Горбачиов, Михаил Сергеи-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Горбачиов, Михаил Сергеи-иԥа
Михаил Сергеевич Горбачёв

Аполитикатә партиа
Алахәылара Асовет Еидгыла акоммунисттә партиа (1950 ш.–1991 ш.)
Российская объединённая социал-демократическая партия (2001 ш. рҟынӡа)
Социал-демократическая партия России (2001 ш.–2007 ш.)
Союз социал-демократов (2007 ш. инаркны)

Аира хәажәкырамза 2, 1931 ш.
Привольное
Аԥсра нанҳәамза 30, 2022 ш.
Центральная клиническая больница с поликлиникой
Аԥсра зыхҟьаз почечная недостаточность
Аԥсыжра аҭыԥ Новодевичье кладбище
Атәылауаҩра Урыстәыла,
Асовет Еидгыла
Абызшәақәа Аурыс бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Раиса Максимовна Горбачёва (1953 ш.–1999 ш.)
Ани аби Мария Пантелеевна Горбачёва,
Сергей Андреевич Горбачёв
Ахәыҷқәа Ирина Михайловна Вирганская
Алма-матер юридический факультет МГУ,
Ставропольский государственный аграрный университет,
Московский государственный университет
Аусура аполитик,
юрист,
защитник окружающей среды,
экономист,
практикующий юрист
Адин атеизм
Анашьамҭақәа Нобелевская премия мира
премия Франца Йозефа Штрауса
Экологическая премия Германского федерального фонда охраны окружающей среды
Большой крест ордена Белого льва
орден Ленина
… подробнее на Викиданных
Анаԥынҵамҭа
Асаит http://www.gorby.ru

Михаил Сергеи-иԥа Горбачов (аур. Михаил Сергеевич Горбачёв; хәажәкырамза 21931 ш., Привольное ақ. — нанҳәамза 302022 ш., Москва) — ЦК КПСС аҵыхәтәантәи амаӡаныҟәгаҩ хада, насгьы СССР аамҭазтәи апрезидент (диит март мза 2, 1931 шықәсазы, Нхыҵ-Кавказтәи атәылаҿацә, ақыҭа Привольное аҟны). 1990 шықәсазы ианашьан адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа.

Џьоукы Горбачиов политик дуны дрыԥхьаӡоит, даҽа џьоукы уи ашәышықәса аԥсахҩы ҳәа изырҳәоит, избанзар ҳаамҭазтәи Урыстәыла арыцҳарақәа зегьы иара ихьӡ иадырҳәалоит. Иара ихаан ауп, иусура ауп изылҵшәахаз СССР ахыбгалара. Ус акәу, арс акәу, Горбачиов инапхгараҭара аан акыр аиҭакрақәа ҟалеит, адунеи зегьы анырра азҭаз.[1]

Горбачиов инысмҩа, ихәыҷреи иқәыԥшреи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов диит март мза 2, 1931 шықәса рзы Нхыҵ-Кавказтәи атәылаҿацә иаҵанакуа Привольное ақыҭаҿы. Изҳауан иаабац аусуцәа рҭаацәараҿы, дхәыҷаахыс аџьа даршьцыланы дыҟан.

Иаб Сергеи Андреи-иԥа доурысын, иан Мариа Пантелеева – украинатәын. Даара аинтерес зҵоу фактуп, иабдуцәа рҩыџьагьы 30- тәи ашықәсақәа рзы арепрессиақәа иахьрыҵаркыз. Иани иаби ирымаз хәҩык ахшара рахьтә иара дреиҳабын.[2]

Аџьынџьтәалатә еибашьра Ду (1941–1945 шш.) аилашымҭаз Горбачиов анемец оккупациа ихигеит Ставрополь. Ари аамҭа ибиографиаҿы даара иуадаҩыз аамҭақәа ируакуп. Жәаха шықәса анихыҵуаз Горбачиов аҵареи аколхоз аҟны аусуреи еилаигӡалар акәхеит.

Хара имгакәа Михаил Горбачиов акомбаинер ицхырааҩыс дҟалоит. Уи идҵақәа зегьы даара ибзианы инаигӡон, насгьы аџьа бзиа ибаны иусқәа ҭакԥхықәрала дрызнеиуан. Ас еиԥш аус азыҟазаашьазы ашкол данҭазгьы, Аџьазы Абираҟ ҟаԥшь аорден ианашьан. Ажәабатәи акласс аҟны дантәаз, Михаил Сергеи-иԥа Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа алахәылас аҟаларазы дкандидатхоит.[3]

1950 шықәсазы раӡны медалла ашкол даналга, Михаил Горбачиов Москватәи Аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет дҭалоит. Иаарласынгьы Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа далахәылахоит. Адиплом ҟаԥшь ала иҵара даналга Ставропольтәи ВЛКСМ агорком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ ааникылоит.[4]

Горбачиов иполитика[аредакциазура | акод аредакциазура]

Горбачиов ԥынгыла имамкәан ирласны амаҵзуратә ҭыԥқәа ааникыло далагеит. 1962 шықәсазы ставропольтәи аҵакырадгьыл- ҭыжьратә ақыҭанхамҩатә усбарҭа парторгс дыҟан.

Идҵақәа шеиуеиԥшымызгьы, апартиа иднаҵоз зегьы бзианы инаигӡон. Иазгәаҭатәуп усҟантәи аамҭазы СССР ахадас дшыҟаз Никита Хрушьиов. Михаил Горбачиов даара ақыҭанхамҩа ахырхарҭаҟны аҟазара злоу, зус здыруа специалистны, еиҿкааҩ бзианы ихы ааирԥшит. Убри анаҩсгьы дкоммунист иашан, хамеигӡарыла апартиа аидеологиа мҩаԥигон. 1967 шықәсазы Горбачиов далгоит Ставропольтәи ақыҭанхамҩатә институт, агроном-аекономист изанааҭ ала.

1974 шықәсазы Горбачиов СССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь днаргоит, уа аҿар рызҵаарақәа рзы акомиссиа ахадас дҟалоит. Шықәсқәак рнаҩс иара аҳҭнықалақь ахь диаргоит, Ацентртә Комитет амаӡаныҟәгаҩыс аусура далагоит. Ари даара акрызҵазкуа хҭысуп Михаил Горбачиов инысмҩа зегьы аҟны.[5]

Иара убасгьы, аинтерес зҵоу фактуп, уахь ицара Иури Андропов иабжьгарала иахьыҟалаз, уи даара ахә ҳаракны ишьон аполитик қәыԥш иусуратәи иморалтәи ҟазшьақәа.

1980 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов ЦК КПСС Аполитбиуро аилазаараҿы дҟалоит. Уаҟа аџьармыкьатә економикеи аҳәынҭқарратә аппарати ареформақәа рзура аус инапы алеикуеит.

1984 шықәсазы, еилатәарак аҟны иқәгылараҿы ажәахә аҟаҵара илшеит, уи аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иазкын. Михаил Горбачиов ихәыцрақәа ара даара аинтерес аиуит аус ицызуази асовет тәылауааи рыбжьара.[6]

Адәныҟатәи аполитика[аредакциазура | акод аредакциазура]

Горбачиов инысмҩа ҭызҵаауа ирдыруазар ауп, уи еснагь мраҭашәаратәи атәылақәа аус рыцура дшашьҭаз. 1984 шықәса анҵәамҭазы Маргарет Тетчер иҟалҵаз ааԥхьарала Михаил Горбачиов-апрезидент Лондон даҭааит.

Еиду Америкатәи Аштатқәеи Асовет Еидгылеи реизыҟазаашьақәа аиӷьтәразы аӡбамҭа идикылоит арратә ныхтәқәа реиҵатәразы.

Горбачиов инапхгараҭара аан Варшаватәи Аиқәышаҳаҭра хырбгалан, Афганисҭанынтәи асовет архәҭақәа алган. Иара убасгьы, Берлинтәи аҭӡы рбган. Абарҭқәа зегьы аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәаанагара ала, СССР «ихьшәашәаз аибашьра» аҟны иаҵанархеит, ахыбгаларагьы иацхрааит.[7]

Аҩныҵҟатәи аполитика[аредакциазура | акод аредакциазура]

Маи мза 17, 1985 шықәсазы Горбачиов иабжьгарала ихацыркын арыжәтәџьбара аҭира азин амҭара акомпаниа. Аспирт злаз арыжәтәџьбара ахә 45% рҟынӡа иазҳаит. Арыжәтәџьбара аҭыжьра иагырхан, аӡахәаҭрақәа рыхшьаара иалагеит. Ауаа рхала аҩны ауатка аршра иахьалагаз иахҟьаны адәқьанқәа рҟны ашьақаргьы ыӡуа иалагеит. 1985 шықәса, декабр мзазы Е. Лигачиов иабжьгарала, Москватәи агорком комсомол актәи амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵан Борис Ельцин.

Маи мза 1, 1986 шықәсазы, Чернобльтәи атрагедиа ашьҭахь, Горбачиов идҵа ала, Мински Киеви имҩаԥган маи актәи ақәгыларақәа.

Ноиабр мза 19, 1986 шықәсазы Михаил Горбачиов «Хаҭалатәи аџьатә усура» азакәан аԥҵаразы абжьгаҩыс дҟалеит. Иара убри ашықәс азы акооперативқәа цәырҵит, авалиутатә операциақәа рымҩаԥгаразы аԥкрақәа зегьы ахыхын. 1987 шықәсазы Аиҭашьақәыргылара рылаҳәан.[8]

Амилаҭтә конфликтқәа раанкылара хықәкыс иҟаҵаны, Горбачиов амчратә усқәа идикылон. 1988 шықәсазы ақырҭуа демонстрациеи алма - ататәи аҿар рмитинги реимырпразы, зеиԥш ҟамлацыз ауснамгӡатәқәа рыдыркылеит. Иара убри ашықәсазы, Ашьха Ҟарабахтәи ареспублика аҿы шықәсырацәалатәи аконфликт ахы ыҵнахит. Апрезидент активла Литва, Латвиа, Естониа асепаратистә гәазыҳәарақәа дырҿагылон. Михаил Горбачиов инапхгараҭара аамҭа даара иҽеимыз ахҭысқәа рыла ирхәашьын. Афатә акәзар, адәқьанқәа рҿы ибжьаӡуа иалагеит, ирацәан афатәқәа акарточкақәа рыла ирҭиуаз. Агиперинфлиациа ҟалеит.

Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿаԥхьа Горбачиов ихаантәи адәныҟатәи ауал, аԥхьа 31, 3 ыҟазҭгьы, анаҩс 70, 3 миллиард рҟынӡа еизҳаит.[9]

Горбачиов инапхгараҭара аамҭа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов 1985 шықәсазы идгылаҩцәеи итәылауааи рыбжьара авторитет зырҳаз, ЦК КПСС амаӡаныҟәгаҩ хадас далхын. Абри ашьҭахь иалагеит СССР мҽхакыҭбаала адемократизациа, аиҭашьақәыргыларақәа ҳәа изышьҭоу.

Аҳәынҭқарра ду иахагылаз Горбачиов ареформақәа рыла ашьақәхара аҟынтәи иалиго далагеит. Аха уи азын иӡбаз планк имамызт аҟынтә, арҭ ареформақәа зегьы СССР ахыбгаларахь инанагеит.

Горбачиов иреформақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Горбачиов имҩаԥигоз ареформақәа рахьтә зегь реиҳа аларҵәара зауз реформақәоуп:

  • Аибашьра хьшәашәа ахыркәшара;
  • арыжәтәџьбара аҭира аанкылара азакәан;
  • аԥара аԥсахра
  • Афганисҭанынтәи архәҭақәа ралгара;
  • Араргамара;
  • ажәа ахақәиҭра уҳәа реиԥш иҟаз.[10]

Горбачиов апрезидент[аредакциазура | акод аредакциазура]

Горбачиов зегь реиҳа гха ӷәӷәаны иҟаиҵаз иреиуоуп аекономикатә реформақәа рынагӡаразы иалкаау схемак ахьимамыз. Аҳәынҭқарра акризис ӷәӷәа иҭагылеит уи ауааԥсыра рыԥсҭазаара даара иланарҟәит. Ахақәиҭра агьама зкыз Прибалтикатәи атәылақәа СССР алҵразы аусмҩаԥгатәқәа хацдыркит.

1990 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа раԥхьатәихеит, дагьҵыхәтәантәихеит Асовет Еидгыла апрезидент ҳәа ззырҳәо иҟалаз. Аха, ари аҭыԥ Горбачиов акраамҭа иааникыларатә аҭагылазаашьа имоуит. Ақалақьқәа рҟны ақәгыларақәа мҩаԥысуа иалагеит, атәыла зегьы аҟны иҟаз акризис зда ԥсыхәа ыҟам афатә аалыҵқәа разымхарахь икылнагеит. Горбачиов ихаан ишьақәгылаз адәныҟатәи ауал иаанагоз аҳәынҭқарра ду ахыбгалара ауп.[11]

1991 шықәса рзы Михаил Горбачиов идгылаҩцәа алаҳәара ҟарҵеит ГКЧП (аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә комитет) шеиҿкаахо азы, насгьы дҵаны иқәдыргылеит апрезидент ԥхьатәара дцарц. Аха, Горбачиов уи адҵа анагӡара мап ацәикит, абри иахҟьеит СССР имҩаԥгаз аҳәынҭқарратә хҳәара, августтәи апутч ҳәа еицырдыруа. Иаарласны иаԥҵаз аоппозициа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә комитет (ГКЧП) иалалеит РСФСР аполитикатә напхгаҩцәа, урҭ рыбжьара дыҟан Борис Ельцин.

1991 шықәса, декабр мзазы Асовет Еидгылақәа ареспубликақәа 11 рнапы аҵарҩит Беловежтәи аиқәышаҳаҭра СССР аҟазаара шаанкылоу ала, уи ахаҭыԥан ишаԥҵахо СНГ (Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара). Абри ашьҭахь иаарласны Горбачиов ԥхьатәара дцеит.

Иахьатәи аамҭаз ауаа еиуеиԥшым агәаанагарақәа рымоуп Михаил Горбачиов иганахь ала. Аӡәырҩы ианарыжьуам СССР ахырбгара. Аха аполитик ихаҭа ас еиԥш акритика ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иԥхьаӡоит.[12]

Аинтерс аҵоуп Горбачиов иҿцәажәарақәа раан даара ибзианы Владимир Путин дахьихцәажәо, иара убасгьы уи дадгылоит Урыстәыла Ахада ипозициа Ҟрым аганахь ала, насгьы мрагыларатәи Украина аҭыԥ змоу аконфликти азҵаарақәа рзы.

Аха егьа ус иҟазаргьы, Михаил Горбачиов еиликаауеит Украина аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа, акыр иҽеимкәа Европеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа ианыԥшырц шалшо. Уи игәаанагара ала, ас еиԥш аизыҟазаашьақәа аиадертә еибашьрахьы икылнагар алшоит.[13]

Ахатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз Раиса Титаренкои иареи еибадырит акәашарҭа адәаҿы. Аӡӷаб лыҩныҵҟатәи аԥшӡареи лыхӡырмгареи даара дыхнахит. Уи иабзоурахеит анаҩстәи дара реизыҟазаашьақәа.

Горбачиов Раиса ԥҳәысс дигарц, ачара лзиурц азы ауниверситет аҟны иҵареи аколхоз аҟны аусуреи еидибалон. 1953 шықәсазы Михаили Раисеи реизыҟазаашьақәа АҬАР аҟны ашәҟәы иҭаргалеит. Урҭ дрыхшоит рыԥҳа Ирина.

Даара 50 шықәса еицынхон, Раиса лыԥсҭазаара далҵаанӡа, уи лчымазара иахҟьаны 1999 шықәсазы лыдунеи лыԥсахуеит. Горбачиов Раиса лыԥсра даара иуадаҩны ихигеит.

Аинтерес зҵоу фактуп, Горбачиов иԥшәмеи иареи реизыҟазаашьақәа рзы иахьа уажәраанӡагьы алегендақәа ахьаԥырҵо, урҭ даара аромантика зҵаз, идеалтәыз ҳәа рзырҳәоит.[14]

2015 шықәсазы акьыԥхь аҟны ицәырҵит Михаил Горбачиов игәабзиара даара ишыуашәшәырахаз атәы зҳәо аинформациа. Иара даара иуадаҩыз ашьақарчымазара аформа имоуп, аполитик лассы-ласс уи иахҟьаны ахәышәтәырҭа дҭашәоит. Ус шакәугьы, иара инапы злаку ашәҟәыҩра даҟәыҵуам.

2014 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа ари аамҭа инҭагӡаны Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов инапы иҵигеит ашәҟәқәа ԥшьба:

  • «Наедине с собой»;
  • «Жизнь после Кремля»;
  • «Горбачев в жизни»;
  • «Остаюсь оптимистом».

Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов акыр аматериалтә уадаҩрақәа иманы дынхоит москватәи иуадақәа, рҿы мамзаргьы Москваҵаҟатәи иҩны аҟны. 2017 шықәсазы 600 кв. метр зҵазкуа Бавариатәи Альпы иҟоу х-еихагылак змоу иҩны аҭиразы иқәиргылеит.[15]

Михаил Горбачиов иахьа[аредакциазура | акод аредакциазура]

2016 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов, Москва астудентцәа рацәажәара аан, СССР ахыбгаларазы ахара ихахьы игеит. Иахьа иара анаукатә статиақәеи амемуарқәеи рыҩра иациҵоит, убри аҟынтә гәыҩбара ыҟам иаарласны ишәҟәы ҭыҵып ҳәа.

2015 шықәсазы убас еиԥш ажәабжь рылаҵәеит Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов игәабзиара уашәшәырахеит ҳәа. Аполитик лассы-лассы игәабзира еиҭашәоит. Ус шакәугьы, Михаил Горбачиов активла арҿиаратә ус инапы алакуп, аполитик анаукатә усумҭақәеи амемуарқәеи икьыԥхьуеит. Аиашаз, иеиҭеиҳәаша рацәаны имоуп, ажәларгьы иара иахь рызҵаарақәа маҷым.

2016 шықәсазы, Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов СССР ахыбгалара азы ахара ихахьы ианига, иара Украина алаларазы азин имырхит, аха ас еиԥш азин имхра Горбачиов лаф ҳасабла идикылеит – избанзар, иара ишиҳәо еиԥш, ари атәыла аҭаара зынӡагьы игәы иҭамызт.

2017 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов изаамҭанытәиу ишәҟәы «Саанхоит соптимистны» аӡыргара мҩаԥигоит. Ари автобиграфиатә ԥҵамҭоуп. Уа уаанӡатәи амаӡаныҟәгаҩ Хада инысмҩеи, иахьатәи Урыстәыла акритика азуреи еилысуеит, иара убасгьы иазааҭгылоуп аҳәынҭқарра аҟны асоциалтәи аполитикатәи ҭагылазаашьақәа.[16]

Аинтерес зҵоу афактқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Апрезидент Михаил Сергеи- иԥа Горбачиов иԥҳәыс Раиса Максим- иԥҳа Горбачиова «серый кардинал» ҳәа лзырҳәон. Лара лакәын Горбачиов ишәҟәқәа редакторс ирымазгьы.

Софи Лорени Билл Клинтони дрыцны Михаил Горбачиов далахәын С. Прокофиев илакә «Петиеи абгеи» абжьы ахаҵара.

35 шықәса анихыҵуаз Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов иԥсҭазаараҿы даара акрызҵазкуа ахҭыс аҭыԥ аиуит – иара апартиа ақалақьтә хеилак дахагылоит.

1991 шықәса август мзазы, Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов идгылаҩцәа, урҭ реилазаараҿы иҟаз аӡәырҩы Асовет еидгыла аминистрцәеи, ГКЧП рыларҳәоит. Убри аан идгылаҩцәа Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов иаарласны, ихала, инапынҵақәа шьҭеиҵарц идырҵоит.[17]

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2022-09-24 ахь. Ириашоу 2024-01-25 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://www.gorby.ru/gorbachev/biography/
  3. https://historynotes.ru/gorbachev-mihail-sergeevich/
  4. https://biographe.ru/politiki/mihail-gorbachev/
  5. https://www.gorby.ru/gorbachev/memoirs/
  6. https://promdevelop.ru/business/biografiya-gorbacheva-mihaila-sergeevicha-politika-pravleniya-sssr-zhizn-posle-perestrojki/
  7. https://resh.edu.ru/subject/lesson/6368/conspect/293505/[permanent анеишьа амам азхьарԥш]
  8. http://rushist.com/index.php/russia/3885-vnutrennyaya-politika-gorbacheva-tablitsa
  9. https://magictemple.ru/vnutrennjaja-politika-gorbacheva/
  10. https://www.gorby.ru/gorbachev/zhizn_i_reformy1/page_16/
  11. https://www.gazeta.ru/politics/2020/03/13_a_13003645.shtml
  12. https://www.bbc.com/russian/russia/2015/03/150311_gorbachev_presidency
  13. http://myhistorypark.ru/blog/gorbachyev/?city=party
  14. https://24smi.org/celebrity/1785-mikhail-gorbachev.html
  15. https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-mihail-gorbachev.html
  16. https://svpressa.ru/persons/mihail-gorbachev/
  17. https://istorik.net/457-mihail-gorbachev-interesnye-fakty.html