Кәрыкь II Кахьеҭтәи
Кәрыкь II Кахьеҭтәи | |
---|---|
კვირიკე II | |
Кахьеҭ ақорепископ | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 929 – 976 | |
Аԥхьа иҟаз | Фадла II |
Аҭынха | Дауҭ I |
| |
| |
Аԥсра | 976 |
Кәрыкь II – Кахьеҭ ақорепископ 929 инаркны 976 рҟынӡа. Иаб Фадла II данԥсы ашьҭахь аҳра иоуит.
Аҳраура
[аредакциазура | акод аредакциазура]Иаҳра аамҭа аиҳарак мраҭашәареи агәыҭантәи Қырҭтәыла ахәҭак анапхгара азҭоз Аԥсны аҳцәа рекспансионизм иаҿагыланы еиԥмырҟьаӡакәа ақәԥараҿы ихигеит, насгьы Кахьеҭ аиааира хықәкыс иамаз. Ақәгылара ҟазҵаз Кахьеҭтәи аамсҭара рыцхыраарала, Аԥснытәи Гьаргь II 930-тәи ашықәсқәа рзы Кәрыкь иаҳра имхрагьы илшеит. Кәрыкь II хара имгакәа 957 ашықәс азы аҳра ирхынҳәит. Аӡын ишааӷыҵысыз еиԥш, еиҭах аԥсҳа ир дәықәиҵеит, Леуан ԥызас дрыҭаны. Дақәлеит уи Кахьеҭ, амца иаиргеит. Кахьаа рыпҟара дшаҿыз Леуан аԥсырӡы иарҳәеит: Гьаргь, иԥсҭазара дшалҵыз ала.
Леуан иаразнак Кәрыкь диԥхьеит, Базалеҭтәи аӡиа ахықәаҿ, наҟ-ааҟ аҽцәа аӡәи-аӡәи рываргыланы, хәлаанӡа лаԥш-ҿаԥшы еицәажәон. Убранӡа имҳәеит иаб дшыԥсыз. Бзиа дшибо агәра ирганы, иԥагьы маҳәыс дшиҭаху иҳәеит. Кәрыкь уи атәы аниаҳа, дҽыжәԥан дхырхәеит, мыцхәы игәы иахәеит ас еиԥш аинышәара. Иаҳарак – ирыбжьарҵаран иҟаз аиуара. Аха ԥыҭраамҭак ашьҭахь аԥсҳа иԥҳа дыԥсит. Еиҭа Кахьеҭ аҿы иалагеит ашьакаҭәара.
976 шықәсазы Кәрыкь II Қарҭли дақәлеит, ақалақь Уԥлицихе импыҵихит, аԥсуа аҳиԥа Баграти иани иаби иҭҟәаны Кахьеҭҟа иахигеит. Уи аҭакс Дауҭ III ар еизигеит Кәрыкь дахьирхәырц, мчыла Қарҭли далҵны Баграт ихы дақәиҭитәит. Иара убри 976 ашықәс азы Кәрыкь иԥсҭазаара далҵоит. Кахьеҭ даҭынхоит иԥеиҵбы – Дауҭ.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Туманов К. Л., Manuel de Généalogie et de Chronologie pour le Caucase chrétien (Arménie, Géorgie, Albanie), Рим, 1976.
- Багратион Вахушҭи, Ақырҭуа аҳраду аҭоурых. Кахьеҭи Ереҭи рцәырҵреи рыԥсҭазаареи., Қарҭ: Мецниереба, 1976.