Кобахьиа, Самсон Гәџьыр-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Самсон Гәџьыр-иԥа Кобахьиа (жьҭаарамза 291912 ш. — жәабранмза 211985 ш.) — жәлар артист.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Самсон Гәџьыр-иԥа Кобахьиа диит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа. Ақыҭаҿтәи ашкол даналга дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум, анаҩс диасуеитт Аԥсуа Драматә студиахь. Уаҟа изхысуаз атеатртә ҟазара аҭоурыхи апрофессионалтә атиортә ҟазареи иҽадцаланы иҵон. Ари астудиаҿы иара далрымкаакәагьы даанымхеит, агәыӷрақәа идҳәало дагьаанрыжьуеит атеатр аҿы. Хыпхьаӡара рацәала апиесақәа рҿы инаигӡон ихадоу арольқәа.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аргун А. История абхазского театра. Сухуми. 1978;
  • Лакербай М. А. Очерки из истории абхазског театрального искусство. Сухум. Алашара. 1962. ст. 118.
  • Кобахия С. Л. Я люблю театр//Апсны Капш. 1940. 21 сентябрь (№220).