Бебиа, Платон Хәамԥа-иԥа
Внешний вид
Платон Хәамԥа-иԥа Бебиа (аур. Платон Хуампович Бебиа; жьҭаарамза 5, 1935 ш., Кәытол ақыҭа, Очамчыра араион) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, поет.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Диит 1935 шықәса жьҭаарамза 5 рзы Кәытол ақыҭа Очамчыра араион. Аҵара иҵон Џьгьардатәи, Кәтолтәи, Тамшьтәи ашколқәа рҿы. 1954 шықәсазы П. Бебиа дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт, далгоит 1959 шықәсазы.
1965-1968 шықәсқәа рзы дҭоуп /датәарада/ А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт.
Акьыԥхь дцәырҵит 1952 шықәсазы.
1979 шықәса инаркны 2006 шықәсанӡа П. Бебиа ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» даредактор хадоуп. 2006 шықәса раахыс директорс дамоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә педагогтә шәҟәҭыжьырҭа.
Иаҭәашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ацқәырԥақәа. Аҟәа, 1959 шықәса.
- Алирика. Аҟәа, 1961 шықәса.
- Аеҵәақәа. Аҟәа, 1965 шықәса.
- Ицәоу аӡиас. Аҟәа, 1969 шықәса.
- Ахьы уардын. Аҟәа, 1973 шықәса.
- Адгьыл амҵәыжәҩақәа. Аҟәа, 1975 шықәса.
- Аӷба шқәақәа. Аҟәа, 1977 шықәса.
- Агәҭыха. Аҟәа, 1979 шықәса.
- Амш хьамԥш. Аҟәа, 1983 шықәса.
- Аԥсынҵры. Аҟәа, 1985 шықәса.
- Аҳәымца. Аҟәа, 1991 шықәса.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны: актәи атом —1995 шықәса, аҩбатәи атом — 1996 шықәса.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 923
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Бебиа Платон Хуампович (аур.)
- Бебиа Платон Хәамԥа-иԥа (аԥс.)