Лашәриа, Рауль Ӡыкәыр-иԥа
Рауль Ӡыкәыр-иԥа Лашәриа (аур. Рауль Дзыкурович Ласурия; лаҵарамза 20, 1945 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион — абҵарамза 4, 2014 ш., Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, поет, ажурналист, аиҭагаҩ.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Рауль Ӡыкәыр-иԥа Лашәриа диит Очамчыра араион Кәтол ақыҭан 1945 ш. лаҵарамза 20 рзы. Иуа Абас-иԥа Коӷониа ихьӡ зху абжьаратәи ашкол даналга -1961 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи Арҵаҩратә апедогогикатә институт афилологиатә факультет аҳәаанырцәтәи аҟәша англыз бызшәадырра азанааҭ ала. Аха иҵара иалгара иамраӡакәа, 1964 шықәсазы, аԥшьбатәи акурс аҟнытәи арра дыргоит. Дақәшәоит усҟантәи аамҭазы мацара акәымкәа, иара иахьагьы даараӡа ихьанҭоу архәҭа - Амшынтә авиациа. Хышықәса инарыцны уаҟа арра амаҵзура дахысуан. Аԥсныҟа даныхынҳә изанааҭ хада- англыз бызшәадырра ихамыршҭкәа илиршеит иҵара ацҵареи, аинститут қәҿиарала алгареи.
Иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы аҳәаанырцәтәи абызшәала ицәажәоз «аҟаԥшьқәа» длаԥшықәҵаны дрыман, ишьклаԥшуан, аусҳәарҭқәа зегьы рҟны ақырҭқәа ахаԥаны иҟан, аԥсуа дрыдыркылаӡомызт. Изанааҭ ала аусурҭа анизымԥшааӡа, раԥхьаӡатәи иџьатә усура (иуҳәар ауеит ижурналисттә ԥсҭазаара) хациркит ҳәа Очамчыратәи араионтә газеҭ «Акомунизм ахь» аҟны. Аха мызқәак рыла аусура даҟәыҵыр акәхеит аредакциа аҩнуҵҟа иҟалаз ҭыӡшәақәак ирхырҟьаны . Мызқәак усурҭада ддәықәын. Нас, апоет гәлымҵәах Борис Гәыргәылиа ицхыраарала аусура далагоит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы еиҭагаҩыс. Уаҟа инеиԥынкылан жәа-шықәса аус иуит; аиҭагара аусинапы шалакызгьы аамҭакала дыҟан аидеологиа аҟәша аиҳабыс, нас-алитературеи абзазареи рыҟәша аиҳабыс. 1978 шықәсазы, Аԥсуа телехәаԥшра анаадырты, уи аредактор хадас дҟарҵеит. Убраҟагьы жәа-шықәса инарзынаԥшуа аус иуит. Иахьа ателехәаԥшцәа иддырбо аинформациатә дырраҭара «Амшеикәшара» ахьӡ зыӡбаз Рауль Лашәриа иоуп. Апоет ихаҭа иажәақәа рыла, «Амшеикәашара» ахьӡ аагоуп Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ирҿиамҭақәа ирызкны, акритик Владимир Аҵнариа иҩыз аԥхьажәа аҟынтәи. Уаҟа аԥхьҩ иԥылоит ажәа «ашықәсеикәшара». Ажәа ахәҭак «ашықәс» ахаҭыԥан «амш» аныҟала, иалҵит «Амшеикәшара».
Рауль Лашәриа иара убас аус иуан ажурнал «Алашараҿы» аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс, ахәыҷтәы журнал «амцыбз» аҟны аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс. Агазеҭ «Еҵәаџьааи», ажурнал «Аҟәеи» рредакциақәа рҟны иҟоу аԥсуа ҟәшақәа дреиҳабын, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа Алитературатә фонд деиҳабын.
Жәаф шықәса дырҭагылан Рауль лашәриа «Ақьаԥҭа» ҳәа хьӡыс измаз раԥхьаӡатәи иажәеинраала аникьыԥхьыз. Уи изкын ақыҭаҿы зыҩны-згәара кажьны ақалақь ахь ицаз, убраҟа акапанга дадтәаланы ауаа зкапануаз ауаҩы. Иаҳгап ажәеинраала аҟынтәи цәаҳәақәак;
- Лыԥсаак дамоушәа ҿымҭӡо,
- Иџьабо иԥшуп ақьаԥҭа,
- Убла ихылоит ихымҵӡо,
- Ирыцҳахәха иубоит алақҭа…
Апоет дравтаруп иакымкәа-иҩбамкәа ажәеинраалақәа реизгақәа. «Аҵха-ҵәца», «Аеҵәақәа зҿало аҵла», «Сымшра амацәаз», «Абзиабара ашықәс», «Аԥшақәа ргәил», «Урашан», «Сырмеи агәили», уҳәа егьырҭгьы. 2011 шықәсазы иҭыҵит иажәеинраалақәа рӷьырак еидызкыло ашәҟәы «Иалкаау».
Рауль Лашәриа ԥсабарала дпоет-лирикуп, ҵабаргуп Аԥсны иахҭнагаз Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иуԥылоит апублицистикатә цәаҩа зхыукаауа ажәеинраалақәа маҷымкәа. Иҩымҭақәа леитмотив хадас ирымоуп Аԥсадгьыли аԥсуа жәлари рлахьынҵа азхәыцра, иахьа еиҵагыло аҿар уаҵәтәи рԥеиԥш ахӡыӡаара, зџьынџь ахақәиҭразы иҭахаз аҵеицәа ажәа сахьаркла ирыхәҭоу аҳәара…
Иааҳгаап данқәыԥшӡаз иҭижьыз раԥхьаӡатәи ишәҟәы «Аҵх-ҵәца» аҟынтәи афилософиатә ҵакы змоу жәеинраалак.
- Ашәҭқәеи абардрақәи зџьынџьу
- Излам, иагьзлымшо цәгьарак,
- Ҭыԥкаҿ изымтәоз аҷынҷеи
- Аԥырԥалакьи среиԥхыӡт сара.
- Адгьыл зынӡа ималаҷарран,
- Сақәтәаны снеиуан аҽыз,
- Анҷаҿ аҷынҷа ҷырҷыруан,
- Аҷынӡа ҷырҷырран изҿыз.
- Сганахь амшын ду ихылан
- Аԥарԥалыкь иаҵәа амшын иаҵәа ихын
- Сҽыз хәыҷ кәадамызт шьамхыла
- Ишалшоз сыҩырц сҭахын
- Имаҷызма адәеиуыжь,хлаҳәада
- Иалаӡт агәеисра ацәқәырԥа
- Избада, изгәырҩада, ҭынхада,
- Изуҭода уи азыҳәангьы авба,
- О, ԥшшәыла иахьеиԥшыз иажьама,
- Ма ихалама акы иацәшәаны,
- Ма аԥсеиԥшҵәҟьа бзиа иабама,
- Изхылеи амшын игәаӷьны,
- Ашәҭқәеи абардрақәи зџьынџьу
- Излам, иагьзлымшо цәгьарак,
- Ҭыԥкаҿ изымтәоз аҷынҷеи
- Аԥырԥалакьи среиԥхыӡт сара.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, апоет дыҟан Мрагыларатәи афронт анҟы. Ихы-иԥсы, иламыс дырцәыбнамлакәа илшоз зегьы ҟаиҵон. Дызлаԥшыз ахлымӡаахқәа ирхылҿиааит аибашьра ашьҭахь иҭыҵыз ишәҟәы «Аԥшақәа ргәил» иану иажәеинраалақәа; «Ахацәа», «Амш-ӡыхь», «Аибашьҩы ишьа», «Агәилқәа», «Аҵааҿы сырчараз сканажьуеит сеимаа аҵаршьы». Аибашьра иацыз арыцҳарақәа, маҷӡак иадымхаргьы, ианыԥшуазар ҟалап «Аҽеиқәа цыҩцыҩ» захьӡу иажәеинраала.
- Абар иахьа хымшуп, саб аԥсхыхра даҿуп
- Алҩақ иалҵны иаауазшәа асы илеиуа ҟьашьуп
- Уахынла ҳшеикәшо мацара иҳаршоит
- Абомба анытҟәацуа ҳжәытә ҩны кәашоит
- Уажәы-уажәы даалҟьан саб ус иҳәоит.
- Ашҭа иҭоу аҽиқәа цыҩцыҩ ӷьыычны иргоит
- Лаԥшыла еимыздоит, иҭацәуп ҳамӡырха
- Хыртҟәацуп уи шьҭазҵаз абас еимырхха
- Саб дбарџьеиуеит, дгәаҟәуеит, ииҳәац-иҳәоит
- Иухьи уароубџьыр, аҽы ӷьычны иргоит
- Шьҭа избагәышьоит, дҭанагалт зынӡаск,
- Саргьы сҿаҳазшәа исҳәаӡом ажәак.
- Ус слымҳа инҭасит аԥсцәаҳа мыжда ибжьы
- Аҽеиқәа цыҩцыҩ уашҭа иҭарҵеит иац шьыжьы
- Аԥсцәа рыҽқәа ирықәтәан ушҭахь имҩахыҵт
- Уаб нарцәыҟа ддәықәлеит, шьҭа шәышықәса ихыҵт.
- Саб ԥсшьарак иҿықәлеит, дҟалеит дыԥшӡаӡа,
- Шәышықәсатәи игәаҟра зегь даԥырҵны данца
Рауль Лашәриа дравторуп аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ирызку астатиақәеи, апублицистикатә материалқәеи жәпакы. 1976 шықәса раахыс СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан, Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. 2005 шықәсазы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала, аԥсуа литература арҿиараҿы илагалазы Рауль Ӡыкәыр-иԥа Лашәриа ианашьан «Ахьӡ-аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Акыр шықәса инеиԥынкыланы инапы рылакын аиҭагақәа, уи апоезиа инаркны арҵагашәҟәқәа рҟынӡа.
Рауль Лашәриа иҭынхеит хҩык аԥҳацәа. Дахьӡеит абдура абара.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аҵх ҵәца. Аҟәа, 1973 шықәса.
- Аеҵәақәа зҿало аҵла. Аҟәа, 1976 шықәса.
- Урашан. Аҟәа, 1979 шықәса.
- Абзиабара ашықәс, 1980 шықәса,
- Асааҭ ахыц. Аҟәа, 1982 шықәса.
- Сымшара амацәаз. Аҟәа, 1987 шықәса.
- Сдоуҳа ашҭа. Аҟәа, 1991 шықәса.
- Аԥшақәа ргәил,Аҟәа, 2004 шықәса.
- Ашьанеи агәыԥшқеи, Аҟәа, 2008 шықәса.
- Сырмеи агәили, Аҟәа, 2009 шықәса.
- Иалкаау, Аҟәа, 2011 шықәса.
- Слахьынҵа аҿаԥхьа, Аҟәа, 2014 шықәса.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 934
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ласуриа Рауль Дзыкурович (аур.)
- Лашәриа Рауль Ӡыкәыр-иԥа (аԥс.)