Меркель, Ангела

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Меркель, Ангела
Angela Merkel

Аполитикатә партиа
Алахәылара Христианско-демократический союз Германии (1990 ш. инаркны)
Демократический прорыв (1989 ш.–1990 ш.)
Христианско-демократический союз в ГДР (1990 ш.)

Ахатәы хьӡы Angela Dorothea Kasner
Аира ԥхынгәымза 17, 1954 ш. (69 ш.)
Аймсбюттель
Амилаҭра немцы
Атәылауаҩра Германиа,
ГДР
Абызшәақәа анемец бызшәа,
Англыз бызшәа,
Аурыс бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Ульрих Меркель (1977 ш.–1982 ш.),
Иоахим Зауэр (1998 ш. инаркны)
Ани аби Герлинда Каснер,
Хорст Каснер
Ауацәа Маркус Каснер[1]и Ирэн Каснер[1] (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи)
Adrian Sauer (пасынок)[1]
Анхарҭа Берлин
Алма-матер Темплинская средняя общеобразовательная политехническая школа,
Темплинская общеобразовательная политехническая десятилетняя средняя школа,
Лейпцигский университет,
Академия наук ГДР
Аусура аполитик,
физик,
государственный деятель,
химик
Адин Евангелическая церковь Германии
лютеранство
евангелическая церковь
Анашьамҭақәа Международная премия имени Карла Великого
орден Трёх звёзд
honorary citizen of Templin
орден Двойного белого креста 1-го класса
Запись Викиданных не включает абхазский ярлык; вы можете дополнить егоQ114457507
… подробнее на Викиданных
Анаԥынҵамҭа
Асаит https://www.angela-merkel.de
https://www.buero-bundeskanzlerin-ad.de/

Ангела Доротеиа Меркель (агер. Angela Dorothea Merkel; ԥхынгәымза 71954 ш., Гамбург) — анемец ҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы. Абҵарамза 22, 2005 шықәса раахыс Германиа Афедералтә канцлер, мшаԥымза 10, 2000 шықәса раахыс Ақьырсиан — демократиатә еилакы апартиа аԥхьагыла.[2]

Ангела Меркель лхәыҷреи аҵарадырреи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ангела Доротеиа Меркель (хаҵа дцаанӡа Каснера илыжәлан) диит ԥхынгәымза 17, 1954 шықәсазы Гамбург. Ангелиа аполиак хылҵшьҭра лымоуп.

Лаб-Хорст Каснер аполиак жәла имаз Казмерчак иԥсахит. Иара аҵара иҵон Геиделбергтәии Гамбургтәии ауниверситетқәа рҟны, атеологиа амаҭәар ала. Ангела Меркель лабду, Лиудвик Казмерчак, Познантәи аполициаҟны амаҵзура дахысуан, Актәи адунеизегьтәи аибашьра далахәын, иара убасгьы Польшеи - Украинеи, насгьы асоветтә - польшатәи еибашьрақәа дрылахәын.[3]

Лан – Герлинда Каснер — алатын бызшәеи англыз бызшәеи рырҵаҩыс аус луан.

Ангела – аҭаацәараҿы зегьы иреиҳабыз хәыҷын. Ангела лира аамышьҭахь иаарласны лҭаацәа ГДР-ҟа нхара ицеит. Хорст Каснер иаарласны ақалақь Перлеберге иҟаз алиутерантә уахәама Берлин- Брандербург амаҵзуҩыс дҟалоит, аха 1957 шықәсазы аҭаацәа ақалақь маҷ Темплинҟа нхара ицоит. Ара Ангела лаб апасторцәа рзы аколлеџь анапхгараҭара идырҵеит. Лан атәым бызшәақәа рырҵаҩыс аус луан. Ангела лнаҩс лани лаби даҽа ҩыџьа ахшара рыман: аиашьа Маркуси аиаҳәшьа Иренеи. Каснераа рхәыҷқәа ашкол ахь иныҟәомызт, ран Герлинд ахәыҷқәа рааӡареи аҵара дырҵареи даҿын. Абжьаратәи аполитехникатә школ Ангела Каснер дҭалоит 1961 шықәсазы, Ангела Доротеиа иҭынчыз, ахӡыргара ззымдыруаз ӡӷабын. Аҵара бзианы илҵон. Даара абызшәақәа лыцааиуан, иара убасгьы аҵарадырра дазҿлымҳан. Усҟантәи аамҭазтәи ГДР ахәыҷқәа зегьы реиԥш Ангела дпионерын, анаҩс лара зых иақәиҭу анемец ҿар рхеилак далалоит (ССНМ). Ангела Доротеиа ашкол далгеит 1973 шықәсазы, ибзиаӡаны, дагьҭалоит Карл Маркс ихьӡ зхыз Леипцигтәи ауниверситет, афизика факультет.[4]

Меркель ауниверситет аҟынгьы ибзиаӡаны аҵара лҵон. Лара лҵареи ССНМ аҟны лусуреи еидылбалон. Аха уажәшьҭа уи уаҩ игәаимҭоз, иҭынчыз, ахӡыргара зламыз зӷабмызт.

Лҵара шықәсқәа раан, 1974 шықәса рзы Москватәии Ленинградтәии ауниверситет афизика факультет астудентцәеи лареи реиқәшәара аан, диабадыруеит раԥхьатәи лхаҵа, астудент-афизик Фогтландтәи, Ульрих Меркель. Дара ргәыргьынхаҵара мҩаԥысит Темплинтәи ауахәама аҟны, цәыббрамза 3, 1977 шықәсазы.

Ауниверситет аҟны лҵара ашықәсқәа раан, Ангела аполитикатә усура лхы алагалара дазхәыцуа далагеит. Афизикатә химиа Аинститут аҟны лусура аан, лара аамҭаказы зых иақәиҭу анемец ҿар Рхеилак амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Ангела Меркель ҭакԥхықәрас илыдын агитациеи апропагандеи рымҩаԥгара.

Қәҿиарала Леипцигтәи ауниверситет даналга, Ангела Меркель усура ҳәа АН ГДР афизикатә химиа ацентртә институт ахь ддәықәҵан.

1986 шықәса рзы адоктортә диссертациа лыхьчеит.[5]

Ангела Меркель лполитикатә кариера[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ангела Меркель политикк иаҳасаб ала лымҩа хацлыркит 80-тәи ашықәсқәа рзы, иаҳхысыз ашәышықәсазы. Ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы Ангела Меркель лассы-ласс дцәырҵуа далагеит. Анаҩс, Берлинтәи аҭӡы «каҳаит». Ари ахҭыс даара лгәаҵанӡа инеит аҵарауаҩ - афизик. Анемеццәа рзын иҭоурыхтә хҭысыз аҽны Ангела Доротеиа дгәеиҭоит усҟан ФРГ аканцлерс иҟаз Гельмут Коль.

Ангела Меркель лакәзар, илыдырҵаз аҭакԥхықәра қәҿиарала иналыгӡон. Ауаа агитациа рзылуан, Балтикатәи аԥсыӡкҩцәа дырԥылон, ауарашжәырҭақәа рҟны ацәажәарақәа мҩаԥылгон. Меркель акыр ақәыргәыӷрақәа рылҭон, ауаагьы лыгәра ргон, рыбжьқәа лырҭон. Лара лалхыҩцәа лассы-ласс ирҳәон: «Егьырҭ ирҿырԥшны улыхәаԥшуазар, лара ма дузыӡырҩуеит» — ҳәа, убри аҟынтә ирылҭоз ақәыргәыӷрақәа аныналмыгӡозгьы илызгәаауамызт.[6]

Ангела Меркель апартиа «Ақьырсин-демократиатә хеилак» ахь диасуеит, анаҩс Германиа анеидырҵа, Ангела Доротеиа Меркель ХДС аҟынтә Бундестаг адепутатс дҟалоит. Гельмут Коль иаразнак Ангела даликаауеит, дҵангьы илыдиҵоит аҳәса зегьы драԥхьагыланы ԥхьаҟа ацара.

Аканцлер Коль, Ангела Меркель аиҳабыра рахь днеиԥхьоит, аҳәсеи аҿари русқәа рзы аминистрс дҟаиҵоит. Меркель аполитик бырг даара далкааны бзиа дибон, «сыӡӷаб» ҳәа леиҳәон. Иаарласнгьы лара ХДС амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ аанылкылоит. Ажурналистцәа ракәзар, Ангела Меркель «Коль иӡӷаб» ҳәа хьыӡшьарас илырҭоит. Аха, 1998 шықәсазы Коль алхрақәа раан Герхард Шриодер иҟны даҵахоит. Коль ԥхьатәара данца ашьҭахьҵәҟьа иҩызцәеи идгылаҩцәеи еимпуа иалагеит, еиҳаракгьы ХДС апартиа аҭахрақәа рзын аолигархцәа рҟынтә аԥара аиуан ҳәа ахара анидырҵа ашьҭахь. Изгәакьаз Меркель лакәзар, уигьы мап ицәылкуа далагеит, Гельмут Коль апартиатә ҭыԥ аҟынтәи иахҳәаразы аҵысрагьы днахагылеит. Иара убри ашықәсан Ангела Меркель апартиа амаӡаныҟәгаҩ хадас далхын.[7]

Ангела Меркель аԥҳәыс-аканцлер[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ангела Меркель хьаҵра ҟамҵакәан амчрахь лымҩа хан. 2002 шықәсазы Меркель лкандидатура ықәлыргылоит ФРГ аканцлерс аҟаларазы, аха анаҩс, Ақьырсиантә социалисттә хеилак аҟнытә Едмунд Штоибер икандидатура анықәиргыла, лара рхықәкы мап ацәылкуеит. Аха, егьа ус акәзаргьы, 2005 шықәсазы лара аоппозициа аҟнытә ФРГ аканцлерс лкандидатура ықәдыргылоит.[8]

Иара убри ашықәсан, цәыббрамза 20 рзы, ХДС-ХСС афракциа ҿыц раԥхьатәи аилатәараҟны, Ангела Доротеиа Меркель уи ахантәаҩыс далырхуеит. Абҵарамза 22, 2005 шықәсазы Меркель рыбжьқәа лырҭеит 611-ҩык адепутатцәа рахьтә 397-ҩык XVI ааԥхьара бундестаг адепутатцәа, убри алагьы лара лакәхеит зегь реиҳа иҿаз (51 шықьса лхыҵуан), насгьы раԥхьатәи аԥҳәыс - афедералтә канцлерс иҟалаз ФРГ аҭоурых зегьы аҟны.

Ари амаҵзура аҟны Ангела Меркель иахьа уажәраанӡа дыҟан. Арҭ ашықәсқәа зегьы лара даара аҽынкылара змаз, зус здыруаз напхгаҩны дыҟан. Ангела Меркель аҳәынҭқарра аҟны азин еснагь еиқәырханы илыман уҳәар алшоит. Германиа Европатәи Ахеилак аилазаара аҟны - економикатә ԥхьагылан атәыла анеидырҵа аамышьҭахь, атәыла аполитикатә аспект аҟынгьы аԥхьагылара аанарԥшуа иалагеит. Аканцлер Меркель лполитика ала Германиа аҳаҭыр Европа ишьҭыҵит. Лара лтәыла изныкымкәан егьырҭ, уи аҟара аҿиара змамыз, европатәи аҳәынҭқаррақәа ирыцхраахьан, иара убасгьы афинанстә цхыраарагьы рзыҟанаҵон.[9]

Ус шакәызгьы, атеррористтә акциақәа рацәахо ианалага, аканцлер Меркель имҩаԥылгоз амиграциатә политика гәыҩбара лнаҭо далагеит. 2010 шықәса рзы Потсдам ХДС алахәылацәа ҿарацәа рҿаԥхьа дықәгыло, Ангела Меркель иаартны илҳәеит, амультикультурализм аполитика Германиа ишхыбгалаз. Лара лгәаанагара ала, европаа мацара ракәӡам, Европаҟа иааз, амигрантцәагьы ирылшо зегьы ҟарҵалар ауп агермантә еилазаара иахәҭакны иҟаларазы, уи азын акы ҳәа анемец бызшәа рҵар ауп.

Киольн амигрантцәа раморалтә хымҩаԥгашьа ашьҭахь, Ангела Меркель ааԥхьара ҟалҵеит зегьы агәҭынчра аадырԥшларц. «Ҳара уи ҳаиааиуеит», — лҳәеит аканцлер. Ари аҳәамҭа аӡәырҩы рзын иџьашьатәхеит, акыр ацәажәарақәа ахылҿиааит. Аха, Ангела Меркель илҳәаз ҵакыс иамаз ахҵәацәа ринтеграциа, рнырхара, рыдкылара апроблема аӡбара акәын.

Уи анаҩсгьы, Ангела Меркель лгәаанагара ала, ахҵәацәа атәыла аҿиара аус аҟны алагала ду ҟарҵар алшон. Аха, ахҵәацәа ринтеграциа азҵаарақәа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акыр ауадаҩрақәа цәырыргон, урҭ закәыз ҳәа аканцлер еилкаара лымамызт.[10]

Ангела Меркель лыдәныҟатәи аполитика[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ангела Меркель еснагь атәылақәа апартниорцәа зегьы еиԥшны дырзыҟан. Аха, Еиду Америкатәи Аштатқәа рполитика еснагь еиҳа иадылцәылон. Канцлерс аҟаларазы алхрақәа дрылахәхаанӡа Ангела Доротеиа Еиду Америкатәи Аштатқәа Ирак иазырхаз реибашьра дадгылоит, иара убасгьы ЕАШ Косово аганахьала аусқәа дырзыразхоит.

Аканцлер Меркель мрагыларатәи Украина аҭагылазаашьа «аҭышәныртәалареи», Минсктәи аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡареи агәыԥ далахәылоуп.[11]

Ҭырқәтәыла аганахьала, 2005 шықәсатәи алхрақәа рҟынӡа, Меркель лгәаанагара лҳәон ари атәыла Европатәи Ахеилак иалахәыла наӡаны ишзыҟамло азы. Ангела Меркель Европатәи ахеилак ахантәаҩыс лыҟазаара аан Ҭырқәтәыла аԥыза - министр Реџьеп Таиип Ердоган даара акритика изылуит, уи Германиа иҟазаара аан уа инхоз аҭырқәцәа рассимилиациа алҵшәақәа иахькылыргар алшо атәы ахьиҳәаз азы.

Ааигәа Мрагыларатәи аполитика акәзар, аканцлер Меркель рацәак лҽалалгалом. Урыстәылахь, иара Владимир Путин иахь лзыҟазаашьа атәы ҳҳәозар, Ангела Меркель «аритмикатә» ҟазшьа амоуп уҳәар алшоит. Америкатәи акурс адгылаҩ Меркель лассы-ласс лара лаԥхьа канцлерс иҟаз Герхард Шриодери Путини реиҩызара акритика азылуан. Аха, лара лхаҭа данканцлерха Шриодер иполитика амҩа данылеит.[12]

Украинатәи акризис аан Меркель Урыстәыла «Ҟрым аннексиа» азнауит ҳәа ахара адылҵеит. Аха уаанӡа Германиа адәныҟа-политикатә ҳаракыра аҟны активла закәанла иалхыз апрезидент Ианукович амчра аҟынтә дахызҳәаз киевтәи апутчистцәа адгылара рынаҭон.

Еиду Америкатәи Аштатқәа рполитика акыр адгылара азҭоз Ангела Меркель лзын даара иџьашьатәхеит, америкатәи ҷыдалатәи амаҵзурақәа лҭел ала лцәажәарақәа ишырзыӡырҩуаз анлаҳа.

Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент ҿыцс иҟаз Дональд Трамп иакәзар, Германиа ашҟа аиҩызааратә еизыҟазаашьа дахыццакуамызт. Аха, уи аԥара бзианы иԥхьаӡон. Ангела Меркели иареи реиқәшәара аан, иара 375 миллиард доллар аԥара лиҭоит. Трамп ишиҳәаз ала, арҭ аԥарақәа НАТО Германиа ахьчаразы иазоужьу ԥарақәоуп.[13]

Ангела Меркели 2017 шықәсазтәи Германиатәи алхрақәеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ангела Меркель лгәаанагара ала, макьанагьы илылшашагьы маҷым, убри аҟынтә Германиа аканцлерс аҟаларазгьы аԥшьынтә раан лкандидатура ықәлыргылеит.

Абҵарамза 24, 2017 шықәсазы, Германиа имҩаԥысит апарламенттә алхрақәа, уа Ангела Меркель лконсервативтә алианс ХДС-ХСС аиааира агеит, аха иаиуз 33% заҵәык абжьқәа роуп. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла иаԥҵан Бундестаг (апарламент), уи далнахит аканцлер. Усҟантәи аамҭазы ари аҭыԥ аанылкылеит Ангела Меркель.[14]

Хәажәкыра 14, 2018 шықәсазы Ангела Меркель Бундестаг адепутатцәа реиҳараҩык рыбжьқәа рыла аканцлер иҭыԥ ахь деиҭалхын. Убри алагьы, Ангела Меркель атәыла напхгара алҭалоит 16 шықәса инеиԥынкыланы. 2018 шықәса жьҭаарамзазы Ангела Меркель аҳәамҭа ҟалҵеит 2021 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу аканцлер иалхрақәа лхы шрылалмырхәуа ала.

Убри анаҩсгьы, Меркель уаҳа Ақьырсиан-демократиатә хеилак ахантәаҩыс далырхӡом, уи алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса анҵәамҭазы. Меркель лыпресс- маӡаныҟәгаҩ Штеффен иакәзар, аҳәамҭа ҟаиҵеит Германиа аканцлер лыҿҳәара нҵәаанӡа лҭыԥ шаанылмыжьуа ала.[15]

Ангела Меркел лхатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ангела Меркель лхатәы ԥсҭазаара атәы ҳҳәозар, лхаҵацара даара иманшәаламхеит. Лхаҵа Ульрих Меркели лареи хәышықәса заҵәык роуп иахьеицынхоз, 1982 шықәсазы Ангела лхаҵа дилҵуеит. Аха, иара ижәла Меркель – уи иаанагоз «еицырдыруа» ауп, шылхыз иаанлыжьит.

Ангела Меркель ҩынтә раан хаҵа дцеит 1998 шықәсазы, — аҩбатәи лхаҵа ахимик Иоахим Зауер иакәын. Актәигьы аҩбатәигьы аҭаацәарақәа рҟны лара хшара дылмоуит.[16]

Ангела Меркель илыдҳәалоу аинтерес зҵоу афактқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ангела даныхәыҷыз ашьхарпаҿа еизылгон, аџьармыкьаҿы аҭиразы. Усҟан лара илыздырамызт лахьынҵас ишылзыԥҵәаз политик дуны аҟалара.

Меркель данқәыԥшыз адискотекақәа еиҿылкаауан, уа лара барменс аус луан.

Зны Ангела ала лшьапы иацҳаит, уиаахыс даара алақәа дрыцәшәон, аполитикцәа ари лфобиа даара еилкаарыла иазнеиуеит аҟынтә, адкыларақәа раан алақәа наргом. Аха, Урыстәыла Ахада Владимир Путин ҽнак Ангела лнервқәа гәеиҭарц иӡбан, Кони захьӡыз апрезидент ла ду ицны ирезиденциа аҟны дылԥылеит. Ажурналистцәа ари иаразнак игәарҭеит, акыр афотоқәагьы Ангела Меркель ала дахьахәаԥшуа аладырҵәеит.

Меркель данканцлерха, мап ацәылкит амаҵзуратә уадақәа рҟны анхара. Иахьа уажәраанӡагьы лара дынхоит лхаҵеи лареи қьырала илырхуа ауадақәа рҟны.

Ангела аус здылуло астол аҟны иқәгылоуп Екатерина II лфотосахьа, лара уи аԥҳәыс лидеал лакәны длыԥхьаӡоит.

Ангела Меркель акаҳуа бзиа илбаӡом, уи ачаи ашьыхә аҭаны илжәуеит.

Меркель бзиа дзымбо зегьы «аиԥка зшәу Гитлер» ҳәа илышьҭоуп, иҟоуп Адольф Гитлер аганахь иоуз иԥҳа лоуп ҳәа зҳәогьы.[17]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]