Перейти к содержанию

Кәасҭа III

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Кәасҭа III
Константин III
Аԥсҳа
Амаҵураҭыԥ ахь:
899 – 929
Аԥхьа иҟаз Баграт I
Аҭынха Гьаргь II


Аира ?
Аԥсуа Аҳраду
Аԥсра 929
Аԥсуа Аҳраду
Атәылауаҩра Аԥсҳара
Аԥҳәыс

1) таиктәи аҳԥҳа, Адарнас иԥҳа.

2) аермантә аҳԥҳа, Сымбаҭ I иԥҳа.
Ани аби Баграт I
Ахәыҷқәа ҩыџьа аԥҳацәа, Гьаргь II, Баграт

Константин III, иара убасгьы Кәасҭа III[1][2]— Аԥсҳа (899-929).

Кәасҭа — Баграт I диԥоуп[3]. 904 шықәсазы Кәасҭа Қарҭли игеит, уи ашәамахьцәа рҳәынҭқар Сымбаҭ игәамԥхеит, Кәасҭа ихатә гәаԥхарала Қарҭли ахақәиҭтәра идигалеит. Кәасҭа игәыԥжәаны аҭак ҟаиҵеит:

«Сара сыԥсадгьыл аҟынтә ҭыԥк шусымҭо»[3].

Сымбаҭи Ҭаик-Қларџьеҭ аҳ Адарнаси дидгыланы аԥсуаа дырҿагылеит. Кәасҭа III аибашьра иҽацәихьчеит, аиҿцәажәарақәа рахь дцеит, уи аамҭазы Адарнас напхгара ззиуаз таиктәи аамсҭацәа дырбаандыҩыртәит. Амала, ԥыҭрак ашьҭахь, ашәамахьцәа раҳ Сымбаҭ еиликааит Кәасҭа III ихаҭыԥан иҷкәын, иӷьеҩу иԥсымчхароу — аҳиԥа Гьаргь, аҳра дахадыргыларц ргәы ишҭаз[3]. Убасҟан Сымбаҭ Кәасҭа III ихы дақәиҭитәит, аинышәара ҟаиҵеит, еиҳараӡакгьы араԥтәи ақәылара ҿыц ааигәахон, аԥсуааи Шәамахьтәыла иаҿагылаз ауааи дареи еидгылар рылшон. Убри иахҟьаны Сымбаҭ Қарҭли аанижьит, инапы ианиҵаз абаа Уԥлис-Цыхьгьы ииҭеит, иԥҳагьы Кәасҭа III ԥҳәысс диҭеит[4].

Арахь Шәамахьтәылеи Аԥсынтәылеи раҳрақәа заа еиуацәан, избанзар Сымбаҭ иԥа Мушьег ԥҳәысс диман Кәасҭа иԥҳа. Уажәы урҭ реизыҟазаашьа еиҳагьы еизааигәахеит. Насгьы аԥҳәыс-шәамахь лҟынтә Кәасҭа диоуит аԥа, Баграт ҳәа зыхьӡыртәыз[3].

Абарҭ ахҭысқәа рышьҭахь Сымбаҭ ихаҭагьы ҩынтә мызқәак рыҩнуҵҟа Аԥсныҟа иҽиҵәахыр акәхеит.

908 ашықәсазы ашәамахь нахарарцәа рыбжьара Сымбаҭ иҿагыланы ацәгьаршра аныҟарҵа, Кәасҭа ацхыраара ду ҟаиҵеит. Анаҩс, 909 шықәсазы Кәасҭа III Сымбаҭ дидгылеит араԥтәи аемир Исыф (Иусуф) диҿагыларазы[3]. 914 ашықәсазы Сымбаҭ уеизгьы араԥцәа дыршьит.

Сымбаҭ диҭынхеит иԥа Ашоҭ Аихатә. 920 шықәсазы Аԥснытәи аҳрахь дцан, 906 шықәсазы арабцәа рымпыҵахалара аламҭалазы иаб Кәасҭеи ирыбжьарҵаз аиҩызаратә аинышәара инақәыршәаны ацхыраара даҳәеит[4].

Аԥсҳа Кәасҭа III ишихцәажәоз

[аредакциазура | акод аредакциазура]

906 шықәсазы Кәасҭа III бџьар мчыла аиааира игеит, насгьы Аԥсуа аҳра иадиҵеит мрагыларахьтәи ақырҭуа атәылаҿацә Ереҭ. Аԥсҳа Константин идҵала, аиааирагатә аекспедициа аҳаҭыр азы абраҟа, Ереҭдәы ақалақь аҿы, ауахәама еиҿыркааит[3]. Ауахәамаҿы иануп[3]:

Аб-Анцәа, Аԥеи, Аԥсы Цқьеи рыхьӡала, Нанҳәа Цқьеи Ацқьа Гьаргьи рыцхыраарала, Анцәа иқәшаҳаҭыз Аԥсҳа Кәасҭа ихаан, Ереҭҟа инеиз, дирбналеит ереҭаа рыԥсҳа, убрантәи ҭынч дхынҳәны, шьыжьы дныҳәеит Алаверди аҿы, Бреӡаҿ дыԥхьеит. Ҩаԥхьа дҩагыланы Веџьынтәи абааш иқәихит, Иуа[5] Ҭбели Қарҭли иаҳмадараан, аԥсқәабазхада ихаан. Иџьарла, Никозатәи аҷҟәындар Стеԥан игәҭакы инақәыршәаны, исзааигәаз рыцхараарала сара, Ҭеодоре Таԥлаисӡе ашьаҭа шьақәсыргылеит. Ашықәс 6510 (906 ш.)[3]

Кәасҭа иҟаиҵаз мраҭашәаратәи ақыруа дгьылқәа рымхра, насгьы Аԥсуа аҳраду ахәҭакра, Кәыра аӡиас аԥшаҳәаҿы иҟоу Самцевристәи аныхабааш аҟынтәи даҽа ҩыракгьы[3]:

Ауахәама Самцевриси, Константин III иԥсҳараан иргылаз.[3]

Аԥсҳа Кәасҭа 20 ишықәса ихыҵразы, сара, Самцевристәи ауахәама апапхада, Домниноси, Гьаргьи Тулаисаӡеи абаагәарахьы аӡымҩахгага наргеит...[3]

Аԥсҳа Кәасҭа ихьӡ ануп 923-926 шықәсқәа рыбжьара иҟаҵаз Меџьудека аӡхықәчаԥа аҟны. Иара убасгьы ихьӡ ануп Шемокмедтәи аберҭыԥ аҿы џьашьахәыз алабашьа, аԥсқәабазхада изтәыз, уи аҩыраҿы иануп[3]:

Қьырса, Аԥсҳа Кәасҭа дҳаракы[2].

Арҭ аепиграфтә баҟақәа иаҳдырбоит Аԥсҳа ӷәӷәала аҩныҵҟатәи Қарҭли инапаҿы ишыҟаз, мрагыларахьгьы Аԥсуа аҳраду аҳәаақәа акыр ишырҭбааз. Кәасҭа ақьырсианра аларҵәара далагеит, насгьы Анцәа дхазцо уаҩ иакәын. Убас, иара ихаан, Ҟәбина ауахәамақәа ԥыҭк дыргылеит. Кәасҭа Константинополтәи апатриарх Никәала (Николаи) Амистик ирҽхәара даԥсоуп, уи иҭабуп ҳәа ззырҳәоз ашәҟәы изиҩҩит, насгьы Аԥсҳа Уаԥстәыла аиашахаҵаратә қьырсианра ашьақәыргылараҿы имиссионертә ҟазшьақәа рзы азгәеиҭеит[3]:

Абасгиа анапхгаҩы хьӡи-ԥшеи змоу изы... Анцәа иҟынтә иҟашәҵаз агәацԥыҳәара шьақәзырӷәӷәоит, шәара шәеихьӡарақәа ртәы еиуеиԥшым адырра змоу ауаа рҟынтәи иаҳдырыз ауаԥс жәлар реиқәырхаразы, раарԥшразы, иагьаашәырԥшуеит; Анцәа ицхыраарала Аланиа анапхгаҩи иара ицны иԥшьоу аӡӡаахра здызкылаз ауааи рыларҵәара даараӡа шәгәы ишҭаз[3].

Кәасҭа ҩыџьа аҳәсацәа иман. Раԥхьатәи иԥҳәыс Адарнас иԥҳа лакәын[3]. Аҩбатәи иԥҳәыс Сымбаҭ иԥҳа лакәын[3]. Раԥхьатәи аибагараҿ иит[4]:

Аҩбатәи аибагараҿ диит[3]:

  • иԥа Баграт (908-930), аҳ иҭыԥ азы ақәԥаҩ.
  • Кәҵниа Иура, Аԥсҳара, Аҟәа, 2022. — ад. 42.
  1. Константин - уи бырзен формоуп. Кәсҭа уи Константин ԥсышәалоуп.
  2. 2,0 2,1 Кәҵниа Иура, Аԥсҳара, Аҟәа, 2022. — ад. 42.
  3. 3,00 3,01 3,02 3,03 3,04 3,05 3,06 3,07 3,08 3,09 3,10 3,11 3,12 3,13 3,14 3,15 3,16 Чачхал Денис, Аԥсҳацәа рышықәснҵыра, Москва, 2000.
  4. 4,0 4,1 4,2 Кәакәасқьыр Ирина, Аԥсны аҭоурых, Аҟәа, 2010.
  5. Иване, ма Иуана Ҭбели