Перейти к содержанию

Кәарҷиа, Заур Гьаргь-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Заур Гьаргь-иԥа Кәарҷиа
Заур Георгиевич Кварчия

Заур Гьаргь-иԥа Кәарҷиа
Аира ԥхынгәымза 201936 ш.
Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР
Аԥсра 2008
Аҟәа ақалақь
Аусура аԥсуа поет

Заур Гьаргь-иԥа Кәарҷиа (аур. Заур Георгиевич Кварчия; ԥхынгәымза 201936 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа – 2008, Аҟәа ақалақь) – аԥсуа поет. Аԥсны ашәҟәыҩҩыцәа Реидгыла алахәыла (1997). Дыҩуан аԥсышәала.

А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1964), нас - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-иуристтә факультет (латәарада, 1986) далгеит. Аԥсны ашколқәа жәпакы рҟны рҵаҩыс аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) далахәын.

Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны. Иҩымҭақәа рнылон: ажурнал «Алашара», агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Бзыԥ» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылалеит «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә. (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.

  • аԥсышәала: Ахьышьҭрахь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1978.
  • Аблақәа анеиқәшәо. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
  • Аӡаӡаҳәымҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1987.
  • Ихароу агәыӷрақәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1990.
  • Ахаҵа данхаҵоу… Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1994.
  • Ашьаҿақәа. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәеи аҿари рзы. Аҟәа, 1994.
  • Алхас. Апоема-Ауаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1995.
  • Аҳақ. Апоема. Аҟәа, 1996.
  • Ахара азааигәахара. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1996.
  • Агәыӷрақәа рымш. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1998.
  • Хырԥашька змам. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2001.
  • Ахәы-ԥшӡа ҳаракыраҿ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ԥшь-томкны. Аҟәа, 2005-2008.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 935