Толстои, Лев Николаи-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Лев Николаи-иҧа Толстои» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Толстои, Лев Николаи-иԥа
Толсто́й Лев Никола́евич
Аира нанҳәамза 28иул. / цәыббрамза 9, 1828 ш.грег.
Ясная Поляна
Аԥсра 7иул. / абҵарамза 20, 1910 ш.грег.
Астапово
Аԥсра зыхҟьаз пневмония
Аԥсыжра аҭыԥ Ясная Поляна
Апсевдоним Л. Н. Т.
Аусура ашәҟәыҩҩы,
драматург,
афилософ,
романист,
педагог,
эссеист,
детский писатель,
автор дневника,
прозаик,
Апублицист,
эсперантист
Абызшәақәа Аурыс бызшәа,
Афранцыз бызшәа,
Англыз бызшәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа
Алма-матер Императорский Казанский университет
Ажанр рассказ,
повесть,
роман,
драма
Magnum opus Война и мир,
Где любовь, там и Бог,
Метель,
Воскресение,
Юность,
Севастопольские рассказы,
Отец Сергий,
Плоды просвещения,
Крейцерова соната,
Детство,
Исповедь,
Анна Каренина,
Хаджи-Мурат,
Царство Божие внутри вас,
Отрочество,
Что такое искусство?,
В чём моя вера?
Анашьамҭақәа орден Святой Анны 4-й степени,
Медаль «В память войны 1853—1856»,
медаль «За защиту Севастополя»,
медаль «В память 50-летия защиты Севастополя»
Ахаҵа/Аԥҳәыс Софья Андреевна Толстая (1862 ш.–1910 ш.)
Ахәыҷқәа Сергей Львович Толстой,
Татьяна Львовна Сухотина-Толстая,
Илья Львович Толстой,
Лев Львович Толстой,
Мария Львовна Толстая,
Андрей Львович Толстой,
Михаил Львович Толстой,
Александра Львовна Толстая
Ирнырит Илья Андреевич Толстой,Татьяна Львовна Толстая,Толстой, Никита Ильич,Фёкла Толстая,Виктория Толстой,Пётр Олегович Толстой,Владимир Ильич Толстой
Анаԥынҵамҭа
Асаит http://tolstoy.ru

Лев Николаи-иԥа Толстои (нанҳәамза 28 (цәыббрамза 9), 1828 ш., Иасная Поляна — абҵарамза 7 (20), 1910 ш., Астапово) – еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы, апублицист, ахәыцыҩ ду, адунеитә литература аҟны иреиӷьӡоу ароманистцәа ируаӡәку. Лев Толстои инысмҩа ҭәуп даара аинтерес змоу афактқәеи ахҭысқәеи рыла.[1]

Толстои иаазыркьаҿу инысмҩа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Лев Толстои диит нанҳәамза 28, 1828 шықәсазы Урыстәылатәи аимпериа, Крапивенсктәи ауезд Тулатәи агуберниа, иан лимшьҭратә нхара аҟны – Иаснаиа Полиана. Иара аҭаацәара аҟны аԥшьбатәи хәыҷын.

Иан лыԥсҭазаара далҵит 1830 шықәсазы, ахшараиура дахыԥсааит. Ари ҟалеит аԥҳа данлоу ашьҭахь, усҟан Лев ҩышықәсагьы ихымҵыцызт. Абарҭқәа ирыхҟьаны Лев хәыҷы иашьцәеи, иаҳәшьцәеи, иареи рааӡара инапы ианылеит иабду иашьа иԥа. Быжьшықәса ааҵхьан, иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит Лев Толстои иаб – аграф Николаи Толстои.

Арҭ атрагедиатә хҭысқәа ирылҵшәаны ахәыҷқәа ааӡаҩыс дроуит Казан инхоз рҭынха ԥҳәыс. Лев Толстои ихәыҷрашықәсқәа даара аԥхарра аҵаны игәалаиршәон, ари аамҭа иара инысымҩа аҟны акыр адраматә хҭысқәа шацызгьы.[2]

Аҵарадырра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Толстои алагарҭатә классқәа рзы аҵарадырра аҩны ауп иахьиоуз. Уи аҵара идырҵон анемеци афранцызи рҵаҩцәа. 1843 шықәсазы Толстои Аимператортә Казантәи ауниверситет мрагыларатәи абызшәақәа рзы афакультет дҭалоит. Аха, ари ахырхарҭаҟны аҵарадырра ус имарианы ицааиуамызт. Ихәшьарақәа ахьҽеимыз иахҟьаны еиҳа имариаз азиндырратә факультет ахь диасыр акәхеит.

Аха, ус шакәызгьы, Толстои инысмҩа аҟны иарбоу аофициалтә дыррақәа рыла, аҵарадырра иадҳәалаз ауадаҩрақәа ари ала инымҵәеит, иара 1847 шықәсазы аинститут аанижьуеит, азанааҭ ҳәа акагьы имоуӡакәан.

Абри ашьҭахь Толстои иӡбоит иҭаацәа рыҩнахьы дгьежьырц, афермертә ус инапалакразы. Аха, иара абрагьы изамуит, избанзар, иара еснагь Урыстәыла ақалақьқәа лассы-лассы дырҭаауан.

Аха, абас шакәызгьы, Толстои аихьӡарақәа иман – иара еснагь амшынҵа иҩуан. Ари аҟазшьа ауп иара ашәҟәыҩҩра дадзыԥхьалаз, ароманқәеи аповестқәеи раԥҵара ҵаҵӷәыс иаиуз, иара убасгьы иаԥхьаҟатәи иԥсҭазааратә мҩа ҳәаақәызҵаз.[3]

Арратә маҵзура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ҳәарада, Лев Толстои ахобби иман. Иара даара бзиа ибон амузыка. Иреиӷьишьоз композиторцәан Бах, Гендель, Шопен. Инысмҩа аҟны ишазгәаҭоу ала, Лев Толстои сааҭла Моцарт, Шопен, Мендельсон, Шуман уҳәа реиԥш иҟаз раԥҵамҭақәа ароиаль аҟны иаирҳәалар илшон.

Анысмҩа аҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп Лев Толстои анырра ӷәӷәа шииҭоз иашьа еиҳабы Николаи. Уи иара диҩызан, насгьы аԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхоз изы дымҩақәҵаҩын. Николаи иоуп зашьеиҵбы арратә маҵзурахьы Кавказҟа дназыԥхьаз. Уи иабзоураны Лев Толстои иункерхоит, 1854 шықәсазы Севастопольҟа диаган, уа иара далахәын Ҟрымтәи аибашьра, нанҳәамза 1855 шықәсанӡа.[4]

Толстои иҟазара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аррамаҵзура ахысра аан Лев Николаи-иԥа иҭацәыз аамҭа рацәаны иман. Ари аамҭазы иаԥиҵоит автобиографиатә повест «Детство», уа даара ҟазарыла иааирԥшит иԥсҭазаара раԥхьатәи ашықәсқәа.

Ари аҩымҭа инысмҩа аҩра азын ихҭыс духеит. «Детство» ажурнал «Современник» аҟны акьыԥхь анаба инаркны, Толстои иаразнак деицырдыруа дҟалеит шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала.

Аповест убас еиԥш еицырдыруа иҟалеит, Толстои – И. Тургенев, Н. Островски, И. Гончаров реиԥш иҟаз усҟантәи аамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа дрываргыланы ихьӡ рҳәо аҟынӡа. Абри ашьҭахь Лев Толстои анаҩстәи иповест «Казаки» аԥиҵоит. Уаҟа иара Кавказ иҟазаара аантәи ирратә ԥсҭазаара далацәажәоит.

Арҭ аҩымҭақәа рыҩра 1862 шықәсанӡа дадхалеит, аррамаҵзура анихига анаҩс ауп ианхиркәшаз. Аинтерес зҵоу фактуп, Толстои Ҟрымтәи аибашьра даналахәызгьы икалам ахьышьҭеимҵаз, усҟангьы иара дыҩуан.

Ари аамҭа иалагӡаны иаԥҵан аповест «Отрочество», «Детство» иацызҵоз, насгьы «Севостопольтәи ажәабжьқәа». Ҟрымтәи аибашьра ашьҭахь Толстои аррамаҵзура ааныжьны иҩныҟа дгьежьуеит. Усҟан иара еицырдыруаз шәҟәыҩҩхахьан.[5]

Толстои иқәыԥшра ашықәсқәа рзы даара иԥагьаз аӡә иакәын, уи имшынҵаҟны иҩыз анҵамҭақәа даара ирныԥшуеит. Иара мап ацәикуан изакәызаалак философиатә школк ихы адҳәалара, зынгьы санархиступ ҳәа рылеиҳәахьан, уи ашьҭахь 1857 шықәса рзы иӡбоит Франциаҟа ацара.

Азныказ Толстои азарттә хәмаррақәа дырчычоит. Аха уи иаарласны иаанижьуеит, имазара зегьы данаҵаха, уи ашьҭахь Европантәи иҩныҟа дгьежьыр акәхоит.

Акыр ауадаҩрақәа шихигазгьы, илшоит аҵыхәтәантәи, инысмҩа ахԥатәи ахәҭа «Юность» аҩра. Ари ахҭыс ҟалеит 1857 шықәсазы. 1862 шықәса инаркны Толстои далагоит апедагогигатә журнал «Ясная Поляна» аҭыжьра, усзуҩы хадас иара ихаҭа дызмаз. Аха 12 номер заҵәык рҭыжьра ауп илшаз, ари аус игәы ахьахшәаз азы.[6]

Лев Толстои иҭаацәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Цәыббрамза 23, 1862 шықәсазы Толстои инысмҩа аҟны акыр аиҭакрақәа ҟалеит: иара ԥҳәысс дигоит Софиа Андреи-иԥҳа Берс, аҳақьым иԥҳа. Ари аҭаацәараҟны ииуеит жәҩык аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи. Жәахаҩык ахәыҷқәа рахьтә хәҩык ишхәыҷӡаз рыԥсҭазаара иалҵуеит.

Софиа Андреи-иԥҳа хаҵа данцоз 18 шықәса лхыҵуан, Лев Толстои – 34 шықәса. Абри аамҭазы Толстои насыԥ змоу иакәны ихы иԥхьаӡон. Иара иԥҳәыс илыбзоураны иматериалтә ҭагылазаашьагьы бзиахоит. Адунеитә азхаҵарагьы иоууеит иаԥиҵаз иҩымҭақәа ирыбзоураны.[7]

Иԥҳәыс илыбзоураны диоуит иусқәа зегьы рҟны ицхраауаз, иҩымҭақәа раԥҵара аҟни идгылоз ауаҩы. Амаӡаныҟәгаҩ иҟамзаара иахҟьаны Лев иԥҳәыс Софиа лакәын иҩымҭақәа хызҩылаауаз. Аха нас дара аҳәоуеиқәымшәара рыбжьалоит, урҭ аилибамкаарақәа ашықәсқәа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иуадаҩхон, рышьаҭақәа рҳауан. Аилибамкаара зыхҟьаз, Лев Толстои иҭаацәа рзын ишьақәиргылаз аплан инақәыршәаны, идырҳауаз ахәҭак рзыршалар акәын арыцҳацәеи ашколқәеи.

Насгьы, иҭаацәа рыԥсҭазаара даара армариара дашьҭан, иара иҭахын еиҳа зыхә мариоу амаҭәақәа, афатә аархәаларц, имыцхәуп ҳәа ииԥхьаӡоз – афортепиано, аҩнымаҭәа, аекипаж зегьы ҭины ауаа ирзишарц.

Ҳәарада, ас еиԥш аплан иԥшәмаԥҳәыс Софиа Андреи-иԥа дақәшаҳаҭмызт. Абри иахҟьеит дара раԥхьатәи нышәашьа змамыз рҭыӡшәагьы, Софиа лыхшара аԥхьаҟатәи рԥеиԥш даҽакала илбон.

1892 шықәсазы Толстои имаз зегьы иԥҳәыси ихәыҷқәеи ириҭоит, иԥҳәыси иареи 48 шықәса ишеицынхозгьы.[8]

Толстои иаԥҵамҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Толстои даара лҵшәа бзиала аус зуаз шәҟәыҩҩуп. Иара иаԥҵамҭақәа рымҽхак дууп, ҵакылагьы, шәагаалагьы. Зегь реиҳа аларҵәара зауз аԥҵамҭақәоуп «Воина и Мир», «Анна Каренина», «Воскресение».

«Война и Мир»

1860-тәи ашықәсқәа рзы Лев Николаи-иԥа Толстои иҭаацәеи иареи Иаснаиа Полиана инхон. Иара аброуп адунеи ахьабаз еицырдыруа ароман «Воина и Мир». Раԥхьа ароман ахәҭак кьыԥхьын «Русский вестник» аҟны, «1805 шықәса» ҳәа ахьӡ аҭаны.

Хышықәса ааҵуаны икьыԥхьын ароман ахқәа даҽа хԥа, уи алагьы ихыркәшан, ари ароман Толстои ирҿиараҟны иаарылукаауа иҟалаз хҭысуп. Акритикцәа, ауаажәларра даара иахцәажәон ароман «Воина и Мир». Урҭ ароман аҟны иаарԥшыз Наполеон иеибашьрақәа еимактәыс ирыман.

Иара убасгьы, ирылацәажәон ихыҭҳәааз ароман афырхацәа. Ароман аҟны даара аинтерес цәырыргеит иалагалаз асатиратә ессеқәа, аҭоурых, азакәанқәа ртәы еиҭазҳәоз.

Егьырҭ аидеиақәа инарҷыданы Лев Толстои иҭахын аилазаара аҟны ауаҩы иҭагылазаашьа, насгьы аԥсҭазаара ҵакыс иамоу атәы аԥхьаҩ иҟынӡа анагара.[9]

«Анна Каренина»[аредакциазура | акод аредакциазура]

Лев Толстои «Воина и Мир» анаԥиҵа ашьҭахь, аҩбатәи ироман аҩра далагеит, уигьы даара ауаа ирылаҵәаз романуп, уи «Анна Каренина» акәын. Ари ароман иагәылагылоуп акыр автобиографиатә очеркқәа. Уи гәаумҭарц залшом «Анна Каренина» аперсонаж хадацәа Киттии Левини реизыҟазаашьақәа уанрыхәаԥшуа.

Ари аромангьы хәҭа-хәҭала ауп акьыԥхь шабаз, 1873 шықәса инаркны 1877 шықәсанӡа иркьыԥхьуан, акритикцәа ракәзар, даара ахәшьара ҳаракы арҭеит, ауаажәларрагьы иргәаԥхеит. Аӡәырҩы игәарҭон «Анна Каренина» – ари Толстои иавтобиографиа шакәыз, ахԥатәи ахаҿала иҩыз. Ари иусумҭазы Лев Толстои даара иҳаракыз, усҟантәи аамҭазы, агонорарқәа иоуит.[10]

«Воскресение»[аредакциазура | акод аредакциазура]

1880-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Толстои ароман «Воскресение» иҩуеит. Уи асиужет шьаҭас иаман иҟаҵәҟьаз аӡбаратә ус. Ари ароман аҟны даара иубарҭоуп автор ауахәама аҵасқәа дшырзыҟаз.

Абра иуҳәар ҟалоит ари аҩымҭа аграф Толстоии Аиашахаҵаратә уахәамеи еиԥырнагеит ҳәа.[11]

Толстоии адинхаҵареи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Хыхь зыӡбахә ҳәоу аԥҵамҭақәа акыр алаҵәара бзиа шроузгьы, ашәҟәыҩҩы уи гәырӷьара изаанамгеит. Иара адепрессиа ӷәӷәа иман, ҩныҵҟала дҭацәушәа ихы ибон.

Абри инамаданы, иара аԥсҭазаара аҵакы аԥшаара дашьҭалоит. Раԥхьа Лев Толстои изҵаарақәа рҭакқәа Аиашахаҵаратә уахәама аҟны дашьҭалоит, аха уи лҵшәа ҳәа акагьы аанамышьҭит.

Аамҭа цацыԥхьаӡа иара еиҳа- еиҳа Аиашахаҵаратә уахәама акритика азиуа далагоит, акритика азиуан иара ақьырсиантә динхаҵара зегьы. Арҭ иҵарыз азҵаарақәа рзы иара ихшыҩҵакқәа аҭыжьымҭа «Посредник» аҟны икьыԥхьуа далагеит.[12]

Иара ихадараз ипозициа зызкыз уи акәын, ақьырсиантә ҵара бзиоуп, аха Иисус Христос абра даҭахымшәа ибон. Убри аҟынтә, Лев Толстои Аԥшьаҩыра ихала аиҭагара иҽазишәоит. Толстои идинхаҵаратә дунеихәаԥшра даара иуадаҩын, еилаԥаҭан. Ара ақьырсианреи абуддизми еилаӡҩон, урҭ зегьы ирныԥшуан мрагыларатәи адинхаҵарақәагьы.

1901 шықәсазы аграф Лев Толстои изы Иԥшьоу Анапхгараҭаратә Синод аилыркаара ҭнажьит. Ари аилыркаара аҟны иҳәан Лев Толстои уаҳа Аиашахаҵаратә уахәама дшалахәылам, избанзар уи иқәгыларақәеи игәаанагарақәеи ауахәама адыррақәеи еинаалашьа рымам ҳәа азгәаҭаны.[13]

Толстои ихьшәаз ирҿиара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ихьшәаз Толстои иҩымҭақәа иаадырԥшуан ареалисттә беллетристика, иара убасгьы ацәаҩашәа ҵакы змаз ажәабжьқәа. 1886 шықәсазы еицырдыруа иҟалаз повестхеит «Смерть Ивана Ильича».

Уи афырхаҵа хада еиликаауеит иԥсҭазаара аиҳарак зегьы баша ишихысыз, аха уи аилкаара аниоу аамҭа цахьан. 1898 шықәсазы Лев Николаи-иԥа иҩуеит убасгьы еицырдыруа иҟалаз аԥҵамҭа «Отец Сергии». Уа акритика рзиуеит акыр адунеихәаԥшышьақәа, идоуҳатә еиҭеира ашьҭахь изцәырҵыз.

Егьырҭ иусумҭақәа зызку аҟазара атема ауп. Урҭ рахь иаҵанакуеит апиеса «Живои труп» (1890), аповест «Хаджи- Мурат» (1904). 1903 шықәсазы Лев Толстои ажәабжь хәыҷы иҩит, уи иахьӡын «После бала». Акьыԥхь абеит 1911 шықәсазы, ашәҟәыҩҩы даныԥсы аамышьҭахь.[14]

Лев Толстои иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Лев Толстои еиҳа деицырдыруан, адинхаҵаратә ԥхьагылаҩк иаҳасаб ала. Иара ихәыцрақәа ззырхаз амч ахархәара амҭакәа ацәгьара аҿагылара акәын.

Иԥсы анҭаз иара ҿырԥшыгас дроуеит аӡәырҩы аурыс жәлар рхаҭарнакцәа. Аха, ус шакәызгьы, иара иҭаацәаратә ԥсҭазаараҟны акыр аилибамкаарақәа аҭыԥ рыман, урҭ аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы иҵархоит.Алитератор иԥшәмаԥҳәыс Софиа Андреи-иԥҳа лхаҵа идунеихәаԥшышьа ицеиҩылшомызт, уи ишьҭра иқәыз аӡәырҩы лбар ҟалаӡомызт, лассы – лассы Иаснаиа Полианаҟа иаауаз. Лара илҳәон: «Ауааԥсыра бзиа башьас ирымоузеи, уааигәа иҟоу бзиа ианумбо аамҭазы!».

Ари аҭагылазаашьа нҵәара ақәымкәа, ас акраамҭа цашьа ауамызт аҟынтә, 1910 шықәсазы Лев Толстои ихатәҳақьым Д. П. Моковицки диманы зынӡа ҳәа Иаснаиа Полиана аанижьуеит, даҽакала иуҳәозар, ари ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҟны бналаран, уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт, уи аҭыԥ аман жьҭаарамза 28 ауха.[15]

Толстои иԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Лев Толстои «ибналара» аан амҩа дшықәыз игәы рахәымкәаны ибо далагеит. Раԥхьа иара ахьҭа илалеит, анаҩс агәаҵәыхь ичаԥеит, уи иахҟьаны Лев Толстои адәыӷба дҭыган раԥхьатәи станциа дук аҟны.

Ари астанциа Астапово ахьӡын (иахьа Липецктәи аобласт). Ашәҟәыҩҩы ичымазара атәы иаразнак зегьы ирылаҵәеит. Фҩык аҳақьымцәа уи иеиқәырхаразы ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха ачымазара рзаанымкылеит. Абҵарамза 7, 1910 шықәсазы Лев Николаи-иԥа Толстои, 83 шықәса дшырҭагылаз, иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамардеит Иаснаиа Полиана.

Агазеҭқәа рҟны акәзар, ирнылеит аимператор Николаи II ирезолиуциа, Лев Николаи-иԥа Толстои иԥсҭазаара алҵразы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәахә шьаҭас иҟаҵаны.[16]

Аинтерес зҵоу афактқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Лев Толстои деицырдыруеит даара аҵакы змоу аԥҵамҭақәа рыла мацара акәымкәа. Уи иҩит, иара убасгьы, «Азбука», насгьы «Аԥхьаразы ашәҟәы» ахәыҷқәа рзын;
  • Зегьреиҳа аҵакы змаз аԥҵамҭа «Воина и Мир» Толстои рацәак бзиа ибомызт, «многословная дребедень» ҳәа азиҳәон;
  • Лев Николаи-иԥа аамсҭатә титул аграф ҳәа ихҵан;
  • Лев Толстои амаца ахәмарра бзиа ибон. Еснагь даара иҽазҵәылхны дыхәмаруан, аха даҵахон, уи ифинансттә ҭагылазаашьа акыр ианыԥшуан;
  • Толстои Шекспир иҟазара, драматургк иаҳасаб ала, даара акритика азиуан, «Шекспири адрамеи» захьӡыз аочеркгьы икьыԥхьит, уа иара Шекспир иҩымҭақәа еилырганы дрыхцәажәеит;
  • Толстои иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иара иҭынхеит иԥҳәыси жәаҩык ахшареи.[17]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2020-11-25 ахь. Ириашоу 2024-01-26 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-06-04 ахь. Ириашоу 2024-01-26 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  3. https://24smi.org/celebrity/4022-lev-tolstoi.html
  4. https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/tolstoi-liev-nikolaievich
  5. http://russkay-literatura.ru/analiz-tvorchestva/62-tolstoj-ln-russkaya-literatura/326-nachalo-literaturnoj-deyatelnosti.html
  6. http://www.l-tolstoy.ru/page_12.php
  7. http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/bio/semya-tolstogo.htm
  8. https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-lev-tolstoy.html
  9. http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/rabota-tolstogo-nad-rukopisyami-vojny-i-mira.htm
  10. http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/istoriya-anny-kareninoj/istoriya-anny-kareninoj.htm
  11. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2021-11-29 ахь. Ириашоу 2024-01-26 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  12. http://tolstoy.ru/creativity/publicism/991/
  13. http://pereprava.org/culture/3250-religiya-tolstogo-otluchenie.html
  14. https://www.culture.ru/persons/8211/lev-tolstoi
  15. http://www.l-tolstoy.ru/poslednie_gody.php
  16. http://russkay-literatura.ru/analiz-tvorchestva/62-tolstoj-ln-russkaya-literatura/333-smert-tolstogo.html
  17. https://100-faktov.ru/xx-interesnyx-faktov-iz-zhizni-lva-tolstogo/