Давиҭгареџьа
Давиҭгареџьа — афеодалтә шәышықәса Қырҭтәыла улаԥш иҵашәо арелигиатә-культуратә центрқәа руакы, аберҭыԥтә аҳаԥқәа ркомплекс. Игылоуп Сагареџьо амуниципалитет аҵакырадгьылаҿ, Қарҭ аҟынтәи алада-амрагыларахьала 60-70 акилометраҿ, Гареџьи ахыхь. Аберҭыԥтә комплекс имаҷу ахәҭа (Берҭубани) Азербаиџьан аҵакырадгьылаҿ иҟоуп. Удабно, Чичхитури аберҭыԥқәа аимак рзалоуп Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара.
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Акомплекс иаԥҵахеит VI ашәышықәса I абжаҿ ассириатәи абацәа руаӡәк, Давид ила. Уи иҵаҩы Лукиане дицны днеит Гареџьи Удабно ахьы, дынхеит имаҷу, иԥсабаратәу аҳаԥаҿ. Абас ашьаҭакхеит аберҭыԥ, иарбану анаҩстәи ашәышықәсақәа рҿы идырхаз Давид Лавра ихьӡала.
Давид Лавра Гареџьи аберҭыԥтә анхара ацентрны иҟан. Аамҭақәак рыҩныҵҟала уи аҿгақәа ацлеит. Гареџьа аҭоурыхтә ахыҵхырҭақәа рҿы иарбоуп, “Гареџьи ашьхарацәатә Аҭормети аберҭыԥ” еиԥш. “Қарҭли анхара иҳанаҳәоит: аҳ Деметре II иаан асадун “Иҿиеит аус бзиа аберҭыԥ, ауаа рзы, иарбану уи инхаратә амшқәа иазикит Аҭормети Удабно Гареџьтәи, ахы иақәиҭыитәит атәыла Гареџьи, амаҵ иуан аҳ Деметре иаан”. Академик Г. Чубинашвили Гареџьи аберҭыԥқәа “Аҭормети” ҳәа ахцәажәара азҵаара дзаҩсуамызт, аха инапы ианыз адыррақәа мацара бжь-берҭыԥк алокализациа алшара инаҭон, абриазы даҽа аҵарауаҩцәа иреиԥшны уигьы “Ҭормети” ақьырсиантә религиаҿ ирыларҵәоу асимволтә асакралтә рыцхә иадиҳәалон.
Вахушти Багратиони идыррала, “Гареџьи ашьха иҟоуп аберҭыԥ ацаҟьа иаҿцәаауп, ауада лашьца, ацынаҳа, аплант; аӡын иԥхоу, аԥхын ихьшәашәоу. Зегьы збо дтәоуп архимандрит, Чихтитури дтәоуп аԥшьаҩы, Давид-Гареџьи архимандрит, Берҭубани аԥшьаҩы. Еиҳамызт аберҭыԥқәа иахьанӡа, аҟәышрала иҭәны, мацара хәба роуп инхаз”.
Платон Иоселиани, Давид Лавра ада, еиқәииԥхьаӡоит еиҭа жәеиза аберҭыԥ: Аԥсҭалара идыргәаҟыз, Берҭубани, Додо атәыҩа, Иоан арккаҩы, Чичхитури, Ауада шкәакәақәа, Маӷазана(аҳаԥы), Қалагори, Верангареџьа, Пирукуӷмари.
Вахтанг VI ихатә ажәынраалакаҿ дахцәажәоит Давид Лавра, Берҭубани, Чичхитури, Арккаҩы, Идыргәаҟыз, Додо.
Аберҭыԥқәа рсиа иаҳԥылоит акаталикостә анхарақәа “Сиҭархантәи Гуџьари”: “... Иори аҟны аберҭыԥ Сиони, аберҭыԥқәа рҵакырала… Давид инышәынҭра, Додо атәыҩа, аберҭыԥ, ацәҳәыратә алагалажәала”. Ҭеимураз Ҭодуа игәаанагарала, “Иори аҟны иҟоу аберҭыԥ Сиони” Сиони акәзароуп, аха ахатә ҵакырала Гареџьа аберҭыԥқәа ирыдҳәалам, абриазы иарбоу абаҟа урҭ рхыԥхьаӡараҿ алагалара Ҭодуа агәыҩбара амоуп ҳәа иԥхьаӡоит.
Заатәи афеодалтә шәышықәса аҵакырадгьылтә еихшара иахәаԥшны, Гареџьа аберҭыԥқәа, Кахети аԥскәабазра аладатәи аҳәаатә зонаҿ еиҳа заа Камбечани, мацара анаҩстәиаан Кухети аҵакырадгьыл иаанкылан ипыман. Абри аберҭыԥқәа Мтквари иаваҵаны ишьҭоу Гареџьа ашьхақәа, Иври арха ҵаҟатәи акәша-мыкәшаҿ иҭыԥырку ацаҟьа-цәҳәырақәа рҿы ишьҭоуп.
Анаҩстәиаан маҷ-маҷ еиҿкаахеит хара-хара ишьҭоу иҿцәаау аберҭыԥқәа ркомплексқәа: Идыргәаҟыз, Арккаҩы, Чичхитури, Ауада шкәакәақәа, Додо атәыҩа, Ацәҳәыра, Аԥсҭалара идыргәаҟыз, Берҭубани, Аҳаԥы, Қолагири, Аҭагәаҩарақәа, Верангареџьа, Пирукуӷмари, Аҭагәаҩарақәа маҷқәа.
Давидгареџьи аберҭыԥқәа рыуранагӡара улаԥш иҵашәо, акрызҵазкуа факторны иҟалеит ақырҭуа жәлар арелигиатә еиԥш, убас акультуратә рыԥсҭазаараҿ. XII ашәышықәса алагамҭаҿ Давид IV Аӷмашьенебели Давиҭгареџьи аберҭыԥқәа аҳра ахатәраны иҟаиҵеит, дацхраауан урҭ реиӷьтәраҿ. Аберҭыԥқәа рхы иақәиҭтәын аҳәынҭқарратә шәахтәқәа рҟынтә. 1265 амонголцәа рыр Берка-хан ихадарала идырбгеит, еиларыжьит Давидгареџьа, уи аҵакырадгьылқәа. Давиҭгареџьа ацәҳәыра, Кахети ахсаалаҿ
XIV ашәышықәса I абжаҿ, Гиорги V Брҵҟинвале(ацырцыр) иаҳраан, Давиҭгареџьа иӷәӷәоу аполитикатә, аекономикатә центрны иҟалеит. Аберҭыԥқәа ахылаԥшҩцәа иалахәын аҳратә зал аусураҿ, атәыла ауахәаматә усқәа рнапхгараҿы. XIV ашәышықәса аҵыхәтәаны Ҭемур-ленг зныкымкәа иқәыларақәа раан, аберҭыԥтә ԥстазаара еилаҳаит. 1424 ашықәсаан Александр I аду Давиҭгареџьа Мцхеҭатәи Светицховели апатриархаттә уахәама иаиҭеит. 1616-1617 ашықәсқәа раан Аџьамтә ар идырбгеит, аберҭыԥқәа иқәыххеит. 1639 шықәсазы Ҭеимураз I ирҿыцит абри аберҭыԥтә ԥстазаара XVIII ашықәсан Давиҭгареџьа еиҭа аҳ инапаҵаҟа иҟалеит. Уи иаҵанакуан анхара дуқәа, ақыҭақәа, убраҟа инхоу анхацәа аберҭыԥ амаҵуҩцәас иԥхьаӡан. Давиҭгареџьа аберҭыԥқәа XIX ашәышықәса иалгаанӡа иҟан. Давиҭгареџьа аберҭыԥтә комплекс, Гареџьа ашь-хеибаркыра (Mont Garedgia) Гииом Делили ә, Сулхан-Саба Орбелиани ила еиқәыршәоу ахсаалаҿ, иарбану иҭыжьхаз Париж 1723 шықәсазы.
Давиҭгареџьа аберҭыԥ аргылара ахатә ашыкьымҭа Қырҭтәыла азеиԥш амилаҭтә, акультуратә-политикатә аизҳараан, XII-XIII ашәышықәсақәа рынҵәамҭаз инагӡахеит. Давиҭгареџьаҿ ицәыргахеит аберҭыԥтә ԥстазаареи аргылареи ахатә ҵас, афрескатә асахьаркыра ахатә школ.
Абри апериодтә Давиҭгареџьа аберҭыԥ асахьа иубартә еиԥшым ԥахьатәи апериодтә аберҭыԥ. Ихадоу ауахәамақәа, ацынаҳақәа рҿы ԥахьатәи амариара ацынхәрас ахы цәырнагеит адура, адуӡӡара, аинтерес иҭбаау, ихақәиҭу аиужьразы. Агәышьҭанҵара еиҳа иарӷәӷәон ихадоу ауахәамақәа, азеиԥш ацынаҳақәа рыҭӡқәа рынҵамҭақәа. Давиҭгареџьа асахьаркыра иалукааша акраҵанакра ананашьоит актиторцәа рсахьа рацәақәа, Қырҭтәыла аҳцәа рпортреҭқәа (Ҭамар аҳкәажә, уи лԥа Гиорги IV Лаша - Берҭубани ауахәама, уажәтәи аамҭаз - аҟазаратә аҳәынҭқарратә музеи, Қарҭ; аҳ Деметре II Ҭавдадебули - ацәҳәыра аберҭыԥ ачгаратә уахәама асахьаркыра). Актиторцәа рпатреҭқәа ашәагаала акырӡа иреиҳауп арелигиатә аперсонажцәа рсахьақәа, иарбан ишаҳаҭу ақырҭуа аҟаза ихьыԥшымкәа Авизантиатә аҟазара ала изакәанырку асхемақәа рҟынтә. Иазгәаҭатәуп Берҭубани ацынаҳа асахьанҵамҭа, иарбану агәырӷьаччаратә, идуу агәышьҭанҵара узҭоу. Удабно ихадоу ауахәамаҿ иануп асценақәа Давид Гареџьтәи иԥсҭазаара аҟынтә иара убас аинтерес аҵоуп Удабно аберҭыԥ Иҳараку(Амаӷлеба) ауахәама Апсида асахьанҵамҭагьы, иарбану иалкаау ицәажәоу асахьақәа рыла, адинамикала.
Игәиану афеодалтә шәышықәсаҿ хазтәи аберҭыԥтә комплекс дара-дара еимадан ахьчаратә, ардырратә абаашқәа рыла, иарбанқәоу ҳара ҳҟынӡа ахыжәжәарақәа рсахьала иааит. Аинтерес аҵоуп аҵыхәтәантәи ашәышықәсақәа (XVII, иалукаартә XVIII ашәышықәса) хазтәи аҳаԥқәа, иарбанқәоу анышәла ишьыху аҩычарала еиқәыршәоуп.
Еиуеиҧшым аамҭаз Давиҭгареџьа аберҭыԥқәа рҿы амаҵ руан Оноԥре Гареџьтәи (XII ашә.), Деметре I, Оноԥре Маҷутаӡе (XVII-XVIII ашәышықәсақәа рынҵәамҭа), Сулхан-Саба Орбелиани, Бесарион Бараҭашвили-Орбелиани, Николоз Черқезишвили (XVIII ашә.), Габриел Саӷинашвили (XVIII ашә.), Григол Додорқели, Антон I, Тимоти Габашвили, Габриел Амаҷ, уб. егь. Гареџьтәи амаҵуҩцәа ирыҩуан анапылаҩырақәа, ишьақәдыргылон аизгақәа, иацхраауан акультуратә даҽа хыҵхырҭақәак. Давиҭгареџьа аҟны ихьчан анапылаҩырақәа ибеиоу рфонд.
Қырҭтәыла-Азербаиџьан аҳәаа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Давиҭгареџьа амузеи-ҳәырԥсарра аҟны имҩасуа ареставрациатә-адаптациатә усурақәа аҭҵаарадырратә напхгаҩы, архитектор-реставратор Ҭемыр Абрамишвили 80 ашықәсқәа раан еиқәиршәеит апроект, иарбану Берҭубани аберҭыԥ аҵакырадгьыл Қырҭтәыла ССР аҳәаақәа рҿы аҭагалара иахықәкын, избанзар Гареџьа аберҭыԥтә комплекс аилазаара ирҿыцхарц. Абриазы ҩ-ҳәынҭқаррак адгьылқәа еиҭнырыԥсахыракәын. Хыхь иарбоу апроект абаҟақәа рыхьчаратә ихадоу анапхгара Қырҭтәыла ССР КП ихадоу акомитетаҿ иаднагалеит, абри ахырхарҭала аусурагьы иалагеит.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- დოლიძე ვ., ლომინაძე ბ., მუსხელიშვილი დ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 3, თბ., 1978. — გვ. 339.
- Г. Чубинашвили, «Пещерные монастыри Давит Гареджи», Тб., 1948
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- დავითგარეჯა (საგარეჯოს რ-ნი) (ნ.1) | საქართველოს ისტორიულ ძეგლთა ბიბლიოგრაფიული ლექსიკონი
- დავითგარეჯა (საგარეჯოს რ-ნი)(ნ.2) | საქართველოს ისტორიულ ძეგლთა ბიბლიოგრაფიული ლექსიკონი
- დავითგარეჯა (სამონასტრო კომპლექსი; საგარეჯოს მუნიციპალიტეტი) | ქართველოლოგიური წიგნებისა და კრებულების ფოტომასალის აღწერილობა
- ემუქრება თუ არა საფრთხე დავით გარეჯს // InterPressNews – 23-03-2011