Перейти к содержанию

Занҭариа, Даур Баӡ-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Даур Баӡ-иԥа Занҭариа

Даур Баӡ-иԥа Занҭариа (аур. Даур Бадзович Зантария; лаҵарамза 251953 ш., Тамшь ақыҭа, Очамчыра араионнанҳәамза 72001 ш., Москва) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит 1953 шықәса лаҵарамза 20 рзы Тамшь ақыҭа, Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 2001 шықәса нанҳәамза 7 рзы Москва, джуп Тамшь ақыҭан.

1975 шықәсазы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт афилологиатә факультет. 1984 шықәсазы Москва ақалақь аҿы акиносценаристцәа иериҳау ркурсқәа дырхысит. 1977-1981 шықәсқәа рзы аус иуан ажурнал «Амцабз» аҿы, 1988-1992 шықәсқәа раан — Аԥсны ареспублика акультура афонд аҟны.

Хадарала ибаҩхатәра алшарақәа ааирԥшит апроза ажанр аҿы, дыҩуан аԥсышәала анԥш урыс бызшәалагьы.

Раԥхьатәи ипоезиатә рҿиамҭақәа акьыԥхь рбеит а-70-тәи ашықәсқәа.

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 938-939