Драндатәи аепископцәа ртәарҭа
Драндатәи аепископцәа ртәарҭа, Драндатәи аепархиа — Аԥсны абжьарашәышықәсатә аепархиа. Ишьаҭаркын X ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Анцәа Иан лыхьӡала Дранда иҟоу ауахәамаҿы (VI-VIII ашә.). Иаԥҵан Аԥсны (мраҭашәаратәи Қырҭтәыла) акаталикосат иаҵанакәаз епархиак аҳасаб ала. Қырҭтәыла акзаара аепоха аан (XI-XV ашә.) Қырҭтәыла акаталикос-патриарх инапаҵаҟа иҟан, XV ашәышықәса анҵәамҭазы иаку аҳра аполитикатә аилаҳара ашьҭахь, Аԥсны (мраҭашәаратәи Қырҭтәыла) акаталикос инапаҵаҟа иҟан.
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]XVI ашәышықәсазы Одышьтәи аҭауадра анышьақәгыла ашьҭахь, Одышь ахада дықәиргылон Драндатәи аепископ, дшьақәирӷәӷәон Аԥсны акаталикос. Драндатәи аепископцәа ртәарҭа иаҵанакәан Кәыдры аӡиаси Анаҟәаԥиеи (Афон Ҿыц) рыбжьара иҟаз аҵакырадгьыл. Драндатәи аепархиа аԥшьаҩыхада Драндатәи ҳәа ахьӡ алоуп дышдыру. Иахьазы еицырдыруа аԥшьаҩыхадацәа дреиуп Раԥхьатәи Драндатәи Саба (XI ашәышықәса алагамҭа). Уи иӡбахәы ҳәоуп иара ихаҭа иҿеиҵаз Иоанн Агәырӷьаҿҳәашаҳәаҩы исахьаԥшьа иану адҩылаҿы. Иара инеҩс дыҟан Драндатәи Арсени (XI ашәышықәса агәҭа). Иара Гьаргь Мҭаҵминдатәи Ҭуен (XI-XII ашә.) цәыббратәи иматериалқәа реизгара далахәын; XI-XIII ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит Иерусалим иҟоу Џьвари аберҭыԥ асахьақәа анызҵаз Григол Драндатәи иоуранагӡара. Иара иӡбахә ҳәоуп Џвари аберҭыԥ аӷапқәеи аберҭыԥ афрескеи рҿы. Синатәи ашьха аԥсқәа ршықәсҩыраҿ дануп XVI ашәышықәса аҩбатәи азбжазы инхоз Николоз Драндатәи. Ҭоԥуриӡеаа рышьҭратә шәҟәы аҿы (1484-1510 шш.) иӡбахә ҳәоуп XIV-XV ашә. раан инхоз Ҭевдоре Драндатәи; Мықәтәи акафедра иахагылаз аепископ хада Елиа ихьӡ уԥылоит XVI ашә. актәи ахԥарак инаркны. Ихьӡ уԥылоит иара иҿаҵала иӡахыз Мықәтәи аомофораҿ иҟаҵоу ақәҩыра аҿы. Ишдыру ала, XVI ашә. 40-тәи ашықәсқәа рзы аус иуан амитрополит Филипе Драндатәи. Уи Имереҭи аҳ Баграт III (1510-1565 шш.) иԥшьгарала 1543-1549 шш. рзы имҩаԥгаз мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәаматә еизара далахәын, абри еизараҿ ацәаҩашәатәи ауахәаматә нормақәа рықәныҟәаразы аус адырулеит “Акаталикосцәа рзин”. XVI ашә. анҵәамҭеи XVII ашә. алагамҭеи рзы аԥсуаа Анаҟәаԥиа аҟынтә Кьалашәырынӡа Одышьтәи самҭавро иатәыз аҵакырадгьыл рпанаҿы иааргеит. Убри амшала, Драндатәи аепископцәа ртәарҭа атерриториа маҷхеит. 1630 шықәса рашәара мзазы аӡиас Кәыдры алаларҭа ааигәара, Одышьтәи абаӷәаза Скәырча иҭалаз аӷба дҭатәан италиатәи амиссионер, доминикатәи абер Џьовани Џьулиано да Лука. Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ иара диԥыланы, аепархиахь днаиԥхьеит. Доминикатәи абер Анцәа Иани Ацқьа Андриеи рыхьӡала Дранда иҟаз ауахәамақәа дырҭааит. Амиссионер хымзи бжаки Одышь дыҟан, ари аамҭа иалагӡаны, Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ иоуп аԥшәмара изызуаз. Анаҩс, аԥшәма асас Қобулеҭинӡа днаскьеигеит. Италиатәи амиссионер Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ ибзианы дихцәажәеит, уи иҩымҭаҿ ишазгәеиҭаз ала, Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ анцәаимаҵзуҩы ицәҩыча ныҟәызго ауаҩы хазына иоуп, аха, ихьӡ џьаргьы иҳәом. Ари ауаҩы Драндатәи аԥшьаҩыхада Евдмон Џьаиани иакәзар ҟалап. Уи Драндатәи акафедра анапхгара азиуан XVII ашә. актәи ахԥарак азы. 1637 шықәса лаҵаразы Османтәи амшынтә десант Драндеи уи акәша-мыкәша иҟаз адгьылқәеи еимырҵәеит. Убри анеҩс, хара имгакәа, 1639 шықәсазы Одышьтәи самҭавро иаҭааит Урыстәыла аҳ Михаил Романов (1613-1645 шш.) ицҳаражәҳәаҩцәа адикәан Ф. Елчини апап П. Захариеви. 1640 шықәса жәабран азы, дара Дранда ианыҟаз, Драндатәи архиереи иԥылеит, аха ихьӡ џьаргьы иазгәарҭом. Аурыс ацҳаражәҳәаҩцәа рдыррақәа рыла, Драндатәи акафедралтә ныхабаа аҿы Анцәа, Анцәа Иан, Иоан Аӡаахҩы уҳәа уб. егь. рныхачаԥақәеи, адамра иҭаз аџьари, ацқьа Барбаре иԥшьоу лыхәҭақәеи рбеит; уааҵәҟьа, иԥшьоу ахәҭақәа ирываҵан даҽа аџьаркгьы. Ацҳаражәҳәаҩцәа абарҭ иԥшьоу ахәҭақәа иаазгада, иабантәааргеи ҳәа ианҵаа, архиереи ишреиҳәаз ала, аҭырқәцәа аныхабаа ианақәла, ашқәсанҵа иблит, ҿырҳәала игәалашәом. XVII ашә. 60-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуаа, еиҭах Одышьтәи самҭавро иажәылеит, усҟан Одышь аҩада - мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟаз ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи рҟынтә, Драндатәи аепархиагьы уахь иналаҵаны, атәыла аҩнуҵҟатәи араионқәа рахь, иаҳа ишәарҭам аҭыԥашҟа ииаргоит ауахәаматә шәҟәқәа, аныхачаԥақәа, аџьарқәа уҳәа, ауахәаматә инвентар. Абас ауп ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Иоанн Ахьҿы иныхачаԥа (XI ашә.) Драндантәи Шәантәылаҟа ишнагаз; акафедралтә ныхабааи аепархиеи иртәыз иакымкәа аџьарқәеи, ауахәаматә шәҟәқәеи, аинвентари иԥсаҟьаны иаанхеит. XVII аш. 60-тәи ашықәсқәа раан Дранда архиеиреи дыҟамызт. 1664-1666 шш. рзы Одышь иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макарос идыррақәа рыла, уи аԥсуаа рнаҭара аус Мықәтәи аепископ инапы ианиҵеит, аха Драндатәи акафедра макьана иаԥыхымызт. 1681 шықәсазы аԥсуаа Одышьтәи самҭавро аҩада - мрагыларатәи ахәҭа, аӡиас Келашәырынтә аӡиас Егрисҵҟали аҟынӡа (уажәтәи Аалӡга) рнапаҿы иааргеит, убри ашьҭахь Драндатәи аепископцәа ртәарҭа аԥыхын, избан акәзар, аԥсуаа ирымпыҵархалаз атерриториаҿы ақьырсиантә уахәамақәа аусура зрылшомызт.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ბატონიშვილი ვახუშტი, აღწერა სამეფოსა საქართველოსა, ტექსტი დადგენილი ყველა ძირითადი ხელნაწერის მიხედვით ს. ყაუხჩიშვილის მიერ, - „ქართლის ცხოვრება“, ტ. IV, თბ., 1973;
- დომინიკანელი მისიონერი ჯოვანი ჯულიანო და ლუკას ცნობები აფხაზეთსა და სამეგრელოზე, წგნ.: ი. ტაბაღუა, საქართველო ევროპის არქივებსა და წიგნსაცავებში, III, თბ., 1987;
- მაკარი ანტიოქიელი, ცნობები საქართველოს შესახებ, არაბულიდან თარგმნა თ. მარგველაშვილმა, კრ. „არმაღანი“, III, თბ., 1982;
- Посольство дьяка Федота Ельчина и священника Павла Захарьева в Дадианскую землю (1639-1640 гг.), в кн. С. Белокуров, Материалы для русской истории, М., 1988;
- ე. თაყაიშვილი, არქეოლოგიური ექსპედიცია ლეჩხუმ-სვანეთში 1910 წელს. კრ. „დაბრუნება“. ქართული ემიგრანტული ლიტერატურა, ტ. II, თბ., 1983;
- ს. კაკაბაძე, სასისხლო სიგელების შესახებ, „საისტორიო მოამბე“, წ. II, ტფ., 1924;
- ბ. კუდავა, დასავლეთ საქართველოს ეკლესია (IX-XIსს.), ნაშრომი ისტ. მეცნ. კანდიდატის სამეცნ. ხარისხის მოსაპოვებლად, თბ., 2002;
- ე. მეტრეველი, მასალები იერუსალიმის ქართული კოლონიის ისტორიისათვის (XI-XVIIსს.), თბ., 1962;
- ბ. ხორავა, დრანდის საეპისკოპოსო, კრ. მართლმადიდებლობა აფხაზეთში და ეროვნული თვითიდენტიფიკაციის საკითხები, თბ., 2005;
- ბ. ხორავა, დრანდის საეპისკოპოსო, ენციკლოპედია საქართველო, ტ. 2, თბ., 2012, გვ. 493;