Перейти к содержанию

Бермудтәи ах-кәакьк

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Бермудтәи ах-кәакьк — иахьатәи ҳаамҭазы еилкаашьа змам амаӡақәа иреиуоуп. Ари аҭыԥ зны «Аԥсра ахкәакь» ҳәа азырҳәоит, зны «Ишәиу амшын», даҽазныкгьы «Атлантида аԥсыжырҭа ҳәа». Адгьыл аҿы, ари аԥыԥ иџьашьаху, маӡала иҭәу иреиуоуп, иара шьҭоуп Атлантикатә аокеан аҿы, Фларидеи Бермудтәи адгьылбжьахақәа рҳәааҿы, анаҩс, Пуерто-Рико, ашьҭахьҟа Флориданӡа Багамтәи адгьылбжьахақәа рҟынӡа. 1945 шықәса инаркны «Аҩсҭаа ихкәакь» аҟны ибжьаӡхьеит 100 – ҳаирпланки, 100 ӷбаки, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп (аӡаҵаӷбақәагьы), иара убасгьы, хабарда ибжьаӡхьеит зықьҩыла ауаа.

Зегь раасҭа иџьоушьаран иҟоу, арҭ амашәырқәа зегьы еиԥшуп, ибжьаӡыз аӷбақәа ахааназ ԥшаашьагьы роуӡом, аҳарпланқәа ртәы уҳәозар, ианкаҳауа аокиан ақәԥшылараҿы абылтәы ашьҭагьы аанхаӡом, уи амашәыр шыҟалаз аҭыԥ узырбо шакугьы. Ауаа, арҭ иџьоушьаша ахҭысқәа реилкаара даара рҽазыршәоит. Уи аамҭа иалагӡаны, арҭ амашәырқәа реилкаара еиуеиԥшым атеориақәа ахылҵит: Теориак излаҳанаҳәо ала – уи амшынԥааҩцәа рқәыларақәа ирыхҟьоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Ари атеориа инақәыршәаны, аӷбақәа ари аҭыԥ аҿы рыбжьӡра, амшынԥааҩцәа рактивра ауп мзызс иамоу ҳәа ҳанаҳәоит.

Ари атеориа, скептикцәақәак ргәаанагарала, Бермудтәи ахкәакьк амашәыр ахьыҟало аҭыԥқәа излареиԥшым акагьы ыҟаӡам ҳәа шьақәдырӷәӷәоит. Анкьаӡа, адунеи еиуеиԥшымыз аҭыԥқәа рҿы, амшынԥааҩцәа рхарала иҭахон аӷбақәеи ауааи рацәаны, убри аҟынтә ари атеориа адгылаҩцәа ргәанагарала, апасаџьыртә ӷбақәа рыбжьаӡра, аибашьыга ӷбақәа ирхароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Иҟоуп даҽа теориакгьы, уи излаҳанаҳәо ала, Бермудтәи ахкәакьк ааигәара иӷәӷәаӡо амхылдызтә мчы змоу аҭыԥ ыҟоуп. Ари атеориа излаҳанаҳәо ала, Бермудтәи ахкәакь иҷыдоу апланета ахәҭақәа иреиуоуп, уи иамоуп даараӡа иӷәӷәоу амхалдыз мчы змоу аҭыԥ. 1492 шықәса азы Христофор Колумб ари аҭыԥ азы иҩҩуан, «Санта – Мариа» аӷба ицҭаз иҩызцәеи иареи ажәҩанаҟынтә амца зыцрыдды ахыц алакь-лакьра заҟа агәҭынчымзаара рызцәырнагоз. Колумб иара убасгьы, Багамтәи адгьылбжьахақәа рааигәа уамашәа еилыџьџьаауаз ацәқәырԥ шкәакәақәа шибаз ашәҟәы ианиҵеит. Аныҟәацәа ранҵамҭақәа рыла иаабоит, ари ахҭыс анаҩсан, акомпас уаанӡа ирымбацыз апараметрақәа шыднарбоз. Уи азы иакымкәа, иҩбамкәа ахҭысқәа рыцклаԥшра шаҳаҭра руеит, Бермуд азааигәара акомпас ахыцқәа еиҳа иласны аиҭаҵра ишалаго, анавигациатә хархәагақәагьы аусура ишаҟәыҵуа.

Ишаҳбо ала, Бермудтәи ахкәакь, ари иҷыдоу аҭыԥқәа ируакуп избанзар, агеографиатә ҩадеи, ҩадатәи амхылдызи еиқәшәоит азы. Иӷәӷәаӡоу амхалдыз мчы ари аҭыԥ аҿы ауаа рацәа хабарда рыӡра ҵаҵӷәы хадас иамоуп.

Даҽа теориак ишаҳәо ала, Бермудтәи ахкәакьк акомета анырра аҵаҟа иҟоуп. Аха, иҟоуп даҽа гәаанагаракгьы, азқьышықәсақәа раԥхьа адгьыл иаахаз акомета ари аҭыԥ аҿы, акосмос аҟынтә аԥҽыхақәа каҳаит ҳәа. Ари атеориа иадгыло агәра ргоит аокеан аҵанӡа џьара, уи акомета аԥҽыхақәа аанхеит ҳәа, иара иахылҵуа афымцамхылдызтә мычхара иахҟьоит ҳәа акатастрофақәа, Бермудтәи ахкәакьк аҿы, уи ауп аӷба аҟынтә иаарышьҭуа агәҽанҵаратә быжьқәа, уаҩԥсы имаҳауа изхәаҽуа ҳәа.

Даҽа теориак ала, Бермудтәи ахҭысқәа зыхҟьо Метан агаз, рацәаӡаны аҽанеизнаго ауп ҳәа. Уи иҳанаҳәоит, иӡысо амаҭәарқәа рыӡсара алзыршо амч акырӡа ишагхо, уи ауп зегь зыхьҟьогьы.

Иҟоуп даҽа теориакгьы, Атлантида иадҳәало. Алегенда ишаҳәо ала, иӡааҟәрылаз адгьыл Атлантида ҳәа изышьҭоу, анкьаӡа зны Атлантика аокеанаҿ Бермудтәи адгьылбжьахақәа рааигәа иҟан. Убри ауп аӷбақәа аӡаҿы рышьҭамҭа умбо хабарда изӡааҟәрылогьы.

Ауаа агәра ргоит ари амистикатә қалақь Атлантида ҳәа изышьҭоу иахьа аокеан аҵан ишыҟо. Алегенда излаҳәо ала, Атлантида агәамч хыҵхырҭас иамоу амч дуӡӡа змоу акристаллқәа роуп. Дара убарҭ акресталлқәа ирыхҟьоит агәаҭагақәа русура ашьақәҟьарагьы.

Аамҭа аицакра атеориа даара аларҵәара змоу акоуп, уи шьақәзырӷәӷәо афактқәа шыҟамгьы. Аамҭа аицакра атеориа адгылаҩцәа ргәаанагарала, аӷбақәа рацәаны рыбжьаӡра зыхҟьо аамҭаҿы аныҟәарақәа роуп. Бермудтәи ахкәакь аҿы идуӡӡоу аԥсҭҳәақәа атонел аформа змоу, избаз ауаа ргәаанагарала, уи аамҭақәа рахь узлабжьысуа гәашәқәоуп.

Зхыԥхьаӡара рацәам скептикцәақәакгьы ргәаанагарала, арҭ акатастрофақәа зыхҟьо мистикам, уи аӷба рныҟәцаҩцәеи аҳаирплан зырԥыруа ирыгхоуп ҳәа иршьоит, уи адагьы аскептикцәа ргәы шаанаго ала, Бермудтәи ахкәакьк азааигәара даараӡа иеиԥшу адгьылбжьахақәа шьҭоуп.. Урҭ роуп ауаа мҩахызҟьогьы ҳәа азгәарҭоит.

Ари атеориа инақәыршәаны, Бермудтәи ахкәакьк аҿы имҩаԥысуа ахҭыс маӡақәа амш цәгьа иақәырҵоит.

Атлантикатәи аокеан еицырдыруеит афарҭын бааԥси, аԥшатлакәқәеи амшцәгьақәеи рымҩаԥысрала. Аԥшатлакә бааԥсы ацәқәырԥ дуӡӡақәа шьҭнахуеит зоура 25 метра инаӡо. Уи инацлеит, иӷәӷәаӡо аӡеибафара лҵышьа змам аҭагылазаашьа ҟанаҵоит. Аокеан аҵаҟаӡа иҟоуп даҽа шәарҭаракгьы: араҟа иҟоуп Атлантикатә аокеан зегь раасҭа иҵаулаӡо Пуерто-Рико аиаҳәа, зыҵаулара 8605 метра инаӡо. Уи азоуп иӡааҟәрылаз аӷба, ма аҳаирплан хабарда ибжьаӡыз ҳәа изырԥхьаӡо.

Атеориеи амифқәа рнаҩсгьы, Бермудтәи ахкәакь акәша-мыкәша ирацәоуп афактқәа еилкаашьак змам, урҭ ицәырыргоит азҵаара ҿыцқәа. Абар урҭ афактқәагьы: декабр 5 1945 шықәсазы Бермудтәи ахкәакь азааигәара ибжьаӡит абомба казыжьуа 5-ҳаирпланк, Еиду Америкатә Аштатқәа рымшынтә арбџьармчқәа иртәыз. Аӷбақәа убас еиԥш ибжьаӡит, рыԥҽыхақәа ма рышьҭамҭа ыҟамкәа џьара. Аӷбақәа рҟынтә апилотцәа аҵыхәтәантәи ррадио ацҳарқәа ишырҳәоз ала, агәаҭагақәа рыԥҽреи, аокеан аҭагылазаашьа ҷыдеи рзы адырра ҟарҵон. Аҵыхәтәантәи аҭаҩраҿы иуаҳауеит – «Аӡы шкәакәа алаҳара ҳаҿуп ҳәа». Ианар 30 1948 шықәса рзы, шьыжь шаанӡа «Стар Таигер», аӷба рныҟәцаҩ Макмилиан иааицҳаит адиспечер иахь Бермуд дахьыҟаз аҭыԥ азы. Иара ишьақәирӷәӷәеит аӷба амҩасраз зегь шыманшәало, аамҭагь ишақәшәо.

Ари аҵыхәтәантәи аацҳаран, аӷба аҟынтә ироуз. 10-ӷбаки 30-ҳаирплани инареиҳаны аокеан аҿы ибжьаӡыз аӷба иашьҭан. Аԥшаарақәа лҵшәадахеит: аӷба ашьҭагьы аԥҽыхақәагьы ыҟамызт. 1951 шықәсазы аидарахьанҭа амҩангаҩ ӷба «Сандра» абжьаӡра хҭыс духеит. Аӡеибафара иахҟьаны аӷба хабарда ибжьаӡит. Еҳагьа иџьашьатәхеит адырҩаҽны уи аԥшааразы амҩа иқәлаз аӷбагьы абжьаӡра.

1970 шықәсазы Маиами аҳаирбаӷәаза ааигәара ахбарсҭақәарҿы иакымкәа, иҩбамкәа аҳаирпланқәа каҳаит. Авикатастрофақәа зыхҟьаз амзыз рзымԥшааӡеит. Аҳаирпланқәа руак 100 –ҩык апасаџьырцәа зҭаз 29 декабр 1972 шықәсазы хабарда ибжьаӡит. Акызаҵәык ауп еилкаау, аҵыхәтәантәи 7 – 8 секунд аҳаирплан убас иласны икаҳауан, агәаҭагақәа уи атәы анҵара иахьымӡаӡеит. Ас еиԥш акаҳара зырласыз, еилкаашьа рзамҭаӡеит. Аҵарауаа ргәаанагарала, ас еиԥш акаҳара аҳауа қәыӷәӷәара иахҟьоит ҳәа ирыԥхьаӡоит.