Гыцба, Леванти Борис-иԥа
| Леванти Борис-иԥа Гыцба (Гыц Асԥа) | |
|---|---|
| Левантий Борисович Гицба (Гыц Аспа) | |
|
Леванти Борис-иԥа Гыцба (Гыц Асԥа) | |
| Аира |
рашәарамза 7, 1945 ш. Бзыԥҭа ақыҭа, Гагра араион, Аԥснытәи АССР |
| Аусура | аԥсуа шәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы |
| Атәылауаҩра | Аԥсны Аҳәынҭқарра |
Леуанти Борис-иԥа Гыцба (ԥсевдонимс имоуп Гыц Асԥа) (аур. Левантий Борисович Гицба (Гыц Аспа); рашәарамза 7, 1945 ш., Аԥсны, Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭа) – аԥсуа шәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы. Ианашьоуп Леон иорден (2000). Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәала (1997), ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Дыҩуеит аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵара иҵон Бзыԥтәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны (1953-1964). 1964 ш. аррамаҵура ашҟа иԥхьоит, иуалԥшьа наигӡон Мрагыларанаскьатәи афлот аԥырҩцәа реилазаараҿы; 1965 ш. аррамаҵура аанижьит игәабзиара аҭагылазаашьа инамаданы. 1969-1974 шш. рзы аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа-англыз аҟәша аҟны. Ленин истипендиа иоуан. Астудентцәа рыҭҵаарадырратә гәыԥ ахантәаҩыс дыҟан. 1974-1991 шш. раан – Бзыԥҭатәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны аԥсуа бызшәеи, алитературеи, англыз бызшәеи дирҵон.
Л. Гыцба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын. 1977ш. «Аԥсуа шәҟәы» знапы аҵазҩыз 130ҩык дыруаӡәкуп. Декабр 10 рзы (Қырҭтәылатәи ССР Аконституциа ҿыц анрыдыркылоз, уи аҟны Аԥсны Автономтә Республикак аҳасабала Қырҭтәыла аилазаараҿы иаанхон) ашәҟәы шьҭын СССР Иреиҳаӡоу Асовет VIII асессиеи Апрезидиуми, КПСС Ацентр Комитет Аполитбиуро, хаҭала КПСС Ацентр Комитет Амаӡаныҟәгаҩ хада Л. И. Брежнев, РСФСР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы М. А. Иаснов рышҟа. Ашәҟәы знапы аҵазҩыз афактқәа маҷымкәа иааргон аԥсуа жәлар рзинқәа рҿаҟәара иазкны, иазгәарҭон Аԥсны автономиа Қырҭтәыла алазаарала, Аԥсни аԥсуааи рақырҭуатәра аполитика шымҩаԥысуа хықәкыхырхарҭала ареволиуциа ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы раан. Ашәҟәы СССР Иреиҳаӡоу Асовет VIII асессиеи Апрезидиуми рҟны ианроу, Е. А. Шеварнаӡе дызхагылаз Қырҭтәыла анапхгара рахь ирышьҭит, аҵыхәтәаны Аԥсныҟа иаашьҭын. Ашәҟәы ӷәӷәала иақәӡбеит Қырҭтәылеи Аԥсни рнапхгарақәа, «асовет политика иаҿагылоит», «апартиа иаҿагылоит» ҳәа азыԥхьаӡаны. Ашәҟәы знапы аҵаҩыз ирықәымчуа иалагеит. Аха аԥсуа жәлар рҵеицәа рыхьчеит, Лыхны ақыҭан ажәлар реизара мҩаԥыргеит, Аԥсны анапхгара рахь агәрагара мап ацәыркит.
1980 ш. сентиабр азы Л. Гыцба дырбаандаҩын, Қарҭ, Қырҭтәылатәи ССР Ашәарҭадара Аҳәынҭқарратә комитет абахҭа дҭаркит. Акоммунист партиагьы далцан. Фымз рышьҭахь иус аӡбараан ихаҭа дықәгылеит дырҿагыланы. Ихы дақәиҭтәын ахьырхәра идҵаны.
1980-тәи ашықәсқәеи 1990-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи раан ашәҟәыҩҩы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара дшалагылац далагылан, ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Абрыскьыл» акомитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Бзыԥҭатәи Гәымсҭатәи афронтқәа ркомиссарс дыҟан. Аиааира ашьҭахь ихатә ус еиҿикааит, аха алитературатә рҿиареи иареи еилеигӡон.
Л. Гыцба арҿиара дазхьаԥшит 1970-тәи ашықәсқәа инадыркны. Раԥхьатәи иажәабжь «Аламыс» кьыԥхьын ажурнал «Алашара» аҟны (1977, №7). Убри ашықәсан «Амцабз» ианылеит (№4, ииуль-август) иажәабжь «Аишьцәа». Ашьҭахь арҭ аҭыжьымҭақәа ирнылеит иажәабжьқәа жәпакы, ироман «Аиҭарҿиара» ацыԥҵәахақәа.
Л. Гыцба еиҳаракгьы дыҩуеит ароман ажанр ала, егьҭижьхьеит жәа-романк иреиҵамкәа.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Аихырҿиара. Ароман. Аҟәа, 1984.
- Кьараз. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 1989.
- Аҳақ шықәса. Ароман-мшынҵа. Актәи ашәҟәы. Аԥазаҵәқәа. Аҟәа, 1977.
- Аҩбатәи ашәҟәы. Аԥышәарҭа. Аҟәа, 1988.
- Ахԥатәи ашәҟәы. Агәнаҳаи аҳақи. Аҟәа. 2001.
- Ҩ-романк. Аԥсҳара. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 2005.
- Ауыра мҩа. Ароман. Аҟәа, 2008.
- Аԥсуа шәҟәы. Ароман. Актәи ашәҟәы. Аигәныҩра. Аҟәа, 2011.
- Аҩбатәи ашәҟәы. Абахҭа. Аҟәа, 2012.
- Ҽнак, 1989 шықәсазы. Ароман. Аҟәа, 2014.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
- Гыц А. Щурка или Апсха на две недели. Исторический роман. - Сухум: «Дом печати», 1995.
- Бигуаа В. Литературоведение. «Щурка или Апсха на две недели»//Акуа. - 2008. - №1. С. 305