Ииашаны акрыфара
Ауаҩы изеиӷьу, изеицәоу афатә Иҟоуп ауаҩ ихәои иԥырхагои афатәқәа. Ауаҩы ихәо афатәқәа ицәеижьы иацхраауеит иаҭаху аиуразы, уи агәамч инаҭоит. Ауаҩы иԥырхагоу афатәқәа ицәеижьы дырчмазаҩуеит, игәабзеира иаԥырхагоуп. Ифатәузеи?
Есҽны ифатәуп:
- Ача зынӡа имаҷӡаны;
- Ашәыри ауҭраҭыхи рацәаны;
- Акәац, акәтаӷь;
- Ахшхарҵәы.
Ача
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ача – аҵәырсеи, аӡи, ачашылеи ирылырхуеит. Ачарыц иалху мыцхәымкәа ауаҩы изеиӷьуп. Ҽнак 150 грамм еиҳамзароуп ауаҩы ача иифо.
Ашәыри ауҭраҭыхи
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ашәыри ауҭраҭыхи ауаҩы шаҟа иҭаху ифар ауеит. Урҭ даара ауаҩы изы ихәарҭоуп. Урҭ ауаҩы ицәеижьы аусура еиӷьыртәуеит. Ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи зегьы ауаҩы изеиӷьуп, аха урҭ рахьтә иҟоуп еиҳа иалкааны изеиӷьқәоугьы. Зегь раасҭа ауаҩы изеиӷьуп: аҵәа, абҳәарҩа, агреипфрут, абанан, аргәыцқәа (аҵыҵындра, ашьхарыжь, ашьхарпаҿа, амаахыр) акиви, аца, ажь, акарпыжә, амыҵмыџь. Зегь раасҭа ауҩы изеиӷьу ауҭраҭыхқәа: брокколи, ажьаҷыркәа, ахәылрҳәы, аҷархал, ашпинат, апомидор, аџьымшьы, абаклаџьан, аџыш, амахәыда, апарпыл хаа, аҟәыд, акарклаш, ацыца, аххылақәа. Ааԥын ауаҩы еиҳарак изеиӷьуп ауҭраҭыхқәа ирылхыу асалаҭ. Уажәы ишәыдаагалоит ауаҩы даара изеиӷьу, зыҟаҵара мариоу асалаҭ: Уи азы иаҭахуп: асалаҭ абыӷьқәа, аиаҵәара, анаша, аџьыкхыш, ахәша, абжьеи. Аиаҵәара хыхтәуп иссаны, асалаҭ абыӷьқәа, анаша еизыхәхәан ихыхтәуп. Аџьыкахыш, абжьеи, ахәшеи аҭаны еилшәырх. Ари асалаҭ ауаҩы игәабзеира иазеиӷьуп.
Акәаци акәтаӷьи
[аредакциазура | акод аредакциазура]Акәац ауаҩы хымԥада иифаша фатәуп. Уи ауаҩы изеиӷьу рацәаны иалоуп. Аха акәац бзиа алхра даара иуадаҩуп. Ибжьысхьоу акәац ауаҩы иԥырхагахар алшоит. Ирҵаау акәац аахәара иаԥсам. Зегь раасҭа ауаҩы изеиӷьуп акәац жәны афара. Ижәу акәац аиаҵәара иацуфар ҟалоит.
Ахшхарҵәы
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ахши ахшлыҵи зегь раасҭа ихәарҭоу фатә хкны иршьоит. Ахш – аԥсҭазаара аӡы, ашьашкәакәа ҳәа иашьҭоуп. Ахш – аԥшқацәа рзы раԥхьаӡатәи фатәуп. Ахшхарҵәы ҳәа ишьоуп: ахш, ахарҵәы, ахаҷа, ашә, ахҷаҭ. Ахши ахшхарҵәи ауаҩы ибаҩқәа даара ирзеиӷьуп, избанзар, кальци рылоуп. Ахәыҷқәеи абыргцәеи рыбаҩқәа арыӷәӷәаразы хымԥада ирҭахуп.
Иуфар иҟамло?
[аредакциазура | акод аредакциазура]Адунеи аҿы зқьыла астатиақәа рыҩуеит ауаҩы иԥырхагоу афатәқәа ирызкны. Ус еиԥш иҟоу афатәқәа рахь иаҵанакуеит: ачипсқәа, агаз змоу аӡрыжәтәқәа, ирласны акрыфаразы иҟоу афатәқәа, амаионез, аџьыкхыш, ашьақар, арыжәтәџьбара, аҭоубарқәа, иӡу афатә, ахаа-мыхаа.
Аӡы
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аӡы ауаҩы ицәеижь арыцқьоит, ишоура шьақәнаргылоит. Ауаҩы ицәеижьы ашша ԥхӡны иалнахуеит. Аӡы зымжәуа ауаҩы ицәеижьы иаԥырхаго ашҳамқәа рҽеизыркуеит, урҭ ирыхҟьоит ачымазарақәа. Аӡы шаҟа шәзыжәуа шәыжәла!
Акрыфашьа аԥҟарақәа.
[аредакциазура | акод аредакциазура]Акрыфараан аӡыжәра бзиаӡам. Иара убас, аӡыжәра шәарҭоуп ауаҩы даныҩуа, ма ибаҩ анирҵәуа.
Шәмыццакӡакәа акрыфара шәҽазышәшәала. Ауаҩы дмыццакӡакәа акранифо, афатә арсара изымариоуп, иифогьы ихаҳауеит. Уи адагьы, афатә адкылара уҩаы изеиӷьуп шьыбжьышьҭахьынӡа. Шьыбжьышьҭахь нахыс, иахьынӡауала имаҷны акрышәфала, избанзар, усҟан ауаҩы афатә арсара еиҳа ицәыуадаҩуп.
Крыфаншьҭахь, ашәыр шәымфалан. Ашәыр акрышәфаанӡа ишәфала – еиҳагьы еиӷьуп ҩ-сааҭк раԥхьа.