Илиа ацқьа ихьӡ зху Амзаратәи ауахәама

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Илиа ацқьа ихьӡ зху Амзаратәи ауахәама (ақырҭ. ამზარის წმინდა ელიას ეკლესია) — Аԥсны Амзара ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп 1910 шықәсазы. Азалтә уахәамоуп, инаау агежьбжататә апсида ала. Иргылоуп ибзианы ихыу, зшәага еиԥшым ахаҳәқәа рыла. Ибаланскру аилазаашьа амоуп. Мраҭашәаратә аҭӡамц афронтон аҿы, абарелиефтә аџьар аханы иҟоуп аамҭа ахьарбоу ахаҳә — 1910. Азал ҩ-ҩналарҭак аман — мраҭашәарахьалагьы аладахьалагьы. Уажәазы мраҭашәаратәи ашә иҭырҭәааны иҟоуп. Аладатәи ашә наҟ-ааҟ, иара убас аҩадатәи аҭӡамц аҿы ҩба-ҩба ахыргьагьатә аԥенџьырқәа иҟоуп. Азал аплан еиҵыху аԥшькәакьҭа аформа амоуп. Адашьма амҿы иалхуп. Аныҳәарҭа адашьма аҿаԥсак ала ишьҭыхуп. Апсида агежьбжататә форма амоуп, уи агәҭаны иҭаԥҟаны иҟоуп ахыргьагьатәԥенџьырк. Ауахәама ахыб амҿтәы конструкциа амоуп, ахыб ахаҭа аҭанақьы иалхуп. XX ашәышықәса 70-80 ашықәсқәа рзы уаҟа ақыҭатә алагамҭатә школ еиҿкаан.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]