Перейти к содержанию

Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа

Ари астатиа ибзиоуп Аԥсуа википедиа аҿы. Шәара даҽа аинформациақәа ара ишәгоит.
Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Дырмит Гәлиа
Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа
Ахатәы хьӡы Гач Урыс-иԥа Гәлиа
Аира жәабранмза 21, 1874 ш.
Уарча
Аԥсра мшаԥымза 7, 1960 ш.
Агудзера
Аусура ашәҟәыҩҩы
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа,
Аурыс бызшәа,
Ақырҭуа бызшәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа,
Асовет Еидгыла
Анашьамҭақәа орден Ленина,
орден Трудового Красного Знамени,
медаль «За доблестный труд в Великой Отечественной войне 1941—1945 гг.»

Дырмит Иосиф (Урыс)-иԥа Гәлиа[1] (аур. Дмитрий Иосифович Гулиа; жәабранмза 9 (21), 1874 ш., Уарча ақыҭа, Урыстәылатәи аимпериамшаԥымза 71960 ш., Агәыӡера ақыҭа, Аԥснытәи АССР, Қырҭтәылатәи ССР, СССР) — Аԥсны Жәлар рпоет, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист.

Абаҟа Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа, Аҟәа

Дырмит Есыф-иԥа Гәлиа диит 1874 шықәса хәажәкырамза 21, Уарча ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы.

Азеижәтәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы, амҳаџьырра аан ԥшьышықәса зхыҵуаз Д. Гәлиа иҭаацәеи иареи хырҵәаны, имҳаџьырцәаны, Османтәи аимпериа, Трабзон агаҿа инанагеит.

Дырмит иаб Урыс ааӡаб ихганы, 1878 шықәсазы иҭаацәа иманы уахьынтә дыбналаны Аԥсныҟа дхынҳәит. Ихырҵәаны ианыргоз иццышәыртәыз иҭыӡҭыԥ данахыла, «инхарҭа ҭыԥ аҿы анхара данақәиҭырымтә, уи аҭыԥ иамариашаны нырцә, ҿыц ихәышҭаара ашьапы икит».

Нырцә ҳәа Д. Гәлиа араҟа дызҿу Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәаҿы ишьҭоу, Аӡҩыбжьа ақыҭа ауп, амҳаџьырра иагаанӡа Дырмит иаб Урыс Кәыдры арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҟны — Уарча — дынхон.

Аҩреи аԥхьареи иҵеит аашықәса данырҭагылаз, ақыҭаҿтәи апап иҟны: Гач ҳәа хәыҷы хьӡны изарҳәоз Д. Гәлиа уи ишҟа мчыбжьык ахьтә ҩымш-хымш дныҟәон. Убри инаркны Урыс Гәлиа иҷкәын хәыҷы диманы ҩышықәса Аҟәа Ашьхарыуаа ршкол ахь дцо-даауа дыбжьан, ашкол ашә дылагылан, иҷкәын дрыдыркыларц.

Ахышықәса раан, 1885 шықәсазы, Д. Гәлиа Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол апансионат (аинтернат) даанахәоит. Уи зеиӷьыҟам ала далгоит 1889 шықәсазы: ахыркәшаратә ԥышәарақәа раан ииҭиуаз жәа-маҭәарк рахьтә ааба рзы «ибзиаӡоуп» изықәдыргылт, ҩба рзы «ибзиоуп».

Иара убри 1889 шықәсазы, Д. Гәлиа, Қырҭтәыла, Гори (Хонтәи) ақалақь аҿы, Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩцәа рсеминариа дҭалоит, аха иҵара хиркәшартә еиԥш дзыҟамлеит: ԥшьымзҟа рышьҭахь ичымазара иахҟьаны иҵарагьы аанижьыр акәхеит.

Убарҭ ашықәсқәа раан изыҟалеит агәырҩа дугьы: 1891 шықәса жьырныхәа мзазы иан дыԥсит, 1893 шықәсазы — иаб, 1894 шықәсазы — ианду.

Урҭ ахҭысқәа апоет игәалаиршәоит абас: «Дук мырҵыкәа, абарҭ ашықәсқәа раан, сан дыԥсит. «Испанка» иагеит сандуи саби. Сара урҭ Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәаҿы аҵла ду амҵан анышә инаҭаны, аҩны ахадара ааныскылт. Сашьеи саҳәшьеи ааӡатәны исыман». Урт — Ивани Екатеринеи ракәын.

Абринахыс, егьа иҽазикызаргьы, Д. Гәлиа ҵараиурҭак дҭалартә дзыҟамлеит. «Абасала, — иҩуан иара, — сара ԥшьышықәсеи ԥшьымзи ракәын ашколқәа рҟны аҵара анысҵоз, иара уигьы инеиԥынкыланы акәымкәа... Уи ашьҭахь сара рҵаҩцәас исыман ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи».

Арҵаҩцәа рсеминариахьтә даныхынҳә, Д. Гәлиа, зназы Екатериновка зыхьӡыз, Аҟәа иаԥныз қыҭак аҿы рҵаҩыс аус иуан. Уаҟа 1890-1891 шықәсқәа рзы аҵаҩцәа аурыс бызшәа иаирԥхьон.

1892 шықәсазы Ашьхарыуаа рышкол ахылаԥшҩы (иахьатәи ала — адиректор) К. Маҷавариани иареи иеицхырааны Қарҭ иҭрыжьуеит аурыс графика шьаҭас измаз «Аԥсуа нбан».

Уи ашьҭахь, Д. Гәлиа активла далахәын иара убри ашықәсан Аҟәатәи аепархиаҿы адинхаҵаратә шәҟәқәа аԥсышәала реиҭагаразы еиҿкааз Акомиссиа аусура.

Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы анбан шәҟәы аԥҵара, иара убас аиҭагаратә ус нап анаиркы инаркны маҷ-маҷ ашьапы акуеит Д. Гәлиа ирҿиаратә, илитературатә усура. Изныкымкәа излаигәалаиршәоз ала, убасҟан ауп уи, уарлашәарла акәзаргьы ихатә жәеинраалақәагьы аԥиҵо даналага.

Убри апериод азы Д. Гәлиа аамҭакала Очамчыра аучасткаҿы, Аҟәа аокруг аначальник иусҳәарҭаҿы уҳәа ҭырџьманс (еиҭагаҩыс) акыр шықәса аус иуан, уахи-ҽни ауаажәлар дрылан, арзаҳалқәа, ашшыԥхьыӡқәа уҳәа рзеиҭеигон, дырзааԥсон.

1904 шықәсазы, Д. Гәлиа арҵаҩратә ҵараиурҭа дшалымгацызгьы, идырреи иԥышәеи ҳасаб рзуны, Кавказтәи Арҵаратә аокруг ахылаԥшҩы иҟнытә алагарҭатә школқәа рҿы азин иоуеит арҵаҩра.

Д.Е.Гәлиа жәлар ршкол арҵаҩы ҳәа ахьз анирҭа, рҵаҩыс аус иуан Кәтолтәи (1904-1905), Кындыӷтәи (1905-1908), Тамшьтәи (1908-1912) ашколқәа рҿы.

1912 шықәсазы Д. Гәлиа иԥсҭазаараҿы иҟалеит иразҟыӡбагахаз хҭыс дук — Қарҭ аԥсышәала иҭыҵуеит уи раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга — «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» - аԥсуа сахьаркыратә литература хацзыркыз, ауасхыр азышьҭазҵаз ашәҟәы. Уи епиграфс иамоуп: «Аҽы ԥсыр - адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр - ажәа иҭынхоит».

1912 шықәсазы Д. Гәлиа диасуеит Аҟәаҟа, Араҟагьы ҩаԥхьа арҵаҩра ус хациркуеит, зны-зынлагьы ҩыџьара-хыџьара иусура еилеигӡоит. Аамҭакала аус иуеит: Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿы, Ашьхарыуаа рышкол аҿы (1912 шықәса), Ареалтә училишьче аҟны (1914), анаҩс, 1915 шықәса инаркны 1921 шықәса рҟынӡа аус иуеит Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿы (1921 шықәса инаркны асеминариа арҵаҩратә техникум ҳәа ахьӡырҵоит,

Абри асеминариаҿы Д. Гәлиа екстерн ҳасабла қәиарала аԥышәара дахысуеит, убри иабзоураны, иара излаигәалаиршәо ала, 1919 шықәсазы абжьаратәи аҵараиурҭақәа рҿы официалла арҵаҩра азин иоуеит. (Уи атәы акыр инарҭбааны иазааҭгылоуп «Зыхьӡ камшәо» зыхьӡу Х. С. Бгажәба ишәҟәы аҿы — Аҟәа, 1977 ш.).

Убарҭ ашықәсқәа раан Д. Гәлиа ауасхыр азышьҭеиҵоит аԥсуа периодикатә кьыԥхь — шьаҭаркҩыс дамоуп 1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны». Иара иоуп уи раԥхьатәи аредакторгьы (1919-1921).

Уи аамҭа апоет абас игәалаиршәоит: «Иакымкәа-иҩбамкәа ашколқәа рҿы аус зуан, уахык ала ҩышә тетрад ирыгыу ирыбзоу саналгалакь ашьҭахь акәын алитература аус нап анасыркуаз, хазы, «Аԥсны аҭоурых» ҳәа изҩырц иҟаз ашәҟәы азгьы аматериалқәа реизгара саҿын».

Арҵаҩцәа рсеминариаҿ акәзар, иҵаҩцәа (И. Когониа, М. Аҳашба, Ив. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа уҳәа) ицырхырааны иаԥшьигоит анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа». Арҵаҩратә семинариа аҵаҩцәа рымчала иеиҿикаауеит адраматә кружок. Уи иахылҿиааит Д. Гәлиа дызхагылаз раԥхьатәи Еиҭаҵуа Аԥсуа театр.

1921 шықәсазы, Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла, мшаԥымза инаркны Дырмит Есыф-иԥа днарыԥхьоит Ареспублика ҿыц анапхгара ашҟа — Ареволиуциатә Комитет (Аревком) Жәлар рҵара аҟәшахьы. Араҟа уи аԥсуаа рҵарадырра иазку аҟәша еиҳабыс даман. Хықәкыла арҵага шәҟәқәа реиҭагареи, реиқәыршәареи аус рыдиулон, аҵарадырра аус ашьҭыхра дазааԥсон.

Иара убри ашықәс нанҳәамза инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Аҵара ус азы Жәлар ркомиссариат Амилаҭқәа рыҟәша Аԥсуа секциа дахагылоит, уаҟагьы инапы ианын аҵарадырра, ашәҟәҭыжьырҭа, асахьаркыратә литература, аиҭагара.

Иара убас 1921 шықәсазы уи ирҿыцны еиҿикаауеит Аԥсны ақыҭақәа рҿы анхаҩы жәлар рҿаԥхьа иқәгылоз, аларҵәара ду змаз Еиҭаҵуа Аԥсуа театртә гәыԥ. Д. Гәлиа иаԥиҵаз Еиҭаҵуа атеатр урҭ ашықәсқәа раан Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа ирыҵаркуа ақыҭақәа жәпакы рҿы аспектакльқәа рыманы иқәгылон, аларҵәара дугьы аман. Аамҭакала Д. Гәлиа аус шиуц иуан Аҟәатәи арҵаҩратә техникум аҿы, имҩаԥигон акрызҵазкуаз еиуеиԥшым ауаажәларратә усура.

1924-1926 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәа акурс дырзаԥхьоит, убри инацҵаны, излаигәалаиршәо ала, аԥсуаа рҭоурыхгьы рзеиҭеиҳәоит. Қарҭынтәи Аԥсныҟа даныхынҳә, Аԥсны аиҳабыра рҿы еиҭагаҩ ҷыдас дҟарҵоит, аԥсышәала аусмҩаԥгара ашьақәыргылара дацхраауеит. 1926-1928 шықәсқәа рзы Аԥсуа рҵаҩратә техникум аҿы аҭоурых дирҵоит, аԥсуа алфавит аԥсахразы имҩаԥысуа аусура активла ихы алаирхәуеит. .

1927 шықәса жьырныҳәазы Д. Гәлиа бжьыҭирала далырхуеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахантәаҩыс (академиа еиҿкаан 1925 шықәсазы ауаажәларратә хаԥшьгарала, академик Н. Марр ибзоураны).

Д. Гәлиа уаҟа аус иуан 1930 шықәса рҟынӡа - Академиа ацынхәрас Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку аҭҵаарадырратә-еилкааратә институт (ашьҭахь - АБНИИ) еиҿкаахаанӡа.

Уи анеиҿкааха инаркны, Д. Гәлиа аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩцәа дыруаӡәкын, аус иуан иԥсҭазаара далҵаанӡа: 1938 шықәса рҟынӡа ҭҵаарадырратә усзуҩын, 1938 шықәса инаркны, Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум излашьақәнарӷәӷәаз ала, ҭҵаарадырратә усзуҩы усзуҩы еиҳабыс.

30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа Д. Гәлиа иҭҵаарадырратә усура инаваргыланы, рҵаҩыс аус шиуц иуеит Аҟәатәи еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҿы, 1938 шықәса инаркны Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт адоцент ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

1937 шықәсазы Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум иҟанаҵаз ақәҵарала, аԥсуа бызшәеи афольклори ирызкыу иҭҵаарадырратә усумҭақәа рзы Д. Гәлиа адиссертациа имырхьчаӡакәа ианашьан аетнографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара.

1927 шықәса инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Анагӡаратә Центр акомитет (ЦИК) аилазаара далан.

1928 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа далалоит, 1934 шықәсазы — СССР ашәҟәҩҩцәа Реидгыла.

1929 шықәсазы Д. Гәлиа ихҵан Аџьа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыр хьӡы, 1937 шықәсазы - Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Д. Гәлиа Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилазаарахь депутатс далырххьан ԥшьынтә: 1938 шықәса (актәи ааԥхьара), 1947 шықәса (аҩбатәи ааԥхьара), 1951 шықәса (ахԥатәи ааԥхьара), 1955 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара); 1942 шықәса ԥхынҷкәын мза инаркны Аԥсны АССР Иреиҳазоу Асовет Апрезидиум аилазаара даларҵеит, Аԥсны Иреиҳазоу Асовет депутатс дыҟанаҵгьы уи аилазаара далан.

1949 шықәсазы Д. Гәлиа ианашьан Ленин иорден.

Д. Гәлиа ҩынтә СССР Иреиҳазоу Асовет ашҟа депутатс далырххьан: 1954 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара), 1958 шықәса (ахәбатәи ааԥхьара).

1957 шықәсазы Дырмит Гәлиа Ленин ихьз зхыу апремиа аиуразы дықәыргылан (агазеҭ «Известиа», жьырныҳәа 17, 1957 ш.).

1957 шықәсазы, 83 шықәса зхыҵуаз апоет иаԥиҵоит иреиӷьу ипоезиатә рҿиамҭақәа руак: «Абри соуп сара».

Дырмит аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалахьан ҩынтә, раԥхьа, 28 шықәса данырҭагылаз, 1902 шықәсазы уи динасыԥхеит Џьгьарда ақыҭан инхоз апап Сарпиан (Серапион) Чхьеиӡе иԥҳа - Мариа Чхьеиӡе-ԥҳа (лан д-Амҷԥҳан).

Агәалашәарақәа рҿы изларҳәо ала, Марина мыцхәы иԥшӡаз, иеинаалаз аӡә лакәын, ҵараиурҭак далымгацызт, аха аҩреи аԥхьареи лдыруан.

Мариа Чхьеиӡе-цҳа диит 1885 шықәсазы, лыԥсҭазаара далҵит 1903 шықәсазы, ахшараиура дахыԥсааит. Джуп Џьгьарда ақыҭан, лани лаби рывараҿы.

Аҩынтә раан Д. Гәлиа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалоит 1911 шықәсазы 37 шықәса данырҭагылаз. Усҟан Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿы аҵара зҵоз Елена Андреи-иԥҳа Бжьалаа (1893-1979) дихатәҩызахоит.

Д. Гәлиеи Е. Бжьаала-ԥҳаи хҩык ахшара рхылҵит. Аиҳабы - Гьаргь Гәлиа (1913-1989) еицырдыруа шәҟәыҩҩуп; Ишьҭанеиуаз Владимир Гәлиа (1914) дынџьнырын, аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы хабарда дыбжьаӡит; рыԥҳа заҵәы - Татиана Гәлиа (1919-1997) — инеиԥынкыланы акыр шықәса аус луан А. М. Горки ихьз зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҿы, ддоцентын, аҵыхәтәан Д. Гәлиа иҩны-амузеи еиҳабыс дыҟан.

«...Ашәҟәыҩҩы изы, - иҩуан Д. Гәлиа,- даара акыр иаԥсоуп ицхрааша, иҩызахаша аԥҳәыс даниднагала. Сара исылсыршаз жәаџьара ишаны хәҭакгьы сзыҟаҵомызт алитературеи аҟазареи рзы зыԥсы ҭыхны изкыз Елена Андреи-иԥҳа лакәмызҭгьы.»

Д. Гәлиа 1958 шықәсазы ииҩыз иавтобиографиаҿ иҳәоит:

«...Иџьашьатәӡам узнысыз амҩа угәы иахәоу иамыхәоу, иахьынӡахәҭоу ажәлар рымаҵ узума ҳәа уаҩ дсазҵаар.

Анс-арс ҳәа акәымкәа, иаахҵәаны аҭак ҟасҵоит абас: ааи, сара исылсыршаз маҷысшьом, избанзар, наџьнатәгьы сара иҟасҵоз зегьы гәыкала акәын ишыҟасҵоз. Аха иҟасҵахьоу аҵкыс хараӡа еиӷьны исылсыршар ҟалон, зегь раԥхьа иҟаҵатәу, зегь реиҳа хадара злоу ҳәа аханатә сусқәа еилкааны исымазҭгьы. Сара сгәамчи сылшареи сыԥсаҟьон, зны апоезиа шьҭых'уа, зны анаукахь сеихо мацара. Иҟалап, алитература мацара схы азкны аус зур еиҳа еиӷьызҭгьы. Иҟалап ус акәымзаргьы!

Ауаҩытәыҩса ҿыц нап злеикуа аус аҿы инамцхәны агәамч ақәирӡуеит, аиашазы, идыррагьы аҽарҭбаауеит, иазҳауеит. Ари — егьыбзиоуп, иагьуԥышькласуеит.

Зны-зынла исԥырхагахалоз даҽа мзызк ыҟан. Амыцхә «армара» зҽадызхалоз ҩызцәақәак «адунеи зегьтәи ареволиуциа» асахьа иҭырхуаз аҿы Аԥсны цәыкәбарк иаҟарамкәа исдырбо ианалагалакь, аиашами ишәасҳәаша, скалам сымҟәыҵшәаны икашәон. Инықәбаны ицаша цәыкәбарк азы аџьабаа батәума? Аха аԥсҭазаара иснарбаз уи ауп, иара убри ацәыкәбар азыҳәаҵәҟьа аџьабаабара иаԥсоуп. Гәыкала аџьабаа базар - уи ацәыкәбар џьаргьы иқәба изцаӡом.

Акгьы амыхьӡакәа иаанхоит».

Исахьаркыратә ҩымҭақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ, 1912 шықәса.
  • Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы. Даҽа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ, 1913 шықәса.
  • Ажәеинраалақәеи, ахьӡыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь. Д. Г. икнытә. Аҟәа, 1923 шықәса.
  • Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1933 шықәса.
  • Аԥсуа частушкақәа. Аҟәа, 1934 шықәса.
  • Ашарԥы-еҵәа. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1937 шықәса.
  • Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса.
  • Иҩымҭақәа. Сухуми - Аҟәа. 1950 - 1954 шықәсқәа.
  • Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ҩ-томкны. Аҟәа, 1956 - 1957 шықәсқәа рзы.
  • Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ԥшь-томкны. Аҟәа, 1956, 1957, 1958, 1962 (аԥшьбатәи атом) шықәсқәа рзы.
  • «Иалкаау Аԥсуа лирика» асериаҿ. Дырмит Гәлиа. Аҟәа, 1967 шықәса.
  • Ҳара ҳпартиа. Ажәеинраала. 43 бызшәа рыла еиҭаганы. Аҟәа, 1973 шықәса.
  • Сабдуи ааԥынреи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983 шықәса.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ф-томкны. Аҟәа, 1981 - 1986 шықәсқәа.

Ипоезиатә еиҭагамҭақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ, 1912 шықәса.
  • Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы. Даҽа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ, 1913 шықәса.
  • Ажәеинраалақәеи, ахьӡыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь. Д. Г. икнытә. Аҟәа, 1923 шықәса.
  • Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1933 шықәса.
  • Аԥсуа частушкақәа. Аҟәа, 1934 шықәса.
  • Ашарԥы-еҵәа. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1937 шықәса.
  • Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса.
  • Иҩымҭақәа. Сухуми - Аҟәа. 1950 - 1954 шықәсқәа.
  • Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ҩ-томкны. Аҟәа, 1956 - 1957 шықәсқәа рзы.
  • Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ԥшь-томкны. Аҟәа, 1956, 1957, 1958, 1962 (аԥшьбатәи атом) шықәсқәа рзы.
  • «Иалкаау Аԥсуа лирика» асериаҿ. Дырмит Гәлиа. Аҟәа, 1967 шықәса.
  • Ҳара ҳпартиа. Ажәеинраала. 43 бызшәа рыла еиҭаганы. Аҟәа, 1973 шықәса.
  • Сабдуи ааԥынреи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983 шықәса.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ф-томкны. Аҟәа, 1981 - 1986 шықәсқәа.

Аԥсшәахь иеиҭагоу адинхаҵаратә шәҟәқәа рахьтә

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • Иҳақәиҭу Иисус Христос Иевангелие Цқьа. Матфеии, Марки, Лукаи, Иоаннии ирыкнытәу. Карҭ, 1912 шықәса (Араҟа Д. Гәлиа аиҭагаҩцәа хадацәа дреиуан, акорректура зкызгьы иара иакәын, ҽакала иуҳәозар, аҭыжьымҭа атекст даредакторын. Дырмит Есыф-иԥа уаанӡагьы дрылахәын акымкәа-ҩбамкәа аныхаԥшьатә шәҟәқәа реиҭагара аус, иҟоуп ихала иеиҭеигақәазгьы).

Аҭоурых иазку аусумҭақәа рахьтә

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • История Абхазии. Том первый. Тифлис, 1925 г.

Алитература, абызшәаҭҵаара, ажәарқәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • Материалы по абхазской грамматике /Дополнения и разъяснения к книге П.К.Услар «Абхазский язык». Аҟәа - Сухум, 1927 г.
  • Алитературеи абызшәаҵареи ртерминологиа. Аҟәа, 1930 шықәса.
  • Иааркьаҿны аԥсшәа аорфографиа. Аҟәа, 1935 шықәса Аурысшәахьтә аԥсшәахь иеиҭагоу Жәлар /азеиԥш/ политикатә-терминологиатә жәар. Аҟәа, 1935 шықәса

Жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рахьтә

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • Абхазские пословицы, загадки и скороговорки (на абхазском и русском языках). Тифлис, 1907 г.
  • Аԥсуа жәаԥҟақәеи, ажәарццакқәеи, ацуфарақәеи. Ҩынтә ҭыжьра еиҳа ихарҭәааны. Аҟәа, 1921 шықәса.
  • Аԥсуа жәаԥҟақәеи, ацуфарақәеи, ажәарццакқәеи, аомонимқәеи, аомографқәеи, ажәлар амшцәгьа еилыргашьас ирымоуи, амцхаҵарақәеи, аҭәҳәақәеи реизга. Аҟәа, 1939 шықәса
  • Аԥсуа жәлар рпоезиа. Еиқәдыршәеит Д. Гәлиа, Х. С. Бгажәба (ашәҟәы иамоуп Д. Гәлиа иацхьажәа). Аҟәа, 1941 шықәса; аҩбатәи, ихарҭәаау аҭыжьра - 1972 шықәса.
  • Арҭ, инеиԥынкылан акыр жәашықәса иҭыҵуаз арҵага шәҟәқәа, ахрестоматиақәа рҿы, инарҭбаан аҭыԥ рымоуп Д. Гәлиа еиҳа ихарҭәаау итомқәа рҿгьы иуԥымло, убарҭ ирылаӡны икоу иоригиналтә рҿиамҭақәа - иажәеинраалақәа, иеиҭагамҭақәа, акыр зҵазкуа ажәа кьаҿқәа, ажәа хьыршәыгәқәа.
  • К. Мачавариани, Д. Гулиа. Абхазская азбука. Молитвы, X заповедей и присяжный лист. Тифлис, 1892 г.
  • Аԥсуа шәҟәы. Аԥсуа школқәа рзы. Аҩбатәи аҭыжьра. Қарҭ-Тифлис, 1911 ш.
  • Иара убас Асовет аамҭазы иҭыҵуаз Д. Гәлиа иеиқәиршәаз, иаԥиҵаз арҵага шәҟәқәа, ахрестоматиақәа: «Аԥсуа бызшәа. Аҩбатәи акласс азы. Аҟәа, 1934 шықәса», «Алитературазы ахрестоматиа. Ахәбатәи акласс азы. Аҟәа, 1934 шықәса», «Алитературазы ахрестоматиа. Ажәбатәи ажәабатәи аклассқәа рзы. Аҟәа, 1939 шықәса», «Аԥсуа бызшәа. Аԥшьбатәи акласс азы» уҳәа иҵегьы.

Раԥхьаӡатәи Аԥсуа календар (амзар)

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • Раԥхьаӡа аԥсышәала иҭыҵыз Аԥсуа Календар (Амзар). Стиль ҿыцла. Аҟәа, 1920 шықәса
  • Аиашьа — Гәлиа Иуан Иасыф-иԥа;
  • Аиаҳәшьа — Гәлиа Екатерина Иасыф-иԥха;
  • Аԥа — Гәлиа, Гьаргь Дырмит-иԥа — иналукааша аԥсуа советтә шәҟәыҩҩы;
  • Аԥа – Гәлиа Владимир Дырмит-иԥа – дынџьнырын;
  • Амоҭа — Гәлиа, Нурбеи Владимир-иԥа — аҵарауаҩ, афизик, апрофессор;
  • Амоҭа - Гәлиа Дырмит Гьаргь-иԥа, дҭоурыхҭҵааҩын;
  • Амоҭа – Гәлиа Татиана Гьаргь-иԥҳа, атеатрҭҵааҩы, ацҳаражәҳәаратә усзуҩы;
  • Амоҭа – Гәлиа Гьаргь Гьаргь-иԥа, ажурналист, аҭоурыхҭҵааҩы;

Исахьаркыратә ҩымҭақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ 1912 шықәса.

Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса. Ажәеинраалақәи, ахьӡыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь.

  • Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901.
  • Советская энциклопедия, «Асоветтә Енциклопедиа Ду» (аур. Большая советская энциклопедия), 3-тәы аҭыжьра, 30-тәи атом. Москва, 1974.
  1. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901