Мартвилтәи аберҭыԥ

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Мартвилтәи аберҭыԥ (ақырҭ. მარტვილის მონასტერი) — заатәи абжьаратә шәышықәсатәи ақьырсиантә ныхабаа, аберҭытә комплеқс Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла аган Мартвилтә амуниципалитет аҟны ақалақь Мартвил аҟны.

Иахьыҟоу аҭыԥ[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аберҭыԥтә комплекқс гылоуп Мартвилтәи амуниципалитет агәҭа азааигәара ишьҭыху ахәы аҟны. Ашьха ашьапы аҟны рҽырҭбааны ииасуа аӡиас Цхенисҵҟарои, аӡиас Абашеи рыдәқәа. Аберҭыԥ аҟнытә иубоит Имереҭи, Гыртәылеи. Уи иаакәыршаны абаагәара амоуп. Аныхабаа хада Анцәадзыхшаз лылацәеиқәԥсара ахьӡуп.

Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иаҳзымдыруа аамҭақәа раан Ҷҟондиди амырҭаҭтә динхаҵара центрс иҟан. Ахәы аҟны игылан абомон аџь ҵла дууӡӡа. Уи аҿиареи, аизырҳареи, аҭаацәа рыбзабааи зыхьчо капуниатә амырҭаҭтә ныҳәарҭан, уи араҟ инхоз ауаа иамҵахырхәон, араатәи аныхаԥааҩцәа аԥшқацәа ԥсаҭатәс иарҭон. Раԥхьаӡатәи ауахәама араҟа игылаз аџь аҭыԥан идыргылеит (аамҭарба дырм) Андриа Аԥхьанаԥхьаҩ ихьӡала, уи Гыртәыла ақьырсианра алеигалеит. VII-тәи ашәышқәсазы иргылан Мартвил-Ҷҟондидитә аныхабаа уи ари аныҳәарҭа-ԥшьа аҭыԥ аҟны игылаз–ихырҵәаз аџь адацқәа ашьаҭахеит. Аныхабаа ахыннатә аџьар еиԥшыз аргылара акәын. Аҭырқәа-аџьамцәа рқәыларақәа раан акыр аԥырхага аиыуит.

X-тәи ашәышқәсазы Гьаргь аҩбатәи ҿыц иргылеит уи. Иҟоу агәаанагарала иара убри азын анҵамҭа «Қарҭлитә аԥсҭазаара» Гьаргь иргылаз ауп, Мартвилтәи ауахәама ҳәа. Аҳ Гьаргь аныхабаа аԥскәабзтә кафедратә уахәамас ишьақәиргылит. Аныхабаа аџьар амахәқәа дырбгеит, аеквдерқәа аддыргылеит. Амрагылара аган ала еиҳа идуыз аҭаҩа дыргылеит. Ауахәама иазаанхит Мартвили, аԥскәабзцәа Ҷҟондидели рыхьӡын.

Архитектура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мартвилтәи аныхабаа планла акыр еиԥшуп Мцхеҭатәи Аџьар уахәама, аха еиҭаҟаҵам. Араҟа аргылаҩы зхыиақәиҭу интерпритациа ихы иаиырхәеит, зынӡагьы ихьԥшым асахьаркыратә аԥҵамҭақәа аԥиҵеит. Аргылара аплан ахь иалаҵоуп аԥсахрақәа: аҟәырӷ акәырша еиҳа ихәҷуп, акәакь аҭаҩақәа–еиҳа идууп. Идууп аԥсидқәа рмахәарқәа роура, ирдууп акәакь аҿаԥшьырақәа. Иара убас иԥсахуп аԥшьарца аҟнытә акәакьрацәатә аҟәарӷ ирықәгылоу аилазаара – атромпқәа араҟа дара-дара еиҟьымсуа акамара хәыҷқәа рыла еиқәыршәоу амардуан ԥшра амоуп. Мартвилтәи аныхабаа Џьвари еиҳа ишыхәҷугьы, иҷыдоу ахҭақәа рҿарԥшырала аԥсахрақәа рыла ишьақәыргылоу идуу, иласу ақәыԥшылара амоуп, даҽа реилиефк змоу аҿаԥшыларалагьы. Хазы иҟоу ихьԥшым акомпозициақәа рцынхәрас араҟа еицу афризқәа амоуп, аргылара аҟазшьа акәзар еиҳа ирԥшӡагатәиуп. Афигурақәеи аҵиаақәеи рыла иҟаҵоу аџьоуҳартә еизаку сахьаҿы иалаҵоу, иҷыдоу аритм аихыгара иаҵанакуеит. Ажәақәа рҿы Абиблиеи, Евангелиатә асиужетқәеи рнуп (иаҳҳәап Даниатәи алымқәа реисра, Самсони алыми, Қьырса ишьҭыхра 4–ҩык амаалықьцәа рыла уҳәа уб. егь.)

X–тәи ашәышқәсазы, Аԥсуа Аҳ Гьаргь II-тәи иаамҭазы, ауахәама ишьаҭаркны еиҭадыргылеит: иацырҵит адәахьытәи аҭыӡқәа, иахадыргылеит аҿыц аҟәырӷ ахәдақәа, убри аҟнытә уи адәахьала аџьар еиԥшу абаҟа акәӡам. Амраҭашәаратә егвтеригьы X-тәи ашәышқәса иаҵанакуеит. Аҩнуҵҟа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы (XVI-XVII ашә.) рзы иҭыхуп. Аныхабаа аҟны иаанханы иҟоуп XIV, XVI, XVII-тәи ашәышқәса иртәу аҭӡысахьақәа. Уи зырԥшӡо аныҳәарҭа аконг аҟны иҟоу Мартвилтәи Анцәадзыхшаз. Аныхабаа аган аҟны игылоуп ихәҷу ҩ-еихагылак змоу ауахәама (X–тәи аш.). Аберҭыԥ анҵамҭақәа руакы аҟны иануп Дадианиаа рышьҭра иатәу Кациа Чиқовани.

2006 шықәса абҵара 7 азы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа.[1]

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • ბერაძე თ., მენაბდე ლ., საღარაძე შ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 6, თბ., 1983. — გვ. 458.
  • ბერიძე ვ., ძველი ქართული ხუროთმოძღვრება, თბ., 1974;
  • ჩუბინაშვილი გ., ქართული ხელოვნების ისტორია, ტ. 1, ტფ., 1936;
  • თაყაიშვილი ე., „არხეოლოგიური მოგზაურობიდან სამეგრელოში“ // ძველი საქართველო, ტ. III, ტფილისი: ელექტრო მბეჭდავი სტამბა სპირიდონ ლოსაბერიძის, 1914. — გვ. 39-128.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]