Кармен (аопера)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
1875-тәи апремиера иазкыз аплакат

«Карме́н» (афр. Carmen) — Ԥшь-актк рыла ишьақәгылоу Жорж Бизе иопера раԥхьатәи апремиера мҩаԥысит парижтәи «Опера-Комик» аҿы 1875 ш. хәажәкыра 3 рзы. Аопера алибретто рҩит – Анри Мелиаки Лиудовик Галевии. Асиужет аԥҵоуп Проспер Мериме иновелла «Кармен» иалхны.

Аопераҿы ахҭыс мҩаԥысуеит Испаниа XIX ашәышықәса актәи азбжазы. Аперсонаж хадақәа: ацыган ҭыԥҳа Кармен, асержант Хозе, атореадор Есқамилио, Хозе изҳәаны итәоу аҭыԥҳа Миқаела. Урҭ ирҷыдангьы аопераҿы ицәыргоуп имаҷҩымкәа ихадам аперсонажцәа: афицарцәа, асолдаҭцәа, ацыганцәа, аконтрабанда ныҟәызго ауаа, атареадорцәа, атаверна аԥшәма, иара убас ауаа рацәа.

«Опера-Комик» аҿы Жорж Бизе и-«Џьамиле» қәҿиара анамоу ашьҭахь, уи ари аопера аԥҵаразы аҿаҵахьа ирҭеит, аамҭакалагьы алибретто аҩразы иалырхит Жак Оффенбах аус ицызуаз, еицырдыруаз ҩыџьа алибреттистцәа – Анри Мелиаки Лиудовик Галевии. Ԥыҭрак ашьҭахь аопера ҿыц атематика рыдигалеит иара Жорж Бизе ихаҭа. Аопера асиужет Мериме иновелла акырӡа иацәыхароуп, хазы иугозар, Миқаела лцәырҵрала, мамзаргьы Кармен лҟазшьа арҟәымшәышәрала. Арепетициақәа анцоз, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, акомпозитор изныкымкәа иԥсахит амузыка, иара убас алибреттогьы. Уи зыдҳәалаз, аоркестр мелодиақәак рынагӡара ахьацәыуадаҩхаз анаҩсангьы, асценаҿы агәымбылџьбарақәа дырбара ҭаацәаныла иахәаԥшуа ауаа ргәы ҿнакаауеит ҳәа иԥхьаӡаны, атеатр аиҳабыра шиқәыӷәӷәозгьы, Бизе асиужет аԥсахра ахьиҭахымыз ауп.

Акомпозитор Жорж Бизе
Алибретто зҩыз Анри Мельиак и Людовик Галеви
Алибретто абызшәа Афранцыз бызшәа
Асиужет ахыҵхырҭа Проспер Мериме  иновелла «Кармен»
Ажанр Иреалисттәу аԥсихологиатә музыкатә драма
Ақәгыларақәа 4

Хазы ипроблеманы ицәырҵит ароль хада анагӡаҩ лалхрагьы – еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа аӡәырҩы Кармен лроль анагӡара мап ацәыркуан. Мызқәак ицоз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь далырхит апремиератә спектакль аҿы Кармен лроль назыгӡаз - Селестин Галли-Марие. Арепетициақәа ирылагеит иазԥхьагәаҭаз аҿҳәара шықәсык анахыла ашьҭахь, 1874 шықәса жьҭаарамзазы. Убри азы апремиера амшгьы 1975 шықәса хәажәкыра 3 рышҟа ииаргеит. «Кармен» раԥхьатәи арбара аӡәык-ҩыџьак акритикцәа ишрыдыркылазгьы, илҵшәадахеит. Алибреттист Галеви ишигәалаиршәо ала, актәи ақәгылареи аҩбатәи ақәгылара абжа аҟынӡеи ахәаԥшҩы гәазыҳәарала идикылеит, аха нас ахәаԥшцәа «хьшәашәахо» иалагеит, аҵыхәтәантәи ақәгылара мҩаԥысит ахәаԥшцәа рзал зегьы еиқәышьшьы ҿымҭӡакәа иштәаз.

Жорж Бизе иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы – 1875 ш. лаҵара 3 – ари аопера 33-нтә иддырбахьан, аҵыхәтәантәи аспектакльқәа азал бжеиҳан иҭацәны имҩаԥысуан, аха анаҩс аопера иаҭаауаз рхыԥхьаӡара иазҳауа иалагеит.

Иаарласны аспектакль «Опера-Комик» арепертуар иалырхит; уи дырхынҳәит 1883 шықәсазы, акырӡа иԥсахны. Уи азы атеатр адиректор иӷәӷәаны акритика изыруит, аҵыхәтәангьы аоригиналтә сиужет атеатр ашҟа ирхынҳәын. Ашьҭахь «Кармен» ҩ-версиакны иқәдыргылон – иоригиналтәу «ацәажәаратәи», Бизе данԥсы ашьҭахь Ернест Гиро иаԥиҵаз «аречитативтәи». Анаҩс уи аҵыхәтәантәи алаҵәара ӷәӷәаны иаиуит. Уи аамҭазы аспектакль Европа ирацәаны ақалақьқәа рҿы иддырбахьан, Санкт-Петербурггьы уахь иналаҵаны.

«Кармен» раԥхьатәи ақәыргыламҭақәа збахьаз Пиотр Чаиковски ишиҩуаз ала, Бизе ирҿиамҭа – «ииашаны, шедевр цқьоуп, даҽакала иуҳәозар, епоха дук амузыкатә ҽазышәарақәа зегьы еиҳа иӷәӷәаны аныԥшра зқәашьхаз, иалкаау акык-ҩбак арҿиамҭақәа ируакуп. Жәабаҟа шықәса рышьҭахь «Кармен» адунеи аҿы зегь реиҳа аларҵәара змоу акакәхоит…». Анаҩс «Кармен» адунеи аҿы еицырдыруа иҟалеит, уи аопера нарыгӡон аопера аеҵәақәа аӡәырҩы. Убас, Ниу-Иорк Хозе ипартиа наигӡон Енрико Карузо (1906 инаркны 1919 рҟынӡа). Аопера ақәҿиара ду аиуит Германиа. Уи уаҟа иазыӡырҩуаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Отто фон Бисмарки Фридрих Ницшеи, уимоу аҵыхәтәантәи иажәақәа рыла, Бизе ирҿиамҭа анырра ӷәӷәа инаҭеит. Урыстәылеи Асовет тәылаҿи «Кармен» изныкымкәа иқәдыргылахьан. Ароль хада назыгӡоз еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа ирылыркаауан Вера Давыдова, Надежда Обухова, Елена Образцова, Тамара Синиавскаиа, Ирина Архипова.

Ишазгәарҭо ала, ари аопера адунеи зегь аҿы еицырдыруа иҟалеит иаҵоу агармониеи, иидеалтәу аоркестровкеи, музыка бызшәала адраматургиа иақәшәаны, ииашаҵәҟьаны азнагареи рыла. 1890 шықәсқәа инадыркны ари аопера изныкымкәа иҭарҩуан еиуеиԥшым аныҟәгагақәа рҟны. Жорж Бизе и-«Кармен» ашьаҭала иаԥырҵон еиуеиԥшым авариациақәа, урҭ ируакуп Радион Шьчедрин еицырдыруа ибалет «Кармен-сиуита».

Азԥхьаҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Афранцыз шәҟәыҩҩы Проспер Мериме, ановелла «Кармен» автор

1860-тәи ашықәсқәа рзы Жорж Бизе иҽазишәон асценатә рҿиамҭақәа раԥҵара, уи Римтәи апремиа далауреатын. Усҟан аҳәынҭқарратә ԥарала аус зуаз атеатр хадақәа (Парижтәи аопера, «Опера-Комик») аконсервативтә дунеихәаԥшышьа рыман, аҿар рхы аадырԥшыртә еиԥш алшара рырҭомызт. Жорж Бизе раԥхьаӡа ицәыригаз аоперақәа – «Абырлаш аԥшааҩцәа», «Перттәи аԥшӡа» роуп. Урҭ дырбанThéâtre Lyriqueru аҿы. Дара асцена ашҟа рцәырҵра алыршахеит акомпозитори аимпресарио Леон Карвалиои реибадырра иабзоураны. Аха усгьы, арҭ аоперақәа аҩбагьы қәҿиара дук рымамызт.

Афранцыз-пруссиатә еибашьра ашьҭахь Жорж Бизе арҿиаразы еиҳа илшарақәа ҭбаахеит, актк иҟаз уи иопера «Џьамиле» раԥхьаӡа акәны идырбан «Опера-Комик» аҿы 1872 шықәса лаҵара мзазы. Аспектакль 11-нтә ианыддырба ашьҭахь арепертуар ишалырхызгьы, атеатр Бизе иднаҵеит Анри Мелиаки Лиудовик Галевии ирыҩраны иҟаз алибретто ала, аопера ҿыц аԥҵара. Галеви уаанӡагьы далахәын Бизе иопера «Аҳақьым Миракль» аԥҵара, иара ихаҭагьы Бизе иԥҳәыс Женевиева лаб иашьа иԥа иакәын. Усҟантәи аамҭазы Мелиаки Галевии Жак Оффенбах иопереттақәа рзы иҩуа либреттистцәак раҳасабала еицырдыруан.

«Опера-Комик» аҟнытә иоуз анапынҵа игәы шышьҭнахыз мӡакәа, Бизе иҩыза Едмон Галабер иҭабуп ҳәа иеиҳәоит «имҩа аҳәаақәҵараҿы ацхыраара иҟаиҵаз» азыҳәан. Аопера ҿыц атематика ахцәажәара иалахәын Бизе ихаҭа, алибреттистцәа аҩыџьегьы, «Опера-Комик» ахадара. Атеатр ахьӡала ажәалагала ҟаиҵеит Адольф де Лиовен, аха уи мап ацәыркит. Бизе иоуп раԥхьа Проспер Мериме иновелла «Кармен» амотивқәа рыла аопера аԥҵаразы ажәалагала ҟазҵаз. Уи раԥхьаӡа акәны икьыԥхьын ажурнал Revue des deux Mondes аҿы 1845 шықәсазы. Иҟоуп агәаанагара, ари аԥҵамҭа анырра анаҭеит ҳәа 1852 шықәсазы Мериме афранцыз бызшәахь еиҭеигоз Александр Пушкин ипоема «Ацыганцәа». Иара Жорж Бизе иакәзар, раԥхьаӡа акәны уи ажәабжь аӡбахә иаҳазар ҟалоит 1858-и 1860-и шықәсқәа рыбжьара, Рим даныҟаз. Акомпозитор имшынҵақәа рҿы ишиҩуа ала, урҭ ашықәсқәа рзы уи Мериме иажәабжьқәа дрыԥхьон.

Иалоу ауаа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Апартиа Абжьы 3 марта 1875 ш. азы апремиераҿы анагӡаҩ

Адирижиор: Адольф Делофр

Кармен, ацыган ҭыԥҳа Амеццо-сопрано Селестина Галли-Марие
Дон Хозе, драгәынтәи аполк асержант Атенор Поль Лери
Есқамилио, атореадор Абаритон Жак Буи
Миқаела, Наваррантәи аԥҳәызба, Хозе изҳәаны итәоу Асопрано Маргарита Шапиуи
Цунига, драгәынтәи аполк акапитан Абас Ежен Диуфриш
Моралес, драгәынтәи аполк асержант Абаритон Едмон Диувернуа
Фраскита, ацыган ԥҳәызба Асопрано Алиса Диукасс
Мерседес, ацыган ԥҳәызба Амеццо-сопрано Есҭер Шевалие
Данкаиро, аконтрабандист Абаритон Пиер-Арман Потель
Ремендадо, аконтрабандист Атенор Барно
Лилас Пастиаиа, атаверна аԥшәма шәаҳәарада М. Натен (M. Nathan)
Амҩаԥгаҩ шәаҳәарада М. Тест (M. Teste)
Афицарцәа, асолдаҭцәа, ихылаԥшрадоу аҷкәынцәа, аҭаҭынтә фабрика аусзуҩцәа ҳәсақәа, аҿар, ацыганцәеи ацыган ҳәсақәеи, аконтрабандистцәа, атореадорцәа, апикадорцәа, ауаа рацәа

Аҵакы аазыркьаҿны[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иоригиналтәу аопера актәи ақәгылара, 1875 шықәсазы, алитографиа
Иоригиналтәу аопера актәи ақәгылара, 1875

Актәи ақәгылара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Севилиа, аҭаҭынтә фабрика азааигәара иаангылеит адрагәынцәа рескадрон. Асолдаҭцәа афабрикаҿы аус зуа, иара усгьы ииасны ицо аҭыԥҳацәа блала еимдо, иреилаҳаны ирыхәаԥшуеит. Адрагәын Хозе иԥшааразы арахь даауеит Миқаела, аха асолдаҭ Моралес илеиҳәоит Хозе даҽа ескадронк аҿы шакәу дахьыҟоу, илеиҳәоит урҭ иаарласны дара рыԥсахразы иаараны ишыҟоу, аамҭа еицаҳхаҳгап ҳәагьы налеиҳәоит. Миқаела уи мап ицәкны, ирласны дцоит (асцена «Sur la place, chacun passe»). Иаарласны аескадронқәа рҽырыԥсахуеит. Дцәырҵуеит Дон Хозе. Уи иԥылоит аҷкәынцәа рхор. Акапитан Цунига асержант Хозе иеиҳәоит аҭаҭынтә фабрика аҿы аус зуа аҭыԥҳацәа дышдыршанхаз атәы, аха Хозе уи иарбанзаалак зҿлымҳарак аиҭом – иара зегь иреиӷьишьо аӡӷаб димоуп - изҳәаны итәоу Миқаела (асцена «Avec la garde montante»).

Афабрика аҟнытә иааҩуеит аҵәҵәабжьы, аӡӷабцәагьы аԥсшьара аамҭазы амҩахь ицәырҵуеит. Рызегьы аҭаҭын сигарқәа рҿыҵакуп. Иаразнакала урҭ иаарыкәшоит ахацәа (асцена «La cloche a sonné»). Даацәырҵуеит зегь ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшу аҭыԥҳа – ацыган ҭыԥҳа Кармен. Иубоит уи ахацәа рыршанхара, рыблақәа лыдхаланы ианлыхәаԥшуа дшашьцылахьоу. Урҭ рцәаныррақәа рхыччара лара лгәалаҟазаара акыр ишьҭнахуеит. Кармен иналыгӡоит Хабанера. Зегьы шанханы илыхәаԥшуеит, аха лара илгәаԥхаӡом Хозе заҵәык изаҟаразаалак зҿлымҳарак ахьлыимҭо. Илку ашәҭ ыршәны ишьапы иаҵалыршәуеит. Дырҩегьых иааҩуеит аҵәҵәабжьы, аӡӷабцәагьы ццакны аусура ицоит (асцена «L’amour est un oiseau rebelle»).

Дхынҳәны дааиуеит Миқаела, уи Хозе ақыҭантәи изаалгеит асалам шәҟәи афатәқәеи. Хозе иан лыхьӡала дгәыдылкылоит. Рҩыџьегьы илах-ҿыхӡа, рцәаныррақәа еибырҳәоит. Хозе иан иаалышьҭыз асалам шәҟәы данаԥхьа, дышлықәшаҳаҭу аартны иҳәоит, аррантә даныхынҳәлак Миқаела ԥҳәысс дшиго атәы (асцена «Parle-moi de ma mère!»). Миқаела данцалакь ашьҭахь афабрика аҟнытә абжьқәа ааҩуеит. Иҟалаз уи ауп, Кармени афабрикаҿы аус зуа ԥҳәызбаки акы ааимаркын, Кармен аԥҳәызба лышҟа аҳәызба лҟьазаап! Акапитан Цунига Хозе идиҵоит иааныркылаз Кармен лыхьчара, ихаҭа лҭакразы аордер аагара дцоит (асцена «Tra la la…Coupe-moi, brûle-moi»).

Цунига иҟамзаара иалагӡаны Кармен иналыгӡоит Сегидилиа. Уи анагӡара аамҭа иалагӡангьы илылшоит Хозе ихыхра (асцена «Seguidilla: Près des remparts de Séville»). Цунига Кармен лҭакразы аордер иманы данаа, Кармен Хозе длыцхрааны дыбналоит, уи аҵыхәалагьы Хозе ихаҭа абахҭа дҭашәоит (асцена «Finale: Voici l’ordre; partez»).

Ҩымз рышьҭахь[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ҩымз рышьҭахь Липас Пастиа итавернаҿы асасцәа кәашарала ргәы дырҿыхоит Кармен лҩызцәа Фраскитеи, Мерседеси, лареи. Асасцәа дыруаӡәкуп акапитан Цунигагьы (асцена «Votre toast, je peux vous le rendre»). Уи иҳәоит Хозе абахҭаҿы иҿҳәара шихигаз, ичинқәа имхны дышсолдаҭыртәыз. Уажәазы ихы дшақәиҭу, ирласынгьы Кармен лахь даараны дшыҟоу. Ибаҩхатәра абзиабаҩцәа гәыԥҩык ицны атаверна дыҩналоит атореадор Есқамилио (асцена«Vivat! Vivat le torero!»). Уи инаигӡоит атореадор икуплетқәа. Кармен лгәыкреи лыԥшӡареи Есқамилио ибла хыркуеит, аха лара уи иҟаиҵо азҿлымҳара зынӡаскгьы хьаас илымам, дылҟәылцоит.

Асцена «Je vais danser en votre honneur…»

Атаверна абжьааԥнытәи асасцәа рзы ианадыркы ашьҭахь, уаҟа иаанхоит аконтрабандистцәеи ацыган ҳәсақәеи - Данкаирои, Ремендадои, Кармени, Фраскитеи, Мерседеси. Раԥхьатәиқәа рконтрабанда аҭыԥ ақәҵара рҭахуп, Фраскитеи Мерседеси урҭ ирыцхраауеит, аха Кармен мап ацәылкуеит рыцхраара. Уи бзиа илбаз Хозе иаара дазыԥшырц лҭахуп. Аконтрабандистцәа илыдыргалоит Хозе русқәа дрылалырхәырц (асцена «Nous avons en tête une affaire»). Хозе даауеит. Кармен иара изы ҷыдала дкәашоит (асцена «Je vais danser en votre honneur … La la la»), аха иаарласны харантәи игоит хәылбыҽхатәи агәаҭаразы аказарма ашҟа иԥхьо атруба абжьы. Уи, смаҵурахьы сыхнымҳәыр ҟалом ҳәа анлеиҳәа, Кармен иаахжәаны: «Сыбзиабара аҵкыс умаҵура еиҳа еиӷьушьоит, - ҳәа аҽԥныҳәа илҭоит. Иара акыргьы длакҩакуеит, асолдаҭ иуалԥшьеи абзиабареи деимаркуеит. Дуалыуашоит, Севилиа ашҭаҿы ишьапаҿы икалыршәыз ашәҭыц игәыдкыланы илырбо, ашәа иҳәоит (асцена «La fleur que tu m’avais jetée»). Ус иаарласны ихынҳәыз акапитан Цунига Хозе адҵа ииҭоит аказармахь дцарц азы. Хозе адҵа анагӡара мап ацәикуеит, иаҳәаԥсагьы ҭыхны диҿагылоит. Убасҟан дагьдезертирхоит, Кармени аконрабандистцәеи рҿы даанымхар ада ԥсыхәа имамкәа ихы ҭаиргылоит. Данкаирои Ремендадои Цунига иабџьар ихыхны ддәылганы дыргоит, уи џьара ишәарҭоу дыррак ҟаҵаны, рконтрабандатә планқәа дырԥырхагамхарц азы. Аконтрабандистцәа еицҿакны ирҳәоит - ргәамчхара шакәу дара рзы закәанс иҟоу (асцена «Finale: Holà! Carmen! Holà!»).

Ахԥатәи ақәгылара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахԥатәи ақәгылара афиналтә сцена (1917)

Аамҭа ԥыҭк набжьысхьеит, аҳәаа иацәыхарамкәа, ашьха еиҩхааҿы аконтрабандистцәа еиҭах рус иаҿуп. Хозегьы ара дыҟоуп. Аха Кармен Хозе иахь лцәаныррақәа хьшәашәхахьеит, тәамбашақә диацәажәоит, лқьышә днықәҵаны иан лахь ицара шаамҭоу иалҳәоит; Хозе ихаҭагьы зынӡаск игәы азнеиуам аконтрабандистра.

Хозе хылаԥшҩыс дааныжьны, аконтрабандистцәа аҳәаа ашҟа ицеит (асцена «Écoute, compagnon, écoute»). Фраскитеи Мерседеси амаца дырԥоит, Кармен урҭ днарыцлоит. Уи идырԥо рмацақәа рҿы лҩызцәа абеиареи абзиабареи рзыԥшуп, лара амацақәа рҿы илбоит лхаҭа лыԥсреи, иара убас Хозе иԥсреи (асцена «Mêlons! — Coupons!»). Аԥшыхәра аҟынтәи ихынҳәны иаауеит аконтрабандистцәа. Урҭ ишырҳәо ала, аҳәааҿы ирацәаҩуп аҳазылхратә солдаҭцәа, урҭ аԥыргатәуп. Ацыган ҭыԥҳацәа ирҳәоит дара асолдаҭцәа ишырцәымшәо, урҭ «рхыхрагьы шрылшо» (асцена «Quant au douanier, c’est notre affaire»)

Дышшәаӡыӡогьы, лгәы ԥсахны Хозе иԥшааразы ашьхарахь днеиуеит Миқаела. Илбоит уи Хозе аӡәы диеихсны, иҽшиҵәахуа (асцена «C’est les contrabandiers le refuge ordinaire»). Аха Хозе дзеихсыз изиқәмыршәеит, иаԥхьа даацәырҵит Есқамилио. Уи Хозе иеиҳәоит Кармен дышлышьҭо, иара убас Хозе иусқәа зегь шидыруа. Аиндаҭлаҩцәа неиҿагылоит раҳәызбақәа (рнавахақәа) ҭыхны, аха убри аамҭазы ихынҳәуеит Кармен дызцу аконтрабандистцәа. Кармен Хозеи Есқамилиои еиҟәылхуеит. Атореадор аконтрабандистцәа зегьы Севилиаҟа ацәқәа реисра ашҟа ааԥхьара риҭоит. Хозе ишҟа ихы нарханы: «Абзиабара згәаҵа иҭоу уахь днеиуеит», - ҳәа иҳәоит (сцена «Je suis Escamillo, torero de Grenade!»). Аконтрабандистцәа ртауар рыманы ицарц рҿанынархо, Миқаела дгәарҭоит. Уи Хозе дишьҭаланы дшааз атәы ралҳәоит. Кармен тәамбашақә, Миқаела дышиашоу, Хозе ара ишиҭыԥым атәы иалҳәоит. Аханатә Хозе ацара игәы иҭамызт, уи дықәхьан Кармен «игәаҟра ицеиҩылшартә» ишыҟаиҵо ала, аха Миқаела Хозе иан аԥсхыхра дшаҿыз аниалҳәа, длыцны дцоит. Аха иара убри аамҭазы дықәуеит, Кармен дыԥшааны, реицәажәара шыхиркәшо ала (сцена «Finale: Holà holà José!»).

Аԥшьбатәи ақәгылара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аопера афинал: «Сҭашәк! Уи сара дысшьит»

Севилиа ашҭа, ацәқәа реиндаҭлара азааигәараҿы. Аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Ашҭа уаа рацәала иҭәуп, урҭ ирылоуп Цунига, Кармен, Мерседес. Иаарыкәыршаны лахҿыхроуп; дааиуеит Есқамилио (сцена «Les voici! Voici la quadrille!»). Аныҳәа иалахәу ауаа игәырӷьо-хәмаруа уи иԥылоит. Есқамилиои Кармени бзиа ишеибабо еибырҳәоит. Атореадор арена ашҟа данцәырҵлак, Фраскитеи Мерседеси Кармен лгәы лҽынырҵоит Хозе дышлышьклаԥшуа ала, аха лара уи хьаас имкыкәа, иԥылара дшацәымшәо атәы ралҳәоит (сцена «Si tu m’aimes, Carmen»). Зегь аренахь ацәқәа рыхәаԥшра ицоит, Хозе Кармен дыԥшааны, лымҩа ааникылоит. Уи илгәалаиршәоит уаанӡа заҟа бзиа дылбоз, длыҳәоит ишҟа дхынҳәырц, лаӷырӡышла длашьапкуеит, аҵыхәтәаны, дагьлықәмақаруеит. Аха Кармендахьгылоу қәацарак ҟалҵом, лак-ҩакракгьы лнубаалом – Хозе илиҭахьаз амацәаз тәамбашақә иршәны, дивсны дцарц лҿыналхоит. Аха уи дмышьҭыкәа, ҳәызбала дишьуеит; ажәлар уи аамҭазы аренаҿы даҽа зныкгьы ацә иаиааиз атореадор идныҳәалоит. Ахәаԥшцәа арена аҟнынтә ихынҳәны ианааиуа аамҭазы, Хозе бзиа иибоз аԥҳәыс дшишьыз ала иҿы иқәшаҳаҭхоит. Уи дбаандаҩыртәуеит (асцена «C’est toi! — C’est moi!»)

Аԥҵара аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Алибретто аҩра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Анри Мелиак (Жиуль Ели Делоне ипортреҭ, жьҭ.. 1880)

Анри Мелиаки Лиудовик Галевии еиԥмырҟьаӡакәа шықәсқәак ари аоперазы алибретто аицыҩра иаҿын, русура еихшаны. Убас, Мелиак амузыка уиаҟара изааигәамызт азы абжьааԥны адиалогқәа иҩуан, Галеви иакәзар, ажәеинраалатә епизодқәа аԥиҵон. Уи аамҭазгьы урҭ аҩыџьагьы рырҿиаратә дует азы итрадициатәны иҟаз акомикатә пиесақәа хаз-хазы аус рыдулара. Бизе зыԥҵара иҽазишәоз адрама урҭ зынӡа акала иреиԥшымызт. Урҭ апиесақәа рыхьӡқәагьы рҟазшьа аадрыԥшуан: «Амаркиза хәыҷы», «Аҭыԥҳа гәызиан», «Аԥҳәысеиба Лулу». Аопера «Кармен» аус адулара ианалагаз арыцхә ииашаҵәҟьаны аӡәгьы издырам. 1873 шықәсазы Бизе иеиԥш, Мелиаки Галевии Париж иҟан, аибабара рылшон. Алибретто аԥҵан адиалогқәа рыла асценақәа еихшаны иахьыҟаҵоу ацәажәаратә опера (фр.бызшәала opéra comique), атрадициақәа ирышьашәаланы. Алибретто асиужет аспектқәак рҿы Проспер Мериме иновелла еиԥшымхо иалагеит. Убас, аоригинал аҿы ахҭысқәа аамҭа еиҳа ирацәаны ирыбжьысуеит, ажәабжь ахаҭа акәзар, ашьра зықәҵаны абахҭа иҭаку Хозе иҿала еиҭаҳәоуп. Иара убасгьы Мериме ишәҟәы аҿы Миқаела зынӡа дыҟаӡам, атореадор Ескамилио ицынхәрас ажәабжь аҿы дыҟоуп апикадор Лукас. Уи Кармен дхыихуеит аҟароуп шәымҭақәак, аха лара лахь бзиабарак иманы дыҟаӡам. Ажәабжь аҿы Кармен Гарсиа зыхьӡыз ахаҵа длыман, уи Хозе дишьит ианеисуаз. Амузыкаҭҵааҩы Мина Киортисс ишазгәалҭо ала, ановелла иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, Кармен лхаҿсахьа акырӡа ирыԥсахит, уи алибретто аҿы лҟазшьа еиҳа иҵауланы, еилыкка иҟамҵакәа, ажәабжь аҿы ишыҟаз иаанрыжьызҭгьы, агәарагара амаӡамкәа, «зынӡаск иҿаасҭаны» иҟалон.

Еилкаауп, раԥхьатәи арепетициақәа 1873 шықәса жьҭааразы ишазԥхьагәаҭаз. Бизе амузыка аҩра далагеит 1873 шықәса жьырныҳәа мза шыҟаз, актәи ақәгылара аус адулара хиркәшеит иара уи ашықәс аԥхынразы. Иҟалап уи аамҭазы аҩбатәи ақәгылара аиқәаҵәақәа азирхиахьазар. Убасҟан еиԥҟьарак ҟалеит, аамҭала аопера аус адулара аанкылан. Рыӡбахә ҳәан акымкәа-ҩбамкәа амзызқәа, урҭ ируакны иҟан ароль хада назыгӡо лыԥшаара ахьыуадаҩхаз, иара убас мзызс иаиуит аопера ақәыргылара иаԥсоу иаԥсаму ҳәа Камиль диу Локльи Адольф де Лиовени рыбжьара ицәырҵыз аҳәоуеиқәымшәарагьы. Де Лиовен дақәшаҳаҭмызт асиужет ас еиԥш ишыҟоу аопера ақәыргылара. Уи ишиԥхьаӡоз ала, уи асиужет ахәаԥшцәа ацәнаршәар ҟалон, избанзар ртеатр - ҭаацәаратә театруп. Усҟан Галеви агәра диргеит асиужет уиаҟара имҽыӷымкәа, адраматәра еиҳа еиҵатәны, афырԥҳәызба хада лҟазшьа еиҳа ирҟәымшәышәны ишыҟарҵо ала, асиужет дшаларгало «зегь рыла ицқьоу, амаркыц ҭыԥҳа қәыԥш» Миқаела. Ацыганцәа ракәзар, акомикатә ҟазшьа змоу персонажцәаны ишаадырԥшуа, аҵыхәтәаны Кармен лыԥсрагьы «триумф ҳасабла ауаа рацәа рныҟәарақәеи, абалети, илах-ҿыху абыкь асреи, аныҳәатә шыкьыбжьқәеи ацҵан ишыӡбахо. Адольф де Лиовенуи мап ацәкра дшаҟәыҵызгьы, 1874 шықәса алагамҭазы «Опера-Комик» аҟынтәи дықәҵит.

Лиудовик Галеви ( Ежен Пиру ифотографиа)

Жорж Бизе аопера аус адулара иациҵеит 1874 шықәса рзы. Аԥхынразы, уи Париж амҵан Буживале даныҟаз, 1200 даҟьа амузыка аиқәаҵәа ҳасабла иҩны далгеит. Апартитура оркестровка азыҟаҵара даҽа ҩымз иаҿын. Бизе ихаҭа уи алҵшәа даара игәаԥханы, иҩыза иахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы абас иҳәоит: «Сара иаԥысҵеит зегьы еилыкка, аԥсы ҭаны иахьыҟоу, ԥшшәы рацәалеи мелодиалеи иҭәу арҿиамҭа»! Арепетициақәа раан Жорж Бизе изныкымкәа амелодиа аԥсахра иқәшәон. Зны аоркестр анагӡаразы изалыршахом ҳәа иҟанаҵоз аҳәарала, даҽа зынгьы шәаҳәаҩцәак раҳәарала, амузыка аԥсахра иқәшәон иара убас атеатр анапхгара рыдҵалагьы. Аопера ақәыргылара ианаҿыз аамҭазы атеатр аҿы иҟаз аҭагылазаашьа даарак иманшәаламызт акомпозитор изы. Венсан д’Енди игәалашәарала, «Опера-Комик» ахадареи аперсонали Бизе «қәҿиара зқәашьым композиторны» дрыԥхьаӡон, «адиректор инаиркны аконсиерж иҟынӡа» «рыбӷа иеиадырхон».

Аопера амузыкатә драматургиаҿы акрызҵазкуа аҭыԥ аанныркылараны иҟан зшыкьбжьы цәгьоу, есааира инеи-ааиуа, хаҿырацәала еилаԥсоу ауаа. Аха акомпозитор иихәыцыз ари асценатә еффект, «акомикатә опера» атрадициақәа иахьрышьашәаламыз иахҟьаны, ирыдрымкылеит, амузыкарҳәаҩцәеи актиорцәеи рганахьалагьы аҿагылара аиуит. Лассы-лассы арепетициақәа ирҭаауаз д”Енди ишиҩуаз ала, ибзиахәыз, аха иҵакыдаз атеатр атрадициақәа ирыдгылоз диу Локль изгәаҭомызт иҿыцыз, аинтерес зҵаз акомпозитор иазгәаҭарақәа ( иаҳҳәап, актәи ақәгылараҿы ахор асценахь иаразнак акәымкәа, хәҭа-хәҭала рцәырҵра).

1875 шықәса хәажәкыра 16 рзы, апремиера ашьҭахь 13 мшы анҵы ашьҭахь Галеви иҩуан аопера арепетициақәа анымҩаԥысуаз, даара еиуеиԥшымыз ацәаныррақәа дшеимаркуаз атәы. Азныказы артистцәеи иареи амузыка «иҭынчымкәа, еилахәазшәа» рбон. Аха есааира ақәыргыламҭа алахәцәа еиҳа-еиҳа еилыркаауа иалагеит «даара азҿлымҳара змоу, иҷыдоу апартитура» ахьынӡабеиоу иоригиналтәу аидеиақәа рыла. Аҵыхәтәантәи арепетициақәа ракәзар, «зынӡа иссирын»: «Ахәаԥшцәа раҳасабала иҟаз еснагьтәи аҭааҩцәа ракәын, урҭ зегьы хымз-ԥшьымз рҟынӡа иааиԥмырҟьаӡакәа ари амузыка аҩнуҵҟа иахьынхоз азы уи аԥшӡарақәа зегьы рныруан. Ҳарҭ зегьы инагӡаны агәра ганы ҳаҟан раԥхьатәи ақәгылара хәылԥазы шыссирхоз. Аха иааг!...»

1875 шықәса хәажәкыра мзазы Бизе икьыԥхьит авокалтә партитура. Аҭыжьымҭа Choudens иаанахәаз жьырныҳәамзатәи аверсиа иадкыланы уахәаԥшуазар, уи аҿы иубартә иҟан акрызҵазкуа аԥсахрақәа. Иара убас аԥсахрақәа ҟаҵан апремиера аан ицәыргаз адирижиортә версиаҿгьы, абасала, аҵыхәтәантәи авариант ыҟаӡам. Уи иахҟьаны Бизе игәҭакыҵәҟьа зеиԥшраз аганахьала, амузыкаҭҵааҩцәа рыбжьара аимак-аиҿакқәа иахьа уажәраанӡагьы ицәырҵуеит. Ишдыру еиԥш, Бизе убасгьы иԥсахит алибретто, уи ихатә жәеинраалақәа ациҵеит, насгьы репликақәак реишьҭагылашьагьы иԥсахит, избанзар Галевигьы, Мелиакгьы Мериме иновелла аҵакы рзеилымкааит азы аоригинал акырӡа ирыԥсахит ҳәа иԥхьаӡон. Уи Кармен илҳәо Хабанера атекст иԥсахит, насгьы иԥсахит ахԥатәи ақәгылараҿы амаца ахьдырԥо асценаҿы ароль хада ихәмаруа лажәақәагьы (асцена «Mêlons! — Coupons!»). Иара убас актәи ақәгылараҿы Сегидилиа алагамҭа даҽазнык иҩит.

.Акомпозитор ари аопера апартитура изикит адирижиор Жиуль Падл, абас еиԥш иҟаз ажәақәа анҵаны: «Схәыҷқәа рыԥшьҩыкгьы рыхәԥҳа узы».Иҟалаз уи ауп, Падл Бизе исимфониатә рҿиамҭақәа ԥшьба: Скерцо, асимфониа «Рим», асиута «Арлезианка», иара убас аувертиура «Аԥсадгьыл» раԥхьаӡатәи рынагӡаҩ иакәын.

Аперсонажцәа рҟазшьадырга[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аопераҿы аперсонажцәа реиҳараҩык (хаҭала, асолдаҭцәа, аконтрабандистцәа, Миқаела, Ескамилио уҳәа) итрадициатәу ацәажәаратә опера азыҳәан итиптәқәоуп. Хозеи Кармени зынӡаск даҽаӡәқәоуп. Урҭ ижьышуа ақәылаҩи принцип змам агьангьаш ԥҳәыси рҟнытә рхаҿсахьақәа еиҳа иртатаны, Џьакомо Пуччини иҟазшьарбагоу аверизм астиль ала ишыӡбогьы, уи ажанр аҳәаақәа ирҭаӡаӡом. Уинтон Дин ишиԥхьаӡо ала, аопера аперсонаж хадас иҟоу Дон Хозе иоуп: «Ҳара ҳзызҿлымҳау Кармен лразҟы акәӡам, иара иразҟы ауп». Жорж Бизе имузыка инаҵшьны иаҳнарбоит аспектакль мҩаԥысуанаҵы, Хозе зыламыс цқьоу асержант иҟнытә дуаҩшьыҩны дшыҟало. Аопера афырхаҵа хада – персонаж заҵәыкуп, зхаҿсахьа аспектакль аҿы аԥсихологиатә, амузыкатә-драматә ҿиара зауа. Ақәгылараҿы уи ивокалтә партиа иаҵоу аеқспрессиа еиҳа-еиҳа иазҳауеит. «Гроув имузыкатә жәар» аҿы ишазгәаҭоу ала, « адрама афырхаҵа хада иеволиуциаҿы иаарԥшу аҟазара – лабҿаба шаҳаҭра ауеит Бизе иопера ашедеврқәа ишрыҵаркуа ала. Хозе иаамҷыдахаз егьырҭ аперсонажцәа рхаҿсахьақәа ус еиԥш аизҳара рымаӡам, урҭ ауаҩытәыҩса иҟазшьаҿы иҳәаақәҵоу ганк аазырԥшуа хаҿсахьа-символқәаны иҟоуп. Абасала, аопера аперсонажцәа шамахамзар рҽырыԥсахӡом: «Урҭ аиндивидуалтәра рыҭаӡам, идеиақәаны ауп ишцәырго – ахаҵеи аԥҳәыси – урҭ еиуеиԥшым рнырԥшра (Цунига – амчра, Тореадор – ақәҿиара, Хозе – зегь зымҽхазкуа ахатәы цәанырреи ахыбаареи, Кармен – иабсолиуттәу ахақәиҭра агәаҳәара)».

Дин игәаанагарала, Кармен лхаҿсахьа «излагәылырҭәаау агәаӷьреи афаталтә хәыцшьеи амузыкаҿы ишашаӡа иахьаарԥшу иабзоураны, иарбанзаалак гьамадарак узаҵбаауам». Даҽа музыкаҭҵааҩык, Мина Киортисс лгәы азҩоит, Бизе имузыкаҿы иаԥиҵаз Кармен лҟазшьа ишаныԥшуа автор иҭаацәаратә ҭагылазаашьа имнахыз, аха ихаҭагьы изымдыруа ҩныҵҟала имоу ахақәиҭратә гәаҳәара». Гарольд Шонберг ишиԥхьаӡо ала, Кармен – Дон Жуан ԥҳәыстә версиоуп. Уи аԥсра еиҳа дақәшаҳаҭхоит, лара лзы акрызҵазкуа лдунеихәаԥшышьа аԥсахра аасҭа.

Асоветтә музыкаҭҵаараҿы Кармени Хозеи рконфликт - акласстә позициа аганахьала иахәаԥшуан. Убас, Борис Асафиев иҩуан, аопера ҵакыс иамоу Кармен илымоу акласстәи аетикатәи мчы ҵаулеи Хозе инхаҩратә, ихазхатәратә ԥсихикеи реиҿагылара ауп ҳәа. Уи игәаанагарала, Бизе иаԥиҵеит зыԥсҭазаара ақәҵаны, Хозе имчымхаралатәи иегоизм мап ацәызкуа, ҳаԥхьаҟатәи адунеи иатәу, иҿыцу аԥҳәыс лхаҿсахьа шаша. Асафиев иазгәеиҭон Кармени Шеқспир и-«Отелло» аҟнытә Дездемонеи рхаҿсахьақәа маҷк реизааигәара. Здраматә ҷыдарақәа рыла даҽакы иузадымкыло Кармен лхаҿсахьа анагӡаразы иаҭахуп еиҭаҳәашьа змам абаҩхатәра ду. Уи аҭагылазаашьа лассы-лассы ицәырнагоит Кармен лроль назыгӡо ашәаҳәаҩ лыԥшаара иадҳәало апроблемақәа. Иаҳҳәап, Мариа Каллас, Кармен лпартиа шҭалҩызгьы, ахәаԥшцәа рҿаԥхьа уи лроль зныкгьы иналмыгӡаӡеит. Хьиу Макдональд ишиԥхьаӡо ала, афранцызтә операҿы ахааназ иҟамызт Кармен леиԥш заџьал ҳәаақәҵоу аԥҳәыс лхаҿсахьа, Франциа анҭыҵ уи илыдукылар ҟалоит Саломеиа - Рихард Штраус иопера аҟнытә, иара убас Лулу - Альбан Берг иопера аҟнытә.

Идыруп, Жорж Бизе еснагь тәамбашақә дшазыҟаз атореадор Есқамилио изы ииҩыз амузыка. «Ирҭахыз ауп ироуз», - иҳәон уи аӡбахәала. Дин иажәақәа рыла, «амц ахьыҵәаху амузыкаҿы акәӡам, аҟазшьаҿоуп, Миқаела лпартиақәа рзы иҩу амузыка акәзар, акритикцәа уи ирҿиамҭақәа иреиԥшуп ҳәа ишырыԥхьаӡоугьы, «Шарль Гуно ифырԥҳәызбацәа зегьы раасҭа хараӡа еиҳау амч амоуп».

Ақәыргыламҭақәа рҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Анагӡаҩцәа ралхра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Селестина Галли-Марие — Кармен лпартиа раԥхьаӡатәи анагӡаҩ

1873 шықәса аԥхынразы Кармен лроль назыгӡашаз ашәаҳәаҩ лыԥшаара иалагахьан. Апрессаҿы лассы-лассы лыхьӡ рҳәон Зульма Буффар. Иҟалап уи Кармен лроль анагӡаразы лалхра алиббретистцәа еиҳа еиӷьыршьозар. Буффар Жак Оффенбах ирҿиамҭақәа рҿы ароль хадақәа рацәаны иналыгӡахьан, аха Камиль диу Локль уи Бизе иопера данаалом ҳәа иԥхьаӡеит. Абҵара мзазы ароль хада лыдыргалеит «Опера-Комик», Парижтәи амилаҭтә опера, иара убас Лондон уҳәа лықәгыларақәа рыла еицырдыруаз Мари Розе. Розе иаразнак ароль мап ацәылкит, асиужет ала Кармен асценаҿы дшыԥсуа анылдыр. Уаҟа ианрықәымҿиа, аспектакль авторцәа Селестина Галли-Марие лыҿцәажәара хацдыркит. Аиҿцәажәарақәа мызқәак имҩаԥысуан. Аҵыхәтәаны ашәаҳәаҩи диу Локльи еиқәышаҳаҭхеит. Галли-Марие асиужет арԥшқара аҭахӡам ҳәа Бизе имаз агәаанагара дақәшаҳаҭын. Ишдыру еиԥш, атеатр анапхгара асиужет еиҳа арԥшқаразы автор ишидыргалозгьы. Арепетициақәа анцоз, ишырҳәоз ала, ашәаҳәаҩи Жорж Бизеи рыбжьара ицәырҵит ароман.

Ахаҵа ироль хада – Дон Хозе ироль анагӡара идырҵеит «Опера-Комик» аҿы иҩаҵхахаз, ааигәа уаанӡа Лео Делибеи  Жиуль Масснеи рспектакльқәа рҿы иқәгылоз аеҵәа ҿыц Поль Лери. Есқамилио ироль анагӡаразы иҭан Бельгиатәи абаритон қәыԥш Жак Буи. Буи усҟан инаигӡахьан Шарль Гуно иопера «Фауст» аҿы Мефистофель ироль, иара убасгьы далахәын Вольфганг Амадеи Моцарт иопера «Фигаро ичара». Миқаела лроль анагӡаразы иалхыз Маргарита, дышқәыԥшызгьы, Лондонтәи атеатр Друри-Леин аҿы қәҿиарала апартиа хадақәа налыгӡон. Аимпресарио Џьеимс Генри Меиллсон иидыруаз ашәаҳәаҩцәа зегьы рҟнытә зегь реиҳа агәыкра зҵоу ҳәа даликаауан.

1875 шықәсазы  Journal amusantf аҿы икьыԥхьыз аопера аиллиустрациа

Апремиера[аредакциазура | акод аредакциазура]

Арепетициақәа 1874 шықәса жьҭаара мзазы иахьзаламгаз, убри аҟнытә аханатә иазԥхьагәаҭаз аамҭа акыр инахысны иахьхыркәшахаз иахҟьаны, апремиера аҿҳәара наскьагахеит. Аҵыхәтәантәи арепетициақәа қәҿиарала имҩаԥысит, уи иабзоураны апремиера азгәаҭан 1875 шықәса хәажәкыра 3 рзы. Уи амш аҽны Жорж Бизе ианашьан Ҳаҭыр зқәуалегионтә орден. Апремиера аан дирижиорс дыҟан Адольф Делофр. Раԥхьатәи ақәгылара иаҭааит  Массне, Оффенбах, Делиб, Тома, Лекок, д’Энди , Гуно. Аҵыхәтәантәи иазгәеиҭеит Миқаела лариа азы амузыка Бизе иара иҿы ишиӷьычыз. Зыхьӡ азгәаҭоу акомпозиторцәа ирҷыдангьы, апремиераҿы иҟан еицырдыруа ауаа: адирижиор Жиуль Падлу, ашәҟәыҩҩцәа Альфонси Эрнести Додие, Александр Диума (аԥа), Лиудовик Галеви, аскульптор, аҭауад Паоло Трубецкой. Ахәаԥшцәа дыруаӡәкын Пиотр Чаиковски иҵаҩы, иҩыза  Владимир Шиловски. Уи аопера амузыкатә ҩаӡара убриаҟара агәахәара инаҭеит, иаразнакҵәҟьа аурыс композитор изишьҭит иҿыцны иҭыжьыз «Кармен» аклавир.

Алиббретист Галеви иҩыза иахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы еиҭеиҳәоит аопера инаҭаз анырра. Уи иазгәеиҭоит актәи ақәгылареи аҩбатәи ақәгылара актәи ахәҭеи ахәаԥшцәа иԥханы ишрыдыркылаз атәы. Аха атореадор иариа ашьҭахь азал аҟнытә хьшәашәарак уныруа иалагеит. Ахԥатәи ақәгылараҿы Миқаела лариа заҵәык ауп рнапы ззеинырҟьаз, аҵыхәтәаны азал аҿы зынӡаск иҭынчран. Бизе игәшәы-мшәа зҳәоз аӡәык-ҩыџьак иҩызцәа ракәын. Даниель Галеви (алибреттист иԥа) ишиҩуаз ала, апремиераҿы иҟаз ахәаԥшцәа «рҽеиҩыршеит, амузыка иаргачамкны, асиужет ареалра иаршанханы». Ԥыҭрак ашьҭахь акритик Ернест Ниумен иазгәеиҭон, агәыԥша-хыԥшаара зҟазшьоу ахәаԥшцәа аршанхеит имҩаԥысуаз ахҭысқәа рреалтәра, аперсонажцәа реиҳараҩык рсоциалтә ҭагылазаашьа алаҟәреи рмораль аԥсыҽреи ҳәа. Бенџьамен Годар иажәақәа рыла, Бизе ианидиныҳәала, уи иаахжәаны аҭакс: «Иумбаӡои, арҭ абуржуаа дара рзы изҩыз сусумҭа аҟнытә инареицәоу ажәакгьы шырзеилымкааз?» - ҳәа шиеиҳәаз. Жиуль Массне иакәзар, Бизе идныҳәало, изишьҭыз анҵамҭаҿы иҩуан: «Насыԥ ду шәымазароуп уажәы – ари қәҿиара дууп!»

Адырҩаҽны апремиера иазкны апрессаҿы жәа ҟәандак анырымҵеит: агәаанагарақәа зегьы агәкаҳареи ақәыӡбареи рыбжьара акәын иахьыҟаз. Аконсервативтә критикцәа аԥҵамҭа ианыԥшуаз «авагнеризмра» иазашшуан, аха ақәыӡбарақәа зегьы реиҳарак зыдҳәалаз Кармен лхымҩаԥгашьа, уи дыԥхамшьа-хыхҩны дахьаарԥшыз акәын. Критикк Галли-Марие иаалырԥшыз ахаҿсахьа зынӡаскгьы «агра бааԥсқәа зегьы ирдыргоуп» ҳәа дахцәажәеит. Уи лынагӡашьа иазкны газеҭк аҿы абас еиԥш ирыҩуан: «Заҟа ииашоузеи, аха изакәытә ҭыӡшәоузеи!» Егьырҭ ари ақәыргыламҭа усҟантәи аамҭазы зрепертуар традицианы иҟаз, Даниель Обери Франсуа-Адриена Бульадиеи рықәыргыламҭақәа ирҿырԥшны, «Кармен» урҭ зынӡаск иахьреиԥшымыз азы иақәыӡбон. Леон Есқиудие ажурнал L’Art Musical  аҿы абас еиԥш иҩуан: «Игәырҿыӷьгоуп, имамиқәароуп… аахан иҟамло ушазыԥшу улымҳақәа ааԥсоит». Иубон, Бизе ишилымшаз ари аопера Оффенбах ирҿиамҭақәа (урҭ ирыҿдырԥшуан, избанзар алибретто зҩыз рыхьӡқәа уаанӡа уи акомпозитор ихьӡ акәын изыдҳәалаз), мамзаргьы Вагнер идрамақәа (ус иҟаз дреиуан акритик Адольф Жиулиен) иреиԥшхоит ҳәа иазыԥшыз ргәыӷрақәа рынагӡара. Егьырҭ лассы-лассы иуԥылоз ареценциақәа рҿы иаабоит:

Аповест аҿы Кармен лҭахара иаанаго, иҟалҵахьаз ацәгьаурақәа зегьы рзы ақәнага лаақәыршәароуп. Уи Хозе дымҩахҟьаны ацәгьаура мҩа дықәылҵоит. Уи лыԥсра - лымшала иҭахаз зегьы ршьауроуп; араҟа акәзар (аопераҿы), зынӡа даҽакала иҟоуп, Кармен изаҟаразаалак акы лхараны даарԥшым. Акызаҵәык, аҳәса рахь инамыцхәны згәы зыхо асолдаҭ лхы бзиа иахьилырбаз мацара ауп харас илымоу. Лара хара змамкәа иҭархоу аӡә лакәны даарԥшуп, ацәгьауаҩыҵәҟьа – лара дызшьыз иоуп. Скромные матери, почтенные отцы семейства! С верой в традицию вы привели ваших дочерей и жен, чтобы доставить им приличное, достойное вечернее развлечение. Что испытали вы при виде этой проститутки, которая из объятия погонщика мулов переходит к драгуну, от драгуна к тореадору, пока кинжал покинутого любовника не прекращает её позорной жизни.

Аҵыхәтәантәи ахҳәаа зеиӷьаҭам ала иунарбоит усҟантәи аамҭазы акритикцәа Бизе ирҿиара заҟа ирзымдыруаз, иагьырзеилымкаауаз. Акомпозитор ибиограф Анна Хохловкина илыҩуан: «Еилкаам араҟа акритикцәа зыӡбахә рымоу. Иҟалап, арецензиа автор «Арлезианкеи» «Кармени» еилаҵаны дрыхцәажәозар, аха уигьы егьигьы издырӡом». Акритикцәа рыбжьара иҟан Бизе иопера иадгылақәазгьы: апоет Ҭеодор де Банвиль гәахәарылеи напеинҟьаралеи идикылеит аопера, иагьазгәеиҭон, «абыржәоуп амарионеткақәа рцынхәрас, асценаҿы иреалтәу аҳәсеи ахацәеи анаҳдырбаз» ҳәа. Уи аҭакс  «аопера иазкны ииҩыз «ухызхуа астатиазы» иҭабуп ҳәа иаҳәо, акомпозитор уи изишьҭыз анҵамҭа абас еиԥш аниҵеит: «Сара агәадура ду снаҭоит иахьсылшаз ас еиԥш иссиру афантазиа агәаҳәара аҭара». Хәажәкыра 10 рзы Камиль Сен-Санс Бизе изишьҭит абас еиԥш зныз анҵамҭа: «Аҵыхәтәан, сара избеит «Кармен». Аиаша шәасҳәоит, иссируп ҳәа исыԥхьаӡоит». Уи аҭакс Бизе иҩуан, «Кометонааи, Лозиерааи уҳәа егьырҭ аҟамлақәеи ицәа анихырхуа аамҭазы, «ламыс цқьа злоу асахьаҭыхҩы инапы аҵаҩны иааишьҭыз» ахҳәаа ҳәаа амамкәа игәы шышьҭнахыз атәы: «Насыԥ змоу, гәадурала иҭәу уаҩны сҟауҵеит, гәыкала усгәыдсыҳәҳәалоит» !

Емилиа Амбр Кармен лроль аҿы. Едуард Мане иҭыхымҭа (1880)

Арҿиамҭа «Опера-Комик» аҿы раԥхьатәи арбара ажиотаж дук цәырнамгаӡеит; «Кармен» ақәыргылареи акырӡа еиҳа ақәҿиара змаз Џьузеппе Верди и-«Реквием» ақәыргалареи аамҭакала еиқәшәеит. Аиҿкааҩцәа хыԥхьаӡара рацәала абилеҭқәа ҳамҭас ахәаԥшцәа ианырзыршозгьы, азалқәа бжеиҳан иҭацәын. 1875 шықәса рашәара мза 3 рзы, ашьжьымҭан Жорж Бизе иаалырҟьан иԥсҭазаара далҵит, игәыхь иахҟьаны. Усҟантәи аамҭазы аопера «Кармен» 33-нтә ахәаԥшцәа иддырбахьан. Уи иԥсҭазаара иалҵра иахҟьаны, аамҭа кьаҿк иалагӡаны акәзаргьы, аопера ашҟа ауаажәларратә зҿлымҳара акыр иазҳаит, атеатртә сезон нҵәаанӡа. 1875 шықәса абҵара мзазы аопера арепертуар ашҟа ирхынҳәын, уи аоригиналтә нагӡара ала даҽа 12-нтә идырбан. Абасала, аопера 48-нтә иддырбеит. Дук мырҵыкәа апремиера ашьҭахь иахәаԥшыз Иван Тургенев ари аопера анырра ӷәӷәа инаҭеит. 1875 шықәсазы Бизе иаамҭанымкәа иԥсҭазаара дахьалҵыз игәы иалсны, уи исалам шәҟәқәа руак аҿы иҩуан: «Гуно и-«Фауст» аамышьҭахь Франциа ицәырҵхьо зегьы рҟнытә - ари аопера зегь реиҳа иоригиналтәуп» ҳәа. 1876 шықәса жьырныҳәа 8/20 рзы имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи аспектакльқәа рҿы дыҟан Пиотр Чаиковски, иашьа Модест Чаиковски дицны. Ашьҭахь Модест Чаиковски иҩуан: «Шамахамзар исымбацызт сашьа атеатртә қәгылара абасҟак игәы архыҭ-хыҭуа!» ҳәа. Аурыс композитор ари аопера аклавир Шиловски иҟнытә ианиоу инарҵауланы иҭиҵааит. 1880 шықәсазы Надежда фон Мекк лахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы уи дгәырӷьаҵәа абас аопера дахцәажәоит:

Бизе иопера - шедевруп. Уи, епоха дук иҟанаҵоз амузыкатә ҽазышәарақәа ӷәӷәаӡаны изныԥшуа, зеиԥшыҟам акык-ҩбак арҿиамҭа лыԥшаахқәа ируакуп. Жәабаҟа шықәса рышьҭахь «Кармен» адунеи аҿы зегь реиҳа еицырдыруа операны иҟалоит… П.И.Чаиковски.

1880 шықәсазы Чаиковски иашьа ишҟа иҩуан, аопера ахы инаркны аҵыхәанӡа ишихәмарыз, иара убасгьы « мцабзны сгәаҿы дырҩегьых иҿыцны ицәырҵит ари аопера ссир ашҟа абзиабареи аџьашьареи» ҳәа. Убасҟан уи ихаҿы иит «ари аопера ҳаамҭазы зегь иреиҳау лирикатә-драматә рҿиамҭазар ҟалап» ҳәа ахшыҩҵак зныԥшуаз астатиа аплан. Аха уи астатиа џьаргьы икьыԥхьӡамкәа иаанхеит, автор уи аҩразы иԥышәа азымхар ҳәа дахьшәоз иахҟьаны. Аха иашьа иахь ииҩыз ашәҟәы аҿы аурыс композитор, Бизе «уацәымшәакәа, игениалтәу композиторуп» ҳәа изуҳәар шалшо азгәаҭо, иҩуан: «Bizet  - зшәышықәса агьама абжьысра азгәазҭо, игениу композиторуп ҳәа изуҳәар алшоит, аха уи мцы злам ацәанырреи агәаҳәареи рыла дырԥхоуп». 1883 шықәсазы иҩу исалам шәҟәы аҿы уи игәалаиршәоит уаанӡа Александр Серов и-«Иудифь» ашҟа имаз абзиабара шаԥсахыз «Бизе иопера ашҟа изцәырҵыз алаԥсра аҟынӡа дназго, ацәанырра ду изцәырҵыз, «абар хымшуп уи дааҟәымҵӡакәа ахы инаркны аҵыхәанӡа иаирҳәоижьҭеи».

Егьырҭ ақалақьқәа рҿы дырбареи ақәыргыламҭа арҿыцреи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Акомпозитор Ернест Гиро  иаԥиҵеит аречитативқәа зцу аопера авариант

Жорж Бизе иԥсра дук бжьамкәа инапы аҵаиҩит «Кармен» Венатәи аҳәынҭқарратә операҿы ақәыргыларазы аконтракт. Акомпозитор иҩыза Ернест Гиро адиалогқәа аречитативқәа рыла иԥсахит. «Кармен» аопера ду аԥшра аиуит, уи аҩбатәи ақәгылара аҿы ицәырҵит Бизе ирҿиамҭа «Арлезианка» амузыка шьаҭас измаз абалеттә сцена. Ас еиԥш иҟаз адаптациа аҟаҵара аан апрозатә диалогқәак ркьаҿтәхеит, уи, асоветтә музыкаҭҵааҩы Иван Соллертински ишазгәаиҭо ала, «уамашәа ихшыҩркны иҩу аоперазы алибретто» аҿы ицәырнагеит џьарак-ҩыџьарак асиужеттә еиқәымшәарақәак.

Вена раԥхьатәи арбарақәа раламҭалазы австриауаҩ Франц фон Иаунер аоригиналтә диалогқәеи Гиро иверсиа аҟнытә аречитативқәеи еилаҵаны иаԥиҵеит еилаӡҩоу аверсиа. Ус еиԥш иҟаз ақәыргыламҭақәа анаҩс ашәышықәса зегьы аларҵәара бзиа роуит.

Жорж Бизе иопера раԥхьатәи авариант иаҿырԥшны аԥсахрақәа шыҟазгьы, 1875 шықәсазтәи Венатәи ақәыргыламҭа ақәҿиара ду аиуит. Аҭыԥантәи ахәаԥшцәа аопера даара иԥханы иахьрыдыркылаз адагьы, аопера арҽхәаратә хҳәаа аиуит Рихард Ванери Иоҳанесс Брамси рҟнытә. Аамҭак ицаныз иколлегацәа аӡәырҩы ирызкны иҟаиҵоз иҳәамҭа мҽыӷқәа рыла еицырдыруаз Вагнер - афранцыз композитор иусумҭа абас еиԥш дахцәажәеит: «Анцәа иџьшьаны, аҵыхәтәаны дцәырҵит зхы аидеиақәа ҭоу ауаҩы!». Брамс иакәзар, еицырдыруа Вагнер имузыкатә ҿагылаҩы, аопера 20-нтә дахәаԥшхьан. Уи иҳәон: «Адгьыл аҵыхәанӡагьы сцон Бизе игәыдкыларазы» ҳәа. Уи 1882 шықәсазы Фриц Зимрок иахь ишиҩуаз ала, Брамс даара иҭахын аопера апартитура аиура, аамҭала акәымкәа ихатәны: «Даара исҭахын исымазарц, избанзар уи, ииашаны, иссиру рҿиамҭоуп, сара сзы даара акыр иаԥсоуп, азҿлымҳара дугьы амоуп».

Венатәи атриумф ала иалагеит аопера адунеитә хьӡы-ԥша ашҟа ахалара. Анаҩс, 1876 шықәса жәабран мзазы иҟан Бриуссельтәи атеатр Ла Монне аҿы аопера дырбара, шықәсык ашьҭахь ари аопера уи атеатр еснагьтәи арепертуар иаларҵеит. Галли-Марие ароль хада налыгӡон. Уи ашьҭахь Лондонтәи Лара Лаҳаракыра атеатр аҿы иалыршан ари аопера ақәыргылара. Уаҟа акыр шықәса Кармен лроль налыгӡон Минни Хаук. Ақәҿиара ду аиуит иара убасгьы Дублинтәи Лара Лаҳаракыра атеатр аҿы инагӡаз аопера италиатәи аверсиа. Даҽа қәыргыламҭак, Британиа Ду аҳҭны қалақь атеатр Ковент-Гарден аҿы иаҟәыхын Аделина Патти ароль мап анацәылк ашьҭахь. 1876 шықәса жьҭаарамза 23 рзы Ниу-Иорктәи Амузыкатә академиаҿы имҩаԥысит аопера апремиера. Анаҩстәи хәышықәса рыҩныҵҟала ари аопера ықәыргылан европатәии америкатәии атеатрқәа рҿы ирацәаны, Урыстәылагьы уахь иналаҵаны.

1883 шықәсазы аопера еиҭашьақәдыргылеит «Опера-Комик» арепертуар аҿы. Апартиа хада налыгӡон Адель Изаак. Асиужет иаиуз аԥсахрақәа ирылҵшәаны, аоригиналтә қәыргыламҭаҿы аимак-аиҿак зхылҿиаауаз ашәымҭақәа зегьы амхын. Уи азы акритикцәа Карвалио даара иқәыӡбеит. Урҭ ишырыԥхьаӡоз ала, уи иқәиргылеит «ашедевр апародиа»; аха ус шакәызгьы, ахәаԥшцәа аопера гәахәара дула ирыдыркылеит. Акритикцәа рзеиӷьашьарақәа азгәаҭаны, ашьҭахь Карвалио ипозициа даҽа блакала дахәаԥшит, уи Галли-Марие ароль хада дахьыхәмаруаз 1875 шықәсазтәи ақәыргыламҭа дазыхынҳәит. 1894 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ароль хада налыгӡеит Емма Кальве.

Адунеизегьтәи ақәҿиара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ирина Архьипова (Кармен) ,  Владислав Пиаявко (Хозе) Большои театр аҿы (1972)

Урыстәыла раԥхьаӡа акәны аопера «Кармен» дырбан 1878 шықәса жәабран 16 рзы Санкт-Петербург Большой Каменный театр асценаҿы (аспектакль назыгӡоз италиатәи атруппа акәын). Быжьшықәса рышьҭахь, 1885 цәыббра 30 рзы Мариинтәи атеатр аҿы имҩаԥысит раԥхьатәи аспектакль. Москва раԥхьаӡа акәны аопера «Кармен» дырбан 1898 шықәса абҵара 27 рзы Большои театр аҿы; уи ақәыргыламҭа режиссиорс даман Антон Барцал, дирижорс – Ипполит Альтани, Кармен – Елизавета Азиорскаиа. Цунига ипартиа наигӡон акомпозитор Игор Стравински иаб – Фиодор Стравински. 1922 шықәса лаҵара 15 рзы «Большои» асценаҿы ицәырыргеит ақәыргыламҭа ҿыц, уи напхгаҩыс даман адирижиор Виачеслав Сук; 1924 шықәсазы араҟа раԥхьаӡа акәны апартиа хада налыгӡеит Мариа Максакова. Иаарласны Урыстәыла ари аопера зегь реиҳа ирпертуартәны иҟалеит. Убас, 1890-тәи ашықәсқәа рзы аопера қәҿиара дула ицон апровинциатә театрқәа жәпакы рҿы - Казань, Саратов, Киев, Пермь. Иазгәаҭатәуп, 2019 шықәсанӡа иҳаԥхьаӡозар, Бизе иопера Большои театр асценаҿы мацара жәантә иқәыргылан!. Аҵыхәтәантәи апремиера мҩаԥысит 2015 шықәса ԥхынгәы 15 рзы (арежиссиор Алеқсеи Бородин, адирижиор Ҭуӷан Сохьиев, Кармен – Гәында Кулаева). Апартиа хада назыгӡахьоу Урыстәыла еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа рҟнытә иалыркаауеит Вера Давыдова, Надежда Обухова, Елена Образцова, Ҭамара Синиавскаиа, Ирина Архьипова. 1908 шықәсазы Санкт-Петербургтәи Мариинтәи атеатр асценаҿы иқәыргылаз ари аопера адекорациақәа аԥиҵеит ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы Большои театр аҿы инареиӷьу ақәыргыламҭақәа аԥызҵахьаз Алеқсандр Головин; уи ақәыргыламҭа ари атеатр аҿы инареиӷьу аспектакльқәа ируакхеит. Асоветтә аамҭазы адунеитә оператә классика зегьы аҟнытә ари аопера иҷыдоу аҭыԥ ааннакылеит. Еицырдыруа иҟалеит Горки ипарк аҿы москватәи Зеленыи театр аҟны 1935 шықәса, лаҵара 13 рзы иқәдыргылаз акы иаламҩашьоз аспектакль. Уи иалахәын зықьҩык инареиҳаны ауаа, зныкала иахәаԥшуан жәанызықьҩык. Апрессаҿы ирацәаны коллектив ҳасабла ақәҿыҭрақәа аиуит, агазеҭ «Рабочаиа Москва» адаҟьақәа рҿы ианырҵеит иҟазшьадыргоу ахьӡ змаз астатиа – «Аопера «Кармен» арецензиа». Уи рыҩуан 6-нызықьҩык ахәаԥшцәа.

Ари аопера даараӡа бзиа ирбеит Германиа, уаҟа аканцлер Отто фон Бисмарк ари аопера 27-нтә дахәаԥшхьан, Фридрих Ницше агәырӷьара ду изнарҵысит дыззыӡырҩыз аопера, уи Бизе имузыка ишьахәӡоу акакәны иԥхьаӡон. Афилософ ишышьақәирыӷәӷәоз ала, иара ихаҭагьы «зегь иреиӷьу уаҩхоит абри Бизе дансацәажәо». Иусумҭа «Вагнер иказус» (1888) аҿы Ницше Рихард Вагнер ирҿиамҭақәа ирҿаиргылоит аопера «Кармен». Уи ишазгәаиҭо ала, Бизе иаԥиҵаз, цәаныррала иҭәу, иԥсабаратәу «Аладатә музыка» иаҿагылоуп ихьшәашәоу, ицәааку, сентиментла иҭәу, ихыҭҳәаау Вагнер «Аҩадатәи имузыка»: «Араҟа ицәажәоит даҽа цәаныррақәак, даҽа лахҿыхрак. Ари амузыка лахҿыхуп: аха афранцызтә, мамзаргьы анемецтә хәмартә лахҿыхрала акәымкәа. Уи алахҿыхра африкантәуп; уи аџьал ақәыӷәӷәоит, анасыԥгьы даараӡа икьаҿуп, иаалырҟьаны, рыцҳашьарак змам акакәны иҟоуп». 1908 шықәсазы Берлин Кармен лроль налыгӡеит Емма Дестинова, 1912 шықәсазы Штутгарттәи аопера асценаҿы ароль хада раԥхьаӡа акәны иналыгӡеит швециатәи ашәаҳәаҩ Сигрид Онегин.

«Кармен» ықәыргылан Франциа ақалақьқәа жәпакы рҿы: Марсель, Лион, Диеп. 1881 шықәсазы Галли-Марие ароль хада анагӡаразы Диепҟа дхынҳәит. 1881 шықәса нанҳәа мзазы уи Бизе иԥҳәыс лахь ишылыҩуаз ала, испаниатәи апремиера Барселона уаҩ иимбац ақәҿиара ду аиуит. Опера-Комик анапхгара нызкылаз Леон Карвалио, ари аопера аморалтә ҟазшьа амоуп ҳәа иԥхьаӡаны, арепертуар аҿы аиҭашьақәыргылара мап ацәикуан. Мелиаки Гелиавии ақәыргыламҭа арҿыцра иақәшаҳаҭын, аха Галли-Марие даламырхәыкәа. Уи раԥхьатәи апремиера ахьқәҿиарадахаз азы ахара лара илыдырҵон. Ги де Мопассан иочерк «Сицилиа» (1885) аҿы ишиҩуаз ала, италиатәи адгьылбжьахаҿы сицилиаа «уамашәа иаргәырӷьоит» Бизе иопера, уаҟа шьыжьы инаркны ҵхыбжьонынӡа иуаҳалар алшоит, «амҩадуқәа рҿы амҩасцәа ишырҳәо еицырдыруа «Тореадор» иашәа».

Џьеральдина Фаррар, Енрико Карузо,  Пасқәуале Амато  Ниу-Иорк (1915)

1884 шықәса жьырныҳәа 9 рзы Ниу-Иорк Метрополитен-опера асценаҿы имҩаԥысит ари аопера апремиера. Уи апрессаҿы иаиуз ақәҿыҭрақәа еиуеиԥшымызт. The New York Times  аҿы ақәыргыламҭа «агәахәара унаҭоит, иеффекттәуп», ҳәа азырҳәеит, аха апартиа хада назыгӡаз Селиа Треббели, Минни Хаук дылҿурԥшуазар, лыхәмарра уиаҟара иргәамԥхеит. Анаҩс «Кармен» иаарласны Метрополитен-опера еснагьтәи арепертуар иаларҵеит, 1885 шықәсазы ароль хада налыгӡеит Лилли Леман. 1906 шықәса жәабран мзазы Енрико Карузо раԥхьаӡа акәны инаигӡеит Хозе ироль, уи ари апартиа анаҩсгьы, 1919 шықәса рҟынӡа асценаҿы инаигӡон. 1906 шықәса мшаԥымза 17 рзы агастрольқәа раан уи Сан-Франциско аоператә театр аҿы инаигӡон Хозе ипартиа, уи ашьҭахь шырԥазынӡа иара изкны ирыҩуаз арецензиақәа дрыԥхьон, даҽа ҩ-сааҭк рышьҭахь ақалақь аҿы адгьылҵысра ҟалеит, ашәаҳәаҩцәагьы ццакны асасааирҭа нрыжьыр акәхеит. Анаҩс Ниу-Иорктәи асценаҿы апартиа хада нарыгӡон Роза Понсель (1935), Џьорџь Баланчин ихореогарфиа зцыз ақәыргыламҭаҿы, Џьенни Турель (1937), Ризе Стивенс (ароль хада налыгӡон 1946 шықәса инаркны 1961шықәса рҟынӡа).

Америка аопера «Кармен» аларҵәара жәашықәсала абиԥарақәа еимдо иааргоит. 2011 шықәсазы Метрополитен-опера асценаҿы ари аопера зқьынтә идырбан. Ари аопера аларҵәара ахьамаз Америка мацара акәмызт, адунеи атәылақәа жәпакы рҿы қәҿиара дула имҩаԥысуан. Актәи ақәгылара аҟнытә Хабанера, иара убас аҩбатәи ақәгылара аҟнытә атореадор икуплетқәа адунеи аҿы зегь реиҳа аларҵәара змоу аоператә ариақәаны иҟалеит. Франциа анҭыҵ иалыршаз ақәыргыламҭақәа реиҳарак шьақәыргылан «еилаԥсоу» Франц фон Иаунер иверсиа иқәныҟәаны, урҭ зегьы рбеиан абалеттә сценақәеи антрактқәеи рыла. Иара убри аамҭазы 1919 шықәсазы КАмиль Сен-Санс ишазгәеиҭоз ала, аопера абалет ацҵара гра бааԥсуп ҳәа иԥхьаӡон, иагьџьеишьон усҟан зыԥсы ҭаз Бизе иԥҳәыс урҭ рықәыргылара дахьақәшаҳаҭхоз.

Магдалена Кожена (Кармен) , Ионас Кауфман (Хозе) Зальцбург (2012)

1883 шықәсазы «Опера-Комик» аҿы аопера «Кармен» ирҿыцны еиҭа ианықәдыргыла ашьҭахь, еснагь ихәмаруан раԥхьатәи адиалогтә вариант аҿы, амузыкатә «рԥшӡагақәа» шамахамзар иаламҵакәа. 1888 шықәсазы Жорж Бизе диижьҭеи 50 шықәсазтәи аиубилеи азы уи иопера ари асценаҿы 330-тәи аспектакль ихәмарит. 1891 шықәсазы уи 500-тәи аспектакль, 1904 шықәсазы – 1000-тәи аспектакль. 1938 шықәсазы ахәаԥшцәа идырбан уи аопера 2271-тәи анагӡара. Габриель Форе 1904 шықәсазы аопера зқьынтә асценаҿы дырбара иазкны ииҩыз истатиаҿы иазгәеиҭон, уи апремиера, ҳәарада, иалшон «Опера-Комик» абжьааԥнытәи ахәаԥшцәа аршанхар, џьашьахәыс ирбар, насгьы ари атеатр атрадициақәа даарак ирышьашәаламкәа ирбар ҳәа. Уи иҩуан: « Аха иахьагьы еилкаашьа змамкәа иҟоу, излаҟалазеи илашоу, ԥшшәы рацәала еилаӡҩоу, ацәанырра иаша узцәырызго, уамашәа игәыкыу Бизе имузыка раԥхьаӡа ианцәырҵ нахыс ахәаԥшцәа ахьыхнамхыз; излаҟалазеи абас еиԥш адраматизм злоу, апатетикеи, акырӡа зымчу ацәанырра ӷәӷәеи аазырԥшуа аопера ахәаԥшцәа ргәы амырхыҭ-хыҭуа?!»

Аречитативтә версиа акыр шықәса инорманы, иахәҭоуп ҳәа иҟан. Раԥхьатәи иҿыцу адиалогқәа рверсиақәа рыла иҟаҵоу еицырдыруа ҿырԥшқәаны иҟалеит Лондонтәи Карл Роза иоператә компаниа (1947), иара убас Берлинтәи «Комише опер» (1949). Аха урҭ аҿыцԥшьгарақәа нарха дук рмоуӡеит, уи аганахьала 1953 шықәсазы Ковент-Гарден аҿы иҟаҵаз аҽазышәарақәа азныказы иманшәалахазшәа ишыҟалазгьы. Америкатәи Колорадо аҿы иаԥҵаз ақәыргыламҭагьы разҟыла урҭ иреиԥшхеит.

Уинтон Дин ишазгәеиҭоз ала, адиалогқәа рыԥсахразы иҟарҵо аҽазышәарақәа адраматә хәҭа еицанакуан: аопераҿы абжьқәа ихиааланы акәымкәа, ирҭрысны иааҩуеит; ихадам аперсонажцәа ррольқәа еиҵахоит. ХХ-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы адиалогқәа зцыз аверсиақәа аларҵәара роуит Франциа анҭыҵ, аха ХХ1-тәи ашәышықәсазы иуԥылоит еиуеиԥшым ақәыргыламҭақәа. Фриц Езер иқәыргыламҭа урҭ апроблемақәа зегьы ханарҭәаар акәын, аха уигьы қәҿиарак амоуит. Избанзар Жорж Бизе раԥхьатәи арепетициақәа рышьҭахь иамихыз афрагментқәа Езер иширхынҳәызгьы, ҳасаб рзимуит уи ашьҭахь шықәсы рацәала имҩаԥгаз аԥсахрақәа. Уи иалҵшәаны, Сиузен Мааклари игәаанагарала, «иаанханы иҟоуп аопера актәи авариант, уи дырны ишыҟаҵамгьы».

ХХ1-тәи ашәышықәсазы ицәырҵит Роберт Дидиони Ричард Лангем-Смити иаԥырҵаз авариант ҿыцқәа. Уи ркьыԥхьит Шотти Питерси. Аҩ-варианткгьы Бизе 1875 шықәсазы иаԥиҵаз авокалтә партитура акырӡа иеиԥшым. Амузыкаҭҵааҩы Хиу Макдональд ишиԥхьаӡо ала, Бизе иопера амузыка иамоу агәынкылара бзиа уи ԥсра ақәымкәа иҟанаҵоит, аоператә классика ҳәа иамоу астатус акәзар, иарбанзаалак гәыҩбарак унаҭом.

Аопера «Кармен» иахьа уажәраанӡагьы зегь реиҳа еицырдыруа театртә қәгылароуп. Уи ақәыргылара рнапы алакын «Кармен» 1978 шықәсазы Венатәи аопера асценаҿы иқәзыргылаз Франко Ӡеффирели иеиԥш иҟоу аҟаза дуцәа. Ӡеффирели иқәыргыламҭаҿы иҟан идууз, ихьанҭаз адекорациақәа. Урҭ ирҷыдангьы, уи асцена ҭирҭәаауан ауаа рацәа рыла, уимоу асценаҿы аԥстәқәагьы ыҟан. Анаҩс Ӡеффирели Арена ди Верона асценаҿы иқәиргылеит «Кармен». Единбурги, Гамбурги, Милани Бизе иопера ақәыргылара аус адиулон Пиеро Фаџьони, Циурих – Жан-Пиер Поннель.

Ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа акык-ҩбак аимак-аиҿаки акритикеи цәырыргоит. Убас, Парижтәи амилаҭтә операҿы 2013 шықәсазы арежиссиор Ив Боне иқәиргылаз аспектакль аҿы аопера ахҭысқәа ыиагоуп ҳаамҭазтәи Испаниаҟа. Ари аспектакль ргәы ԥнажәеит ахәаԥшцәагьы, иара убас амассатә информациатә хархәагақәагьы. Зны-зынла ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа рҿы Бизе иопера афырԥҳәызба хада злахьынҵа қәашьхаз аԥҳәыс лцынхәрас «афеменизм џьарҵас даманы» иҟарҵоит. Урыстәыла иқәыргылаз ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа рахьтә иалыркаауеит Большои театр аҿы иқәыргылаз аспектакльқәа. 2008 шықәса азы иқәыргылаз аспектакль шьаҭас иаман 1875 шықәсазтәи Жорж Бизе «ицәажәаратә» аоригинал. Уи аҿы ахҭысқәа абордель ашҟа ииагоуп. 2015 шықәсазтәи ақәыргыламҭа Гиро «иречитативтә» версиа иашьашәаланы иҟаҵоуп. 1996 шықәсазы Мариинтәи атеатр аҟны иқәыргылаз аспектакль аҿы аԥхьатәи аплан ахь ицәырҵуеит аконтрабандистцәеи Мануелитеи, арежиссиор иӡбеит урҭ «еқс-Кармен» ҵас рцәыргара.

Амузыка[аредакциазура | акод аредакциазура]

Х1Х-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аопера дахцәажәо, Ерве Лакомб иазгәеиҭоит, «Кармен» - зхыԥхьаӡара даараӡа имаҷу, аамҭа иԥнашәаз аоперақәа ируакуп ҳәа. Лакомб ари аспектакль ацәажәаратә опера атрадициақәа инагӡаны ирышьашәалоуп ҳәа иԥхьаӡозар, Хиу Макдональд игәаанагарала, уи ари ажанр аҳәаақәа ирҭыҵуеит. Уи ишиԥхьаӡо ала, ари аопера иамоу «узыршанхо амелодиа рацәа реилаӡҩареи, иҟазаратәу агармониеи, идеалтәу аоркестровкеи» роуп уи аамҭак иатәны акәымкәа, инаугӡаны иҟазҵо». Уинтон Дин игәаанагарала, Жорж Бизе иқәҿиаз ирхаданы иҟоуп аопераҿы ихадоу ахҭысқәа зегьы адиалогқәа рыцхыраара ала акәымкәа, амузыкаҿы еффектла раарԥшра ахьилшаз ҳәа: « «Имаҷҩуп, ас еиԥш иаартны абзиабареи ахыбаареи ицәырырго ахьааи ацәаныррақәеи шашаӡа иаазырԥшуа арҿиаҩцәа». Амузыкаҭҵааҩы Бизе дырҿирыԥшуеит зырҿиамҭақәа рҿы аперсонажцәа ремоциақәеи рхьааи ахәаԥшцәа аҵанӡа ирныруа аҟаҵара зылшо акомпозиторцәа Моцарти Вердии. Аопера адраматургиа шьаҭас иамоуп аперсонажцәа хадақәа рхаҿсахьақәа динамикала реизҳара. Уи хымԥада анагӡаҩцәа ирыднаҵоит иҷыдоу авокалтә лшарақәеи актиортә баҩхатәреи амазаара. Изныкымкәа Хозе ипартиа назыгӡахьаз ашәаҳәаҩ Алеқсандр Востриаков иазгәеиҭон, ари ахаҿсахьа акыр «ишыуадаҩу, аиԥшымзаарақәагьы рацәаны ишамоу» , уи анагӡаразы ишаҭаху адраматә ҟазареи алирикатә гәызианреи: «Афырхаҵа иемоциатә гәырҩақәа рымҽхак аарԥшразы иаҭахуп даара илакьуа, еихатыруа абжьы».

Бизе имузыкеи алибреттои иҟазшьарбаганы ирымоу аҷыдарақәа ируакуп аперсонажцәа риндивидуалтә хҭысқәеи рхаҿсахьа аҿиареи еиуеиԥшым амассатә сценақәа рфон аҿы иахьымҩаԥысуа. Уи алшара ҟанаҵоит ахҭыстә планқәа акымкәа-ҩбамкәа реилагӡара. Зхала иҟоу аномерқәа хыԥхьаӡарала иахьеиҵоу иаҷыдангьы, урҭ рдраматә ҿиара, ԥҟаррак аҳасабала, ахортәи амассатә сценақәеи ирылаҵаны ауп ишымҩаԥысуа. Алитератураҿы иазгәарҭоит, ас еиԥш иҟоу аилазаашьа ҩынтәтәи аеффеқт шыҟанаҵо: «еиԥмырҟьаӡакәа аҿиара иаҿу ахҭыси аопера амассатәреи аланарԥшыреи рдинамика».

Кармен л-Хабанера (Жорж Бизе инапҩымҭа аоригинал, 1874 года)

Зныкгьы Испаниа имнеицыз Бизе, имузыка испаниатәи ацәаҩа аҭаразы иақәнагоз ахыҵхырҭақәа дрышьҭан.Уи инадҳәаланы, Исаак Альбенис иҩуан: «Исыздыруам Бизе илзыршаз ус еиԥш аҟаҵара, аха Испаниа ахаҭа иахылымҵит «Кармен» аҵкыс еиҳа испаниатәу!» ҳәа. Кармен иналыгӡо хабанера шьаҭас иамоуп 1864 шықәсазы Париж иҭыҵыз Себастиан Ирадиер иеизга «Испаниатәи ашәҭқәа» аҟнытә ашәа «El arreglito» («Аҳәара»). Аԥхьанатә Бизе уи жәлартә мелодиак аҳасабала идикылеит, аха автор данеиликаа, уи аинформациа авокалтә партитура иацҵаны ианиҵеит, «испаниатәи ашәа иаҿырԥшны» ҳәа. Иван Соллертински игәаанагарала, ахабанера аритмика ашьаҭаҿы испаниатәи акәымкәа, акреолтә-америкатә ҟазшьа амоуп (уи инаҵшьны аномер ахьӡгьы иаҳнарбоит, избанзар «хабанера» ахьынтәаауа адгьылбжьахатә ҳәынҭқарра Куба аҳҭны қалақь Гаванна ахьӡ аҟынтәи ауп). Иара акәашара ахаҭа еиԥш, уи ашьшьыҳәа ицо танго аритм иазааигәоуп. Афырԥҳәызба хада лхаҿсахьа аартра, иреалтәны аҟаҵаразы иҟазшьадыргоу ахархәагақәа ируакуп уи лпартиаҿы акомпозитор ашәа-кәашаратә жанр ихы иахьаирхәо. Уи азгәеиҭоит иусумҭаҿы асоветтә музыкаҭҵааҩы Арнольд Альшванг. «Coupe-moi, brûle-moi»  асценаҿы Бизе ажәлар рашәа ихы иаирхәоит, егьырҭ аепизодқәа рҿы, иаҳҳәап, Кармен Сегидилиа аныналыгӡо, - фламенко амотивқәа. Аха егьа умҳәан, аопера францызтәуп, испаниатәӡам, «атәым мелодиақәа» аопераҿы икомпонент хадақәаны ишыҟамгьы, иуникалтәу атмосфера аԥҵараҿы рлагала рацәоуп.

Аопера азы аувертиура хы-хәҭак рыла ишьақәгылоуп: атореадорцәа арена ашҟа рцәырҵра (аԥшьбатәи ақәгылара аҟнытә), Есқамилио иариа аҟнытә арӷызра (аҩбатәи ақәгылара аҟнытә), иара убас маҷк еиԥшым ҩ-формак рыла ицәыргоу амотив. Урҭ Кармен лхаҭа леиԥш, аԥсы зхалҵо лразҟгьы иахцәажәоит. Акларнети, афаготи, акорнети, авиолончели рыла инарыгӡо ари амотив аувертиура хнаркәшоит ираӷьны инагӡо акрешьчендо ала. Аԥарда анаатуа, раԥхьатәи асценақәа ҭырҭәаауп илашоу атмосферала. Ус иҟоуп Кармен дцәырҵаанӡа. Хабанера анагӡараан ицәырҵуеит аразҟы амотив, уи ақәцәанӡа инеиуеит Кармен Хозе ашәҭыц ишьапы ианаҵалыршәуа ашәымҭазынӡа. Алеитомотив ахаҭа – аопера амузыкатә еиҿартәышьа зегьы ҳәаақәызҵо «аразҟы атема» шьақәыргылоуп изыцҵоу аиҿартәышьа аикәшарақәа рыла («ацыгантә гамма»). Лиа мажор аҿы Хозе имонолог анаҩстәи анагӡара - еиҭасымҭатә шәымҭаны иҟоуп. Нас дырҩегьых ихынҳәуеит акларнети арахәыцтә инструментқәеи ицәырырго итатоу агәалаҟазаара ашҟа (Миқаела аҩбатәи лцәырҵраан). Аха иаарласны, аҭаҭынтә фабрика аусзуҩцәа реисра аан, еиҭах ицәырҵуеит агәҭынчымра. Хозе иргәаара хықәкыс измоу Сегидилиа анагӡараан – уи иаргьы изныкымкәа иныраӷьны ибжьы ақәиргоит (лиа диез); инагӡоу Сегидилиа афрагмент еиҭаҳәахоит, аха иркьаҿны, уи аепизод мҩаԥысуеит Кармен дыбналаны данцаша аламҭалазы.  Адраматә еффект арыӷәӷәаразы, Жорж Бизе ари ақәгылара афинал изныкымкәа ирҿыцны иҩхьан.

Аҩбатәи ақәгылара антракт аҟынтәи иалагоит. Иуаҳауеит Хозе анаҩстәи ицәырҵраан ииҳәараны иҟоу ашәа амелодиа. Уи анагӡаразы рхы иадырхәоит ашәаҳәара инацҵаны иҷыдоу атмосфера аԥызҵо абҩатә-ԥсыԥтәи, иара убас асгатә инструментқәа. Ернест Ниуман ари асцена «гәазыҳәарылеи музыкатә хшыҩҵарралеи иҭырҭәаау» ҳәа азиҳәеит. Ауаа рацәа рҟынтәи иҷыдоу аҳаҭырқәҵареи азҿлымҳареи ирышьцылахьаз атореадор атавернаҿы ицәырҵра иазкны Константин Станиславски иазгәеиҭеит: «Уи Шалиапин атрактир дыҩналар иеиԥшуп» ҳәа. Хозе данцәырҵ ашьҭахь имҩаԥысуеит аидыҽырбалара асцена, уи аан Кармен акастаниетақәа рыла дыхәмаруеит, дкәашоит, ашәа лҳәоит, Хозе хәылбыҽхатәи агәаҭарахь ихынҳәразы зыбжьы го акорнет абжьыҵәҟьа иаԥылгоит. Иҭышәынтәалоу, иҳараку си бемоль аҟны инҵәо Хозе иашәа иаԥхьагылоуп англыз быкь аҿы бжьы маҷла инагӡо аразҟы амотив. Хозе имаҵзурахьы ихынҳәра иахҟьаны, насгьы уи ашьҭахь имҩаԥысуа акапитан Цунигеи Хозеи реицәҳарақәа рышьҭахь гәырӷьара дук аҳасабала игоит ахақәиҭра агимн.

Ахԥатәи ақәгыларазы антракт аханатәгьы «Арлезианка» азы иазԥхьагәаҭан. Амузыкаҭҵааҩы Ернест Ниуман «аԥсыԥтә рҳәагақәа рыбжьара ирацәаны аилышьрақәа змоу, илыԥшааху аминиатиура» ҳәа дахцәажәоит ари амелодиа. Ахҭысқәа еизҳацыԥхьаӡа, амузыка иагәылыҩуеит Хозеи Кармени реизыҟазаашьаҿы еиҳа-еиҳа аибарххарақәа ишрызҳауа. Аразҟы амотив дырҩегьых ицәырҵуеит амаца андырԥо асценаҿы, Кармен иаарласны лыԥсра азԥхьабараан. Уи асцена аопераҿы икульминациатәқәоу иреиуоуп. Иқәыргылоуп акомпозитор бзиа иибо аконтраст хархәагала. Амацақәа аԥсра атәы аныддырбо, трагедиала иҭәу Кармен лыбжьы («Аԥсра! Раԥхьа сара! Нас иара!») гоит Фраскитеи Мерседеси ргәырӷьабжьқәа ирылыҩуа.

Хохловкина лгәаанагарала, Кармен лразҟы ахьазԥхьарбахаз асцена - уи лхаҿсахьа «даара иарҵаулоит, уаанӡа ишаабоз еиԥш акәымкәа, иаҵанакуа даара ирацәаны иҟалоит». Уи ашьҭахь ицо Миқаела лпартиа цәаныррала ишҭәугьы, амузыка аганахьала иҷыдароу ҳәа акгьы амам. Игор Стравински игәаанагарала, амацарԥара асцена – «аконтрабандистцәа рсоль-бемоль-мажортә ансамбли, аквинтети, Хозе аҵыхәтәантәи исценеи (аопераҿы иреиӷьу амузыка!) инацҵаны, аопера ииашаҵәҟьаны изырҩычо, зыхә цгьа бжоу ахаҳәқәа ирыларшәу абырлашц иеиԥшны иубоит». Ахԥатәи ақәгылара агәҭаны, еиканцәахаз Хозеи Ескамилиои реиҿагылараан, амузыка иаанарԥшуеит урҭ рҟазшьақәеи ргәалаҟазаареи. Ниуман игәаанагарала, Есқамилио «ак иаҵамхо, даамсҭашәаны, дҵәылхыҩны даанхоит», Хозе иакәзар, еиҳа-еиҳа деихашәы-еиҵашәны, агрессиа иныԥшуа дҟалоит. Хозе Миқаела длыцны данца ашьҭахь, амузыка иаанарԥшуеит Кармен зегь реиҳа илашьцоу лҟазшьа аҷыдарақәа. Хозе реицәажәара ахыркәшаразы хымԥада дшыхынҳәуа ала данқәуа, дырҩегьых аԥсыԥтә арҳәагақәа рынагӡарала, ицәырҵуеит аразҟы амотив. Есқамилио асцена анынижьуа аамҭазы иго амелодиа иаҳнарбоит Хозе игәаҿы еиҳа-еиҳа изызҳауа аԥсеибарххареи агәкаҳареи.

Аԥшьбатәи ақәгылара хацыркуп Манеуль Гарсиа итонадилие «Имцу амаҵуҩы» (аисп. El criado fingido) ашьаҭала Аԥарда анаатуа, аҭаалым ҟазҵо атореадорцәа ираԥхьагылоуп аҷкәынцәа рхор. Уи аамҭазы ауаа рацәа Есқамилио идныҳәалоит. Уи ашьҭахь имҩаԥысуеит Кармен лыбзиабаратә сцена кьаҿ. Хозе Кармен иара ишҟа дхынҳәырц азы дахьлыҳәо, акыраамҭа ицо, афинал аан арена аҟнытә игоит агәырӷьара зныԥшуа ахәаԥшцәа рыбжьқәа; Кармен лышьра ашьҭахь иуаҳауеит атореадор иашәеи аразҟы амотиви (фортиссимо). Уи амацарԥара асцена ашҟа ҳхьазырԥшуа амузыка иалалоит. Иау аккорд ала инҵәо, абзиабареи агәкаҳареи рыла иҭәу аҵыхәтәантәи ажәақәа рышьҭахь, иарбанзаалак музыкатә, ма вокалтә нагӡарак ацӡамкәа ашьшьыҳәа илеиуеит аԥарда.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]