Дадышь, Кәасҭа
Кәасҭа Дадышь | |
---|---|
Мырзаҟан Дадышь | |
Шәантәылатәи аҳра аҳ | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 1841 – 1858 | |
Аԥхьа иҟаз | Ҭаҭархан Дадышь |
Аҭынха | Аҳра ықәган |
| |
| |
Ахатәы хьӡы | კონსტანტინე დადიშქელიანი |
Аира |
1826 Ԥари, Шәантәылатәи аҳра |
Аԥсра | 1858 |
Атәылауаҩра | Қырҭтәыла |
Аԥҳәыс | Русудан Чачба |
Ани аби | Мариам |
Кәасҭа, ма Мырзаҟан Дадышь (ақырҭ. კონსტანტინე დადიშქელიანი; 1826 – 1857) — 1841 ш. инаркны 1857 ш. рҟынӡа мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ашьхаратә тәылаҿацә Шәантәыла аҵыхәтәантәи аҳ (мҭавари) иакәын.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҳ Михаил (Циоҟ) Дадышь иԥеиҳабы, диит Ԥари 1826 шықәсазы. 1841 шықәсазы иаб иԥсра ашьҭахь аҳра иуан. Уи ианду Гиго-ҳаным лрегентра аҵаҟа дыҟан, лара 1842 шықәсазы Дадышьаа аҟәшақәа рыбжьара иҟалаз аидысларақәа раан дыԥсит. Иара убри ашықәс аан аҭ. Ҭаҭархан аҳс дҟалеит.
Кәасҭа анапхгаратә мчрақәа инагӡаны идикылеит 1846 азы. Уи Урыстәылатәи Аимпериа ахьӡала ахьыԥшыс даанхеит, аха ихьыԥшымрагьы иман. Дадышьаа рыбжьара иҟаз адинастиатә еиҿагылареи, Урыстәылатәи анапхгара азымӡырҩра, Ҟрымтәи аибашьраан (1854–1856) ргәы ҭынчымра иахҟьаны Урыстәыла ишиашоу русқәа аҽаланархәит. 1858 ашықәс азы Кавказ аҳмада аҭ. Алықьсандр Бариатински адҵа ҟаиҵеит Шәантәыла бџьарла агара. Кәасҭа аиҿцәажәарақәа иалихит, аха 1858 шықәсазы цәыббрамза 11 азы дҭырцеит, насгьы Ериванҟа ахҵәара ддәықәырҵеит. 1858 шықәсазы жьҭаара 27 рзы Қәҭешь имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи аудиенциаҿы аҭыԥантәи аурыс агубернатор Алықьсандр Гагарини иареи еибарԥсит, хҩык аусзуҩцәеи агубернатори иишьит. Кәасҭа данҭарк ашьҭахь, арратә ӡбарҭаҿы иус ӡбаны дыршьит[1].
Аҭахцәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Кәасҭа Дадышь, 1849 шықәсазы ԥҳәысс дааигеит Абжьыуа анапхгаҩы Алықьсандр Чачба иԥҳа ― Адылҳан, лӡаахра ашьҭахь Русудан (1828-1866)[2]
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ Ленг Девид Маршалл, Иҿыцу Қырҭтәыла аҭоурых, Лондон, 1962.
- ↑ Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ, 2007.