Перейти к содержанию

Лашәриа, Алықьса Едгьы-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
(«Лашариа Едгьы-иԥа Алықьса» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Алықьса Едгьы-иԥа Лашәриа
Алексей Едгиевич Ласуриа

Алықьса Едгьы-иԥа Лашәриа
Аира абҵарамза 15, 1927 ш.
Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион, ССР Аԥсны
Аԥсра мшаԥымза 30, 1959 ш.
Аҟәа, Аԥснытәи АССР
Аусура аԥсуа поет, апрозаик, СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла
Алма-матер Абхазский государственный университет,
Литературный институт

Алықьса Едгьы-иԥа Лашәриа (аур. Алексей Едгиевич Ласуриа; абҵарамза 15, 1927 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – мшаԥымза 30, 1959 ш., Аԥсны, Аҟәа) – аԥсуа поет, апрозаик, СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.

Диит анхаҩ ӷар иҭаацәараҿы. Дышхәыҷыз иани иаби иԥхеит. Акыр ауадаҩрақәа дшырҭагылазгьы, аҵара иҵон Кәтолтәи ашкол аҟны. 1946 ш. далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум, убри ашықәс аан дагьҭалоит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Хышықәса аҵара аниҵа ашьҭахь дҭалоит Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Иреиҳау аҵараиурҭа далганы, 1954 ш. Аԥсныҟа дхынҳәуеит, аусурагьы хациркуеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы. 1955 ш. диасуеит ҿыц аҭыҵра иалагаз ажурнал «Алашара» аредакциахь. Аха, хара имгакәа диаргоит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа амаӡаныҟәгаҩыс. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа алитературатә хәҭа аиҳабыс.

А.Лашәриа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 14-15 ш. анихыҵуаз, арҵаҩратә техникум данҭаз, К.Шь. Ломиеи иареи алахәын алитературатә кружок аусура. Уи напхгара аиҭон аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Маан Васили Николаи-иԥа.

Раԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1944 ш. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуаз алитературатә «Альманах», иара убас агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аҟны. Иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иажәабжьқәеи еидызкыло жәохә рҟынӡа ашәҟәқәа авторс дрымоуп, урысшәалеи қырҭшәалеи иҭыжьу убрахь иналаҵаны. Иҩит иара убас апиесақәа ҩба: «Гәыкала абзиабара», «Ахаԥыц хьаа». Рыҩбагьы ықәдыргылахьеит С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Иҭынхеит даҽа ҩ-повестк: «Ҳаџьараҭ» (аибашьра ашьҭахьтәи аԥсуа қыҭа аԥсҭазаареи, иахнагаз ауадаҩрақәеи ирызкны), «Ашәахәақәа» (ақыҭа интеллигенциа ирызку).

А.Лашәриа аԥсшәахь еиҭеигеит В.В. Маиаковски, И.Г. Ҷавҷавадзе, М. Мернели, И. Ночешвили уҳәа ражәеинраалақәа жәпакы.

  • аԥсышәала: Ашәақәа (Ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи). Аҟәа, 1954.
  • Хашҭра зқәым. Апоемақәа. Аҟәа, 1956.
  • Смал. Ажәеинраалақәа. Аҟәа 1957.
  • Кьабырхәынтәи ашьыжь. Ажәабжьқәеи адрамеи. Аҟәа, 1958.
  • Сареи ааԥынреи, Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа 1959.
  • Иалкаау. Аҟәа, 1960.
  • Сҩызцәа рахь. (Ажәеинраалақәеи апоемеи). Аҟәа, 1970.
  • Иалкаау. (Ажәеинраалақәеи апоемақәеи). Аҟәа, 1976.
  • Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983.
  • Аиҩызцәа. Ажәабжь. Аҟәа, 1988.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Киабрхунское утро. Рассказы. М., 1954.
  • Дружба сверстников. Стихи и поэма. М., 1955.
  • Любовь на рассвете. (Стихи и поэма). М., 1959.
  • Жить как солнце!.. Стихи и поэмы. Сухум, 2007.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 913-914