Перейти к содержанию

Занҭариа, Владимир Константин-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Владимир Константин-иԥа Занҭариа
Владимир Константинович Зантария

Владимир Константин-иԥа Занҭариа
Аира цәыббрамза 271953 ш.
Тамшь ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР
Аԥсра хәажәкырамза 212026 ш.
Аусура аԥсуа поет, алитератураҭҵааҩ, акритик, ажурналист, Аԥсны ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы
Атәылауаҩра Аԥсны Аҳәынҭқарра
Алма-матер Абхазский государственный университет

Владимир Константин-иԥа Занҭариа (аур. Владимир Константинович Зантария; цәыббрамза 271953 ш. Тамшь ақыҭа – хәажәкырамза 212026 ш.) — аԥсуа поет, алитератураҭҵааҩ, акритик, ажурналист, Аԥсны ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (2012), Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (2019). Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (2015). СССР-и (1980) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999). Урыстәыла ажурналистцәеи Аԥсны ажурналистцәеи Реидгылақәеи (1980) ажурналистцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи Рконфедерациеи (2006) рлахәыла. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2016; ажәеинраалақәа реизга « Бзанҵы» азы). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара (2018). Дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи.

Аҵара иҵон Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1975) «Аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи» азаанаҭ ала. Аамҭак азы рҵаҩыс аус иуан Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1976-1977 шш. рзы Асовет аррамаҵура дахысуан. 1977-1978 шш. раан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акорреспондентс дыҟан, 1978-1979шш. раан акәзар, - Аԥсуа радио акорреспондетс. Ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәыра аредакторс (1979-1980), аредактор хадас (1980-1990), ахантәаҩыс (1993-1994) аус иуан. 1990-1991 шш. рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1992-1997 шш. раан – Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Апарламент адепутат, 1997-1999 шш. – Аԥсны акультура афонд ахантәаҩы, 1999-2001 шш. – Аԥсны акультура аминистр, 2001-2004 шш. - Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ. 2008 ш. инаркны аус иуеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – аинцеклопедиа аҟәша аиҳабыс (2008-2014), алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩыс (2014 ш. инаркны). 2014–2020 шш. раан – Аԥсны Ахада иабжьагаҩ. 2024 ш. раахыс – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩыс дыҟан.

2006 ш. Аԥсуаҭҵаара аинститут аҟны ихьчеит акандидаттә диссертациа «Аԥсуа лирика арҿиара амҩақәа (атрадициақәеи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи)», 2012 ш. акәзар, адоктортә диссертациа «Аԥсуа лирикеи амилаҭтә сахьаркыра- философиатә дкылашьеи».

1970-1980-тәи ашықәсқәа раан аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, иара убас ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Аидгылара» аԥҵара.

Иажәеинраалақәеи илитература-критикатә статиақәеи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Ф. А. Искандер, А. Т. Аџьынџьал, Т. Шь. Аџьба, Р. Ҳ. Смыр, Г. Шь. Аламиа, В. Л. Аҵнариа, Т. М. Ҷаниа уҳәа рырҿиара иазкны ирнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Абаза», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва), алитературатә еизгақәа «Ерцахә» (аурысшәахь еиҭаганы, Аҟәа, 1981), «Однажды в апреле» (аурысшәахь аиҭага, Қарҭ, 1982), «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра - Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа егьырҭгьы.

В. Занҭариа авторс дрымоуп иналукааша аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхҩцәа, аполитикцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа (Б. У. Шьынқәба, Ф. А. Искандер, В. Г. Арӡынба, И. Н. Воронов, В. В. Гамгиа уҳәа егьырҭгьы) ирызку ателехәаԥшратә очеркқәа, насгьы апериодикатә кьыԥхь ианылон иҵару ипублицистикатә статиақәа.

Аԥсшәахь еиҭеигеит М. Лермонтов, Ф. Тиутчев, А. Блок, Н. Гумилев, Б. Пастернак, В. Бриусов, А. Ахматова, О. Мандельштам уҳәа рырҿиамҭақәа, Мураҭ Иаган идоуҳатә автобиографиа «Сара сааит Кавказ шьханхыҵнтәи».

  • аԥсышәала: Аҿымҭра абжьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979.
  • Ахьышьҭрахь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1980.
  • Аицышәҭымҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
  • Абас ауардыншьҭра сышху… Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986.
  • Ибжеиқәа-бжашлоу са сдунеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990.
  • Аҽқәеи амзеи. Ажәеинраалақәа реизга. Аҟәа, 2003.
  • Ҩаӡамакьат аԥҽыхақәа. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи. Аҟәа, 2006.
  • Саамҭа-сыԥшатлакә. Алирика. Аиҭагамҭақәа. Аҟәа, 2008.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аиҭагақәа. Апародиақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.
  • Аԥсуа лирикеи амилаҭтә сахьаркыра-философиатә дунеихәаԥшра адкылашьеи. Аҟәа, 2011.
  • Амҽхак. Алитература-критикатә статиақәа, арецензиақәа. Аҟәа, 2012.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: …И мир оскудеет, когда мы уидем. Стихи. Сухуми, 1998.
  • Забытое Слово. Стихи. Переводы. Сухум, 2005.
  • Абхазская тетрадь. (Очерки и эссе). Сухум, 2007.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 936