Бурҷулаӡе, Џьуаншьер
Внешний вид
![](http://upload.wikimedia.org/wikipedia/commons/thumb/4/42/Georgian_Defense_Minister_Juansher_Burchuladze_at_a_bilateral_exchange_at_the_Pentagon%2C_Washington%2C_D.C.%2C_February_9%2C_2023_%282%29_-_230209-D-XI929-1012_%28cropped%29.jpg/220px-thumbnail.jpg)
Џьуаншьер Бурҷулаӡе (ақырҭ. ჯუანშერ ბურჭულაძე; ажьырныҳәамза 14, 1978 ш.) — Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр.
Аҵара
[аредакциазура | акод аредакциазура]- 1994 - 1998 шш. - Қырҭтәыла агуманитартә-техникатә университет абанк-финанстә факультет
Аусуратә ԥышәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- 1998 - 1999 шш. - Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра; Америкатә тәылақәа рзы адепартамент астажиор.
- 1999 - 2001 шш. - аилахәыра „Лиуқс"; афинанстә менеџьер.
- 2001 - 2004 шш. - Қырҭтәыла амилаҭтә банк; аликвидациатә комиссиа аекономист.
- 2004 - 2005 шш. - „Қарҭу банк"; апластикатә картақәа рыла амаҵ ауреи аус рыдулареи азы адепартамент; аспециалист еиҳабы.
- 2005 - 2006 шш.- „Кор - стандарт банк"; акорпорациатә клиентцәа рымаҵ аура адепартамент - хазхаҭалатәи абанкир.
- 2006 - 2007 шш.- „Кор - стандарт банк"; Будапешттәи аҟәша анапхгаҩы.
- 2007 ш. - „Кор - стандарт банк"; Сабурҭалотәи афилиал анапхгаҩы.
- 2007 - 2010 шш. - „Кор - стандарт банк"; абизнес аҿиара адиректор.
- 2010 - 2015 шш. - MFA Иеиду Америкатә Штатқәа рҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара; афинанстә менеџьер.
- 2015 ш.. - Қырҭтәыла Амуниципалтә аҿиара афонд; анагӡаратә директор актәи ихаҭыԥуаҩ.
- 2015 - 2016 шш. - Қырҭтәыла Амуниципалтә аҿиара афонд; анагӡаратә директор.
- 2016 - 2019 шш. - Қырҭтәыла Амуниципалтә аҿиара афонд; анагӡаратә директор актәи ихаҭыԥуаҩ.
- 2019 - жәабранмза 22, 2021 ш. - Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ.
- жәабранмза 22, 2021 ш. - Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр.
- 2013 - 2014 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Америка ивизит аиҿкаареи Америка Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаразы ахыбра аахәареи азыҳәан Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ҩынтә хаҭала ҭабуп ҳәа иеиҳәеит;
Еиуеиԥшым аҳамҭақәеи аҳаҭыршәҟәқәеи иоухьеит;
Еиуеиԥшым асеминарқәеи аконференциақәеи дрылахәын.