Достоевски, Фиодор Михаил-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Фёдор Достоевский

Фиодор Михаил-иԥа Достоевски (аур. Фёдор Михайлович Достоевский; жьҭаарамза 30 (абҵарамза 11), 1821 ш., Москваажьырныҳәамза 28 (жәабранмза 9), 1881 ш. Ажьырныҳәа 28, 1881, Санкт-Петербург) — аурыс ашәҟәыҩҩы, афилософ.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Достоевски адунеизегьтәи алитератураҿы иналукааша ашәҟәыҩҩцәа дыруаӡәкуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Зегь раԥхьа иргыланы, уи ироманқәа «Ацәгьауреи ахьырхәреи» (1866) «Аишьцәа Карамазааи» (1880) рыбзоурала XX ашәышықәсазы афилософиатә хәыцра, ҷыдала, аԥсихоонализи аекзистенциализми аҿиараҿы крызҵазкуа акакәхеит. Уи адагьы, Достоевски илитературатә хаҿсахьа ӷәӷәақәа анырра дуӡӡа рырҭеит Франц Кафка еиԥш иҟаз уи аамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа. Кроме того, сильные Иуадаҩыз ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара цәаныррала, доуҳала игәҽыз, адоуҳаи ацәеижьи ахаанаахыс ирыбжьоу ақьырсиантә еимакы зныԥшуа, ифырхацәа бзиабарала раарԥшра илнаршеит. Достоевски Москва абжьаратәи акласс иаҵанакуаз аҭаацәараҿы далҵит изҳауан. Иҳақьымыз иаб, тиранын, иан ԥҳәыс татан, анцәа дхалҵон, лыԥсҭазаара далҵит Достоевски 16 шықәса ихыҵаанӡа.

Аҷкәын қәыԥш аҩны имаз аҭагылазаашьа бааԥс далацәцарц азы ашәҟәыԥхьара бзиа ибаны ихҭаикит. Ҷыдала игәаԥхон Гогольи, Гофмани Бальзаки рырҿиамҭақәа.

Достоевски иаб игәаԥхарала анџьныр ус иҵон Санкт-Петербург. Ҽнак, ахәыҷқәа ашкол аҿы ианыҟаз иаб имаҵуҩцәа дыршьит иаҳтынраҿы. Достоевски, шамахамзар, игәалашәаӡомызт, иаб дшыршьыз атәы. Зигмунд Фреид ароманист имаз аепилепсиа гәынхәҵысҭала иаб иԥсра дахьазхәыцуаз ихы иавибоз иахылҵуазар ҟалоит ҳәа игәы иаанагон.

Акритикцәа разхаҵарала «Ацәгьареи ахьырхәреи» – шедевруп, ари ароман аҿы Достоевскии ишьҭихуеит ахьырхәра апроблема уи ауаҩы гәаҟрыла ихихыр шауа. Алитературатә критикцәа ароманист инарҵауланы ҩныҵҟала ауаҩы иҭҵаара дашьҭан, ауаҩытәҩса ицәанырра ахкқәа зегьы раарԥшразы – илаҟәӡоу аҭахрақәа инадыркны иҳараку адоуҳатә цәаныррақәа рҟынӡа. Раԥхьа инаргыланы, иара дазҿлымҳан ауаҩытәҩса ахаанаахыс дзышьҭоу – Анцәеи ихи реилкаара.

Достоевскии аҵыхәтәантәи ироманқәа ируакхеит ҭаацәарак рытрагедиа аазырԥшуа «Аишьцәа Карамазаваа» 1880 ш. Ароман аҿы ԥшьҩык аԥацәа руаӡәык иаб дишьуеит.

1881 шықәса азы «Аишьцәа Карамазоваа» ароман даналга анаҩс мызқәак рнаҩс иԥсҭазаара далҵит, иара иҩны Санкт-Петербург.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]