Линнеи, Карл
Карл Линнеи (ашвед. Carl Linnaeus, Carl Linné, алаҭ. Carolus Linnaeus; лаҵарамза 23, 1707 ш., Расҳулт, Швециа — ажьырныҳәамза 10, 1778 ш., Уппсала) — ашвед биолог, аус ӷәӷәала иџьабаа адиҵыз зыԥсы ҭоу рыхкқәа ахьӡқәа рыҭара. Уи иаԥыиҵаз аԥҟарала аҵиаақәа зегьы ирымоуп латин бызшәала ицәажәо, ҩажәак рыла ишьақәгылоу ахьӡқәа.
Линнеи 1735 ш. иҭҵааны ахьӡқәа рыҭаны ашәҟәы ианиҵеит 4000 иреиҳаны аԥстәы хкқәеи акыр нызқь хкы аҵиаақәеи. Уи ишәҟәы "Аҵиаа хкқәа" захьӡыз аҿы аҵиаа иазкны аиҭаҳатә ахьаницоз авараҿы ианиҵон ҩажәазацәык. Раԥхьатәи ажәа иаанагон аҵиаа шьҭрала изеиуаз ахьӡ, аҩбатәи ажәа - аҵиаа ахкы ахьӡ.
Ашәҟәқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]
- Systema naturae (Аԥсабара асистема, 1735)
- Genera plantarum (1737)
- Philosophia botanica (1751)
- Species Plantarum (1753)
Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]
- Линней Карл - апрофил Российская Академия Наук