Кинг, Мартин Лиутер

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Мартин Лиутер Кинг» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Кинг, Мартин Лиутер
Martin Luther King Jr.


Ахатәы хьӡы Michael King Jr.
Аира ажьырныҳәамза 15, 1929 ш.
Атланта
Аԥсра мшаԥымза 4, 1968 ш.
Мемфис
Аԥсра зыхҟьаз огнестрельное ранение
Аԥсыжра аҭыԥ Национальный исторический парк Мартина Лютера Кинга-младшего
Амилаҭра афроамериканцы
Атәылауаҩра Еиду Америкатәи Аштатқәа
Абызшәақәа Англыз бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Коретта Скотт Кинг (1953 ш.–1968 ш.)
Ани аби Альберта Уильямс Кинг,
Мартин Лютер Кинг-старший
Ахәыҷқәа Иоланда Кинг,
Мартин Лютер Кинг III,
Декстер Скотт Кинг,
Бернис Кинг
Ауацәа Christine King Farrisи Альфред Даниэль Уильямс Кинг (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи)
Альведа Кинг (племянница)
Алма-матер Morehouse College,
Crozer Theological Seminary,
Бостонский университет,
Washington High School,
Boston University School of Theology,
David T. Howard High School,
Candler School of Theology
Аусура правозащитник,
богослов,
проповедник,
священнослужитель,
ашәҟәыҩҩы,
пастор,
пацифист,
гуманист,
антивоенный активист,
аполитик
Адин баптизм
Анашьамҭақәа Нобелевская премия мира
Золотая медаль Конгресса США
Президентская медаль Свободы
гуманитарий года
член Американской академии искусств и наук
… подробнее на Викиданных
Анаԥынҵамҭа
Асаит https://thekingcenter.org

Мартин Лиутер Кинг (ажьырныҳәамза 151929 ш., Атланта, аштат Џьорџьиа, ЕААмшаԥымза 41968 ш., Мемфис, аштат Теннесси, ЕАА) — еицырдыруа Америкатәи аусзуҩы, ауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рзықәԥаҩ Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат. Ари ауаҩ иоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны асегрегациа иаҿагыланы иқәԥоз рахьтә милаҭтә фырхаҵаны иҟалаз, уи игәаанагара ицеиҩыршон адунеи ауааԥсыра реиҳараҩык.[1]

Ахәыҷреи ақәыԥшреи раамҭа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Европа аҩажәатәи ашәышықәса иҭагылан. Атәтәра шаԥырххьазгьы, декабр мза, 1865 шықәсазы аграждантә еибашьра иахҟьаны, зцәеижьи шкәакәамыз ауааԥсыра рахь ауаажәларра ирымаз атәамбара аҽамԥсахыцызт, избанзар аҳәынҭқарра иара ус акагь ҟанамҵеит ауаа еиқәаҵәақәа закәанла рыхьчаразы.

Зцәеижьи еиқәаҵәаз зин ҳәа акагь рымамызт, аҩбатәи асорт иаҵанакуа уааны иԥхьаӡан. Урҭ аусура бзиахь иргомызт, алхрақәа рылахәра азин рыҭамызт. Америка аграждантә еибашьра ашьҭахь, Джон Кроу иофициалтәымыз изакәанқәа аус руан, уи ала ауаа еиқәаҵәақәа еиҳа хыԥхьаӡарала имаҷыз ашкәакәақәа зинла ираҟараны ҟалашьа амамызт. Зцәеижьы еиқәаҵәаз ауааԥсыра ҳәа иԥхьаӡан иарбанызаалак араԥцәа ршьа злаз зегьы.[2]

Абарҭ ауаажәларратә еиҿыхарақәа раан диит Мартин Лиутер Кинг, уи ҟалеит ианар мза 15, 1929 шықәсазы Атланта ақалақь аҟны, аштат Џьорџьиа, Америка аладатәи ахәҭа аҟны. Ари аҭыԥ аҿы акәын иахьынхоз араԥ уааԥсыра абжьаратәи акласс иаҵанакуаз рхаҭарнакцәа.[3]

Аҷкәын иаб Мартин Лиутер Кинг аиҳабы, абаптисттә уахәама аҟны пасторс дыҟан, иан лакәзар, Альберта Уилиамс Кинг, хаҵа дцаанӡа рҵаҩыс аус луан. Аҭаацәара рхада аԥхьа Маикл ҳәа иарҳәон, аха анаҩс иара ихьӡгьы иԥа ихьыӡгьы иԥсахит Мартин ала.

Мартин аиҵбы аҩбатәи хәыҷын аҭаацәар рҟны, иузҳәом Кингаа ирыцҳаны инхон ҳәа: аԥхьаҟа аиҟарара иазықәԥаҩхараны иҟаз иҭаацәа ибжьаратәны инхоз рыкласс ахь иаҵанакуан, акы иазрыцҳаны иҟамызт. Кинг драаӡон адинхаҵаратә ҭагылазаашьа ахьыҟаз, уи азы цәгьоурак аныҟаиҵалак зны-зынла апҟарагьы ахархәара арҭон. Аха, Мартин аиҳаби Альберта Уилиамси ирылшоз зегьы ҟарҵон рԥа аҿиара змаз арасисттә цәымӷра иацәыхьчаразы.

Аҷкәын фышықәса анихыҵуаз, дәык аҟны ицыхәмаруаз иҩыза ҷкәын убас еиԥш иеиҳәеит: «Сан азин сылҭаӡом уара уцыхәмарра уцәеижьы ахьеиқәаҵәоу иахҟьаны» ҳәа. Иҟалаз ашьҭахь Альберта Уилиамс даара лыҷкәын диабжьон, диацәажәон, иалҳәон иара аӡәгьы дышиеицәам.

Кинг жәашықәса анихыҵуаз, абаптистцәа руахәама аҟны ашәа иҳәон. Убри аамҭазы Атланта идырбан афильм «Унесенные ветром», ахоргьы ари ахҭыс иалахәын. Аԥхьаҟа иполитикатә усзуҩы дуны иҟалараны иҟаз, иқәра иаҵанамкуа даара дҟәыӷан, Мартин Лиутер Кинг хәба-хәба ҳәа араԥцәа рышкол аҟны аҵара иҵон. Аҷкәын ажәбатәии ажәаҩатәии аклассқәа дрылымгеит, иара ихала ашколтә программа аҩны дахысит, 15 шықәса анихыҵуаз екстерла дагьҭалоит Морхаузтәи ауниверситет. 1944 шықәсазы Мартин ацәажәаҩцәа рыбжьара еиҿкааз аицлабра аҟны аиааира игоит, уи мҩаԥган Џьорџьиа, зцәеижьи еиқәаҵәаз ауааԥсыра рыбжьара.[4]

Кинг аҟны иҵара ашықәсқәарзы далалоит «зцәеижьи еиқәараз ауааԥсыра рпрогресстә милаҭтә ассоциациа», иагьеиликаауеит арасизм иаҿагыланы ишықәгыло араԥцәа реиԥш, ауаа шкәакәақәагьы. 1948 шықәсазы Мартин далгоит ауниверситет, иагьиоуеит асоциологиа абакалавр астепен. Мартин Лиутер Кинг даныстудентыз иаб Еибенезертәи ауахәама аҟны дицхраалон. Кинг аиҳабы иусуратә ҭыԥ аҿы, аԥхьаҟа уаажәларратә усзуҩны иҟалараны иҟаз, лассы-лассы иҭаауаз сасны дыҟан. 1947 шықәсазы Мартин Кинг аиҵбы ауахәама аусзуҩы ицхырааҩ ҳәа ахьӡ идикылоит.

Аполитик иҵара иациҵоит Кроузертәи атеологиатә семинариа аҟны, ақалақь Честер, уи аштат Пенсильваниа акәын иахьыҟаз. Уа аԥхьаҟа иреволиуционерхаз адинҭҵаара адоктор истепен иоуеит 1951 шықәсазы, анаҩс иҵара иациҵоит бостонтәи аспирантураҿы, 1955 шықәса рзын афилософиа адоктор истепен иоуеит.[5]

Аусура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мартин Лиутер Кинг иаби иабдуи рышьҭра дықәлеит, 1954 шықәсазы аполитик абаптисттә уахәама аҟны дпасторхоит. Иԥсҭазаара зегьы анцәахаҵареи ахақәиҭреи, аиҟарареи аидеиақәа дрықәныҟәон. Кинг даара аоратортә ҟазара илан, урҭ иахәҭаз ахырхарҭақәа аҟынгьы ахархәара аҭара илшеит. Мартин НАПЦН активлатәи алахәылас дыҟан, анаҩс 1955 шықәсазы Монтгомери аиӷьтәразы ассоциациа анапхгаҩыс дҟалоит.

Мартин Лиутер Кинг Мантгомери автобусқәа рцәаҳәа абоикот дахагылан. Иофициалтәым аиқәышаҳаҭра ала зцәеижьи шкәакәамыз апассаџьырцәа атранспорт ахархәара азин рымамызт, автобус аҟны раԥхьатәи атәарҭа ҭыԥқәа ԥшьба рҟны итәоз ауаа шкәакәақәа ракәын.[6]

Иара убасгьы, аӡәырҩы автобус арныҟәцаҩцәа рхы ҽеины имҩаԥыргомызт, афроамерикаа рганахь ала иакәымкәа ицәажәон. Ауаажәларратә усзуҩы зцәеижьи еиқәараз Роза Парк зны мап лкит «еиҳа азин змаз» ахаҵа иртәаразы, уи иахырҟьаны лара аҭыԥантәи аполициа ддырбаандаҩуеит. Ас еиԥш иҟаз ахҭыс, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны лассы-лассы иуԥылон зцәеижи еиқәараз ауаа ааныркылон. Автобус арныҟәцаҩ аӡәгьы дилацәажәомызт, афроамерикаа апассаџьырцәа рахьтә руаӡәык иеихсны дыршьыргьы.[7]

Мартин Лиутер Кинг ари ауаажәларратә проблема ианышәарц згәы иҭамыз, еиҿикаауеит ақәымчра зцымыз атранспорттә баикот, уи иалахәын афроамерикаа. Апротест шықәсык еиҳаны ицон, хышәи ԥшьынҩажәи ҩба мшы инеиԥынкыланы. Зцәеижьы еиқәаҵәаз зегьы мап ацәыркит ауаажәларратә транспорт ала аныҟәара, дара шьапыла иныҟәон, убри аан ахақәиҭреи аиҟарареи рахь ауаа аазыԥхьоз ааԥхьарақәа ҟарҵон. Зны-зынла афроамерикатәи амашьынарныҟәцаҩцәа абоикот иалахәыз ауаа шьҭырхуан, аха дара ауаажәларратә транспорт ақәтәара мап ацәыркуан. Акциа иалахәын ф-нызқьҩык ауаа. Акраамҭатәи акциа қәҿиарала имҩаԥысит, 1957 шықәса рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра ахадара ақәҵара аднакылеит, уа иаҳәон Алабама аштат аҿы ауааԥсыра рзинқәа рыхәаҽра Еиду Америкатәи Аштатқәа рконституциа ишаҿагыло, Таимс акәзар, иакьыԥхьуеит Мартин иҿцәажәара, насгьы ацәаҟны Мартин ифото аннаҵоит.

Ауаа зегьы Мартин Кинг идгыломызт, апротестқәа рымҩаԥгара аан изныкымқәа иқәлахьан, иҩнгьы ԥыржәарц иақәыркхьан. Мартин Лиутер Кинг зцәеижьы еиқәараз ауааԥсыра рзы дҿырԥшыгахеит, насгьы ахақәиҭреи азинқәа реиҟарареи дырсимволны дҟалеит. Кинг ииӡбаз қәымчрадатәи аоппозициа азы адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан.[8]

Иара убасгьы, Мартин Лиутер Кинг адемонстрациақәа еизигон иарбанызаалак асегрегациа аарԥшразы иазырхаз. Убас, 1962 шықәсазы Мартин «Ауаҩы изинқәа рзы алабаматәи ақьырсианцәа рҵысра» аилазаара далалоит. Кинг иара убасгьы адемонстрациақәа ирыдиԥхьалон ауниверситет аҟны аҵара зҵозгьы, урҭ амитингқәа рахь ицәырҵуан. Мартин Лиутер Кинг еиҿикаауаз «Аҵысрақәа» ақәымчратә ҟазшьа шрымамызгьы, астудентцәа амаҵзуратә лақәа рыжәырҵон. Иара Мартин Кинг ихаҭа иакәзар, акырынтә дҭаркхьан.

1962 шықәсазы аштат Миссисипи ауниверситет даднакылоит зцәеижьи еиқәаҵәаз астудент Џьеимс Мередит, уи иоуп раԥхьатәи араԥ студентс иҟалазгьы. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны иҟан аиқәаҵәақәа рзын ҷыдалатәи аҵараиурҭақәа, урҭ ауаа шкәакәақәа реиԥш азин рымамызт аҵаразы. Убри аҟынтә зцәеижьи еиқәаҵәаз ауниверситет ахь идкылара ари раԥхьатәи прогрессын, аха зегьы ақәшаҳаҭмызт афроамерикаа аҵараиурҭақәа рҭаҵара, иаҳҳәозар, Алабама агубернатор Џьорџь Уоллес арассатә мцхаҵарақәа дрықәшаҳаҭын аҟнытә, ҩыџьа зцәа еиқәаҵәаз астудентцәа ауниверситет ахь амҩа рзикуеит. Мартин Кинг ишилшоз ала ауаҩы изинқәа рыхьчара дазықәԥон, асегрегациа шықәсырацәала даҿагылон. Аха Мартин Лиутер Кинг, зцәа еиқәаҵәаз ауаажәларратә усзуҩы, деицырдыруа дҟазҵаз даҽа акциоуп, уи ахҭыс аҭыԥ аман 1963 шықәсазы, иагьарҭбааит Мартин Кинг иполитикатә нысмҩа.[9]

Акциа «марш на Вашингтон» иалахәхаразы еизеит 300-нызқьҩык Америкаа. Кинг ари акциа аан даара ауаа ргәалашәараҿы иаанхаз ажәахә ҟаиҵеит, уи абарҭ ажәақәа рыла иалагон: «Сара исымоуп агәазыҳәара…». Мартин арасатә еинышәаразы ааԥхьара ҟаиҵеит, иагьиҳәеит ауаҩы иарбан милаҭзаалак дызҵазкуазаалак акәӡам ихадоу, уи ҩныҵҟала дзеиԥшроу ауп ҳәа.

Амарш аԥхьагылацәа Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Кеннеди иԥылеит, ирылацәажәеит ауаажәларратә проблемақәа. 1964 шықәсазы анапы аҵаҩын «Аграждантә зинқәа рзы» азакәан, уи зцәа еиқәаҵәаз ауаа рзинқәа ахьчон.[10]

Аидеиақәеи адунеихәаԥшышьақәеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мартин Кинг идунеихәаԥшра асегрегациа апроблема аӡбара мацара аҟны иаанымгылеит. Ари аполитик Еиду Америкатәи Аштатқәа ртәылауаа рзинеиҟарареи рхақәиҭреи дазықәԥон, уи аусурҭа аҟамзаареи, амлакреи рызҵаарақәа даара игәы иҵхон.

Мартин лассы-ласс ныҟәара дцалон, дахьнеиуазгьы ақәгыларақәа мҩаԥигон, ауаа рзинқәа рыхьчалартә ааԥхьарақәа ҟаиҵон. Убри аан Мартин Лиутер Кинг игәаанагара ала, иарбанызаалак ауаажәларратә қәԥара ақәымчра ацымзар акәын, избанзар иара иҳәон — ажәала иуӡбо рацәоуп, аибашьрақәеи ақәԥарақәеи ахархәара рымҭакәа ҳәа. Лиутер акыр ашәҟәқәа иҩит, урҭ азини ауаажәларратә зини рзы ирҵаганы шәҟәқәаны иҟалеит.[11]

Ахатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мартин Лиутер Кинг хаҭашьала даара илахҿыхыз уаҩын, дқьиан, аҭаацәараҿы акәзар, дҿырԥшыган, ихшаз бзиа ибон. Иара иман ԥшьҩык ахшара. Аконсерваториа аҵаҩы Коретта Скотти Мартини еибадырит 1952 шықәсазы, Бостон иҟазаара аан.[12]

Кинг ԥҳәысс иалихыз иҭаацәагьы даара дыргәаԥхеит, еибагарц азгьы иақәшаҳаҭхеит. Аԥхын, 1953 шықәсазы Кинги Кореттеи еибагеит, ачара рыман иԥҳәыс лҭаацәа рҿы. Урҭ дрықәныҳәеит, агәыргьанхаҵарагьы мҩаԥигеит Мартин Кинг иаб.

Ҭагалан 1954 шықәсазы Кингаа рҭаацәа аштат Алабамаҟа нхара ицоит, ақалақь Мантгомери ашҟа, уа иагьалагоит Мартин Лиутер иусура хадагьы.[13]

Аԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура]

1968 шықәса, февраль мзазы ақалақь Мемфис, аштат Теннесси аҟны афроамерикаа агәамсамықәгаҩцәа рықәгылара еиҿыркаауан. Аусуцәа руалафахәы ианаамҭаз рзымшәаразы, насгьы аиҳабыра дара рганахь иаадырԥшуаз азыҟазаашьазы; асегрегациа еиԥшыз иаҿагылон, ашкәакәақәа амшцәгьа аныҟаз аусура иҭымҵыргьы ауан, аха аиқәаҵәақәа адыд-мацәыс аныҟазгьы агәамсам ықәыргалар акәын. Абарҭқәа ззымычҳаз ауаа рзинқәа рыхьчаҩ Мартин Лиутер Кинг идҵаалеит.

Апрель 3 рзы, Мартин Кинг дырҩегьых Теннессиҟа ддәықәлоит, аха аполитик иреис иԥсахыр акәхеит, избанзар аҳаирплан аҟны артҟәацга ыҟазар ауеит ҳәа рыларҳәеит. Ақалақь аҟны ауаажәларратә усзуҩы амотель «Лореин» аҟны 306 – тәи ауада ааникылоит.[14]

Уахыки-ҽнаки ааҵхьан еиԥш, Мартин Лиутер Кинг иномер абалкон дшықәгылаз, ашкәакәа цәгьоуҩы Джеимс Ерл Реи аполитик диеихсуеит. Джеимс знык дхысит: ахы Мартин Лиутер Кинг ицламҳәа иаахеит. Аполитик иԥсҭазаара далҵит иԥшьоу Иосиф ихәышәтәырҭаҟны 19 сааҭи 05 минуҭи рзы. Мартин Кинг иԥсра аламҭалазы абас еиԥш ажәа иҳәеит: «Сара сыҟан ашьха ақәцә аҟны» — ҳәа. Азыӡырҩцәа Мартин Кинг аҵыхәтәантәи иқәгылара аҟынтә абри ацитата гәныркылеит:[15]

«Дарбанызаалак иеиԥш саргьы исҭахын акраамҭа аԥсҭазаара. Ақәра рацәа анҵра акраҵанакуеит. Аха, сара уажәы уи сазхәыцуам. Исҭаху акоуп — Анцәа иажәа анагӡара».

Мартин Кинг дызшьыз Джеимс аполициа дааныркылеит: иара ииуз азы иҿы иқәшаҳаҭхеит, игәы иаанагон иҟаз шыҟаз иҳәар ашықәс маҷны иқәырҵап ҳәа, аха аӡбарҭа аҟны ацәгьоуҩы 99 шықәса ҭакрыла ахгара иқәырҵоит. Усҟан Реи аҳәамҭа ҟаиҵеит, аӡәгьы дсымшьит ҳәа, аха аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара амԥсахит. Абас шакәызгьы, Кинг ишьра аус аҟны еилкаам аҭагылазаашьақәа маҷым. Ҿырԥштәыс иаагозар, еилкаам иарбан бџьару аснаипер дызлахысыз, аиашазы Джеимс Реи Мартин Кинг ишьра иалахәхарагьы шьақәыргыламызт.

Мартин Кинг иԥшәмаԥҳәыс аӡбарҭа ақәҵара даарагьы илгәамԥхеит, избанзар, лара лгәаанагара ала, ари ацәгьоура ҟазҵаз аӷьычразы иҭакыз ибналаз ацәгьоуҩы иакәмызт, ари политикатә чарҳәаран. Убри аҟынтә, Реи иԥсрагьы Коретта даара лгәы иалсит, уи аӡәк иакәын аиаша здыруаз азы. Мартин Кинг дызшьыз иахьа уажәраанӡагьы имаӡаны иаанхоит.

Аполитикатә усзуҩы игәаларшәара аҳаҭыр азы Америка, есышықәса ианар мза ахԥатәи ашәахьа аҽны иазгәарҭоит «Мартин Лиутер Кинг имш». Ари амш азгәаҭара шьақәырӷәӷәан 2000 шықәсазы. Иара убасгьы, Мартин игәаларшәаразы иҭыхын адокументалтә фильмқәа, урҭ аполитик иусура атәы еиҭарҳәоит. Мартин Кинг анышә дамадоуп «Мартин Лиутер Кинг имилаҭтә ҭоурыхтә музеи» ашҭаҟны.[16]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2022-11-17 ахь. Ириашоу 2024-01-26 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://24smi.org/celebrity/5005-martin-liuter-king.html
  3. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2021-04-15 ахь. Ириашоу 2024-01-26 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  4. http://evekaz.narod.ru/project/biography.htm
  5. https://www.peoplelife.ru/133663
  6. https://www.golosameriki.com/a/a-33-2006-01-16-voa7/626345.html
  7. https://www.tvc.ru/news/show/id/59286
  8. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2016-11-18 ахь. Ириашоу 2024-01-26 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  9. https://www.usa-info.com.ua/personality/martin-lyuter-king
  10. https://stuki-druki.com/authors/King_Martin-Luther.php
  11. https://ivbg.ru/7979374-kak-martin-lyuten-king-izmenil-zhizn-millionov-amerikancev.html
  12. https://www.tvc.ru/news/show/id/59286
  13. https://theperson.pro/martin-lyuter-king/
  14. https://www.gazeta.ru/science/2018/04/04_a_11705528.shtml
  15. https://www.5-tv.ru/news/194789/
  16. https://ivbg.ru/7979374-kak-martin-lyuten-king-izmenil-zhizn-millionov-amerikancev.html