеланджело / Пер. с нем. Сергея Данильченко. — Берлин: Хеншель, 1990. — 72 с. — ISBN 3-362-00044-4.
- Дажинa В. Д. Микеланджело. Рисунок в его творчестве. — М.: Искусство, 1987. — 215 с.
- Дворжак, М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. — М.: Искусство, 1978. — Т. II. — С. 17—44.
- Махов А. Б. Микеланджело. — М.: Молодая гвардия, 2014. — 598[10] с. — (Жизнь замечательных людей). — ISBN 978-5-235-03689-5.
- Микеланджело. Поэзия. Письма. Суждения современников / сост. В. Н. Гращенков. — М., 1983. — 176 с.
- Микеланджело. Жизнь. Творчество / Сост. В. Н. Гращенков; вступительная статья В. Н. Лазарева. — М.: Искусство, 1964.
- Микеланджело и его время / Сборник статей. Под ред. Е. И. Ротенберга, Н. М. Гершензон-Чегодаевой. — М.: Искусство, 1978. — 272 с. — 25 000 экз.
- Ротенберг Е. И. Микеланджело. — М.: Искусство, 1964. — 180 с.
- Ирвинг Стоун, «Муки и радости», big-library.info/?act=read&book=26322
- Ромен Роллан. Жизнь Микеланджело. — 1992. — [Архивировано из оригинала 28 ажьырныҳәамза 2023 года.]
- Титан (Микеланджело) / Сост. Г.С. Кушнеровская. — М.: Молодая гвардия, 1977. — 100 000 экз.
- Дунина М. В. Микеланджело-воспитатель: особенности творческой индивидуальности и система преподавания // Актуальные проблемы теории и истории искусства: сб. науч. статей. Вып. 9 / Под ред. А. В. Захаровой, С. В. Мальцевой, Е. Ю. Станюкович-Денисовой. — МГУ имени М. В. Ломоносова / СПб.: НП-Принт, 2019. С. 634—643.
- М. Т. Кузьмина. Микеланджело Буонарроти (К 500-летию со дня рождения). — М.: Знание, 1975. — 56 с. — (Искусство). — 150 000 экз.
На других языках
- Condivi, Ascanio; Alice Sedgewick. The Life of Michelangelo. — Pennsylvania State University Press, 1999. — ISBN 0-271-01853-4.
- Wallace, William E. Michelangelo: Skulptur, Malerei, Archtektur. — Köln: Monte von DuMont, 2011.
- Tolnay K. Michelangelo. — Princeton, 1943.
- Gilles Néret. Michelangelo. — Köln: Taschen, 1999. — 96 с. — (Basic Art).
- Edith Balas, «Michelangelo’s Medici Chapel: a new Interpretation», Philadelphia, 1995
- James Beck, Antonio Paolucci, Bruno Santi, «Michelangelo. The Medici Chapel», London, New York, 2000
- Władysław Kozicki, Michał Anioł, 1908. Wydawnictwo Gutenberg — Print, Warszawa