Виетнамтәи аибашьра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Виетнамтәи аибашьра

Виетнамтәи аибашьра – ари аибашьра XX ашәышықәсазы зегьы иреиҳаз арратә конфликтқәа рахь иаҵанакуеит. Уи ашьҭақәа аанажьит аҭоурых ҿыци акультуреи рҟны. Ари аибашьра х-хәҭакны иушар алшоит: апартизантә еибашьра Аладатәи Виетнам (1955–1965шш.), Еиду Америкатәи Аштатқәа ари аибашьра аҟны арратә ралахәхара (март 1965–1973 шш.), ахыркәшаратә аамҭа (1973–1975 шш.). Ари аамҭа иалагӡаны атәыла хәыҷы аҟны иҭахеит ԥшь-миллионҩык аҭынч уааԥсыра, миллионки бжаки инарзынаԥшуа аҩганк рҟынтәи асолдаҭцәа.[1]

Аконфликт зыхҟьаз[аредакциазура | акод аредакциазура]

Виетнамтәи аибашьра зыхҟьаз, атәыла ауааԥсыра афранцызцәа дара ртәыла аҟны иҟарҵоз анырра ахьыргәамԥхоз ауп ҳәа уҳәар алшоит. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Виетнам Франциа аколониалтә империа иаҵанакуан.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга, атәылаҟны ауааԥсыра рмилаҭтә хдырра шьҭыҵуа иалагеит, урҭқәа рныԥшуан хыԥхьаӡара рацәала еиҿкааз маӡалатәи акружокқәа, дара зегьы Виетнам ахьыԥшымра азаагара акәын изышьҭаз. Убри аамҭазы ауп атәыла аҵакырадгьыл аҟны бџьаршьҭыхлатәи ақәгыларагьы аныҟалазгьы.

Китаи иаԥҵан Виетнам ахьыԥшымразы Алига – Виетмин, - уи иалаз зегьы еидызкылоз ахақәиҭра аидеиа ауп. Анаҩс, Виетмин хадара аиҭалоит Хо Ши Мин, Алигагьы акоммунисттә хырхарҭа аанахәеит.[2]

Виетнамтәи аибашьра зыхҟьаз иааркьаҿны иуҳәозар, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь, 1954 шықәсазы виетнамтәи аҵакырадгьыл зегьы а-17-тәи апарралель ала иахьшаз ауп. Убри аан Аҩадатәи Виетнам Виетмин ахылаԥшраҿы иҟан, ладатәи – афранцызцәа рнапхгараҭара аҟны иҟан.

Акоммунистцәа Китаитәи Жәлар рреспублика аҟны иргаз аиааира Еиду Америкатәи Аштатқәа агәҭынчымра рызцәырнагеит, убри аҟнытә Виетнам аҩныҵҟатәи аполитика иалацәажәо иалагеит лада Франциа анапаҵаҟа иахьыҟаз аганаҿы. Аштатқәа реиҳабыра Китаитәи Жәлар рреспублика аҟынтәи ашәарҭара ыҟоуп ҳәа изыԥхьаӡоз, убас еиԥш агәаанагара рыман, Китаи Ҟаԥшь Виетнам анырра аҟаҵара иаарласны гәаҳәарас иаиуеит ҳәа, аха ари аҩыза Еиду Америкатәи Аштатқәа ҟалашьа арҭомызт.

Иҟан убас еиԥш агәаанагара, 1956 шықәсазы Виетнам иаку ҳәынҭқарракны еидылоит ҳәа, аха Ладатәи Франциа иаҭахымхеит Ҩадатәи акоммунистцәа рнапхгараҭара аҵаҟа аҟазаара, абри ауп мзыз хадас иҟалазгьы аибашьра алагаразы.

Абри иахҟьаны хьаада атәыла аидҵара залыршамхеит: Виетнам аибашьра изацәымцеит. Акоммунисттә Ҩада гәҭакыс иҟанаҵоит амчра ахархәара ала атәыла ҩадатәи ахәҭа анапахьы аагара.[3]

Аибашьра алагара заатәи апериод[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аха хьаада атәыла аидҵара ҟалашьа амоуит. Виетнам еибашьрада изеилымго аамҭа иҭагылеит. Акоммунисттә ҩада мчыла атәыла аладатәи ахәҭа анапахьы аагара аӡбоит. Абра иҳәатәуп Виетнам аибашьра алагара шабзоурахаз ладатәи ачынуаа рганахь ала имҩаԥгаз акыр атеррактқәа.

1960-тәи ашықәс адунеизегьтәи адырра зауз аиҿкаара Виетконг аԥҵара иашықәсхеит, даҽакала уи Ладатәи Виетнам ахақәиҭтәразы Амилаҭтә фронт ҳәа иашьҭан (НФОЮВ), ари аиҿкаара еиднакылеит хыԥхьаӡара рацәала иҟаз агәыԥқәа Лада иаҿагыланы еибашьуаз.[4]

Виетнамтәи аибашьра алагашьеи уи алҵшәақәеи ртәы ануҳәо, имҳәакәан узраҩсуам ари иџьбараз аиҿагылара азы ихадараз ахҭысқәа. 1961 шықәсазы америкатәи ар аиҿагыларақәа ахы рыланархәуам, аха Виетконг имҩаԥнагоз аусқәа Еиду Америкатәи Аштатқәа даара иаргәамҵит, абри аҟынтә америкаа раԥхьа еснагьтәи архәҭақәа Ладатәи Виетнамҟа идәықәнаҵоит.

Ара америкатәи архәҭақәа ладатәи виетнамаа рсолдаҭцәа азыҟарҵон, насгьы урҭ ацхыраара рырҭон ажәыларақәа реиҿкаара аус аҟны. Раԥхьатәи арратә еидыслара ӷәӷәа ҟалеит 1963 шықәсазы, усҟан виетконготәи апартизанцәа Апбак аҵаҟатәи аибашьра аҟны ладавиетнамтәи ар ԥыхха ишьҭарҵеит. Ари аҵахара ашьҭахь аполитикатә ахҳәара ҟалеит, уи аан дшьын Лада анапхгаҩы Зием. Виетконг акәзар, апозициақәа арӷәӷәеит, апартизанцәа реиҳараҩык ладатәи аҵакырадгьыл ахь идәықәҵан. Ирызҳауан америкатәи асолдаҭцәа рхыԥхьаӡарагьы. 1959 шықәса рзы урҭ 800-ҩык ыҟазҭгьы, 1964 шықәсазы Виетнамтәи аибашьра иалахәын 25-нызқьҩык рҟынӡа америкатәи аруаа.[5]

Еиду Америкатәи Аштатқәа аибашьра рҽалагалара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Виетнам аибашьра иацҵан. Ҩадатәи Виетнам апартизанцәа иаадырԥшуаз хамеигӡаралатәи аҿагылара аҟны ирыцхраауан атәыла агеографиатәии аклиматтәии ҷыдарақәа. Абнара, ашьхара, аамҭа-аамҭала зҽызыԥсахуаз аҳауа – зны ақәаршаҩы, зны ашоура бааԥс – америкатәи асолдаҭцәа рзы ахгара мариамызт, аха Виетконгтәи апартизанцәа рус анагӡараҿы ицхыраагӡан, дара рзын арҭ аԥсабаратә ҽеиҭакрақәа рышьцылара аҭахны иҟамызт, уи иалааӡан.

1965 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа Виетнамтәи аибашьра мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуан, Еиду Америкатәи Аштатқәа рыруаа ралахәхара ала. 1965 шықәса алагамҭазы, жәабранмзазы виетконгаа америкатәи арратә обиектқәа ирықәлеит.[6]

Абри ашьҭахь, америкатәи апрезидент Линдон Джонсон аҭактә жәылара амҩаԥгара дшазыхиоу рылеиҳәеит, ус иагьыҟалеит, имҩаԥган «Пылающее копье» ҳәа ззырҳәаз аоперациа – ари даара иџьбараз, ишьаарҵәыраз операциан, америкатәи авиациа виетнамтәи аҵакырадгьыл хыԥхьаӡара рацәала артҟәацгақәа аланажьит.

1965 шықәса хәажәкырамзазы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа даҽа операциакгьы мҩаԥыргеит, «Раскаты грома» зыхьӡырҵаз. Абри аамҭазы америкатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара 180-нызқь рҟынӡа инаӡахьан. Аха, ари ала аус аанымкылеит. Иацааиуаз даҽа хышықәса ирылагӡаны америкатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара 540-нызқь рҟынӡа инаӡеит. Актәи ажәылара Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа злахәыз мҩаԥган 1965 шықәса нанҳәамзазы. Аоперациа «Старлаит» америкаа риааира ала ихыркәшахеит, усҟан иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа виетконгаа.

Абри ашьҭахь америкатәи архәҭақәа рҿаԥхьа зҵаара хаданы иқәгылоит апартизанцәа ԥшааны рықәхра, аха лассы-лассы ладатәи Виетконг ашьхаратә ҵакырақәа рҟны апартизанцәеи америкатәи асолдаҭцәеи реидысларақәа аҵыхәтәантәиқәа даара иаркарон.

1967 шықәсазтәи аибашьра аан, Дакто аҵаҟа Еиду Америкатәи Аштатқәа рыршьаҟауааи, 173-тәи аҳаир-десанттә бригадеи акыр ацәыӡ ӷәӷәақәа рыҭан, урҭ апартизанцәеи ақалақьи рнапахьы аагара шрылшазгьы. 1953 шықәса инаркны 1975 шықәсанӡа Еиду Америкатәи Аштатқәа виетнамтәи аибашьра иақәдхарџьит 168 миллион доллар. Ари Америкатәи афедералтә биуџьет даара ианыԥшит.[7]

Теттәи ажәылара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Виетнамтәи аибашьраан америкатәи архәҭақәа реизырҳара мҩаԥысуан хатәгәаԥхарала уахь инеиуази арра иаарыԥхьоз рыхәҭаки рыбзоурала. Апрезидент Л. Џьонсон мап ацәикит хәҭалатәи амобилизациа, насгьы, арезервистцәа аибашьрахь рнаԥхьара, убри аҟынтә, 1967 шықәсазы америкатәи аруаа руаатәыҩсатә резерв нҵәеит. Аха Виетнам аибашьра шцац ицон.

1967-тәи ашықәс аҽанааиҩнашоз Ҩадатәи Виетнам арратә напхгара Лада ақәларазы инарҭбаау ақәылара аҽазырхиара иалагеит. Виетконг убас еиԥш аҭагылазаашьа аԥнаҵарц аҭахын, америкатәи архәҭақәа Виетнам алгара иалагаразы, насгьы Нгуен Ван Тхиеу иеиҳабыра рахҳәара хықәкыс иҟан. Еиду Америкатәи Аштатқәа арҭ апланқәа рзы адырра рыман, аха виетконгаа ржәылара уеизгьы ирзымбатәбарахеит. Ҩадаа рырхәҭеи апартизанцәеи Тет амш аҽны (Виетнамтәи ашықәс ҿыц) ажәылара иалагеит.[8]

Ажьырныҳәамзазы 31, 1968 шықәсазы Ҩадатәи Виетнам архәҭақәа Лада аҵакырадгьыл зегьы ааха ӷәӷәақәа анаҭеит, ақалақь дуқәагьы уахь иналаҵаны. Акыр ажәыларақәа шаанкылазгьы, Ладатәи ақалақь Хиуе ацәыӡуеит. Хәажәкырамзазы ауп ари ажәылара анаанкылаз. Америкаа 45 мшы ицоз Ҩадатәи ажәыларақәа раан ирцәыӡит 150.000 нызқьҩык асолдаҭцәа, 2000 вертолиоти ҳаирплани, 5.000 цыра еиҳаны арратә техникеи, 200 ӷбеи.

Аамҭаказы, Америка Адемократиатә республика Виетнам иабашьуан аҳаиртә бомбақәа алажьуа. Урҭ раан ахархәара рыман зықь цыра ҳаирплан инарзынаԥшуа, урҭ 1964 шықәса инаркны 1973 шықәсанӡа 2 миллионк инарзыныԥшуа арратә ыҵԥыррақәа мҩаԥыргеит, уиаан Виетнам иаларыжьит 8 миллионк инарзынаԥшуа артҟәацгақәа.[9]

Аха Америка аруаа арагьы акагьы рзалымхит. Ҩадатәи Виетнам ақалақь дуқәа рҟынтәи ауааԥсыра иалыргеит, ауаа ашьхақәеи абнатоурақәеи рҟны ирҵәахит. Асовет Еидгыла акәзар, ҩадатәи виетнамаа аистребительқәа, ПВО акомплексқәа, арадиотехника рыла еиқәнаршәон, насгьы ахархәашьа днарҵон.

Абарҭқәа ирыбзоураны виетнамаа ирылшоит Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳаирпланқәа 4.000 цыра рҭархара, аконфликт зегьы аамҭа иҭагӡаны. Хиуе аҵаҟа аибашьра алада виетнамтәи архәҭақәа ари ақалақь дыргьежьырц азы имҩаԥыргоз, зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аамҭан. Теттәи ажәылара Еиду Америкатәи Аштатқәа руааԥсыра рыбжьара виетнамтәи аибашьра иаҿагыланы ақәгыларақәа цәырнагеит. Усҟан аӡәырҩы ари аибашьра игәымбылџьбараз, ҵакы змамыз акәны ирыԥхьаӡеит. Аӡәгьы игәгьы иаанагомызт виетнамтәи акоммунистцәа рырхәҭақәа ас еиԥш амҽхак змаз аоперациа аиҿкаара рылшап ҳәа.[10]

Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа ралгара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абҵарамза, 1968 шықәсазы ҿыц иалхыз Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент ҿыц Р. Никсон имаҵзура данахагыла ашьҭахь, агәыӷра цәырҵит америкаа рырхәҭақәа Индокитаинтәи иалыргап ҳәа, ас еиԥш агәыӷра ҟазҵаз Никсон иалхранӡатәи иқәгыларақәа раан ус еиԥш агәыӷрақәа ахьриҭоз ауп.

Еиду Америкатәи Аштатқәа Виетнам реибашьра Америка арепутациаазы ицәырԥхашьагаз шәахсҭаны ианхалеит. 1969 шықәсазы Ладатәи Виетнам жәлар рхаҭарнакцәа реизара ду аҟны аҳәамҭа ҟаҵан ареспублика аԥҵаразы (РЮВ). Апартизанцәа - бџьарла еибыҭаз жәлар ирымчрақәаны иҟалеит (НВСО ЮВ). Ас еиԥш аҭагылазаашьа Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра аиҿцәажәарақәа реишәа иаханартәоит, насгьы ари атәыла алахысрақәа ааныркылар акәхеит.[11]

Никсон дызхагылаз Америка маҷ-маҷ виетнамтәи аибашьра аҟны аҟазаара аԥнахуан, 1971-тәи ашықәс ианалага, Лада Виетнамнтәи иалган 20-нызқьҩык аруаа. Саигонтәи ар ракәзар, 1.100-ҩык рҟынӡа еизырҳан. Аха, убриаан америкаа ихьанҭаз рабџьар аиҳарак зегьы Лада Виетнам иааныжьын.

1973 шықәса Ажьырныҳәамза 27 рзы, Виетнам аибашьра аанкыларазы Парижтәи аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын. Еиду Америкатәи Аштатқәа аҳәамҭа ҟарҵеит зыӡбахә ҳәоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә арратә базақәа зегьы шықәырго. Убри анаҩсгьы, арратә шасцәа реиҭныԥсахлара азгәарҭеит.[12]

Аибашьра аҵыхәтәантәи аетап[аредакциазура | акод аредакциазура]

Виетнамтәи аибашьра ашьҭахь, Еиду Америкатәи Аштатқәа лада 10-нызқьҩык аруааи 4 миллиардк америкатәи адолларқәеи финансттә цхыраарак аҳасаб ала иазыннажьуеит, ас еиԥш ацхыраара аҭыԥ аман 1974–1975 шықәсқәа рзы. 1973 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа, иаҵанакыз аамҭахәҭазы, ахақәиҭтәразы Жәлар рыфронт амчра ҿыцқәа рхархәара ала арратә усқәа хацнаркит.

Акыр ацәыӡқәа зауз ладауаа, 1975 шықәсазтәи ааԥынразы Саигон заҵәык ауп аҿагылара аарԥшра ахьрылшаз. Зегьы еилгеит мшаԥымза, 1975 шықәсазы аоперациа «Хо Ши Мин» ашьҭахь. Америкатәи адгылара змамыз Лада Виетнамаа рыр ԥыхха иган. 1976 шықәсазы Виетнам ахәҭақәа рыҩбагьы еидҵан, иагьыҟалоит Виетнамтәи Асоциалисттә Республиканы.[13]

СССР-и Китаии ари аконфликт ралахәра[аредакциазура | акод аредакциазура]

СССР аганахьала арратәи, аполитикатәи, аекономикатәи цхыраара аҭоуп Ҩадатәи Виетнам, иара аибашьра ахыркәшараҿгьы даара ароль ду нанагӡеит. Абаӷәаза Хаифон ала Асовет Еидгыла аҟнытә Виетконгҟа иааргон абџьари аџьаԥҳани, акәылӡтәы техника, ихьанҭоу абџьар. Консультантцәақәак раҳасаб ала, ари аибашьра иадыԥхьалан аԥышәа змаз асоветтә арратә занааҭдырҩцәа, урҭ виетконгаа аибашьышьа ддырҵон. Китаи, иара убасгьы, ахатәы интерсқәа аман аҟнытә, ҩадаа ирыцхраауан – аалыҵқәа, абџьар, аидарамҩангага амашьынақәа рыла. Абри анаҩсангьы Ҩада Виетнамҟа инашьҭын китаитәи архәҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 50-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон, арҭ архәҭақәа рыруаа амҩақәа еиҭашьақәдыргылон, иара убасгьы аихамҩақәа шьҭарҵон.[14]

Виетнамтәи аибашьра ахҟьаԥҟьақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ишьаарҵәыраз Виетнамтәи аибашьра миллионла ауаа рыԥсҭазаарақәа агеит, урҭ реиҳараҩык аҭынчуааԥсыра ракәын. Даара ааха аиуит аекологиа, ихшьаан акыр аҵлақәа. Ҩада акәзар, Америка иаланажьуаз абомбақәа ирыхҟьаны иԥыхха ишьҭаҵан, абнатоурақәа зегьы блын. Аибашьра аан ахархәара аман ахимиатә бџьар, уигьы, ҳәарада, аекологиа анырра ӷәӷәа анаҭеит.

Америка архәҭақәа рветеранцәа ари аибашьра ҿаасҭа рыԥсихика ианыԥшит, акыр ачымазара бааԥсқәа идыргәаҟуан, уи зыхҟьоз аибашьра аан ахархәара змаз Agent orange аилазаара иалаз амаҭәашьар диоксин ауп. Америкатәи асолдаҭцәа рыбжьара акыр аҽшьрақәа аҭыԥ рыман, аха аофициалтә дыррақәа рҟны урҭ рыӡбахә рҳәомызт.[15]

Арратә цәгьоурақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Виетнамтәи аконфликт аан акыр арратә цәгьоурақәа аҭыԥ рыман. Зегь раԥхьа иргыланы, уи ахимиатә бџьар «Оранж» ҳәа ззырҳәоз, атропикатә бнақәа ықәызгоз адефолиантқәеи агербицидқәеи рхархәара акәын.

72 миллион литра «Оранж» Виетнам аҵакырадгьыл алаҭәара анаҩсгьы, Америка архәҭақәа ахархәара арҭоит 44 миллион литра татрахлородибензодиоксин амаҭәашьар. Ари амаҭәашьар ауаҩы ицәеижь ианалалалак акыр ачымазаара бааԥсқәа цәырнагоит. Иара убасгьы, абра иазгәаҭатәуп аибашьра аан массала ауаҩшьрақәа аҭыԥ шрымаз Сонгми, Хами, Хиуе.

Виетнамтәи аибашьра аан уи аҵакырадгьыл аҟны иртҟәацын 14 миллион тонна артҟәацга. Аибашьра зыхҟьаз ҳәа уҳәозар, раԥхьатәи – адунеи аҟны акоммунисттә идеологиа аламырҵәара ауп, иҩбатәихаз – ҳәарада, аԥара ауп. Акыр акорпорациа дуқәа ари аибашьраҟны аԥара рацәа арҳара рылшеит. Аха аофицилтә мзызқәа ҳәа ирҳәоз адунеитә демократиа алараҵәара аҭахханы иахьыҟаз ауп.[16]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2022-10-11 ахь. Ириашоу 2024-01-27 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://switki.ru/476854a-vetnamskaya-voyna-godyi-prichinyi-hod-voynyi-i-itogi
  3. https://vietnamland.ru/vojna-vo-vetname/
  4. https://arena-pilotage.ru/mashiny/vetnamskaya-vojna-kratko.html
  5. https://vietnamix.ru/istoria/vojna-vo-vetname.html
  6. https://elar.urfu.ru/bitstream/10995/4841/1/uv-2005-10.pdf
  7. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-06-04 ахь. Ириашоу 2024-01-27 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  8. https://stoneforest.ru/event/history/tetskoe-nastuplenie-vjetnam/
  9. https://humanite-russie.ru/2020/01/03/tetskoe-nastuplenie-povorot-v-voyne-vo-vetname/
  10. https://www.istmira.com/novosti-istorii/11889-vetnamskaya-voyna-prichiny-hod-i-posledstviya.html
  11. https://militaryarms.ru/voennye-konflikty/vojna-vo-vetname/#h3_13
  12. https://vietnamland.ru/vojna-vo-vetname/
  13. https://usamagazine.ru/vojna-vo-vetname/
  14. https://topwar.ru/13536-sovetskie-voyska-vo-vetname-kakova-byla-ih-zadacha.html
  15. https://arena-pilotage.ru/mashiny/vetnamskaya-vojna-kratko.html
  16. https://disgustingmen.com/history/10-weird-facts-about-vietnam-war/