Перейти к содержанию

Гәдаатәи Барбара ацқьа луахәама

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Гәдаатәи Барбара ацқьа луахәама (ақырҭ. გუდავის წმინდა ბარბარეს ეკლესია) — Аԥсны Гәдаа ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан VI-VII ашәышықәсқәа рзы. Галтәи амуниципалитет Гудава ақыҭан иҟоу архитектуратә баҟа. Ауахәама игылоуп Самурзаҟано адәкаршәраҿы, Оқәым аӡиас армарахьтәи аҟәараҿы, 12 км. рыла Гал ацентр иацәыхараны. Ауахәама иргылан VI-VII ашәышықәсқәа раан.

Аҭоурыхтә қыҭа Гудава иаҵанакәан уажәтәи ақыҭақәа: Актәи Гудава, Аҩбатәи Гудава, насгьы, Гудава иаҵанакәаз егьырҭ атерриториақәагьы. Археологиатә ажрақәа раан ишеилкаахаз ала, Гудава аҭыԥаҿы ауаҩы дынхон ҳ.ҟ. II азқьышықәса анҵәамҭазгьы. Икьасоу антикатә аамҭеи заатәи абжьаарашәышықәсақәеи рзы Гудава - ақалақь еиԥшыз еиланхарҭан, абаа ала ихкаан, Зигани, ма Зегани ахьӡала акәын ишдырыз. Гудаватәи абаа Римтәи аимпериа иатәыз Азиа Маҷ апровинциақәа рыхьчаразы идыргылоз абаақәа рсистема иаҵанакәан. Аҵарауаа ргәаанагарала, ажәытә абырзентәи византиатәи аепоха ахыҵхырҭақәа рҿы зыӡбахәы ҳәоу Зигани абаа Гудаватәи абаа акәзар ҟалап. IV ашәышықәса анҵәамҭеи V ашәышықәса алагамҭеи азы араҟа игылан римаа ркогорта. VII- X ашәышықәсақәа раан Лазика иҟаз аепископцәа ртәарҭақәа ԥшьба руакы Гудава акәын иахьыҟаз. Ишдыруа ала, X ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы иеиду Қырҭтәыла раԥхьатәи аҳ Баграт III Багратиони Гудаватәи аепископцәа ртәарҭа иаԥыхны, уи ацынхәрас Бедиа акафедра ҿыц аԥиҵеит : „Бедиа атәарҭа иргыланы, аепископцәа ртәарҭас иҟаиҵеит, Гудава аепископцәа ртәарҭа ацынхәрас“. Мрҭашәаратә Қырҭтәыла арегион аҿы Константинопольтәи ауахәама Гудава асахьала ашьаҭа ӷәӷәа аман, убри аҟынтә, Гудаватәи аепископцәа ртәарҭа аԥыхра - иаку ақырҭуа афеодалтә монархиа арӷәӷәареи азеиԥш ақырҭуа уахәаматә политика аԥҵареи акәын изызкыз. Убри анеҩс, Гудава, ауахәаматә центр ду аҳасабала, ахыҵхырҭақәа рҿы иарбам. 1654 шықәсазы Арханџьело Ламберти еиқәиршәаз ахсаалаҿы иарбоуп „Гуда“. Гудава абааи егьырҭ аҭоурыхтә ргыламҭақәеи рхыжәжәарақәа рылагьы иубарҭоуп еиуеиԥшым аҭоурыхтә епохақәа раан абри ақыҭаҿы иакымкәа ауахәамақәа шыҟаз. Иахьанӡагьы иаанханы иҟоуп азалтә хкы иаҵанакәа ауахәама ахыжәжәарақәа, уи еиуеиԥшым аамҭақәа раан имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьаҭа анубаалоит. Азалтә хкы иаҵанакәа ауахәамақәа абжьарашәышықәсақәа раан ақырҭуа ауахәаматә архитектуразы иҟазшьарбаган. Убри аҟынтә, аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа инрықәыршәаны, Гудаватәи ауахәама аргылара ҵаҟатәи архонологиатә аҳәаа VI-VIII ашәышықәсақәа ракәзар ҟалап, насгьы, XV, ма XVI ашәышықәсазы ауахәама аиҭашьақәыргылара аҭыԥантәи афеодал Рабаҭи иара иԥшәма Нугамҵиреи рыхьӡқәа ирыдҳәалоуп, дара рыхьӡқәа ҳәоуп ауахәама аргыларатә ктитортәи адҩылаҿы.

Гудаватәи ауахәама адҩылақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гудаватәи ауахәама агәараҿы аарԥшуп ахаҳәҟьаԥс, аҭыԥантәи ауааԥсыра ишырҳәо ала, ари ахаҳә ауахәама аладатәи аҭӡамц ибжьаргылан. Ахаҳәҟьаԥс ҩ-хәҭакны ишоуп, аорнаметқәа рыла иҩычоу арамка иҭаргылоуп. Уажәазы ахаҳәҟьаԥс С. Джанашьиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи ахаҳәтә баҟақәа рфонд аҿы ишьҭоуп. Ахаҳәҟьаԥс аорнаментқәа рыла иҩычоу арамrа иҭагылоуп, уи ахаҳәҟьаԥс армарахьтәи аганахьалагьы инагӡоит, уаҟа аџьар асахьа зныз абри аҩызаҵәҟьа арамка иҟан. Уи аиаалатә ган уажәгьы ахаҳә аҿы иубараҭоуп. Инеизакны, ахаҳәҟьаԥс 3 хәҭак рыла ишьақәгылоуп, рыхԥагьы рҿы адҩылақәа иҟоуп. Аџьар асахьа ахьаныз актәи ахәҭа адҩыла:

«„ჯ(უარ)ჲ ქ(რისტე)სი“»

Аџьар ҵаҟатәи ахәҭаҿы армарахьала иҟоу адҩыла:

«„[სუ]ლი დეკ(ანოზისა) შ(ეიწყალე)ნ ღ(მერთმა)ნ.“»

Ахаааҳәҟьаԥс ақәыԥшылара агәҭаны иҟоуп 4 цәаҳәак рыла ишьақәгылоу, ақырҭуа асомҭаврули адҩыла, уи хԥаны иҟоу аибаркыра акәыршоуп. Ахаҳә хыхьтәи арӷьарахьтәи акәакь иԥҽуп, убри амшала адҩылаҿы графемақәак аԥхасҭа роуит:

«„სულსა რაბ[(ა)ჲს] შ(ეუ)ნდ(ვნე)ს ღ(მერთმა)ნ და მეუ[(ღლეს)ა მისა ნუგამწირას შ(ეუ)ნდ (ვნე)ს ღ(მერთმა)ნ.“»

Ишаԥу ала, ақырҭуа епиграфикатә баҟақәа рҿы, ауахәамақәа рфасадқәа рҿы, идуӡӡоу ауахәаматәи иуахәаматәыми ахаҿқәа ргәаларшәаратәи, ауахәама зыргылаз аҟазаҩцәа, мамзаргьы, аԥара алазҵаз ауааԥсыра ирызку ктитортәи адҩылақәа ҟарҵон, убри аҟынтә, адҩыла атекст аҿы Рабаҭи, Нугамҵиреи, адикәани, аҭыԥантәи афеодалтә ҭаацәара алахәылацәеи, адоуҳатә хаҿқәеи рыӡбахәы ҳәоуп, Гудаватәи ауахәама аиҭашьақәыргылара аан, дара рхала, рыхьӡқәа камшәо иҟарҵон. Адҩылаҿы иарбоу аԥҳәыс лыхьӡ „Нугамҵира“ мраҭашәаратә Қырҭтәыла ономастиказы ҟазшьарбагоуп. Адҩыла XV ашәышықәса иаҵадыркуеит, ари адҩыла шьақәнарӷәӷәоит XV-XVI ашәышықәсақәа рзы Гудаватәи азалтә уахәамаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥгаз.