Перейти к содержанию

Иааҳакәыршоу аԥсабара Адунеизегьтәи амш

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Иааҳакәыршоу аԥсабара Адунеизегьтәи амш — азгәарҭоит есышықәса рашәарамза 5 рзы. Уи рыдкылан Еиду Амилаҭқәа Рхеилак Ассамблеиа Ахадара XXVII-тәи асессиаҿы. Аԥсабараҿ иҟоу аклимат аҽыԥсахрақәа рпроблема азгәаҭо, Еиду Амилаҭқәа Рхеилак атәылақәа, ауаажәларрақәа рахь аҳәара ҟанаҵоит азҿлымҳара арҭаларц аҳауа иалало ахылҩа-ԥсылҩатә газ ацәынхақәа реиҵатәра, насгьы иаднакылоит аусмҩаԥгатәқәа, хықәкыс измаз аенергиа альтернативтә хыҵхырҭақәа рхархәареи абнақәа рыхьчареи. Ирацәамзар ҟалап атәылақәа адунеи аҿы, ас Аԥсны дгьыл аҿы еиԥш асубтропикатә ҵиаақәеи, апальмақәеи аԥшаҳәа иаԥну акыр жәа-километрақәак рнаҩс иахьуԥыло аҵааршәқәеи, еснагь асы зқәыжьу Кавказтәи ашьхеибаркыра Хада. Жәаҳәарада, Аԥсны аԥсабара “екологиатә камертонуп”, уи иара ареспублика адгьылҵакыра аҳәаақәа рынҭыҵгьы анырра ҟанаҵоит.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Природа Абхазии/Куфтырева Н.С., Ш.В. Лашхия, Ред. Е.С. Милявская, техред. М.Д. Хахмигери, корр. З.А. Шарашкина. - Сухум: АБГИЗ, 1961. - 341 с.
  • Бганба В.Р. Экология и мораль/Б.Р. Бганба. - Сухум: Алашара, 1991. - 86 с.