Еныкь, Леонид Шамел-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Леонид Шамел-иԥа Еныкь (диит рашәарамза 21960 ш.) — Аԥсны аҿыханҵаҩ.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә академиа. Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы директорс дыҟан, иамаз афонд ахьчареи аиҭарҿыцреи азуреи дазааԥсон. Л.Ш. Еник иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура министрс аус иуан. Иахьатәи аамҭаз иара А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿ дырҵаҩуп. Леонид Шамел-иԥа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла имҩаԥнагоз ацәыргақәҵақәа Аԥсни аҳәаанырцәи дрылахәхахьан: Ҭырқәтәыла, Италиа. Иусумҭақәа ыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы, иара убас аҳәаанырцә, ахатә коллекциақәа рҿы.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Абхазское искусство: живопись. Скульптура. Графика. Декоративно-прикладное искусство. XX век//Мин-во культуры РА; Союз художников РА; СПб. абх. об-во «Апсны». - Сухум: СПб.: «Рус.классика», 2004. - 136 с.
  • Абхазы/Отв. ред. Ю.Д. Анчабадзе, Ю.Г. Аргун; Ин-т этнологии и антропологии им. Н.Н. Миклухо - Маклая РАН; Абхазский ин-т гуманитарных исследований им. Д.И. Гулиа. - М.: Наука, 2007. - 551 с.