Лабахәуа, Леонти Бахәа-иԥа
| Леонти Бахәа-иԥа Лабахәуа | |
|---|---|
| Леонтий Бахович Лабахуа | |
|
Леонти Бахәа-иԥа Лабахәуа | |
| Аира |
ԥхынҷкәынмза 26, 1912 ш. Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Река ақыҭа |
| Аԥсра | 1938 |
| Аусура | аԥсуа поет |
Леонти Бахәа-иԥа Лабахәуа (аур. Леонтий Бахович Лабахуа; ԥхынҷкәынмза 26, 1912 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Река ақыҭа – 1938) – аԥсуа поет. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵара иҵон Рекатәи алагарҭатәи Очамчыратәи быжь-шықәсатәи ашколқәа рҟны. 1928-1932 шш. раан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум дҭан. 1936 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит. Аинститут аҟны ԥшьы-шықәса напхгара зиҭоз алитературатә кружок еиҿикааит. 1938 ш харада ахара идҵаны ддырӡит.
Иҩымҭақәа икьыԥхьуан 1932 ш. инаркны. Иажәеинраалақәеи ипоемақәеи реиҳарак иԥсы анҭаз икьыԥхьын аизга «Раԥхьатәи ашьаҿақәа» (Аҟәа,1934) аҟны. Апоет дандырбаандаҩы нахыс ҩеижәа шықәса рҟынӡа иҩымҭақәа џьаргьы иркьыԥхьӡомызт, уи азы азингьы ыҟамызт. Акьыԥхь зымбацыз иажәеинраалақәагьы рыламкәа иҟаларымызт инапылаҩырақәа аныӡуаз. 1958 ш. раԥхьаӡа хазы шәҟәны иҭыжьын «Иҩымҭақәа». Уи иацын Ш.Д.Инал-иԥа иаԥхьажәа. Абри ашықәс азы В.Микушевич, А.Чивилихин, И.Вронски еиҭаргаз иажәеинраалақәа агәылалеит Москва урысшәала иҭыжьыз «Аԥсуа поезиа антологиа». Иҩымҭақәа рнылон ажурнал «Алашара», икьыԥхьуп «Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) аҟны.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Иҩымҭақәа. Аҟәа,1958.
- Иҩымҭақәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1980.
- урысшәала аиҭагақәа: Мое слово. Стихи и поэмы. Сухум, 1984.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 906