Лашәриа, Алықьса Едгьы-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Алықьса Едгьы-иԥа Лашәриа (аур. Алексей Едгиевич Ласуриа; абҵарамза 151927 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араионмшаԥымза 301959 ш., Аҟәа) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Диит 1927 шықәса абҵарамза 15 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далцит 1959 щықәса мшаԥымза 30 рзы. Джуп Кәтол ақыҭа.

Иқыҭаетәи ацара даналга, 1944 шықәсазы А.Лашариа даанахәоит Аҟәатәи ацара даналга, 1944 шықәсазы А.Лашәриа даанахәоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә техникум, далгоит 1946 шықәсазы. Иара абри ашықәсан дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт. Араҟа ацара ицон ҩышықәса. Нас, 1948 шықәсазы, дцоит Москваҟа, дҭалоит А. М. Горки ихьз зху Москватәи Алитературатә институт. Далгоит 1953 шықәсазы.

Аус иуан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа амазаныҟәгаҩыс.

Иҩымҭақәа акьыԥхь рбоит 1944 шықәса инаркны.

Абиблиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аҿар рыбжьы. Аколлективтә еизга. Аҟәа, 1949 шықәса.
  • Аҿара ашәакәа. Аҟәа. 1954 шықәса.
  • Хашҭра зқәым. Аҟәа. 1956 шықәса.
  • Смал. Аҟәа. 1957 шықәса.
  • Сареи ааԥынреи. Аҟәа, 1959 шықәса.
  • Иалкаау. Аҟәа, 1960 шықәса.
  • Сҩызцәа рахь. Аҟәа, 1970 шықәса.
  • «Иалкаау аԥсуа лирика» асериаҿ – Аҟәа, 1970 шықәса.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 913-914

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]