Перейти к содержанию

Гахариа, Гьаргь Заур-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Гахариа, Гьаргь Заур-иԥа
გიორგი გახარია

Аполитикатә партиа
Алахәылара Ақырҭуа гәахәтәы
За Грузию

Аира хәажәкырамза 19, 1975 ш. (49 ш.)
Қарҭ
Атәылауаҩра Қырҭтәыла
Алма-матер Тбилисский государственный университет
Аусура аполитик
Анаԥынҵамҭа

Гьаргь Заур-иԥа Гахариа (ақырҭ. გიორგი გახარია; хәажәкырамза 191975 ш., 1975, Қарҭ) — Қырҭтәыла Аԥыза-министр (2019-2021 шш.[1]).

Аҵареи аквалификациеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1999-2008 шықәсқәа рзы - еиуеиԥшым хазхаҭалатә аиҿкаарақәа рҿы анапхгаратә маҵзураҭыԥқәа ааникылон. 2006 шықәса цәыббра инаркны 2009 шықәса лаҵарамзанӡа Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ахархәаратә биотехнологиа алектор. 2008 шықәса абҵара инаркны 2013 шықәса жәабранӡа Lufthаnsа Service Holding AG. LSG in Frаnkfurt, Germаny абизнес аҿиара директорс дыҟан Европеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла атәылақәеи, Урыстәылатәи афедерациеи рҿы. 2013 шықәса хәажәкыра инаркны 2016 шықәса ԥхынгәынӡа Қырҭтәыла абизнесомбудсменс дыҟан. 2014 шықәса ԥхынҷкәын инаркны 2016 шықәса цәыббранӡа аекономика азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла Аԥыза-министр ибжьагаҩс дыҟан - аекономикатә хеилак амаӡаныҟәгаҩ. 2016 шықәса абҵара инаркны 2017 шықәса абҵаранӡа Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр иҭыԥ ааникылон. 2017 шықәса абҵара 13 инаркны. 2019 шықәса цәыббранӡа Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан - Қырҭтәыла авице аԥыза. 2019 шықәса мшаԥы 30 инаркны инапы ианырҵеит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ифункциа. 2019 шықәса цәыббра 8 рзы, Қырҭтәыла апарламент, Гьаргь Гахариа Аԥыза-министр иҭыԥ азы агәрагара изаанарԥшит