Бродски, Иосиф Александр-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Иосиф Бродски» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Бродски, Иосиф Александр-иԥа
Ахатәы хьӡы Иосиф Александрович Бродский
Аира лаҵарамза 24, 1940 ш.
Санкт-Петербург
Аԥсра ажьырныҳәамза 28, 1996 ш.
Бруклин
Аԥсра зыхҟьаз инфаркт миокарда
Аԥсыжра аҭыԥ кладбище Сан-Микеле
Аусура апоет,
Аҭырџьман,
эссеист,
ашәҟәыҩҩы,
драматург,
драматург-режиссёр,
преподаватель
Абызшәақәа Англыз бызшәа,
Аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Еиду Америкатәи Аштатқәа,
апатрид
Алма-матер Клэр Холл,
Училище Святой Анны
Ажанр поэзия
Magnum opus Горбунов и Горчаков
Анашьамҭақәа Нобелевская премия по литературе,
почётный гражданин Санкт-Петербурга,
Поэт-лауреат США,
Золотой венец,
кавалер ордена Почётного легиона,
стипендия Макартура,
Римская премия,
стипендия Гуггенхайма,
почётный доктор
Ахаҵа/Аԥҳәыс Maria Sozzani
Ацынхаҩы Марианна Павловна Басманова
Анаԥынҵамҭа

Иосиф Александр-иԥа Бродски (лаҵарамза 241940 ш., Санкт-Петербургажьырныҳәамза 281996 ш., Бруклин) – еицырдыруа аурыси америкатәи апоет, адраматург, аессеқәа зыҩуаз, аиҭагаҩ. Диит маи мза 24, 1940 шықәсазы Ленинград, ауриацәа рҭаацәара аҟны. 1987 шықәсазы иара адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатхоит, алитература ахырхарҭала. 1996 шықәса, ианар мза 28 рзы, Иосиф Бродски иԥсҭазаара далҵит. Иара аԥхьа Ниу-Иорктәи аԥсыжырҭаҟны анышә дамардеит, аха анаҩс иԥсыжырҭа аҭыԥ еиҭаргоит, апоет наунагӡа изқәаҭыԥ ахьыҟалаз Сан-Микельтәи аԥсыжырҭаҟны ауп. Иосиф Бродски ибаҟа Урыстәыла иргылан 2005 шықәсазы, Санкт- Петербург ақалақь аҟны.[1]

Ихәыҷреи иқәыԥшреи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иосиф Бродски диит маи мза 24, 1940 шықәсазы Ленинград, ауриацәа рҭаацәара аҟны. Иара иаб, Александр Бродски, аибашьра зегьы дахысит арратә корреспондентк иаҳасаб ала. Аибашьра аҟынтә даныхынҳә, 1948 шықәса инаркны Арра-мшынтә музеи афотолабораториа аҟны аусура далагоит.

1950 шықәсазы аусура аҟынтә дцоит, Асоветтә архәҭақәа ауриацәа рҟынтә ианыдрыцқьа ашьҭахь. Аусурагьы далагоит фотоҭыхҩыс, анаҩс журналистс ленинградтәи агазеҭқәа руак аҟны.[2]

Иосиф иан, Мариа Вольперт, занааҭла дҳасабеилыргаҩын. Иосиф иан лаҳәшьа – Дора Мольперт, БДТ аҟны дактрисан, иара убраҟагьы аус луан. Иосиф ихәыҷра зегьы аибашьра, аблокада, аибашьрашьҭахьтәи арыцҳара, абацәа рыҟамзаара аамҭа иақәшәеит. Аблокадатә ӡынра ашьҭахь, 1942 шықәсазы, иан лыҷкәын длыманы Череповецкҟа евакуациа дцоит. Рыҩныҟа игьежьуеит 1944 шықәсазы, Иосиф ашкол ахь дцеит хышықәса ааҵуаны. Быжьшықәса ашкол аҟны аҵара зҵоз Иосиф, ари аамҭа иалагӡаны ԥшь-школк иԥсахит, урҭ рҟны аамҭа рацәа даанхомызт. Абыжьбатәи акласс ашьҭахь, иара амшынтә ҵараиурҭахь идокументқәа алаиҵеит, аха дрыдрымкылеит. 1955 шықәсазы, Иосиф 15 шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз, аха ашкол аанижьуеит, аабатәи акласс ахь ииасраны иҟаз аҷкәын азауад «Арсенал» ахь усура дцоит, ара афрезировшьик изанааҭ ала аҵара иҽазикуеит. Ас еиԥш аӡбамҭа иара идикылоит ашкол аҟны имаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны, насгьы иҭаацәа зфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩыз ацхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны. Уаҟа агәаҳәара иоуит мҩаԥгаҩыс аҵара иҵарц, аха уигьы изамуит. Анаҩс, Иосиф амедицина дагәыланахалоит, уи азын иара аморг аҟны аусура далагеит, аха иаарласны игәы ахшәоит. Иара убасгьы инысмҩа аҟны алашарбага аҟны ус шиуаз азгәаҭоуп.[3]

Азанааҭқәа рҽырыԥсахуан, аха Бродски изыҟазаашьа шыҟац иаанхон. Иара бзиа ибон ашәҟәқәа рыԥхьара, иааибоз ашәҟәқәа зегьы дрыԥхьон уҳәар алшоит. Даара бзиа ибон ажәеинраалақәа, афилософиа иазкыз атрактатқәа. Иара даара иҽазҵәылхны атәым бызшәақәа рҵара далагоит, зынгьы иӡбоит, ҳаирпланк ӡаны СССР-нтәи абналаразы, ари аус иҩызцәагьы адиԥхьалоит. Аха арҭқәа баша гәазыҳәарақәан, урҭ аԥсҭазаара иаларҵәамызт.[4]

Алитература аҟны[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иосиф Бродски иҿцәажәарақәа раан еснагь иҳәон, раԥхьатәи иажәеинраалақәа шиҩыз жәаа шықәса анихыҵуаз. Аха ажурналистцәа аиашаҵәҟьа ҭырымҵаар рымуит, урҭ ирыԥшааит жәаа ихыҵаанӡатәи иаԥҵамҭақәа. Иосиф Бродски икалам иҵыҵит апоемақәа «Памятник Пушкину», «Рождественский романс», «От окраины к центру». Бродски даара бзиа ибон О. Мандельштам, М. Цветаева, Б. Пастернак, А. Ахматова реиԥш иҟаз раԥҵамҭақәа, уи Бродски иҩышьа астильгьы даараӡа ианыԥшит, анырра ӷәӷәагьы анаҭеит.

1961 шықәса рзын убас еиԥш иҟалеит Иосиф Бродскии Анна Ахматовеи еибадырыртә еиԥш. Еицырдыруаз апоетесса апоет қәыԥш Иосиф Бродски даара аҟазара илоуп ҳәа илыԥхьаӡон, уи иаԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шизыԥшыз азгәалҭон, излалылшоз алагьы дицхраауан. Иосиф иакәзар, Анна Ахматова лҟазара мацара акәмызт бзиа иибоз, уи уаҩык иаҳасаб ала даара длызгәдуун.[5]

Асовет Еиҳабыра даара ргәы иамыхәаз, Бродски раԥхьатәи иажәеинраала иахьӡын «Пилигримы», иагьҭыҵит иара 1958 шықәсазы. Уи инашьҭарххны иҩын даҽа жәеинраалакгьы – «Одиночество». Уа апоет ихәыцрақәа зызкыз иара иԥсҭазаараҟны ихҭысуази аԥхьаҟатәи иԥеиԥши ракәын, иҿаԥхьа акьыԥхьырҭақәа ашәқәа анадыркуаз аамҭазы.

1960 шықәса февраль мзазы Иосиф Бродски днарыԥхьоит ленинградтәи «Апоетцәа ртурнир» ашҟа. Уи асцена аҟынтә даԥхьоит ажәеинраала «Еврейское кладбище», ари аԥҵамҭа даара аҭыӡшәа ӷәӷәа ахылҿиааит алитературадырҩцәеи ауаажәларреи рыбжьара. 1963 шықәсазы агазеҭ «Вечерний Ленинград» астатиа акьыԥхьуеит, уа Бродски ахара идырҵоит иԥсҭазаашьазы.

Иара убри астатиа аҟны иааган апоема «Шествие» ахәҭақәаки, егьырҭ иҩымҭақәа рыԥҵәахақәеи. Астатиа ҩын Иосиф Бродски атәым дгьыл бзиа ибозшәа, убри аан, иара ихатә тәыла аҳәынҵәа ақәиҭозшәа азгәаҭаны. Абри анаҩс иагьалагоит апоет иқәцарақәа, иаамырбрақәа аинстанциақәа зегьы рҟынтә.[6]

1964 шықәса алагамҭаз иара убри агазеҭ асалам шәҟәқәа акьыԥхьит, аредакциаҟны ишазгәарҭоз ала, урҭ агәынамӡара аазырԥшуаз атәылауаа ирҩыз ракәын, дара Бродски иахьырхәра дҵаны иқәдыргылон. Мызки бжаки ааҵхьаны – февраль мза 13, 1964 шықәсазы Бродски дырбаандаҩын, аус ахьимуаз азы ахара идҵаны. Мышкы ааҵхьан, Иосиф Бродски изцәырҵыз агәыхь иахҟьаны абахҭаҟны иԥсҭазаара далҵырц акааигымхеит. Апоет усҟантәи иҭагылазаашьа иажәеинраалақәа - «Здравствуй, мое старение», «Что сказать мне о жизни?» ирныԥшит. Апоет даара иуадаҩны ихигон иганахь ала ирыдыркылоз аусмҩаԥгатәқәа. Иара убасгьы, иара ихатәы ԥсҭазаараҿгьы аиҭакрақәа ҟалеит, бзиа иибоз Марина Басманова даанлыжьуеит. Абарҭқәа зегьы ззеиқәылаз Бродски иҽишьырцгьы далагоит, аха деиқәхеит.[7]

1970 шықәсазы Иосиф Бродски «Не выходи из комнаты» захьӡыз ажәеинраала иҩуеит, уа иара игәҭахәыцрақәа, асовет уаҩы ауаажәларра аҟны иҭыԥ иадҳәалаз дрылацәажәоит.

Апоет иқәымчрақәа, ишьҭазаарақәа аҭыԥ рыман 1972 шықәса ааԥынранӡа. Анаҩс, иара идыргалоит аамҭа кьаҿк (мамзаргьы еснагь) аԥсихиатриатә клиника аҟны дышьҭаларц, мамзаргьы атәыла далҵны дцарц. Уаанӡа Бродски «ахагацәа рыҩны» аҟны аҟазааразы акыр аԥышәа иоухьан, иагьиҳәон уа абахҭаҟны аасҭа ишеицәоу. Убри аҟынтә Иосиф Бродски аемиграциа дақәшаҳаҭхоит. 1977 шықәсазы иара Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь дцоит, иаарласнгьы ари аҳәынҭқарра датәылауаҩхоит.

Аҳәаанырцәҟа дцаанӡа Иосиф Бродски илшоз зегьы ҟаиҵеит аҳәынҭқарра анапхгара иԥсадгьыл аҟны даанхартә еиԥш азин ирҭаразы. Ашәҟәы изиҩуеит усҟантәи амаӡаныҟәгаҩ Хада Леонид Брежнев, еиҭагаҩык иаҳасаб ала атәылаҿы даанижьырц азы. Аха иара ишәҟәы ҭакда иаанхеит.

Бродски далахәын Лондон имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи апоезиатә фестиваль. Иара аурыс литература аҭоурыхи апоезиеи рырҵаҩыс дыҟан америкатәи ауниверситетқәа хԥа рҟны. Уи иаразнак дыргоит раԥхьа Мичигантәи, анаҩс Колумбиатәи, Ниу-Иорктәи ауниверситетқәа рҟны. Убриаан аҩрагьы даҟәымҵит. Иосиф Бродски аессе авторс дҟалоит, урҭ зегьы англыз бызшәала иҭрыжьуан. 1986 шықәсазы апоет ажәеинраалақәа реизга ҭижьит, уи «Меньше единицы» ахьӡын, шықәсык ааҵхьаны алитература ахырхарҭала адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатхеит.[8]

1985 шықәса инаркны 1989 шықәсанӡа Иосиф ажәеинраалақәа «Представление» «Памяти отца» иҩуеит, иара убасгьы аессе «Полторы комнаты». Арҭ апоезиатә цәаҳәақәеи апрозеи иара иҩныҵҟатәи идоуҳатә хьаа зегьы рныԥшуеит, уи зыдҳәалаз иԥсадгьыл ахь ахынҳәра азин ахьимамыз ауп, иара иҭаацәа рыжраҵәҟьа азингьы имоуит. Аиҭашьақәыргылара аамҭақәа ианрылага Иосиф Бродски иахь Асовет Еидгыла азыҟазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Акыр ажурналқәеи агазеҭқәеи рҟны иркьыԥхьуа иалагеит иара иажәеинраалақәа. 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵуа иалагеит иажәеинраалақәа реизгақәа. Насгьы, Иосиф ааԥхьара ирҭо далагеит Урыстәылаҟа нхара ҳәа даарц азы, аха иара уи ақәшаҳаҭхара дахыццакуамызт, иҭахымызт ажурналистцәа рықәшәара, иӡбахә рҳәо аҟаҵара. Усҟантәи аамҭазтәи иара иҩныҵҟатәи игәҭахәыцрақәа иҩымҭақәа «Письмо в оазис» «Итака» рҟны ианыԥшит.[9]

Бродски ихатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иосиф Бродски раԥхьаӡа абзиабара изцәырҵит 1962 шықәсазы. Иара даара бзиа дибоит асахьаҭыхҩы Марина Басманова. Анаҩс акраамҭа уи длеиҽырбон, абри ашьҭахь ауп аҭаацәара анаԥырҵа. 1968 шықәса рзы дара дрыхшоит аԥа Андреи, аха ари аҭагылазаашьа аҭаацәара ӷәӷәаӡа иҟанамҵеит. Ахәыҷы дшааизҵәҟьа еилыҵит уҳәар алшоит.

1990-тәи ашықәс азы, Бродски ихатәы ԥсҭазаара аҟны дцәырҵуеит Мариа Соцциани, Италиатәи аристократка. Лара лыбжа аурысын, лан лганахьала лҭынхацәа Урыстәыла инхон. Дара убри ашықәсазы еибагоит, 1993 шықәсазы Иосиф Бродски аҩынтә раан дабхоит. Усҟан иара диоуеит аԥҳа Анна, аха уи лызҳашьа апоет ибартә еиԥш изыҟамлеит.[10]

Зегьы ирдыруеит Бродски аҭаҭын ахара даара дшазгагаз. Иара игәы даара иуашәшәыран, ԥшьынтә аԥҟарақәа ихигахьан, аха аҭаҭын ахара мап изацәымкит. Иосиф Бродски, иара убасгьы, ацыгәқәа даара бзиа ибон. Дара рыԥшӡара, рынеиааишьа даара дазҿлымҳан, игәаԥхон. Иҟоуп имаҷымкәан афотосахьақәа Бродски ацыгәқәа иҽахьрыцҭихуаз.

Бродски акыр адгылара рзыҟаиҵон Михаил Боиарышникови Роман Каплани Ниу-Иорк ақьафурҭа аартра азҵаараҟны. Аҵыхәтәангьы апоет ибзоурала уи аартын, хьӡысгьы иаиуит «Аурыс самовар». Иосиф ипремиа аҟынтәи аԥарақәа рыхәҭак ари ақьафурҭа аартра иазоуижьит. Ари ахыбра «аурыс Ниу-Иорк» ҳәа изышьҭаз, даара ауаа зҭаауаз ҭыԥны иҟалеит.[11]

Бродски иԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Адиагноз – астенокардиа – апоет аҳақьымцәа СССР даныҟаз изықәдыргылахьан. 1978 шықәсазы иара аоперациа изуын америкатәи аклиникақәа руак аҟны, уи ашьҭахь Асовет Еидгылахь ашәҟәы идәықәҵаз, аҟны аҳәара ҟаҵан Бродски иҭаацәа аҳәаанырцәҟа ргаразы азин ҟарҵарц. Иосиф Бродски иҭаацәагьы рнапқәа еиқәҵаны итәамызт. Дара жәаҩантә аҳәара ҟарҵахьан аҳәаанырцәҟа ицаразы азин рырҭарц, аха еснагь мап рцәыркуан.

1964–1994 шықәсқәа раан Иосиф ԥшьынтә ахәышәтәырҭа дҭашәахьан аинфаркт иманы, иҭаацәагьы уаҳа изымбеит. Иан лыԥсҭазаара далҵит 1983 шықәсазы, шықәсык ааҵхьаны иабгьы иԥсҭазаара далҵуеит. СССР анапхгара Иосиф иҭаацәа анышә иамаидаразы азингьы ирымҭеит. Абарҭқәа, жәаҳәарада, Бродски игәабзиара даара ианыԥшит.[12]

1996 шықәса, ианар мза 27 ахәылбыҽха Иосиф Бродски ииҭахыз зегьы ишәыра иҭаҵаны, иуадахь днеит маҷк аус иуразы. Адырҩаҽны ашьыжь иара иуадаҟны дыԥсны дшышьҭаз иԥҳәыс длыԥшааит. Уи иԥсра зыхҟьаз ҳәа аҳақьымцәа ишьақәдыргылаз агәыхь ауп. Бродски иԥсра ҩымчыбжьа шагыз, Ниу-Иорктәи аԥсыжырҭаҟны аҭыԥ ааихәеит, ажәагьы иҩит уа дыржырц азы. Иара иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи аҳәарагьы нагӡан. Шықәсыки бжаки ааҵхьаны, ииун мза 1997 шықәсазы иԥсыбаҩ еиҭаганы, Венециаҟа иганы анышә иамардоит. Апоет наунагӡатәи изқәаҭыԥ ҟалеит Сан-Микельтәи аԥсыжырҭаҟны.

Иосиф Бродски ибаҟа Урыстәыла иргылан 2005 шықәсазы, Санкт- Петербург.[13]

Аинтерес зҵоу афактқәа Бродски иԥсҭазаара аҟынтә[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иосиф Бродски диит 1940 шықәсазы. Ҭагалан 1941 шықәсазы анемец архәҭақәа Ленинград амацәаз иҭаркит. Ара есҽны ауаа амлакреи, ачымазарақәеи, ахьҭакреи ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵуан, урҭ рхыԥхьаӡара ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон ҽнак. Бродски иан илылшеит абри аамҭа еиқәаҵәақәа рзы лхәыҷы иԥсҭазаара аиқәырхара.

Бродски аҵара рацәак дашьҭамызт, иуҳәар ауеит зынӡагьы аҵара иҵомызт, изҵозгьы дырԥырхаган ҳәа. Арҵаҩцәа иазгәарҭон иара аҵара шилшоз, аха дшаашьоз.

Бродски ажәеинраалақәа рыҩра далагеит жәаа шықәса анихыҵуаз, аха иҩымҭақәа ркьыԥхьра иахыццакуамызт, иара иоуп аурысшәахь еиҭазгаз агәыԥ The Beatles инанагӡоз, еицырдыруа ашәа «Yellow Submarine» – «Желтая субмарина».[14]

Бродски иҩымҭақәа ркьыԥхьразы даҽа мҩак алихит, иара ажурнал аҟны ианиҵеит ахәыҷқәа ирзикыз ажәеинраалақәа. Бродски раԥхьатәи иаԥҵамҭа «Баллада о маленьком буксире» кьыԥхьын 1961 шықәсазы.

Бродски хаҭала иԥишәеит аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы аҭыԥ змаз аҿаасҭарақәа. Иара ҩынтә мчыла аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭарҵахьан, уа атранквилизаторқәа иларҵон, аҵааӡы иқәырҭәон, ашьаршьаф бааӡақәа икәдыршон.

1972 шықәсазы апоет асоветтә тәылауаҩра имырхит, наунагӡа ҳәа ари атәыла аанижьуеит.[15]

Ашәҟәқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Стихотворения и поэмы
  • Остановка в пустыне
  • Конец прекрасной эпохи
  • Часть речи
  • Римские элегии
  • Новые стансы к Августе
  • Мрамор
  • Урания
  • Примечания папоротника
  • Иосиф Бродский размером подлинника
  • Каппадокия. Стихи
  • В окрестностях Атлантиды
  • Пейзаж с наводнением
  • Изгнание из рая
  • Слон и Маруська [16]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2022-10-17 ахь. Ириашоу 2024-01-27 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://lit-helper.com/p_Detstvo_i_yunost-_Brodskogo_I_A
  3. https://www.youtube.com/watch?v=37sh0RWB0cg&t=38s
  4. https://brodskiy.su/biografiya/
  5. https://modernlib.net/books/volkov_solomon/dialogi_s_iosifom_brodskim/read/
  6. https://biographe.ru/znamenitosti/iosif-brodskiy/
  7. https://rg.ru/2009/10/02/brodskij.html
  8. https://www.culture.ru/persons/2115/iosif-brodskii
  9. https://nacion.ru/477597a-iosif-brodskiy-biografiya-i-tvorchestvo
  10. https://24smi.org/celebrity/3079-iosif-brodskii.html
  11. https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-iosif-brodskiy.html
  12. https://nacion.ru/477597a-iosif-brodskiy-biografiya-i-tvorchestvo
  13. https://spravochnick.ru/literatura/russkaya_literatura
  14. https://100-faktov.ru/iosif-brodskii/
  15. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-09-23 ахь. Ириашоу 2024-01-27 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  16. https://www.livelib.ru/author/78/top-iosif-brodskij