Гергеҭтәи Самеба
Гергеҭтәи Самеба — аҟазаратә комплекс Қырҭтәыла аҟны, Ҟазбеги амуниципалитетаҿ, амшын агдыра аҟынтә 2200 метрак аҟны. Самеба аиҩхаа ихадоу аныҳәарҭа акәын. Абаагәарала икәыршоу акомплексаҿ иалоуп Самеба аҟәырӷ зхагылоу аныхабаа (XIV ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа), асаркьалсырҭа (XIV ашәышықәса II абжа), Сабҷео (XV ашәышықәса). Гергеҭтәи Самеба 2006 шықәса жьҭаарамза 7 рзы, Қырҭтәыла апрезидент идҵара иашьашәаланы ианашьахеит амилаҭтә ҵакы змоу акультура имеиҭаҵуа абаҟа акатегориа.
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ҭеимураз Батонишвили дихәаԥшны аиҩхааҿ дныҟәеит Андриа Моциқули, дарбану Гергеҭаҿ ихазгалаз аџьар. Гергеҭаҿ аџьар ихалгалеит иара убас ацкьа Нино, дарбану иара убас абжьагажәа ҟазҵаз аиҩхааҿ. Адырра иахәаԥшны аныхабаа аргылара идҳәалоуп Вахтанг Горгасали. Аныхабаа аргылара арыцхәҵәыҟьа идырӡам, уи иргылазароуп XIV ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа раан. Аргыларатә хаҳә иааргон ҩ-километрак иацәыхараны ақыҭа Ӷеҷе аҟынтә. Аныхабаа XIV ашәышықәсан Қьырса иҽеиҭакра ахьӡала иргылан.
Гергеҭтәи Самеба, уи аҟны иҟоу аберҭыԥ иарбоуп 1392 шықәсыла арыцхә змоу Сиҭархан Гуџьар аҟны. Абриҵәҟьа Гуџьар аҟны Гергеҭтәи Самеба аберҭыԥ иацны иарбоуп “Абаа Гергетаули”.
Баграт V аныхабаа ахылаԥшра-ахӡыӡаара гергетаа ирыдиҵеит, иарбанқәоу “Саҟдришвилираа” ҳәа иԥхьаӡаз. Абри апату гергетаа анаҩстәи ашәышықәсақәа раан Қырҭтәыла даҽа аҳцәагьы ишьақәдырӷәӷәон. Вахушти Самеба ауахәама иԥхьаӡоит Мцхеҭа акаталикосра адоуҳатә мазара, ацқьа Нино лџьар аҭыԥны. Гергетаҿ ирыҩуан ашықәснҵара “Агәалашәаратә султаи” - адокументқәа реизга, иарбану иинтересу адыррақәа алоуп Хеви, иара убас Қырҭтәыла аҭоурых иазкны.
Урыстәыла аимпериа аиҳабыра ахәшашәыгала ҿыц асахьа аннаҵеит аныхабаа аинтериер. 1966 шықәсазы ақыҭа Гергета ҵаҟатәи Ҟазбеги иадҵахеит, аха ауахәама ажәытәтәи ахьӡ ԥсахрада иаанхеит, уи еиҭа Гергеҭтәи Самеба ахьӡырҵеит. 2006 шықәсазы аныхаҭӡы аҵаҟа иааԥшит аныхабаа асахьаркыра, иарбану XVI ашәышықәса иахаану. Иааԥшит анцәахша, аиқәырхаҩ, Иоан Арлашаҩ, ацқьа Нинои рсахьақәа.
Архитектура
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аныхабаа аплан мариоуп. Уи ҵаҵӷәыс иаҵоуп аџьар, иарбан амахәҿақәа рыбжьара абжьарха аҭырҭәаарала иуоуеит аквадрат иазааигәоу акәакьҭаиаша. Аныхабаа аҟәырӷ иахагылоуп апсида аҭӡқәа, ихақәиҭны игылоу ҩ-шьаҟак. Аныхабаа иргылоуп ибзианы ижу андезит аквадратқәа рыла. Афасадқәа, аҟәырӷ ахәда, иара убас ҩ-еихагылак змоу асаркьалсырҭа афасадқәагьы иҩычоуп. Аныхабаа аладатәи аҭӡыҿы иадҟаҵалоу имаҷу асбҷео аҟны еизон Хеви абыргцәа рхеилак, иарбану ахеидгыла анхара акрызҵазкуа азҵаарақәа зыӡбоз. Сабҷео XV ашәышықәса аҵыхәтәаны ма XVI ашәышықәса алагамҭаз иргылоуп. Сабҷео аҟны игылан ахаҳәтә иауу “Атәарҭа ҟадақәа”, абра имҩаԥысуан ахеидкылатә аизарақәа, жәлартә аӡбарҭақәа, абраҵәҟьа иҵәахын ахеидкылатә абираҟ Орҟуши. Абри абираҟ иаҵагыланы ишьҭарҵон ахеидкылауаа аҭоуба.
Аныхақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Самеба аҟны иҵәахын акәыба ашә ахьӡ аманы ашә аформа змоу ҩ-ныхак. Аныхақәа аӷәы иақәҭыхын, араӡынтә харԥла еибыҭоу руаӡәк иахьӡын саавдро, уи данын анцәахша, хареба, қьырса, мирқма, аӡаахра. Мацара аҩбатәи, асаркьаҿ, ианын аџьар анҵара, ацқьа Самеба, амшаԥы, Ҭома ивара аҭҵаара, Лазаре ишьҭыхра, Қьырса инеира Иерусалимаҿ. Амшцәгьаан идәылыргон аныха, мацара аарҩараан иргон, аӡыхьаҿ иркәабон.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 3, თბ., 1978. — გვ. 98.
- ოქროპირიძე, ასმათ (2013). გერგეტის სამების სახისმეტყველებისათვის. „ლოგოსი“, გვ. 107.
- კიკნაძე ზ., ქართული მითოლოგია, თბილისი: ბაკმი, 2007. — გვ. 5-56, ISBN 978-99940-27-10-1.
- სანიკიძე, თამაზ (1975). „გერგეტი“. „მეცნიერება“.
- შარაშიძე ქ., გერგეტის სამების „მატიანე მოსახსენებელი სულთა“ // მასალები საქართველოსა და კავკასიის ისტორიისთვის, თბილისი, 1954. — გვ. 245-246.
- კახაძე კ. ჩიმაკაძე თ., საქართველოს ისტორიისა და კულტურის ძეგლთა აღწერილობა, ტ. 2, თბ., 2008. — გვ. 444.
Авикимедиаҿ еизгоуп абри атема иазку афаилқәа: Гергеҭтәи Самеба |