Ганҭиади иҟоу аныхабаа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ганҭиади ауахәама

Ганҭиади иҟоу аныхабаа (ақырҭ. განთიადის ტაძარი)  — Аԥсны VI ашәышықәса иаҵанакәа, х-апсидк змоу абазилика ауп, аҳабла Ганҭиади аҟны игылоуп. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ианашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа[1].

Иргылоуп  VI ашәышықәса  I азбжазы. Аха, VIII-X ашәышықәсақәа рзы изныкымкәа аханатә ирҿыцны идыргылахьан. 1576 шықәсазы, османаа ржәылара аан, аныхабаа хәҭала ибгеит. Аԥсни, инеизакны Қырҭтәылеи ажәытәӡатә ақьырсиантә уахәамақәа иреиуп. Уажәазы абазилика ахыжәжәарақәа мацароуп иаанханы иҟоу.

Аҭоурых-архитектуратә ахцәажәара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аспециалистцәа ргәаанагарала, абазгаа ақьырсианра анрыдыркыла, византиатәи аимператор Иустиниан I-тәи абазгаа рзы Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа ииргылеит. Абазилика ахыжәжәарақәа рҟны аарԥшуп амармалташь шкәакәа иалхны иҟаҵаз, абырзен нбанла адҩыла змаз анышәынҭратә хаҳә афрагмент. Ишубарҭоу ала, ари ахаҳә аҭыԥантәи идинтәымыз ма адоуҳатә хаҿык инышәынҭра акәын. Адҩылара ҟаҵоуп VI ашәышықәсазы. Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа х-нышьк змоу абазилика ауп. Уи усҟак идуумыз, аформа иаша змаз аҳаштә блокқәеи акьырмыт ҟьаҟьеи рыла иргылан.

Уажәтәи аҭагылазаашьа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа Қырҭтәыла амилаҭтә ҵакы змоу абаҟа астатус анашьоуп.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • ვ. ჯაოშვილი, რ. რჩეულიშვილი, ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 2, თბ., 1977. — გვ. 680.
  • კულტურული მემკვიდრეობა აფხაზეთში,თბ.,2015

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]