Перейти к содержанию

Кәыҵниа, Леуарса Бида-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Леуарса Бида-иԥа Кәыҵниа
Леуарса Бидович Квициния

Леуарса Бида-иԥа Кәыҵниа
Аира ԥхынҷкәынмза 31, 1912 ш.
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Аҭара ақыҭа
Аԥсра рашәарамза, 1941 ш.
Белосток ақалақь, Белоруссиатәи ССР
Аусура аԥсуа поет
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа,
аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла
Алма-матер Литературный институт
Ажанр поэзия

Леуарса Бида-иԥа Кәыҵниа (аур. Леуарса Бидович Квициния; ԥхынҷкәынмза 31, 1912 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Аҭара ақыҭа – ииун, 1941, Белосток ақалақь Белоруссиатәи ССР (уажәы Польша иаҵанакуеит)) – аԥсуа поет. Дыҩуан аԥсышәала.

Аҵара иҵон Аҭаратәи ашкол аҟны, ашьҭахь Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат далгеит 1931 шықәсазы. Аамҭак азы Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩратә институт дҭан, нас Аԥсныҟа дхынҳәит. Аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭҭыжьырҭаҿы, агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы. 1933 ш. Москватәи арҵаҩратә институт дҭалеит, аха аҩбатәи акурс аҟнытә А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт ахь диасит, дагьалгеит 1937 шықәсазы. 1938-1939 шш. рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. 1939 ш. инаркны Асовет аррамаҵура дахысуан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аан дҭахеит ажәыларақәа руак аҟны.

Ажәеинраалақәа иҩуан ашкол данҭаз нахыс. Раԥхьатәи иҩымҭақәа аизга «Еҵәаџьаа» ианылеит (1928). Уи агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» агәлаҵас иҭыҵуан.

Авторс дрымоуп апоемақәа «Шьаризан», «Даур», хыԥхьаӡарарацәала ажәеинраалақәа, ашәҟәқәа жәпакы. Иҩымҭақәа зныкымкәа ирнылахьан ажурнал «Алашара», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Еҵәаџьаа» уҳәа. Иажәеинраалақәа жәпаки ипоемақәа рцыԥҵәахақәеи анылеит «Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Иажәеинраалақәа рыхәҭак аурысшәахь еиҭаганы икьыԥхьын «Аԥсуа поезиа антологиа» (урысшәала), М., 1958) аҟны.

  • аԥсышәала: Апоемақәа. Аҟәа, 1931.
  • Атәыла ҿиоит. (Апоемақәа), Аҟәа, 1932.
  • Шьаризан. Апоема. Аҟәа 1933.
  • Аамҭа бзиа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1934.
  • Даур Лагинба. Апоема, Аҟәа, 1936.
  • Даур. Апоема. Аҟәа, 1939.
  • Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1955.
  • Ажәеинраалақәа, Аҟәа 1973.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 905-906