Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш (лаҵарамза 18) — амзар аҿы ицәырҵуеит 1977 шықәса рзы, Жәларбжьаратәи амузеиқәа рсовет аԥшьгарала. 1978ш. рзы Жәларбжьаратәи амузеи амш азгәарҭо иалагеит 150 тәыла инареиҳаны.

ХIХ ашә. 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аԥсны аҭоурых абзиабаҩцәа ирхәыцит ауааԥсыра ирылыргарц аекспонатқәа еиҿыркаарц азы Аҟәа амузеи. Рыцҳарас иҟалаз, ари аԥшьгара иаԥырхагахоит излагаз 1877-1878 шш. аибашьра. Уи ашьҭахь амузеи азҵаара ықәдыргылоит аентузиастцәа ргәыԥ 1913 шықәса рзы. Еиҿкаахоит аколлекциақәа реизгара нап азыркыз Ахеилак, ҩ-уаҭахк рҿы иҩназ еизыргаз амаҭәарқәа рхыԥхьаӡара 610 рҟынӡа инаӡон. Аофициалла амузеи аартра мҩаԥган лаҵарамза 17, 1917 шықәса рзы. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә музеи иахьа ареконструкциа ҿыц азуны аусура иаҿуп.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Картинная галерея Абхазского Государственного музея: путеводитель; М-во Культуры Абхазкой АССР. - Сухуми: 1982. - 12 с.
  • Пачулия Л. В здании Абгосмузея предстоит капитальный ремонт//РА. - 2009. - 10-11 фев., (№ 14). - С.1