Перейти к содержанию

Иӡны иҟоу асахьақәа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа зыхә ҳаракыу акоуп. Урҭ еиҳарак амузеиқәарҿы иҵәахуп. Араҟа зегьы ирылшоит урҭ рыхәаҧшра. Иҟоуп ауаа урҭ зыхә ҳаракыу асахьақәа еизызгоу. Урҭ иаархәоит иара убас, зыхә дуу, еицырдыруа асахьақәа. Урҭ аколлекционерцәа ҳәа ирышьҭоуп. Иҟоуп урҭ зыхә дуу асахьақәа амузеиқәа рҿы изӷьычуа. Нас, аколлекционерцәа ираазырхәо. Иҟоуп адунеиаҿы еицырдыруа асахьақәа иахьазы иӡны иҟоу. Урҭ интересу аҭоурых рымоуп.

Гарднер амузеи аҟны иӡны иҟоу асахьақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Изабелла Гарднер лмузеи Америка иҟоуп, ақалақь Бостон аҟны. Уаҟа иҵәахуп еицырдыруа асахьақәа рацәаны. Амузеи еиҿылкааит америкатәи аколлекционер Изабелла Гарднер. Раҧхьа уи амузеи аҿы ицәыргақәҵан Изабелла Гарднер еизылгаз асахьақәеи, иара убас, антиквартә маҭәарқәеи. Амузеиаҿы иҟоуп еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа Вермер, Боттичелли, Тициан, Пьероделла Франческа уҳәа егьырҭгьы рсахьақәа. 1990 шықәсазы Гарднер амузеи дырҳәит. Уи аҽны ақалақь аҿы аныҳәа мҩаҧыргон. Ауаа рацәан зыхьынџьара, рыбжьы цәгьан. Аполицаицәа амҩақәарҿы иныҟәон. Гарднер амузеи, ҩыџьа аполициатә маҭәа зшәыз надгылеит.

Амузеи ахьчаҩцәа ргәы иаанагеит урҭ полицаицәоуп ҳәа. Урҭ ргәы рҭынчны амузеи иҩнарҵеит. Амузеи ианыҩнала урҭ ахьчаҩцәа абџьар рымыхны, дара шырҳәцәаз нарыларҳәеит. Урҭ адҵа ҟарҵеит, амузеи ахьчацәа рабџьар шьҭарҵарц, анаҩс, урҭ ирҳәынҷеит ахьчаҩцәа. Уи аҽны арҳәцәа 13 (жәаха) сахьа амузеи идәылыргеит. Урҭ ирылан еицырдыруа асахьақәа «Аканцерт» Вермеер, «Аобелиск змоу аландшафт» Флинк исахьеи, «Галилеитәи амшынаҿ ацәқәырҧеисра» Рембрандт исахьа.

Вермеер «Аконцерт» аҧиҵеит 1665 шықәса азы. Асахьаҿы иаарҧшуп хҩык амузыкантцәа. Аҳәса апианино аҿы ихәмаруеит. Рааигәа дтәоуп ахаҵа. Асахьаҿы дарбоуп даҽа ҧҳәыскгьы, апианино ааигәара игылан ашәа зҳәо. Ари асахьа 1990 шықәса анаҩс аӡәгьы имбаӡац. Уи ахьыҟоу аҭыҧ иахьагьы аӡәгьы издырӡом.

«Аобелиск ахьықәгылоу аландшафт»

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Даттәи асахьаҭыхыҩ Говер Флинк исахьа «Аобелиск ахьықәгылоу аландшафт» Вермеер исахьа анырӡоз иацырӡеит. Ари асахьа ҩыџьа авторцәа амоуп.

Уи Говер Флинки, Рембрандти рыхьӡ арҭоит. Рембрандт Флинк димаҳәын, иҧҳа лхаҵа иакәын. Флинк иҧсҭазаара даналҵ (даныҧсы) ашьҭахь, ирацәаны инхеит дызлымгацыз асахьақәа. Иҟоуп агәаанагара Рембрандт урҭ хиркәшеитҳәа, асахьа «Аобелиск ахьықәгылоу аландшафт», Флинк дызлагаз, аха изынамыгӡаз Рембрандт ихиркәшеит ҳәа.

«Галлилеитәи амшын ацәқәырҧеисра» Рембрандт исахьа.

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иара убас амузеи аҟынтә ирӡеит Рембрандт исахьа. «Галлилеитәи амшын ацәқәырҧеисра». Асахьаҿы иаарҧшуп еилашуа амшыни, ашхәа иақәтәоу ауааи. Ари асахьа абиблиатә ҵакы амоуп. Уаҟа иаарҧшуп амшын ихылаз Иисус иҵаҩцәеи иареи. Ари асахьа заҵәык аҿоуп Рембрандт амшын асахьа ахьҭихыз. Жәаха сахьа ирӡаз, акагьы рзымҧшааит. Урҭ иааизакны рыхә ишьақәнаргылоит хышә миллион доллар.

Иӡны иҟоу асахьақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Винсент Ван Гог еицырдыруа Голландиатәи сахьаҭыхҩуп. Уи исахьақәа зегьы ирылукаауеит урҭ ршәыга лашақәа рыла.

«Абларкқәа» - Винсент Ван Гог исахьақәа рахьтә зегь раҵкыс иҧшӡоу иреиуоуп. Асахьаҿы иаарҧшуп аваза иҭагыло аҩежьи, аҟаҧшьи абларкыгақәа. Асахьа хәышә миллион доллар иаҧсоуп. Асахьа Каир Моххамед Халил имузеиаҿы иҟан. Уи аныӡ, Мысра аиҳабыра аҧшааразы аусеилкаара иалагеит. Урҭ агәра ргон, уи лассы ирыҧшаауеит ҳәа. Мышқәак рнаҩс, аполициа иааныркылеит агәрамгара рызцәырызгоз аитальианеццәа, аха асахьа рзымҧшааӡеит. Уи асахьа 1977 (зқьы жәшәи ханҩежәи жәибжь) шықәса азы ирӡеит амузеи аҟынтә. Иара рыҧшааит Кувеит жәашықәса рышьҭахь, иагьаздырхынҳәит Кувеиттәи амузеи. Ван Гог исахьа «Абларкқәа» ахьыҟоу еилкааӡам. Шевенинген амшын асахьа

Ван Гог лассы-ласс Шевенинген иҧсы ишьон. Ҽнак, амольберт абаҳчахь идәылигеит. Аҩнынтәи амшын асахьа ссир ааҧшит. Амш бааҧсхеит, аҧша асит, амшын аҽарцәгьеит. Ацәқәырҧқәа аӷбақәа дырҵысуан. Ус аҧша ааилагьежьын, амольберт ианыз аш аҧслымӡ аҿанаҧсеит. Асахьа хнаҩеит. Аҧслымӡ аҟынтә рыцқьашьа амоуӡеит. Ван Гог зегь акоуп асахьа ҭихын, хьӡысгьы иаиҭеит «Шевенинген – амшын асахьа». Аҧслымӡ ашьҭақәа, асахьа анба ашьҭахьгьы иаанхеит. Ари асахьа 2002 (ҩнызқьи ҩба) шықәсанӡа Амстердам Ван Гог имузеи аҿы иҵәахын. 2002 шықәсазы ԥхынҷкәынмза 7 рзы асахьа амузеи аҟынтә ирӡеит. Уи ашьҭамҭагьы рзымҧшааӡац иахьанӡагьы.

«Ньиуенен ауаа ареформаттә уахәама аанрыжьуеит»

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Уи аҽныҵәҟьа амузеи аҿы ирӡеит Ван Гог исахьақәа даҽакгьы. «Ньиуенен ауаа ареформаттә уахәама аанрыжьуеит». Ари асахьа Ван Гог иан лзы иҭиххьан. Раҧхьаӡа уи асахьаҿы иҭыхын ауахәама асахьа, аандакәырша, зыбӷьы каҧсаз аҵлақәа. Иан, даара илгәаҧхеит асахьа. Шықәсқәак рнаҩсан, Ван Гог ҿыц уи асахьа дазыхынҳәит. Аҵлақәа ирыциҵеит ҭагалантәи ашәҭ ҩежьқәа. Асахьа еиҳагьы иҧшӡахеит. Ауахәама ашҭаҿы, ауаа рсахьа ҭихит. Асахьа даналга ахьӡ аиҭеит «Ньиуенен ауаа ареформаттә уахәама аанрыжьуеит». Ари асахьа макьана ирымҧшааӡац. Уи хышә миллион доллар иаҧсоуп.

«Овер Сиур Ваз асахьа»

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Асахьаҿы иаарҧшуп Франциа араионқәа руак. Уи иахьӡуп Овер Сиур Ваз. Асахьа Англиа иҵәахын, Оксфорд амузеиаҿ. Асахьа Поль Сезанн инапы аҵаҩӡамызт. Сезанн игәаанагарала уи аҵыхәтәанӡа инагӡоуп ҳәа иҧхьаӡаӡомызт. Уи асахьа ҩежәи жәеиза 31 декабр 1999 зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи зежә шықәсазы ирӡеит, аҩежәиактәи ашәышықәса ааира сааҭқәак шагыз. Асахьа аныӡыз, ақалақь аҿы афеиерверкқәа ирылагеит. Ҩымш асахьа шыӡыз рызгәамҭаӡеит.

«Овер Сиур Ваз асахьа» Поль Сезанн иусумҭа хә-миллионк доллар иаҧсоуп. Уи иахьагьы ирымҧшааӡац.

«Мадонна лӡыгамацәаз»

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ари асахьа 65 миллион доллар иаҧсоуп. Уи рӡеит 2003 ҩнызқьи хҧа шықәса азы Шотландиа. «Мадонна лӡыгамацәаз» Леонардо да Винчи исахьа Друмларинг абааҿы иҵәахын. Арҳәцәа асахьа ҩныргеит ҧықәсларада. Урҭ атуристцәа ргәыҧ ирыцыҩналеит. Урҭ ргәы иҭаз рыҵрымдыраарц, аҩналараз ахә шәаны гәцаракрыла агид иажәабжьқәа ирзыӡырҩуан. Аҵыхәтәан, агид урҭ «Мадонна лахь» ауада ҩнаигалеит дара ихы иасын, асахьа аакныхны адәахьы ирзыҧшыз амашьына рҽынҭарыҧсеит.