Макрон, Еммануель

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Макрон, Еммануель
Emmanuel Macron

Аполитикатә партиа
Алахәылара Renaissance (2016 ш. инаркны)
Социалистическая партия (2006 ш.–2009 ш.)
апартиа иалам (2009 ш.–2016 ш.)

Ахатәы хьӡы Emmanuel Jean-Michel Frédéric Macron
Аира ԥхынҷкәынмза 21, 1977 ш. (46 ш.)
Амьен
Атәылауаҩра Франциа
Абызшәақәа Афранцыз бызшәа,
Англыз бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Брижит Макрон (2007 ш. инаркны)
Ани аби Франсуаза Ноге,
Жан-Мишель Макрон
Ауацәа Эстель Макрони Лоран Макрон (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи)
Laurence Auzière-Jourdan (падчерица)
Sébastien Auzière (пасынок)
Тифани Озьер (падчерица)
Анхарҭа Елисейский дворец (2017 ш. инаркны)
Алма-матер Национальная школа администрации,
Институт политических исследований,
Лицей Генриха IV,
Университет Западный Париж — Нантер-ля-Дефанс,
Школа «Ля-Провиданс»
Аусура инвестиционный банкир,
государственный деятель,
должностное лицо,
аполитик
Адин агностицизм
Анашьамҭақәа кавалер Большого креста ордена Почётного легиона
кавалер Большого креста Национального ордена Льва
Большой крест ордена Спасителя
Большой крест ордена Белой розы Финляндии с цепью
кавалер ордена Слона
… подробнее на Викиданных
Анаԥынҵамҭа
Асаит https://en-marche.fr/emmanuel-macron

Еммануель Жан-Мишель Фредерик Макрон (афр. Emmanuel Jean-Michel Frédéric Macron; ԥхынҷкәынмза 211977 ш., Амиен, Сомма, О-де Франс, Франциа) – франциатәи аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, Франциа апрезидент, Франциатәи Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада лаҵарамза 14, 2017 шықәса раахыс.

Вальс аҩбатәи иеиҳабыра рҟны, нанҳәамза 26, 2014 шықәса инаркны, нанҳәамза 30, 2016 шықәсанӡа, аекономикеи, ааглыхреи, ахыԥхьаӡарақәа руси рминистр. Аполитикатә партиа «Вперёд, Республика!» раԥхьатәи аԥҵаҩы (2016–2017 шш.).

2019 шықәса, ԥҳынҷкәынмза анҵәамҭазы британиатәи агазеҭ Financial Times, «ажәашықәса ахаҿы» ҳәа иӡбахә аҳәеит, ус еиԥш иалкааз 50- ҩык рыбжьара.[1]

Анысмҩа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Еммануель Макрон – Франциа апрезидент, уи алхрақәа рҟны аиааира игеит 2017 шықәсазы. Уаанӡа Макрон Олланд иусбарҭа аҟны аекономикеи ааглыхреи рзы аминистр иҭыԥ ааникылон, иара убасгьы аполитикатә партиа «Вперёд, Республика» аԥхьагылас дыҟан. Макрон Франциа зегьы аҭоурых аҟны зегь реиҳа иқәыԥшыз президентхеит. Иара ари аҭыԥ ааникылеит 39 шықәса анихыҵуаз.

Аполитик диит ԥхынҷкәынмза 21, 1977 шықәсазы ақалақь Амиен. Е. Макрон иҭаацәа аинтеллигенциа иахаҭарнакцәан. Иаб, Жан-Мишель Макрон, аневрологиа амаҭәар даԥхьон Пикардиитәи ауниверситет аҟны, иан, Франсуаза Макрон-Ногес – дҳақьымын.

Милаҭла Еммануель Макрон – дыфранцызуп. Аха, хыҵхырҭақәак ишьақәдырӷәӷәоит ауриа шьҭра имоуп ҳәа. Убри ауп изџьашьатәымгьы, иахьатәи аамҭазы ари аполитик ауриа жәлар адгылара ӷәӷәа ахьырзыҟаиҵогьы. Аполитик аерман шьагьы илоуп, иан лаб дерманын, Фредерик Масоиан иакәын.[2]

Еммануель Макрон данхәыҷыз иқалақь гәакьа аҿы иҟаз аиезуиттә лицеи дҭалоит, анаҩс аҵарадыррақәа иоуит Париж, Еколь Нормалтәи алицеи аҿы. Ашкол анаҩс Макрон Нантер-лиа-Дефанстәи ауниверситет далгоит, Аполитикатә ҭҵаарақәа ринститут.

Ганрацәала аҿиара змаз арԥыс қәыԥш, иқәлацәа дреиԥшмызт, уи иԥсҭазаара аҟынтә ҩышықәса афилософ Поль Рикери иареи еицырзеиԥшыз аусура иазикит. 2002 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа Амилаҭтә школ администрациа аҿы аҵара иҵон.[3]

Аполитикеи акариереи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Макрон иқәыԥшра аамҭазы апрезидент Жак Ширак иусбарҭаҿы аусура далагоит, афинансқәа ринспекторс, уа ԥшьышықәса инеиԥынкыланы аус иуан. Аха, амчра аҽанаԥсах 2007 шықәсазы, Жак Аттали инапхгарала аекономика аизҳара аиӷьтәразы Акомиссиа ажәахәҟаҵаҩы ицхырааҩыс дҟалоит. 2008 шықәсазы аполитик қәыԥш аинвестициатә банктә усура инапы алеикуеит. Адырра ҵаулақәа змаз аекономист даарыԥхьоит 2008 шықәсазы абанк Rothschild & Cie Banque аҿы аусуразы. Уа Еммануил Макрон илшоит европатәи акомпаниақәа реиҭаҭиразы аусқәа рымҩаԥгара, уи алагьы ихатәы капитал акыр миллион евро рҟынӡа ашьҭыхра.[4]

Атәыла ахада иусбарҭа аусзуҩы иаҳасаб ала, 2006 шықәсазы Еммануель Макрон Асоциалисттә партиа далахәылахоит, аха уа иара хышықәса заҵәык роуп дахьаанхаз. Макрон аекономикатәи аинвестициатәи зҵаарақәа аус рыдиулон, насгьы ауаажәларра рҟны аполитикатә ҭагылазаашьа дахылаԥшуан. Усҟан Франциа ахадас иҟаз Николиа Саркози иеиҳабыра алахәылас иҟазаара аамҭазы Макрон анаҩстәи алхрақәа, асоциал-демократцәа рҵысра аҟынтә акандидат Франсуа Олланд икандидатура дадгылоит.

2012 шықәсазы Макрон ирласны иполитикатә кариера шьҭыҵуа иалагеит Олланд иеиҳабыра рҟны. Иара иааирԥшуаз аихьӡарақәа рзы атәыла ахада имаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнакс дҟарҵоит, ҩышықәса ааҵхьаны, абанкир аекономика аминистрс дарҭоит. Ас еиԥш аҭыԥ аанкылара Макрон инысмҩа аҟны аҵак ду амоуп.[5]

Аҭыԥ ҿыц аҟны аполитик акыр азакәан ҿыцқәа алеигалоит, алибералтә ҟазшьа змаз. 2015 шықәса рзы, акыр аимакқәа рнаҩс, аиҳабыра ирыдыркылоит «Макрон изакәан», уи ззырхаз атәылаҟны аекономика ашьҭыхра акәын, аекономика асекторқәа рыхәҭак алиберализациа рзура амҩала. Азакәан апроект атранспрт арныҟәцаҩцәеи аусуҩцәеи рыбжьара агәынамӡарақәа цәырнагеит, аха аусдкылара дуқәа знапы алакыз рзын ас еиԥш азакәан акыр ифеидахеит.

Аҳәынҭқарратә аппарат аҩныҵҟа аҟынтә аполитикатә ԥсҭазаара иашьклаԥшуаз Макрон убас еиԥш алкаақәа ҟаиҵеит, ауаажәларратә интересқәа ишрықәымшәо иаԥҵоу рахьтә иарбанызаалак политикатә ҵысрак. Убри аҟынтә аминистр қәыԥш иӡбеит ихатәы ҵысра аԥҵара. Мшаԥымза 6, 2016 шықәса рзы ашәҟәы иҭагалан апартиа ҿыц «ԥхьаҟа, Ареспублика!», Еммануель Макрон инапхгарала.[6]

Апартиа иалаз дарбанызаалак 50 евро аԥаратә лагала ҟаиҵар акәын, асоциал-либералтә партиа ашәҟәы иҭагалаз алахәылацәа рхыԥхьаӡара 30-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон. Урҭ рыбжьара иҟан аклан Ротшильд ахаҭарнакцәа, агеи ҵысра алахәыла Пиер Берже, Ив-Сен-Лоран иҩыза, ицынхаҩы.

Аӡәырҩы Еммануель Макрон иҿагылоз ирыԥхьаӡон, Ахәбатәи ареспублика апрезидентрахь акандидат – ари абизнес ду знапы алаку (афармацевтика, ахимиатә ааглыхра, абанктә ус) еиҿыркааз проектуп ҳәа, дара ирыԥхьаӡон аполитик қәыԥш ибзоурала азакәанқәа рлиберализациа алдыршарц рҭахуп ҳәа.

Абҵарамза 16, 2016 шықәса рзы икьыԥхьын Еммануель Макрон ипрограмма «Ареволиуциа» захьӡыз. Ашәҟәы аҟны асоциал- либералцәа рҵысра аԥхьагыла дрылацәажәоит Франциа аиҳабыра рсистема аԥсахреи, насгьы атәыла аемигрантцәа аланырхара аус ацҵареи.

Еммануель Макрон алхыҩцәа агәра диргон амиграциатә курс аиашара, уи аҳәынҭқарра азы аекономикатә феида аанагон ҳәа иԥхьаӡон. Ашәҟәаҟны иара «исистематәым политикны» ихы дахцәажәон, иагьааирԥшит акыр аҳәынҭқарратәи аҩныҵҟатәи амаӡақәа. Ари аҭыжьымҭа ауааԥсыра рыбжьара аларҵәара ду аман.[7]

Франциа апрезидент[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мшаԥымза 23, 2017 шықәсазы Франциа имҩаԥысит атәыла апрезидент иалхрақәа актәи атур. Уи иалахәын 11- ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә аҩбатәи атур ахь инеиз ҩыџьа заҵәык роуп – «Амилаҭттә фронт» апартиа ахантәаҩы Марин Ле Пени, аҵысра «ԥхьаҟа, Ареспублика!» ахантәаҩы Еммануил Макрони.

Алхрақәа рылҵшәақәа жәларбжьаратәи анаԥшаҩцәа рзы иџьашьатәхеит, избанзар алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак зауз аполитик қәыԥш Еммануель Макрон иакәхеит. Уаанӡатәи аекономика аминистр изы рыбжьқәа арҭеит 23,75% алхыҩцәа, Марин Ле Пен лзы акәзар, рыбжьқәа арҭеит 21,53% алхрақәа ирылахәыз алхыҩцәа.[8]

Лаҵарамза 7, 2017 шықәса рзы Франциа имҩаԥысит алхрақәа аҩбатәи атур. Усҟан 20,7 миллионҩык алхыҩцәа Еммануель Макрон рыбжьы ирҭеит, Марин Ле Пен лакәзар, илоуит 10,6 миллион алхыҩцәа рыбжьқәа. Лаҵарамза ааба рзы ашьыжь, 99,9% абиуллетенқәа аус анрыдырула ашьҭахь, Франциа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Франциа ахада иалхразы аҵыхәтәантәи алҵшәақәа рыланаҳәеит, урҭ рыла Макрон аиааира игеит. Аофициалтә дыррақәа рыла, Еммануель Макрон 66,06% алхыҩцәа рыбжьқәа иоуит, Ле Пен – 33,94%. Убри алагьы Франциа апрезидентс дҟалеит Еммануель Макрон.

Франциа ахада Европатәи ахеилак аидеиа дадгылоит, уи ззырхоу агәылара иҟоу Германиа акзаара ауп. Адәныҟатәи аполитика ззырхоу аҳәынҭқаррабжьаратә економикатә еимадарақәа рырӷәӷәара ауп, аха Макрон хылаԥшра змам аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагалара дадгылом.

Аполитик ипозициа Палестина аганахь алеи атеррористтә гәыԥқәа рганахьалеи ирадикалтәуп. Уи Франциа ԥынгылада амигрантцәа раланырхара азы дықәгылон, убри аан Макрон дадгылоит атәылауаа рдинхаҵаратә цәаныррақәа иаартны аарԥшра аҭахны аҟамзаара. Аҩныҵҟатәи аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны, апрезидент амаҵзура ҷыдақәеи аполициеи финансла реиқәыршәа амҽхак ирҭбаауеит.

Адәныҟатәи аполитика акәзар, Макрон даара амаршә кны имҩаԥигоит. Еиду Америкатәи Аштатқәа ргегемониахь имоу агәынамӡарақәа иаартны иааирԥшуам, убри аан иара Франциа жәларбжьаратәи апозициазы Аштатқәа рдиктатгьы аҭыԥ амам изҳәом.

Урыстәылеи Франциеи реизыҟазаашьа акәзар, Еммануель Макрон арҭ атәылақәа ирыбжьоу аекономикатәи адәныҟа-политикатәи еимадарақәа ирыциҵоит. Минск иазыҟазаашьа акәзар – уи Минсктәи аиқәышаҳаҭра дадгылоит. Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала аҭыԥ змоу асанкциақәа ракәзар, Макрон урҭ рырмаҷра игәы иҭоуп.[9]

Еммануель Макрон имҩаԥиго аҩныҵҟатәи аполитика Франциа атәылауаа зегьы, жәаҳәарада, иргәаԥхомызт аҟынтә, 2018 шықәсазы атәылаҟны аҭыԥ рыман «аӡараҭаршә ҩеижьқәа» рықәгыларақәа. Раԥхьа иргыланы уи алахәцәа рықәгылара зыхҟьаз абылтәы ахә ашьҭыҵра ауп. Аха анаҩс дара иҟарҵоз адҵақәа рсиа, асоциалтәи аекономикатәи хырхарҭа змаз, ирыцло иалагеит.

«Аӡараҭаршә ҩеижьқәа» рықәгыларақәа рыҽдырӷәӷәеит ԥхынҷкәынмза 2019 шықәсазы. Атәылаҟны ирылагеит атәанчахәазы ареформа ҿыцқәа ирҿагыланы ақәгыларақәа. Урҭ ирылахәын 150-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Арҭ ақәгыларақәа раанкыларазы Макрон атәанчаҩцәа рықәра 64 шықәсанӡа ахагалара мап ацәикыр акәхеит.[10]

Ахатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Франциа апрезидент Еммануель Макрон ашкол аҿы аҵара аниҵоз аамҭазы бзиа дибоит афранцыз бызшәа рызҭоз арҵаҩы Брижит Троние. Арԥыс зынӡагьы хьаас икымызт бзиа иамхабази иареи 24 шықәса ахьрыбжьаз, насгьы лара хҩык ахшара дахьранызгьы – Себастиан, Лоранс, Тифен, урҭ зегьы Еммануель иқәлацәаз ракәын.

Жәибыжь шықәса анихыҵуаз Еммануель Макрон дықәуеит, бзиа иибаз аԥҳәызба ԥҳәысс дшиго ала, 30 шықәса анихыҵлак. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа Макрон иҭаацәа аргачамкит, уи азын иара иаб Жан- Мишель иԥа Парижҟа ддәықәиҵар акәхеит. Жәаха шықәса инеиԥынкыланы бзиа еибабоз ашәҟәқәа еимырдон, сахьала акыр ибзиаз арԥыс аҭыԥҳацәа рҟынтә ҭаха шимамызгьы. 2007 шықәсазы Макрон ажәа лниҵеит, усҟан зхаҵа илҵхьаз Брижит Троние, иагьеибагоит, иаԥырҵоит иӷәӷәаз аҭаацәара.

Брижит Макрон акыр зку, ақалақь Амиене аҟны инхо ашоколатие рыклан даҵанакуеит. Лара зынӡагьы длеиԥшым быжьҩык амаҭацәа змоу анду, мамзаргьы арҵаҩы. Даара иԥшӡаны еиҿартәу ԥҳәысуп. Аҭаацәа рыԥсшьара аамҭа рхыргоит рхатә вилла Туке, ари анхара хаҵеи ԥҳәыси иаархәеит ианеибага ашықәс азы. Еммануель Макрон Брижит Макрон лыда ихатәы иԥсҭазаара ибом, убри аҟара иӷәӷәаны аполитик иԥҳәыс длыдҳәалоуп.[11]

Алхрақәа раан Брижит Макрон еснагь лыԥшәма Еммануель иааигәа дыҟан, уи дырҵабыргуеит хыԥхьаӡара рацәала Аинтернет иҭоу афотосахьақәа. Еммануель Макрон агәра диргоит иара иԥшәмаԥҳәыс аполитикатә усқәа лнапы шрылакым, аха убри аан лара аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбара аҟны абжьгарақәа ҟалҵоит.

Апрезидент иусура ада даҽа уск азы аамҭа имам. Аха, зых иақәиҭу аамҭа кьаҿк анааиоулак, иаразнак Тукаҟа иԥҳәыс даашьҭыхны дцоит. Макрон гәахәара дула Брижит лмаҭацәа ибоит, дырхылаԥшуеит. Иара убасгьы аԥстәқәа бзиа ибоит. Апрезидент иҩны инхоит аргентинатәи ала, Фигаро захьӡу.[12]

Еммануель Макрон иахьатәи аамҭазы[аредакциазура | акод аредакциазура]

2020 шықәса Франциеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыԥ зауз аҭыӡшәа ала иазгәаҭан. Макрон аалыԥшаах азықәԥара дамҽханакны дыҟан, иара ихықәкы хада – арадикалтә ԥсылманра ауп. Хықәкыла иуҳәозар, зыӡбахә ыҟоу «аҭыԥҳа дшыцқьоу азы абӷьыцқәа лыҭара мап ацәкреи, насгьы акрыфарҭақәа рҟны аконфессионалтә ахәкынҵа ҷыдеи раԥыхра роуп. Афранцыз ԥхьагыла игәазыҳәара «иҵаралашароу аԥсылманра» аргылара ареспублика аҿы аконфликт мзызс иаиуит.

Ҭырқәтәыла апрезидент Реџьеп Ердоган Еммануель Макрон амсылманцәа ицәымӷуп ҳәа ахара идиҵеит. Иара убасгьы иациҵеит, аполитик зхы еиқәшәам рхәышәтәырҭаҟны аҽыхәышәтәра ихәҭоуп ҳәа. Аха Макрон дидгылеит Дональд Трамп. Уи аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Америкатәи Аштатқәа шазыхиоу аԥсылмантә екстремизм аҿагылара.

Лаҵарамзазы аполитик Германиа аканцлер Ангела Меркели иареи авидеоконференциа мҩаԥыргеит. Акыр азҿлымҳара аҭан апандемиа ашьҭахь Европатәи Ахеилак аекономика ашьақәыргылара азҵаара. Иӡбан 500 миллиард евро еидызкыло афонд аԥҵара. Арҭ аԥарақәа ззырхахо COVID-19 зегь реиҳа изхьысыз асекторқәеи арегионқәеи роуп.[13]

Ԥхынҷкәынмзазы Еммануель Макрон дычмазаҩхеит – иара акоронавирустә инфекциа идбалан, абри азы адырра ҟарҵеит Елисеитәи ахан апресс-маҵзура аҟнытә. Адиагноз шьақәыргылан RTPCR атест амҩаԥгарала. Апрезидент бжьымшы иҽыԥхьакны дыҟан. Франциа ишьақәыргылоу асанитартә нормақәа инарықәыршәаны. Убри аан иара имаҵзурақәа неигӡон инахароу аформат ала. Ари ачымазара анаҩс, аполитик игәабзиара уашәшәырахеит. Иара авидеоааԥхьара ҟаҵаны асоциалтә ҳақәа «Инстаграмми» «Твиттери» рҿы аимҳәеи, ицәеижь ахьааи, ахыхьи уҳәа шимоу, уи ирласны дшарааԥсо атәы еиҭеиҳәон.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Еммануель Макрон агәабзиара ахьизеиӷьаишьо зну ателеграмма изишьҭит. Урыстәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, даара агәамҵра шизцәырыргаз афранцыз политик дычмазаҩхеит ҳәа иоуз адыррақәа.[14]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-01-03 ахь. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://24smi.org/celebrity/4751-emmanuel-makron.html
  3. https://www.tatler.ru/heroes/brizhit-i-emmanuel-makron-istoriya-neobychnoj-lyubvi
  4. https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-emmanuel-makron.html
  5. http://www.perspektivy.info/book/emmanuel_makron_biografija_lichnost_medijnyj_obraz_2017-09-25.htm
  6. https://file.liga.net/persons/makron-emmanuel
  7. https://carnegie.ru/commentary/68435
  8. https://www.bbc.com/russian/news-39840582
  9. https://24smi.org/celebrity/4751-emmanuel-makron.html
  10. https://www.svoboda.org/a/29208915.html
  11. https://www.tatler.ru/heroes/brizhit-i-emmanuel-makron-istoriya-neobychnoj-lyubvi
  12. https://biography-life.ru/country/1849-emmanuel-makron.html
  13. https://www.vesti.ru/article/2500026
  14. https://www.rbc.ru/rbcfreenews/5fdb682a9a79479ed0aae8ab